Search is not available for this dataset
content
stringlengths
209
722k
warc-target-uri
stringlengths
13
1.95k
warc-date
stringlengths
20
20
warc-record-id
stringlengths
47
47
quality-warnings
sequencelengths
0
5
categories
sequencelengths
0
4
identification-language
stringclasses
64 values
identification-prob
float64
0.27
1
identification-consistency
float64
0.6
1
script-percentage
float64
0.9
1
num-sents
int64
1
4.28k
content-length
int64
225
1.03M
tlsh
stringlengths
145
145
Авизит иалагӡаны иазгәаҭоуп ареспублика Ахада Рашид Темрезов, аиҳабыра алахәылаҩцәа, Ҟарачы-Черқьестәи Апарламент адепутатцәа, Аҧсны жәлар 1992 -1993 шш. Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, зхатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иааны иеибашьыз иҭахаз аибашьцәа рҭынхацәа, ауаажәларра рҧылара 25.04.2015 Рауль Ҳаџьымба Гарри Бигәаа ииубилеи идиныҳәалеит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аветерантә еиҿкаара «Абааш» ахантәаҩы Леон иорден занашьоу Гарри Бигәаа диҧылеит 24.04.2015 Аусҧҟақәа 24.04.2015 Рауль Ҳаџьымба Аҧсны иқәынхо аерманқәа рышҟа иҟаиҵаз ааҧхьара Абарҭ агәалашәаратә алахьеиқәҵаратә амшқәа рзы Аҧсны иқәынхо ааӡаб ду зхызгаз аерман жәлар шәышҟа схы нарханы исҳәарц сҭахуп, адунеи зегьы зырхыџхыџыз ахҭыс хлымӡаахқәа ирылаӡыз аерман жәлар рыхьӡала шәхьааи шәгәырҩеи шшәыцеиҩаҳшо 24.04.2015 Аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» аиубилеитә ныҳәа аҭаара Рауль Ҳаџьыимба даҭааит сынтәа аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» ҩынҩажәа шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеитә ныҳәа 23.04.2015 Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рыҧхасҭатәра афактқәа ахьырацәахаз инадҳәаланы, Ахада агәҭынчымра инаҭоит Хара имгакәа арҭ азҵаарақәа ирыхәаҧшуеи Ахада имҩаҧигараны иҟоу ҷыдалатәи аилацәажәараҟны 20.04.2015 Рауль Ҳаџьымба даҧылеит Ареспублика Науру аофициалтә делегациа Аделегациа иалахәуп ахада ихаҭыҧуаҩ, Ареспублика Науру афинансқәа рминистр Адеанг Давид Уаиау, афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Хант Мартин Ханси-Саиа, Апарламент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Акуа Ренин Рендольфи Апарламент адепутат Бурамен Сирили 20.04.2015 Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Уи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧсны Ахада Иусбарҭеи русура зныҧшуа ихадоу официалтә хархәаганы иҟалоит. 17.04.2015 Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит 17.04.2015 Ихыркәшоуп Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит Мшаҧы 17 рзы ихыркәшан Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит. Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Раули Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит, имҩаҧигеит иналукааша урыстәылатәи АИХ рредакторцәаеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рҧылара. Ашьыжь аҳәынҭқарра ахада Аҟәаҟа дыҧрит. Ара иҽаилаирхәраны дыҟоуп аҧсуа-аурыс аиҳабырабжьаратә комиссиа реилатәара. 16.04.2015 Афорум азал маҷ аҟны имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Москва инхо аҧсуа уаажәларреи астудентцәеи рыҧылара Аиҧылара иалахәын Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба, Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, москватәи аҧсуа диаспора ахада Беслан Агрба. 16.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба диҧылеит урыстәылатәи иколлега Николаи Патрушев. Аиҧылараҿы ирылацәажәан Аҧсни Урыстәылеи ртәылахьчареи ршәарҭадареи рзеиҧш цәаҳәа. Николаи Патрушев ҩ-ҳәынҭқаррак ршәарҭадаразы агәҽанҵара иазку аусхкқәа разырхиареи рынагӡареи ирызку аусбарҭабжьаратә усеицура алҵшәақәа бзиоуп ҳәа ахә ишьеит. 10.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Москваҟа ивизит. Авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изку алекциа даҧхьараны дыҟоуп 09.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба диҧылеит урыстәылатәи арежиссиор Алеқсандр Сокуров Алеқсандр Сокуров Аҧсны Ахада изеиҭаиҳәеит Аҧсынтәыла иаҭаара иадҳәалаз игәаанагара атәы. 24.03.2015 Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Адыгатәылантәи зхатәгәаҧхарала еибашьра иааз хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа Галинеи Валерии Диколенко дырҧылеит Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа атәанчахәы рзаужьразы 21.03.2015 Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Дмитри Медведев Рауль Ҳаџьымба Имшира идиныҳәалеит. Алада иаагоуп адныҳәаларатә цҳамҭа атекст хаҭәааны. 15.03.2015 Ахада Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵура иамхразы азҵаара ықәзыргылаз Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит. 13.03.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит иааираны иҟоу акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилацәажәара. Аилацәажәара аартуа, Рауль Ҳаџьымба дазааҭгылеит атәыла аекономикаҿы атуристтә ҟәша иамоу аҵакы ду. «Ҳара лассы-лассы атуристтә ҟәша ҳекономика ҧхьаҟа аҿиара алзыршо ак акәны ишахәаҧштәу ҳҳәоит, аха уи ибзианы аус аурц азы иҟаҵатәу рацәоуп», - иҳәеит Ахада. 13.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала иаҧҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра акурортқәеи атуризми рзы аминистрра аекономика аминситрра аиҭеиҿкаарала Аминистр ҿыц иныҟәгаразы аныхтәқәа финансла реиқәыршәара алыршахоит 2015 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан аҟны аекономика аминистрра аныҟәгаразы иазгәаҭоу ахархәагақәа рыла. 12.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив иаҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа. Хәажәкыра 12, 2015 шықәса, Гал. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив даҧылеит. Аиҧылара иалахәын иара убас Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, гал араион аҟнытә Жәлар Реизара адепутатцәа Бежан Убириеи Ахра Кәакәасқьыри, Араионтә Еизара ахантәаҩы Иури Кәакәасқьыр, гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Темур Надараиа, араион ауаажәларра.
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/10329/.carousel.second?print=Y&PAGEN_1=147
2024-02-29T09:10:51Z
<urn:uuid:0bda7212-56bd-4bfe-9d24-e522cdbc21da>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.77
1
52
9,736
tlsh:T174C517125840CF4BC5F7C4699F915A315DD15C578262B661CEC9F0E00742089EEFCD13A9BAE40A8BA4EB2511E162BF056A0AFCE6257EBED7311200B53E3F38E9378476C59E
Аҳәса рспорт акәӡам ҳәа аҳәара иаҿын, сара маӡала азыҟаҵарашҟа сцон - амилаҭтә аизга иалоу Хобитәи аӡҕаб Ихaдоу Ажәaбжь ҿыцқәa Ауaaжәлaррa Аилыркaaрa Амультимедиa Акультурa Аспорт Асоветтә репрессиақәа Акоронавирус 14ГБ GEO APS RUS To See This Web Page You Need Java Script!!! Аспорт Аҳәса рспорт акәӡам ҳәа аҳәара иаҿын, сара маӡала азыҟаҵарашҟа сцон - амилаҭтә аизга иалоу Хобитәи аӡҕаб Автор: Нино Ҭолорaиa 17:31 / 05.02.2020 Share 19 шықәсанӡа зхыҵуа Қырҭтәыла аҳәса реизга Европа ачемпионат азы аҽазыҟаҵара иаҿуп, ачемпионат мҩаҧысуеит ҧхынгәы 21 инаркны нанҳәа 2-нӡа. Аизга далоуп Хобитәи аклуб "Колхеҭи" алахәыла, 17 шықәса зыхҵуа Ана Ҵулаиа. Лара ақыҭа Шуа Хоргада аҿы дынхоит. Аҭыҧантәи акаманда иазыҟаиҵоит Зураб Латариа. Ишылҳәо ала, ашьапылампыл лара илыҧсҭазаашьоуп, амилаҭтә аизгаҿы аномер 15 ала дыхәмаруеит. Лаивпресс: Ашьапылампыл шәасуеижьҭеи иҵои, ари аспорт шәзазҿлымҳахеи? Ана Ҵулаиа: Саныхәыҷыз инаркны, ақыҭаҿы аҷкәынцәа срыцны ашьапылампыл сасуан. Акариера азхәыцреи аҽазыҟаҵареи салагеит 11-12 шықәса анысхыҵуаз. Лаивпресс: Апрофессоналтә аҩаӡараҿы ашьапылампыл асра зышәыӡбеи? Ана Ҵулаиа: Сашьа дшьапылампыласҩын. Сицны азыҟаҵарақәа рахь сцалон. Хәыҷы-хәыҷла бзиа избеит. Нас, ари аспорт аҿы схы сҧышәарц сыӡбеит. Лаивпресс: Быхәмаршьа иацклаҧшуаз ауаа агәырҵҟәыл бымоуп ҳәа барҳәозма? Ана Ҵулаиа: Аспорт азы сырҵаҩы иакәын. Ашкол аҿы аҷкәынцәа санрыхәмаруаз, исаиҳәалон агәырҵҟәыл бымоуп ҳәа. Мамзар, сҭаацәара роума, егьырҭ роума, сара ашьапылампыл салаларц аӡәгьы иҭахымызт. Лаивпресс: Избан, изырҭахымзи, ирҳәози? Ана Ҵулаиа: Аӡҕаби ашьапылампыли еинаалом ҳәа рҳәон, иргәаҧхомызт. Сҭаацәара мацара ракәымкәа, зегьы исҿагылан. Ашьапылампыл асра аӡҕаб илусым ҳәа рҳәон. Аха, сара, уезгьы, исҭахыз ҟасҵеит. Аҵыхәтәаны, иақәшаҳаҭхеит. Лаивпресс: Ишҧабҿагылаз? Аҽазыҟаҵараҿы ибҧырхагазма? Ана Ҵулаиа: Соурышьҭуамызт, ашкол аҟынтә маӡала азыҟаҵарашҟа сцон. Сазыҟаҵаҩ аҩны дааны, ашҭашҟа сигон. Лаивпресс: Ашьапылампыл аҧҳәыс илусым ҳәа ирҳәо иашоума, бгәы ишҧаанаго? Ана Ҵулаиа: Иашаӡам, избанзар, гәыкала иуҭаху аус ҟауҵароуп. Егьырҭ урзыӡырҩыр ҟалом. Аҧҳәыс зехьынџьара дыҟазар ауеит, ачысҟаҵарҭа мацараҿ акәымкәа. Лаивпресс: Хоби иҟоу аӡҕабцәа ркаманда балоижьҭеи иҵуеи? Ана Ҵулаиа: Акариератә аҩаӡараҿы ахәмарра саналага инаркны. Раҧхьаӡа, сара схала азыҟаҵаҩ сизнеит. Усҟан 12 шықәса схыҵуан. Сара хазы сазыҟаиҵон. Нас, хәыҷы-хәыҷла ахәыҷқәа иаауа иалаган, акаманда еиҿаҳкааит. Ашколгьы зегьы рыла исыцхраауеит. Лаивпресс: Егьырҭ аӡҕабцәа бара ибҿыҧшны аума акамандашҟа ишнеиз? Ана Ҵулаиа: Мап. Хоби аҳәса ркаманда шыҟаз еилыркааит. Даргьы агәырҵҟәыл рылоуп, абас ауп аҽазыҟаҵара ишалагаз. Уаҟа ҳаибадырит. Лаивпресс: Ҳаҧхьаҟа ашьапылампыл занааҭс ибымазар бҭахума, мамзар ахобби аҳасаб ала иаанхоу? Ана Ҵулаиа: Ааи, ашьапылампыл ауп занааҭс иалсхуа, аха, знымзар зны скариера ахыркәшара сықәшәоит, убри аҟынтә, даҽа занааҭкгьы сымазар сҭахуп. Азыҟаҵаҩс сҟалар сҭахуп. Иара убас, аиуристтә факультет сҭалар сҭахуп. Лаивпресс: Бгәы ишҧаанаго, иахьа Қырҭтәыла аҳәсатә шьапылампыл апопулиарра амоума? Ана Ҵулаиа: Ҧаса аҳәсатә ашьапылампыл зынӡаскгьы хшыҩзышьҭра амамызт. Аха, хәыҷы-хәыҷла уигьы аҿиара аиуит, иахьазы апопулиарра ду амоуп. Аҳәса ашьапылампыласҩцәа рацәахеит. Лаивпресс: Мчыбжьык ала шаҟантә шәҽазыҟашәҵои? Ана Ҵулаиа: Хобитәи акамандаҿы мчыбжьык ала 3-4-нтә ҳҽазыҟаҳҵоит. Махәҿала, аҩра - аҷкәынцәа реиҧшҵәҟьа ҳҽазыҟаҳҵоит. Лаивпресс: Уи бцәыуадаҩӡами? Ана Ҵулаиа: Мап, сара исцәыуадаҩым. Аӡҕаб ари аспорт алылхзар, ари азанааҭ бзиа илбоит, дкарахаанӡа ашҭаҿы лҽазыҟалҵалароуп. Лаивпресс: Иарбан камандоу зегьы реиҳа бзиа иббо? Ана Ҵулаиа: Барселонеи Испаниа аизгеи бзиа избоит. Ашьапылампыласҩцәа рҟынтәи зегьы реиҳа дысгәыҧхоит Андрес Иниеста. Лаивпресс: Қырҭтәыла аҿартә аизгашҟа бышҧананагеи? Ана Ҵулаиа: 3-4 шықәса ҵуеит Қырҭтәыла аизаҿы сыхәмаруеишьҭеи. Аизга азыҟаҵаҩцәа сшыхәмаруаз рбан, сырҧышәарц азы исыҧхьеит. Сыргәаҧхан, убри анеҩс аизга салоуп. Ҧаса 17 шықәсанӡа зхыҵуа реизга салан, аха уажәы,19 шықәсанӡа зхыҵуа аӡҕабцәа рыгәҭа сыхәмаруеит. Лаивпресс: Аизга алаларазы аконкуренциа дуума? Ана Ҵулаиа: Аҷкәынцәа рҿы еиҧшҵәҟьа, аӡҕабцәа рҿгьы аконкуренциа дууп. Аҳәса шьапылампыласҩцәа иаҳа-иаҳа ирацәахоит. Лаивпресс: Аизгаҿы бара быда Хоби иалҵыз аӡәыр дыҟоума? Ана Ҵулаиа: Сара сықәлацәа иҟаӡам, аха еиҵбу акатегориаҿы иҟоуп. Лаивпресс: Европа ачемпионат азы аҽазыҟаҵарақәа шҧамҩаҧысуа? Ана Ҵулаиа: Аизгарашҟа иҳаҧхьоит. Аиҩызаратә хәмаррақәа ҳамоуп. Уажәааны Азербаиџьантәи аизга ҳарҧылеит. Мшаҧы азы Қырҭтәыла аизга атурнир мҩаҧнагоит. Аизгарақәа рышьҭахь аҩныҟа ҳаурышьҭуеит. Аклуб аҿы аҽазыҟаҵара наҳагӡоит. Лаивпресс: Аизга аилазаараҿы иарбан аицлабрақәоу бызлахәыз? Ана Ҵулаиа: Қырҭтәыла имҩаҧысуаз аҿиара атурнир салахәын. Усҟан актәи аҭыҧ аанаҳкылеит. Голландиа имҩаҧысуаз Европа ачемпионат аҿы елит раунд ашҟа ҳаиасит. Иара убас, аизга аилазаараҿы аиҩызаратә аиҧыларақәа срылахәын. Лаивпресс: Бхы банақәиҭу, иарбан усузеи иаҳа бзызҿлымҳау? Ана Ҵулаиа: Ашәҟәқәа срыҧхьоит. Ателевизор сахәаҧшуеит. Бжеиҳарала, ашьапылампыл сахәаҧшуеит. Сҩызцәа сырҧылоит. Ашьапылампыл ҳаицасуеит. Лаивпресс: Бгәы ишҧаанаго, Европа ачемпионат аҿы Қырҭтәыла аизга ақәҿиара аиуама? Ана Ҵулаиа: Ибзианы ҳақәгылоит ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳаизга ҕәҕәоуп. Ачемпионат аҿы ибзианы ҳхы ааҳарҧшыроуп, абри ауп хықәкыс иҳамоу. Нино Ҭолорaиa Нино Ҭолораиа Лаивпресс аҿы журналистс дыҟоуп 2011 шықәса инаркны. Аполитикеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, акультуреи, аспорти азҵаарақәеи егьырҭ ахҭысқәеи аалырҧшуеит. Қырҭтәыла ажурналистикатә етика ахартиа далахәып. Ари aмaтериaлқәa 09:58 / 24.10.2021 Наҭиа Гаделиа - Адунеи ачемпионс дҟалеит [афото] Аспорт Мышқәак раҧхьа, аштангист ӡҕаб Наҭиа Гаделиа Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз адунеи ачемпионат аҟынтә илызгәакьоу жәыргьыҭтәи ақыҭа Риҟеҟа дхынҳәит адунеи ачемпион атитул ала. Лшьамхаҿы атравма шлымазгьы, Наҭиа лхықәкы налыгӡеит. Аспортсмен ӡҕаб лазыҟаҵаҩгьы лызгәыбылцәагьы агәырҕьара ду рзаалгеит. Қырҭтәылеи Европеи рчемпион адунеи ачемпионат аҿы 17 шықәсанӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыгәҭа қәҿиарала дықәгылеит - ашьҭқәыцәаараҿы 85/88/91 кьылала араӡнытә медал лгеит. Ирҭрысны ашьҭыхраҿы 108/113/117 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лгеит. Ҩ-хкык рыла аицлабраҿгьы 208 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лган, адунеи ачемпионат аҿы Қырҭтәыла хьыӡрашәа дырҳәаратәы иҟалҵеит. Убри адагьы, аштангист ӡҕаб ашьҭқәыцәаареи ҩ-хкык рыла аицлабреи рҿы 4 – 4 кьыла рыла Қырҭтәыла арекорд еиҕьалтәит. Ишылҳәо ала, аиааира ашьҭахь, лара илзымдыуаз ауаа рҟынтәи илоуз абзиареи ажәа хаақәеигәызҭаҵагас илзыҟалан, иаҳа еиҕьны аҽазыҟаҵара далагоит. Аспортсмен ӡҕаб ишылҳәаз ала, уажәазы лара лзы аҵакы хада амоуп 2022 шықәсазы ибзианы аҽазыҟаҵара, избанзар ҳаҧхьаҟа имаҷымкәа жәларбжьаратәи атурнирқәа лзыҧшуп. „Зеиҧшҟамлац ала амотивациа ду сымоуп. Арҭ ауаа еснагь агәахәара рзаагара сҽазыскуеит“, - илҳәеит Наҭиа. Лара зегьы раасҭа бзиа илбо ақәыҧшылараҿы, Риҟетәи аспорттә зал аҿы есымша лҽазыҟалҵоит, лазыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе илиҭо адҵақәа зегьы ишахәҭоу ала иналыгӡар лҭахуп. „Абри азал аҟынтәи ауп зегьы шалагаз, сазыҟаҵаҩ Бежан Ҷиҷинаӡе ибзоурала. Аброуп раҧхьатәи ашьаҿақәа ахьыҟасҵаз, анеҩс, амилаҭтә аизгашҟа сыргеит, аха, зегьы иреиҕьу сцәаныррақәа абри азал иадҳәалоуп. Абрахь санаауа, еснагь гәыкала сгәырҕьоит, исылшо зегьы ҟасҵар сҭахуп“, - иҳалҳәеит Наҭиа Гаделиа. Лара адунеи ачемпионс дҟалеит жьҭаара 11 рзы, Баҭым иҟалаз арыцҳара амшала Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшы анрылаҳәаз. Наҭиа абри арыцҳара даараӡа лгәы иалсит, лиааира иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа ирзылкит. Риҟетәи аштангатә школ аҵаҩцәа рҟынтәи лара лымацара лакәӡам Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз ачемпионат аҿы ақәҿиара зауз. Аштангист Гурам Векуа араӡнытә 3 медалк игеит, Николоз Асарҭиа аџьазтә медалки араӡнытә 2 медалки игеит. Дара авице-чемпионцәаны иҟалеит. Азыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе иҵаҩцәа ироуз алҵшәақәа игәаҧхоит. Иара иҵаҩцәа абри аҩыза ақәҿиарақәа ахьроуз уамашәа имбеит, избанзар, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аицлабрақәа рҟынтә амедалқәа рыда ихнымҳәыцт. Аспортсменцәа апандемиагьы рҧырхагамхеит, избанзар дара еиҧҟьарада рҽазыҟарҵоит, аицлабрақәа рахь рҽазыҟаҵаны ицеит. Бежан Ҷиҷинаӡе иҳәамҭала, аспортсмен иахәҭоу аҧҟарақәа наигӡалар, игәахәтәы анагӡаразы ихы дамеигӡакәа аус иур, хымҧада ақәҿиара иоуеит. „Аспорт ахатә ҧҟарақәа амоуп, урҭ еилаугар, ухықәкы узынагӡом. Абри аус аҿы адисциплина ауп ихадоу. Зегьы рыла уеиҿказаароуп - аҽазыҟаҵара аангьы адәахьгьы“, - иҳәеит азыҟаҵаҩ хада. Иара ирхыргахьоу ауадаҩрақәа игәалаиршәеит, Наҭаиа, аспортсмен ӡҕаб лаҳасабала, абри зегьы ҷыдала илцәыуадаҩын. Наҭиа лыкәша-мыкәша иҟоу ауаа реиҳара аштанга аҧҳәыс илусым, даҽа хырхарҭак ала лхы лҧышәароуп ҳәа ирыҧхьаӡон. „Наҭиа имаҷымкәа ауадаҩрақәа дырхысит. Амҩан илҧылозгьы еснагь иларҳәон, Наҭиа абри аспорт баҭәаҳшьом, иалабхузеи ҳәа. Сара еснагь иласҳәон, абри аус аҿы бманшәалахоит ҳәа. Избанзар лара лхаҭа ари аспорт алылхит, ибҭаху ибҭахыму абри аспорт балалароуп ҳәа аӡәгьы илеимҳәеит. Лара лхала дааины, аҽазыҟаҵара далагеит. Саргьы акыр слыцхраан, адунеи ачемпионс дҟалеит“, - иҳаиҳәеит Бежан Ҷиҷинаӡе. Риҟетәи ашкол аштангистцәа рықәҿиарақәа егьырҭ аҿарацәагьы гәызҭаҵагас ирзыҟалеит, аспорт абри ахкы ашҟа есышықәса азҿлымҳара азҳауеит. Уажәазы аспортшкол иҭоуп 40ҩык аҵаҩцәа. Риҟе мацара акәымкәа, егьырҭ ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҟынтәгьы абрахь иааны рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ ишиҳәаз ала, апандемиа амшала агәыҧқәа еиҟәыршеит, есымша 3-4 етапла рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, ҳаҧхьаҟа ашкол иаҳа идуу азал аҭаххоит. Адунеи ачемпион Наҭиа Гаделиа аштанга знапы азыркыр зҭаху ақьыҭаӡҕабцәа рзы дҿырҧшыгахеит. Наҭиа дналываргыланы, даҽа ӡҕабкгьы ашкол дҭалоит, аха адунеи ачемпион ишылҳәаз ала, хара имгакәа иаҳа ирацәаны аӡҕабцәа абри аус рҽазыркуеит. 18:01 / 29.01.2020 Европаҿы аҧхьахәқәа згаз жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа [афото] Аспорт Автор: Нино Ҭолораиа Ҭаҭиеи, Ҭамари, Еленеи Европа аҿартә чемпионат аҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа ааныркылеит. Жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа рыхҩыкгьы рспорттә 10:02 / 04.11.2019 Абашатәи аӡиудоистӡҕаб Европа ачемпионс дҟалеит Аспорт Урыстәылатәи ақалақьт Ижевск имҩаҧысуаз 23 шықәсанӡа зхыҵуа рыбжьара аӡиудо 10:34 / 29.10.2019 Жәыргьыҭтәи aштaнгист Европa aчемпионaт aҿы aџьaзтә медaл иоуит Аспорт Румынтәылa имҩaҧысуaз 23 шықәсaнӡa зхыҵуa aҿaр рыгәҭa Европa aчемпионaт Архив Аспорт Акоронавирус Апопулиaртә Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Асоветтә репрессиақәа Ажәaбжь ҿыцқәa 11:02 / 23 Нaнҳәa Иракли Ҕарибашвили Ҟрымтәи аплатформа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, 11:15 / 12 Нaнҳәa Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, хымчыбжь аҿҳәарала аҧкрақәак шьақәгылазаауеит Қырҭтәылагьы, адунеи аҿгьы аепидемиологиатә 12:48 / 08 Жьҭaaрa USAID-Қырҭтәыла Аҧсны иарҭеит акоронавирус аҽыхьчаратә тестқәеи адиагностикатә хархәагақәеи USAID/Қырҭтәыла Аҧсны иҟоу ахәышәтәырҭақәеи 12:44 / 08 Жьҭaaрa Чхороҵҟутәи арҵаҩы амилаҭтә ҳамҭа лоуит 2020 шықәсазы арҵаҩы имилаҭтә ҳамҭа лоуит Амультимедиa „Чеми морду“ - зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра рзы арегион аҿы иаадыртыз раҧхьатәи ацентр аус ишауа [афото] Ахәмарраҿы зегьы раасҭа сманшәалоуп, еснагь аиааира згоит, - Ашколахь асабрадала - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит [афото] Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа, Аҭынчраҿ амузыка абжьы ахьуаҳауа „Афольклор аҩны“ [афото] Знык адамхаргьы, Жәыргьыҭ Ҭамар Авакцинациа автобус аҿы [афото] Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо „Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы [афото] 74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала Акультурa Аинтерес аҵаҵаны акарантин мҩаҧызго жәыргьыҭтәи амузыкант [афото] Covid-19 аҿагылара инамаданы имҩаҧгаз адунеитә концерт аҿы еицциз ақырҭуа аиаҳәшьцәа ашәа рҳәеит [авидео] Аҩычагаҿы иаарҧшу ашәануатә бзиабара аҭоурых [афото] Аспорт Наҭиа Гаделиа - Адунеи ачемпионс дҟалеит [афото] Аҳәса рспорт акәӡам ҳәа аҳәара иаҿын, сара маӡала азыҟаҵарашҟа сцон - амилаҭтә аизга иалоу Хобитәи аӡҕаб Европаҿы аҧхьахәқәа згаз жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа [афото] Абашатәи аӡиудоистӡҕаб Европа ачемпионс дҟалеит Жәыргьыҭтәи aштaнгист Европa aчемпионaт aҿы aџьaзтә медaл иоуит Хобтәи aқәҧaҩ aдунеи чемпионс дҟaлеит Аилыркaaрa Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Иааиуа амшқәа рзы иаҳа ирацәаны ахәыҷқәа ашәыхәтәырҭа рҭаххар ҟалап, уи еиҧш ашәарҭара иҟоуп - Иуане Чхаиӡе
https://www.livepress.ge/ap/2019-05-11-09-20-28/article/32082-2020-02-05-13-44-42.html
2024-02-27T18:08:25Z
<urn:uuid:08e96139-64c4-4f12-ad91-25ebd442c036>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.89
0.99
112
22,420
tlsh:T1F49005A2A940DB0FC6B7C468DB8189366CD0184743637661CDCAF0B5168506CEFFCD23AAF9E8064A74AB5622D261FB142A09FCE6687DFBE7704340656D3F39DE269836C19E
Анаҩс, Аҧснытәи аделегациа рыдыркылеит Иорданиатәи апарламент ахада Атиф Тарауни, иара убас апарламент алахәыла, ҳџьынџьуаҩ Менсур Абазеи. Ирылацәажәан хырхарҭа рацәала азҵаарақәа. Адемографиеи Арепатриациеи Адәныҟатәи Аекономикеи Аинвестициеи Афинансқәеи Инарҭбааны 22/11 2017 Аҧснытәи аделегациа усуратә хырхарҭала Иорданиа иаҭааит Арҭ амшқәа рзы Иорданиа аҳҭны қалақь Амман иаҭааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа напхгара ззиуа аделегациа. Уи аилазаараҿы иҟоуп: «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа, афонд аҟны аус зуа аҿартә политиака ахеилак анапхгаҩы, Аҧсны аекономика аминистрраҿы иаҧҵоу аинвистициатә маҵзура аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Симон Агрба, аусдкылаҩ Дмитри Аргәын. Аҧснытәи аделегациа Иорданиаҟа рцара хықәкыс иамоуп уаҟа имҩаҧысуа аекономикатә форум аҽалархәра. Адәныҟатәи Адемографиеи Арепатриациеи Аекономикеи Аинвестициеи Афинансқәеи Инарҭбааны 05/10 2017 Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа Аиааира амш азгәарҭеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира амш 24 ш. ахыҵра аҳаҭыразы, Иорданиа аҳҭны қалақь Амман имҩаҧысит ҳџьынџьуаа злахәыз аныҳәатә хәылҧазы. Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» амилаҭ дыгатә телерадиоеилахәыра «Нарҭи» русеицуразы Аҧсны ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, раҧхьатәи апроект хацыркын Иорданиа, Аиааира амш ныҳәа ду амҩаҧгарала. Аныҳәатә хәылҧазы аҧсышәала иаалыртит афонд аусзуҩ Жанна Леиҧҳа. Аӡырга Адемографиеи Арепатриациеи Инарҭбааны 28/09 2017 Ателецҳа, Аҧсны – Иорданиа, Аиааира амш аҽны Ателерадиоеилахәыра Нарҭ-ТВ, аиҿкаара «Кәбан», «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» раҧшьгарала, Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа рзы аныҳәатә концерт мҩаҧгахоит. Ари аусмҩаҧгатә еиднакылоит ҩнызқьҩык инарзынаҧшуа ауаа. Аныҳәа азгәаҭоуп цәыббра 30рзы, ихацыркхоит асааҭ 20:00. Ишиашоу атранслиациа еиҿкаахоит асоциалтә ҳа феисбуки, иутуби рҿы, иара убас иазгәаҭоуп Аҧсуа телехәаҧшра ишиашоу ицоу аефир ахь ацәырҵра. Аспутниктә телерадиоеилахәыра Нарҭ ТВ, иара ахатә канал аҿы имҩаҧнагоит ишиашоу ицо аефир. https://www.youtube.com/user/nart56789 Адемографиеи Арепатриациеи Адәныҟатәи Инарҭбааны 18/07 2017 Сҭампыл ақалақь аҿы имҩаҧысит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аделегациеи Аҧсуа федерациа ахаҭарнакцәеи реиҧылара Аиҧылара ааиртит ҳџьынџьуаҩ Аадем Махариа. Уи иқәгылараҿы дазааҭгылеит Аҧснынтә аделегациа раара хықәкыс иамоу, иара убас еизаз идирдырит урҭ хаҭа-хаҭала афонд аусураҿы рнапы злаку. Анаҩс, ажәа иҭан афонд ахада Сенер Гогәуа. Сенер Гогәуа инарҭбааны далацәажәеит афонд аусура атәы, уи аҳәынҭқарра аргылараҿы ҵакыс иамоу, иара убас афонд злашьақәгылоу ахарџь ахьынтәаауа. Ажәахә ҟазҵаз Сенер Гогәуа агәыӷра ааирҧшит афонд аҿиара амҩа иадгылап ҳәа ҳџьынџьуаа. Адемографиеи Арепатриациеи Адәныҟатәи Инарҭбааны 17/07 2017 Ҭырқәтәыла "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахатә усбарҭаҿы аиҧылара мҩаҧысит Иахьа ашьыжь асааҭ жәаба рзы, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аделегациа аҭааит Сҭампыл мызқәак раҧхьа афонд еиҿнакааз аусбарҭа. Ҭырқәтәыла афонд ахьӡала хаҭарнакс аус зуа Џьенгиз Ашәба аделегациа ахаҭарнакцәа идирбеит ахыбра, иара убас еиҭеиҳәеит аусура шеиҿкаау. "Ҳара излаҳалшо ала, акультуратә еимадара аҳәаақәа ҳарҭбаароуп, уи ҳара ҳхықәкқәа раҧхьа игылоуп"- иҳәеит Aшәба. Адемографиеи Арепатриациеи Адәныҟатәи Инарҭбааны 15/05 2017 Б. Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» аҧхьара хыркәшоуп Ҭырқәтәыла Аҧсны аҳәынҭқарра, аҧсуа телерадиоеилахәыра, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» русеицурала еиҿкаау апроект «Ацынҵәарах» аҧхьара мҩаҧысуан Ҭырқәтәыла. Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, ароман «Ацынҵәарах» автор Баграт Шьынқәба шәышықәса ихыҵра инамаданы, ҳтәыла араионқәа зегьы рҟны ихацыркуп ароман хәҭа-хәҭала аҧхьара. Маи 10 инаркны 14-нӡа, ари ауснагӡатә иацҵан хдиаспора ахьынхо Ҭырқәтәыла. Адаҧазар, Сақариа, Сҭампыл, Қьефқьен, Џьгьарда-Сауксу аҭыҧқәа рҟны еиҿкаан ҳџьынџьуаа злахәыз аҭыхрақәа. Ԥшьымш ирылагӡаны «Ацынҵәарах» иаҧхьеит жәиҧшьҩык. Адемографиеи Арепатриациеи Акультуреи Аҵарадырреи Инарҭбааны 17/02 2017 «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ҳџьынџьуаа аԥсуа бызшәа арҵара акурсқәа рзеиҿнакааит Ҭырқәтәыла. Ҭырқәтәыла, Адаԥазар Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ашҟа ааԥхьара ҟанаҵеит аԥсуа бызшәа дзырҵо арҵаҩы дырзаарышьҭырц. Ари аус иаразнак рыбжьы ақәдыргеит Сенер Гогәуа хадара ззиуа афонд. Оқтаи Ҷкотуа иаразнак ҭелла сиԥшааит, исарҳәеит ҳџьынџьуаа иҟарҵаз аҳәара атәы . Ҭырқәтәыла, Адаԥазар Сақараиа ақалақь иҟоу аԥсуаа рхеидкыла аҭаххара инақәыршәаны, Аԥсны аҵараеи аҭҵаарадырреи рминистрра ақәшаҳаҭхарала, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахарџьала, Ҭырқәтәыла, аԥсуа бызшәа дырҵаразы Ҭырқәтәылаҟа дышьҭуп Аза Шамԥҳа. Адемографиеи Арепатриациеи Акультуреи Аҵарадырреи Инарҭбааны 25/01 2017 Иорданиатәи ачерқьес школ иаҭааит Аҧснытәи аделегациа Арҭ амшқәа рзы Иорданиа иҟаз Аҧснытәи аделегациа аҭааит Кавказтәи адиаспора аҵаҩцәа аҵара ахьырҵо апринц Хамза ихьӡ зху ачерқьес школ. Акыр шықәса ари ашкол ахәыҷкәа ахьырааӡоз, аҵара ддырҵарц рҽахьазыршәоз ҭыҧын. Ас еиҧш Иорданиатәи апринц Хамза иан ианылба, илыӡбеит аҭагылазаашьа бзи рзаҧылҵарц аҵаҩцәеи, ааӡаҩцәеи, арҵаҩцәеи. Убри аҟынтә аҳкәажә иаҧшьылгеит ахыбра ҿыц лыргыларц, анаҩс уи официалла бжьаратә ҵараиурҭаны иҟалеит. Ахыбра анаадыртуаз амш аҽны, аҳкәажә ҿыц ииз лысаби Хамза длыманы дааит, аҳәарагьы ҟалҵеит апринц хәыҷы ихьӡ ахырҵарц. Адәныҟатәи Адемографиеи Арепатриациеи Инарҭбааны 24/01 2017 Иорданиеи Аҧсни аусеицура рыбжьаҵаразы аганқәа еиқәшаҳаҭхеит. ​Иорданиа имҩаҧысуаз алхрақәа инарықәыршәаны, ачерқьесқәа рцентр еиҳабыс далхуп Зухди Џьамбачыҟәа. Иорданиа, Хашимиттәи акралра иаҭааз Сенер Гогәуа Хадара ззиуаз Аҧснытәи аделегациа русура аҳәаақәа ирҭагӡаны рхы аладырхәит ачерқьесцәа рцентр аиҳабы иалхра иазкыз аусмҩаҧгатәқәа. Ажьарныҳәамзазы имҩаҧысыз алхрақәа рышҟа иааит Амман ақалақь аҟынтә еиҧш, Иорданиа егьырҭ араионқәа рҟынтә ачерқьес диаспора. Маӡалатәи абжьыҭира инақәыршәаны, ачерқьесцәа рцентр аиҳабыс далхын Зухди Џьамбачыҟәа.
http://fondapsny.org/ab/proekty/ademografiei-arepatriaciei
2024-02-21T12:58:46Z
<urn:uuid:c273635c-0f47-4ba5-bd7b-e6f9a04824cf>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.92
0.99
49
10,731
tlsh:T1326736227C44DB1BDAB3C489DE814E365CC1690B8162B220CEC9F5B5160608DFEFCD13A9FAEC1E4AB4DF1222C162BE055D0AFCE5297DBBE3719214912D3F38E9279436C56E
Саломе Зурабишвили – Америка Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара ишадгыло азы ауаажәларратә азхаҵара ду иҟазароуп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Саломе Зурабишвили – Америка Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара ишадгыло азы ауаажәларра... Иҵегь аҭагалара Саломе Зурабишвили – Америка Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара ишадгыло азы ауаажәларратә азхаҵара ду иҟазароуп 20:29, 30.10.2023 «Урыстәыла Украинаҿ имҩаҧнаго аибашьра Қырҭтәыла изхысыз ҳгәаланаршәоит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили CBS NEWS апрограмма «60 минуҭ» аҿы. «Уи, еснагь, ишиашо ашәарҭароуп, абри ауп аус злоу. Урыстәыла аҭагылазаашьа агәаҭара иаҿуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили. Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, уажәы аурысцәа Қырҭтәыла аҭагылазаашьа гәарҭоит. «Абраҟа рымҩа мариоуп — агибридтә еибашьра», — илҳәеит Саломе Зурабишвили. Қырҭтәыла иаҭааиз Урыстәыла атәылауаа ирызкны ианлазҵаа, Саломе Зурабишвили илҳәеит: «Шәтәылаҿ аҕа ибызшәала ицәажәо, рыҩны иҟоушәа згәы иабо ауаа анырацәоу, ҳәарада, уи уаргәамҵуеит». Ажурналист аимпичмент апроцедурагьы дазааҭгылан, длазҵааит: «Аҧыза-министр Евроеидгыла алалара дазҿлымҳам ҳәа шәгәы иаанамгаӡои?». Саломе Зурабишвили ари азҵааразы абас аҭак ҟалҵеит: «Ҳуааҧсыра зегьы абри азҵаароуп ирымоу: — аиҳабыра Евроеидгыла алахәызаара рҭахуп, ажәаны мацара». Қырҭтәыла акандидат астатус арымҭар, уи алҵшәас ахылҵуеи ҳәа ажурналист илылҭаз азҵаара аҭак аныҟалҵоз Саломе Зурабишвили илҳәеит, – «уи Урыстәылазы аиааира ду акәхоит». АПОЛИТИКА Сaломе Зурaбишвили 3 Еиҧшу Ахада ладминистрациа аинформациала, Саломе Зурабишвили визитла Британиа Д ашҟа ддәықәлеит Саломе Зурабишвили - Ҩышықәса ҵит, аха Урыстәыла аиаара агара алымшеит, украинатәи жәлар реихшара алымшеит Ахада ладминистрациа - Саломе Зурабишвили Еврокомиссиа ахада акандидат статус анашьара аус аҿы адгыларазы иҭабуп ҳәа лалҳәеит Миунхен иҟоу Володимир Зеленскии Саломе Зурабишвилии аԥсшәа еибырҳәеит Ахада ладиминистрациа аинформациала, Саломе Зурабишвили Миунхентәи аконференциахь ддәықәлеит Саломе Зурабишвили аԥыза-министр иҭыԥ аҿы Иракли Кобахиӡе ишьақәырӷәӷәара иазку ақәҵара лнапы аҵалҩит Саломе Зурабишвили - Аԥаҳҵап ахартиа "Акзааратә платформа Европазы" Иракли Кобахиӡе - Аиҳабыра ашьақәырӷәӷәара ахада лнапы аҵалҩо аҵалымҩо ихадам, аконституциаҿ иаарԥшуп аконституциа елазго ахада лыҿагыларазы агарантиақәа Саломе Зурабишвили - Аоппозициаа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, аибафара шәаҟәыҵ, ауаажәлар анигилизми агәыӷрадареи рызцәырҵуеит Саломе Зурабишвили - Аԥыза-министр ҿыц иахь ааԥхьара ҟасҵоит, апарламент ахь Гаврилов инашьҭра, Шарль Мишель идокумент аԥыхра, антиевропатәи риторика шәыхьӡ иадҳәалоуп, ауаажәлар европатәи рыдҵа анагӡара ишԥашәылшои Амш зеиҧшрахо 2° амҽ Қaрҭ амҽ 3° ашә 4° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Павел Ҳерчински - Анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи аганахьала Қырҭтәыла аҧхьагылара шамоу аазырҧшуа аҭҵаарақәа гәахәаала аҧара рзоуҳажьҭуеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/salome-zwrabishvili-amerika-qmr%D2%ADtmla-akandidat-astatws-anash%D1%8Cara-ishadgmlo-azm-awaazhlarrat-azxacara-dw-ikhazarowp/
2024-03-02T22:24:29Z
<urn:uuid:94b13a31-480e-4307-82fb-d814cf467def>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.6
0.95
48
6,194
tlsh:T172A4DFD15784CF0BC573C199CB9259353DD26A0A8B317220CECDF8B22246199EFFCC0355FEE8595A609F1461D563EF205249BCE7157DBFDB615200A12E3F35DA2788B2C68E
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит 26 February 2024 1 Анотақәа Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит. 26 February 2024 3 Анотақәа Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит. 26 February 2024 2 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Инал Арӡынба астол гьыжь "Урыстәылеи Аԥсни: ашәарҭадареи аҿиареи" аҟны 2024 шықәса жәабран 22 рзы Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр Урыстәыла ахада иалхра аламҭалаз имҩаԥнагоит астол гьыжь "Урыстәылеи Аԥсни: ашәарҭадареи аҿиареи". Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны АдәА рминистр Инал Арӡынба, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба. 26 February 2024 1 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Инал Арӡынба аиԥылара мҩаԥигеит 2024 шықәса жәабран 22 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа римнистр Инал Арӡынба Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аилак аҿар рыҟәша аиҳабы Идрисом Кара - Осман-оӷлыи Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы адепартамент адиректор Ельза Ҳагԥҳаи дырԥылеит. 21 February 2024 20 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Заур Ӷәаџьаа аинрал Аугусто Николаса Кальдерона Сандино иԥсҭазаара далҵижьҭеи 90-шықәса аҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа аинрал Аугусто Николаса Кальдерона Сандино иԥсҭазаара далҵижьҭеи 90-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Даиси Торрес Боскес инаԥхьарала цәыббра 2024 шықәса жәабран 20 рзы. 21 February 2024 14 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Мухаммад Алии Гассан Шоуреи реиԥылара мҩаԥысит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟоу ачерқьестә гәыҳалалратә ассоциациа адиректорцәа Рхеилак ахантәаҩы Гассан Шоуреи реиԥылара мҩаԥысит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы. 19 February 2024 18 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Лаша Аҩӡбеи Алексеи Климови реиԥылара мҩаԥысит 2024 шықәса жәабран 19 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент адиректор Алексеи Климови реиԥылара м ҩаԥысит. 15 February 2024 34 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Заур Ӷәаџьаа ихы алаирхәит ацәыргақәҵа «Венесуела 20-тәи ашәышықәса иаҵанакуа аурыс ҟазара» аартра ацеремониа 2024 шықәса жәабран 15 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа ихы алаирхәит ацәыргақәҵа «Венесуела 20-тәи ашәышықәса иаҵанакуа аурыс ҟазара» аартра ацеремониа Венесуела иҟоу Урыстәла аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров инаԥхьарала. 14 February 2024 41 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Инал Арӡынбеи аекономика Иреиҳаӡоу ашкол астудентцәеи еиԥылеит 2024 шықәса жәабран 14 рзы НИУ ВШЕ аректор Никита Анисимов иҟаиҵаз анаԥхьарала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дырԥылеит аекономика Иреиҳаӡоу ашкол астудентцәа, астуденттә ԥхьагылаҩцәа рыплатформа «ГосВышка» алахәылацәа.
http://mfaapsny.org/allnews/news/notes/daur-kove-pozdravil-alekseya-dvinyanina-s-dnem-rozhdeniya?PAGEN_1=121
2024-02-26T11:17:01Z
<urn:uuid:a53d0197-f20d-4fd6-bcad-1f9c10fc3908>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
1
0.97
24
6,429
tlsh:T107EBEDD17A04DB5BDAB3C04489A28D309DC058A75320B631DEC5B5B0274214DDBBCD13E5F5AC168F349B0621DA83AF15AB0EFDE525BD7B97709A00643E2F34EA279476E59F
2000 ш. рзы дҭалеит, 2005 ш. рзы ибзиаӡаны далгеит Краснодар ақ. аҟны Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатәфакультет «адунеитә економика» азанааҭ аекономист иквалификациа иманы; 2002 шықәсазы дҭалеит 2006 шықәсазы далгеит Краснодар ақ. аҟны Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет ароман-германиатәи афилологиа афакультет «азанааҭтә коммуникациа аусхк аҟны аиҭагаҩ (англыз бызшәа)» изанааҭ ала; 2005 ш. дҭалеит, 2006 ш. далгеит Краснодар ақ. Аквалификациа аизырҳареи акадрқәа реиҭазыҟаҵареи аинститут «аиуриспруденциа» азанааҭ ала; 2007 ш. рзы дҭалеит, 2008 ш. рзы далгеит Шиллер ихьӡ зху жәларбжьаратәи ауниверситет, Лондон ақ. Британиа ду, ианашьоуп «жәларбжьаратәи абизнес» азанааҭ ала Абизнес- напхгараҭара аҟаза» ҳәа аҩаӡара; 2005 ш. рзы дҭалеит 2009 ш. рзы далгеит Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет Краснодар ақ. аҟны, «адунеитә економика» азаанаҭ ала аспирантура, ихҵоуп аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат иҩаӡара ианашьоуп; 01.08.2005 - 31.01.2006 ш. - Краснодар ақ. аҟны хаз Азаҵәҭира абизнес адепартамент ИАЕ «Краснодартәи атәылаҿацәҭҵааратә инвестициатә банк» аҟны ашәатәтәы система амаҵзура акаҭа аҿиара аҟәша аспециалистс дыҟоуп; 01.02.2006 - 30.12.2007 ш.- Краснодар ақ. ИАЕ «Краснодартәи атәылаҿацәҭҵааратә аинвестициатә банк» Аипотекатә кредит аҭара ацентр иналукааша аспециалистс дыҟоуп; 01.04. 2008 - 28.02.2009 шш. - Краснодар ақ. аҳәынҭқарратә усбарҭақәа "Раиффаизенбанк" акредит рыҭареи рымаҵзуреи рыҟәша аспециалистс дыҟоуп; 01.03.2009 - 01.11.2009 шш. Автосалонқәа аус рыдуларазы аҟәша иналукааша аспециалист, Аԥгаԥсатә еилахәыра «Циурих», Москва ақ.; 01.02.2010 - 01.04.2010ш. - адгылҵакыра - административтә еихшарақәа аус рыдуларазы аусхк ареферентс дыҟоуп. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Аҟәа ақ.; 01.04. 2010 - 01.04.2012 ш. - Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра адәныҟаекономикатә еимадарақәа рыҟәша аиҳабыс дыҟоуп. Аҟәа ақ.; 01.09.2010 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа- афинансқәеи акредити ркафедра арҵаҩы еиҳабыс дыҟоуп, адоцент. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет. Аҟәа ақ.; 01.03.2011 ш. - 26.10.2014 ш.- ЗҲӘА «А – Мобаил» акоммерциатә директор ихаҭыҧуаҩыс дыҟоуп. Аҟәа ақ. 27.10.2014 - 20.01.2015 шш. - Аҧсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩыс дыҟоуп. 20.01.2015 - 30.04.2018 шш.- афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧараҵәахырҭа Аусбарҭа аиҳабыс дыҟоуп; 30.04.2018 30.04.2020 шш. - Аҧыза - министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр; 2020 ш. мшаҧымза инаркны 2021ш. лаҵарамзанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩыс дыҟан; 2021 ш. лаҵарамза инаркны напхгара аиҭон ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра; Дҭаацәароуп, ҧшьҩык ахшара имоуп. Ахада Иадминистрациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы АИ анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩцәа Ашәарҭадаратә Хеилак Ахада Иадминистрациа аилазаара Ахада Иадминистрациа ажәабжь ҿыцқәа Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/administracija_presidenta/rukovoditel_ap_photo_biograph/
2024-02-24T22:01:14Z
<urn:uuid:978f4715-04f3-43ae-b685-70bd068028db>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.83
0.97
0.97
29
5,716
tlsh:T1594EADC1AD40DE4BC2B3C0DD96A04D35ACC5595F5272B232CEC8F5741552048EBFCC13BABEE916AAB4EB1611E1226B006E09FDFA217DAFE7314104917D6E38E9379473869D
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив аԥсуа дипломат, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ, аорден «Ахьӡ-Аԥша» II, III аҩаӡарақәа занашьоу Игор Ахба 75-шықәса ихыҵра идырныҳәалеит. 2 February 2024 30 Инал Арӡынба онлаин-еилацәажәара мҩаԥигеит Жәабран 2, 2024 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи онлаин-еилацәажәара мҩаԥигеит. 2 February 2024 16 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Инал Арӡынбеи Олег Боциеви реиԥылара Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба 2024 шықәса жәабран 2 азы Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев дидикылеит. Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа ргәаанагарақәа еимырдеит аинтерес ззеицрымо азҵаарақәа рганахь ала, ҷыдала Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылахәра аганахь ала. Аиԥылара мҩаԥысит аиҩызаратә ҟазшьа аманы. 2 February 2024 16 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Инал Арӡынба онлаин-еиԥылара мҩаԥигеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи W20 аҟны Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнак, БРИКС аексперттә напхгаҩы Викториа Пановеи жәабран 2, 2024 шықәсазы онлаин-еиԥылара мҩаԥыргеит. Аиԥылара далахәын Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы ахада Ҭарашь Ҳагба. 1 February 2024 63 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Шьамтәыла АдәАР ахада агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Шьамтәыла АдәАР ахада Феисал аль-Микдад агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АдәАр апресс-маҵзура. 30 January 2024 65 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Милана Ҳашԥҳа ахҳәаа ҟалҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациатә каналқәа ркоординатор Милана Ҳашԥҳа иҟалҵеит ахҳәаа: 29 January 2024 24 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Мартин Ҭаркьыл ахҳәаа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр иабжьгаҩ Мартин Ҭаркьыл ахҳәаа ҟаиҵеит: 29 January 2024 20 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Асҭанда Патараиа ахҳәаа ҟалҵеит Аԥсны АдәАР аҟны иҟоу адипломатцәа ҿарацәа Реидгыла ахантәаҩы Асҭанда Патараиа ахҳәаа ҟалҵеит: 29 January 2024 24 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Оҭырба: Мраҭашәара Аԥсны амчрақәа раҳаҭыр аларҟәра аҽазнашәоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рымадаразы адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Саид Оҭырба ихҳәаа: 28 January 2024 19 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Милана Ҵәыџьԥҳа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Милана Ҵәыџьԥҳа ахҳәаа алҭеит Аахыҵ Кавказ ЕЕ ахаҭарнак ҷыдас иҟоу Таиво Клаар 2024 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны аҭаара шилымшо "аҭыԥқәа рҿы ипартниорцәа" уи ҟалашьа амам ҳәа ахьиарҳәаз аҟнытә ҳәа иҳәамҭа:
http://mfaapsny.org/allnews/news/statements_speeches/kommentariy-mid-respubliki-abkhaziya?PAGEN_1=2
2024-02-22T11:21:37Z
<urn:uuid:3d2cb11a-e42f-4b76-b0b5-7baaf400e0c7>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.96
0.97
26
4,904
tlsh:T1AA0CA6A18B04DB8BCAB3D0448A82C932ACC0986B9631B670DFC9B5B0274314DE7BCD13D6B2AC158B389B2262D5D66F156A4FFDE9683D7FC370C211906D2F24ED3B9475919E
Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Т.М. Шамба ихьӡ акамыршәра иазку Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥигеит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Т.М. Шамба ихьӡ акамыршәра иазку Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥигеит Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба имҩаҧигеит Тарас Шамба ихьӡ акамыршәра иазку Аҳәынҭқарратә комиссиа раҧхьатәи аилатәара. Акомиссиа аҧҵан Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусҧҟала 2021ш. рашәарамза 14 рзы. Аиҧылара аартуа, Ахада ихаҭыҧуаҩ иазгәеиҭеит Тарас Шамба иахьатәи аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы ҭыҧс иааникылаз. Бадра Гәымба ажәалагала ҟаиҵеит, акомиссиа алахәцәа зегьы ргәаанагарақәа рҳәарц, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усузҩы ихьӡ акамыршәразы азеиҧш план ашьақәыргыларазы. Аҟәа администрациа Ахада Беслан Ешба аиҧылара иалахәыз адырра риҭеит абри азҵаара ианамданы аҳҭнықалақь анапхгара иазԥхьагәарҭаз ауснагӡатәқәа рзы. Ақалақь ахада иҳәеит, ақалақьтә еизара иаднакылаз азыӡбала, ихадоу апаркқәа руак Тарас Шамба ихьӡ шахҵоу, Ақалақьтә еизара адепутатцәа ақәшаҳаҭхеит Аҟәа администрациа аҧшьгарала аҳҭнықалақь аҟны Тарас Шамба ибаҟа ақәыргылара Аминистрцәа реилазаара аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа аиҳабыра рыҟнытә ажәалагалақәа рылеиҳәеит. Аминистрцәа реилазаара ирыднагалеит Аԥсны Амилаҭтә Банк Тарас Шамба изку аиубилеитә рыцхә азы агәаларшәагатә монета аҭыжьра рабжьгазарц, ииубилеи иазкны азиндырратә мамзаргьы жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзанааҭ астудентцәа рзы хаҭалтәи астипендиа аԥҵара, Гәдоуҭа араион анапхгара рганахь ажәалагала ҟанаҵеит Гәдоуҭа ақалақь амҩақәа руак еицырдыруа аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩы ихьӡ ахҵара. Аиҳабыра иара убас Акомиссиа ирыднагалеит Тарас Мирон-иԥа дахьынхоз аҩнаҟны агәаларшәагатә ӷәы ашьақәыргыларазы Москва анапхгара рышҟа аҳәара аҟаҵара. Акомиссиа алахәҩы, еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы Виачеслав Цыгәба ажәалагала ҟаиҵеит Тарас Шамба иархив аҭҵаара иазку аусура амҩаԥгареи иусумҭақәа рҭыжьреи рзы. Иара убас уи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иабжьигеит Тарас Шамба иара аԥҵаҩцәеи анапхгаҩцәеи дыруаӡәкны дызлаҟаз ала, ихьӡ зху апремиа аԥҵара. Ахада Ихаҭыԥуаҩ аилацәажәара иалахәыз ирылеиҳәеит Тарас Шамба иира амш азы Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны иара игәалашәара иазку ахәылԥаз мҩаԥысраны ишыҟоу. Бадра Гәынба акультура аминистр Гәдиса Агрба инапы ианиҵеит иақәнагоу апрограмма азырхиара. Ахада Ихаҭыԥуаҩ иара убас иазгәеиҭеит ҭагалан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет анапхгарала имҩаԥысраны ишыҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҵарауаа-аиуристцәа, аполитологцәа злахәхо аҭҵаарадырратә конференциа. Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аилацәажәара иалахәыз ирыдигалеит Т.М. Шамба ихьӡ акамыршәра иазку Аусмҩаԥгатәқәа рыплан ашьақәырӷәӷәаразы Акомиссиа анаҩстәи аилатәара уи иира амш аламҭалазы амҩаԥгара.
http://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/anounces/13753/?print=Y
2024-02-22T22:10:08Z
<urn:uuid:1932c60d-d5e8-46bd-a1d4-997ac37120ee>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
15
4,995
tlsh:T1830328A11400DF4BC9B3C059DB915A305CD018074622B670CDCAF5711657098EBFDE13DAFEE81A4A70DF1A12E162BF15715AECE9147C7BD7618211A47A2F38EA3B847AC5DE
Адунеизегьтәи Аџьар Ҟаԥшьи Амзабжа Ҟаԥшьи рымш — Лаҵарамза 8, 1953 шықәса раахыс иазгәарҭоит Адунеизегьтәи Аџьар Ҟаԥшьи Амзабжа Ҟаԥшьи рымш. Ари швеицариатәи агуманист Анри Диунан даниз амш ауп. Иара иаԥшьгарала, 1863ш. рзы имҩаԥган аконференциа, ихацзыркыз жәларбжьаратәи ахеилак Аџьар Ҟаԥшь аԥҵара. Жәларбжьаратәи ахеилак Аџьар Ҟаԥшьи Амзабжа Ҟаԥшьи еиднакылоит 175 тәыла рҟынтәи 400млн. инареиҳаны ауаа. МККК Аԥсны аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы имаҷымкәа ацхыраара рынаҭеит згәабзеира уашәшәыроуи лшарала ихьысҳауи ауаа. МКК имҩаԥнаго аус азы ауааԥсыра аӡәырҩы зхала зуадаҩрақәа ирызныжьу ракәны рхы рыԥхьаӡаӡом, ирымоуп уаҵәтәи амш азы агәыӷра. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Красный Крест отметил 150-летие гуманитарной деятельности: [история создания Общества Красного Креста]//РА. - 2013. - 18-19 мая, (№ 53). - С.5. Кучуберия А. Бывшие подопечные Красного Креста без помощи не останутся/А. Кучуберия//КП. - 2011. - 8 апр., (№ 13). - С.6. Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Адунеизегьтәи_Аџьар_Ҟаԥшьи_Амзабжа_Ҟаԥшьи_рымш&oldid=125504 Акатегориақәа: Лаҵарамза 8 Аџьар Ҟаԥшь Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 02:38, 19 мшаԥымза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B4%D1%83%D0%BD%D0%B5%D0%B8%D0%B7%D0%B5%D0%B3%D1%8C%D1%82%D3%99%D0%B8_%D0%90%D1%9F%D1%8C%D0%B0%D1%80_%D2%9E%D0%B0%D4%A5%D1%88%D1%8C%D0%B8_%D0%90%D0%BC%D0%B7%D0%B0%D0%B1%D0%B6%D0%B0_%D2%9E%D0%B0%D4%A5%D1%88%D1%8C%D0%B8_%D1%80%D1%8B%D0%BC%D1%88
2024-02-27T03:00:39Z
<urn:uuid:d6acc77b-dd27-4a6c-b46e-54e1449d29e2>
[ "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.7
0.75
0.93
8
2,418
tlsh:T12A2C7B41AC408B1BC5B3D49D8F91853589D13D47832333358EAAB8751906498EBFDC22E6EAFC090965DF1262C261EF08BE0AFCEA617D2BCB21D310A03D7F36ED139832D55A
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит. «Ҳаҭыр зқәу Ирина Шьоҭа-иԥҳа, ҳатыр зқәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аколлектив! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны аҭоурых аҟны акрызҵазкуа арыцхә – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш. 1978 шықәса абҵарамза 6 рзы Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьаӡакәны аефир ахь ицәырҵит. Ари амилаҭтә ҵысра ашьҭыҵреи аҿиареи рус акырӡа иацхрааит, уи иалҵшәаны ишьақәгылеит иахьатәи аԥсуа ҳәынҭқарра. Ари амш иугәаланаршәоит ҳажәлар знысыз ахақәиҭреи ахатәҳәаақәҵареи рышҟа инагаз амҩа хьанҭа. 1992 -1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥснытәи ателехәаԥшра аусзуҩцәа апрофессионализми агәымшәареи аарԥшуа русура мҩаԥыргон. Урҭ рфырхаҵареи иаадырԥшуаз аибашьратә хҭысқәа реишьҭагылашьеи ирыбзоураны еизгоуп хәы змаӡам аибашьра архиви адокументациеи, адунеитә уаажәларра ақырҭуа агрессор ихаҿра шыҟаҵәҟьаз аилкааразы алшарагьы рнаҭеит. Хашҭра рықәым Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа. 45 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсуа телехәаԥшра қәҿиарала анапы иану анагӡара иаҿуп. Шәара шәыпрограммақәеи шәрепортажқәеи аԥсуа уаажәларра рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Шәара ауаажәларра ирышәҭо аинформациа инаваргыланы ишәылшоит ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхарагьы, ари, хымԥада, жәлар ртелехәаԥшраны аҟаҵара агьалнаршоит уҳәар ҟалоит. Иахьа, здырра ҳараку анапхгареи, зҳәоу еиқәшәаны аус еицызуа аколлективи ирыбзоураны Аԥснытәи ателехәаԥшреи арадиои аҿиарамҩа иануп, аусураҟны ҳаамҭазтәи амыругақәа алагало, атәыла амедиа-индустриа еиӷьтәра хықәкыс ишьҭыхны. Аԥснытәи ателехәаԥшра есҽнытәи аусура ацәырҵреи, ашьақәгылареи зџьабаа аду зегьы ирзеиӷьасшьоит арҿиаратә еихьӡарақәа, еицакра зқәым агәамч шәнапы злаку аус ду аҟны. Агәра згоит Аԥснытәи ателехәаԥшра ахәаԥшҩцәа аринахысгьы зхаҭабзиара ҳараку, зҿлымҳара зуҭаша апрограммақәа рызнагара шәылшалоит ҳәа». Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16071/
2024-02-21T14:02:23Z
<urn:uuid:f1efb394-8fbc-4522-96c1-4a6fd514c7c4>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.88
0.97
17
4,369
tlsh:T19F4BF8916B40DB8BC2B3D08DCA814A3568C128438272B774CEC9F5B1068615CEFBCD02D5EAED158B78AB1212D662BF106A4DFDE9247DBBD730D311A12D2F3CDA239975C59E
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Екзеков имшира идиныҳәалеит. Хра злоу азҵаарақәа 18 Нанҳәа 2022 Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аекономика хра злоу азҵаарақәа ирызкны аилацәажәара мҩаҧигеит, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура. Банов ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден 18 Нанҳәа 2022 Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Ҟарачы-Черқьестәыла Абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Абу-Иусуф Банов инапаҿы ииркит Аҧсны иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа – «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусҧҟала 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан илшамҭақәа рзы, Аҧсни Ҟарачы-Черқьестәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәараҿы илагаламҭазы, активла имҩаҧигауа аусуразы Абу-Иусуф Банов 2022 шықәса маи 3 азы ианашьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара. Ацҳаражәҳәаҩи аминистри реиҧылара 18 Нанҳәа 2022 Аҧсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин дырҧылеит Аҧсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи аусҳәарҭа анапхгареи. Реицәажәараҿы аганқәа рзааҭгылеит Урыстәылеи Аҧсни рырратә усеицура азҵаарақәа. Ачымазара ашьҭыҵра иаҿуп 18 Нанҳәа 2022 Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ихантәаҩрала имҩаҧысит ауааҧсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб аилатәара. Аҳақьымцәа иазгәарҭоит ачымазара ашьҭыҵра ишаҿу, Ковид-19 хәыҵҟьеит араионқәа зегьы рҟны. Хадаратәла ичмазаҩцәахаз ирыдырбалоит аштамм «омикрон», ачымазарагьы рацәак аҽараапкуам. Иҟан абри аҩыза аамҭа: «Астол гьежь» аҟны агәалашәарақәа 18 Нанҳәа 2022 В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аҧша Аҳәынҭқарратә музеи аҟны ааигәа Аҧсны Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр астол гьежь мҩаҧнагеит, Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз аахыс ҷҭ шықәса аҵра иазкны. Аиҧылара анапхгаҩы – астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аиҳабы Виачеслав Чрыгба иажәаҿы иазгәеиҭеит аиааира шзалымшоз ажәлар зегьы реидгылара ада, Владислав Арӡынба ахара дхәыцны, агәаҕьра аарҧшны имҩаҧигоз анапхгара ада, аҧсуа еибашьцәа рхамеигӡареи рхымшаҭареи… Аамҭа иаӡрыжәыз аибашьҩы 18 Нанҳәа 2022 Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ҳҭоурых адаҟьақәа рҟны иҷыдоу аҭыҧ аннакылоит. Зхәышҭаарақәа ныжьны зыҧсадгьыл аҿаҧхьа зуалҧшьақәа назыгӡоз асолдатцәа рахьтә анцәа имчала зыҧсы ҭаны ихынҳәқәаз рацәоуп, аха иҟоуп зымаха-зышьаха еибгамкәа иааз, убас хабарда ибжьаӡыз, ишьыз. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо Дәрыҧшьтәи аибашьҩы Уаҳаид Чуаз иҩныҟа дхынҳәит, аха араҟа изыҧшын аибашьра иахылҿиааз ажәабжь хьанҭақәа.
https://gazeta-apsny.info/?start=1169
2024-02-24T16:20:29Z
<urn:uuid:fc0de67d-3635-4941-b12d-2c9270807bcd>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.68
0.99
19
4,491
tlsh:T14CF557917480CF4BD4F3C44ADF929A315DC008474662B630CEC9F1B55642098EBFCD23AAFBE8055EA4DB1612C2A2BA10A95AFCFA197DABD7715610A02D3F7CEC2B5435859F
Апрель 14 1994 шықәсазы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григории-иҧа Арӡынба инапы аҵаиҩит Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ақәҵара «Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аус аруразы аиҿкаатә «Аҧсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рҳәынҭқарратә маҵзура азы». Ари арыцхә Аҧсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура анапҵахаз мшуп. Анаҩс, декабрмза 2002 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала ари амаҵзура Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҳасабала ишьақәыргылахеит. Апрельмза 1994 шықәсазы ашәахтқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура раҧхьатәи анапхгаҩыс дҟалеит Беслан Константин-иҧа Кәыбраа. 1998 инаркны 1999 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭон Григори Ражьден-иҧа Еныкь. 1999 инаркны 2002 шықәсанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс дыҟан Константин Константин-иҧа Озган. 2002-2005 шықәсқәа рзы ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан А.Н. Лышәба. 2005-2010 шықәсқәа рзы ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Вахтанг Ахра-иҧа Ҧиҧиа. 2010 инаркны 2016 шықәсанӡа ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Рауф Аслан-иҧа Цымцба. Октиабрмза 2016 шықәса инаркны 2021 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭонДаур Лионти-иҧа Кәырмазиа. Лаҵарамза 2021 шықәса инаркны аминистрра напхагара изиуеит Нанба Џьансыхә Едуард-иԥа. Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра шьақәгылоуп аппарат Хадеи, Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыҧшь, Очамчыра, Галл араионқәеи Аҟәа ақалақьи рҿы иаҧҵоу ашәахтә инспекциақәа рыла. Аппарат Хада аилазаара иалоуп анаҩстәи аусбарҭақәа: азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; аоперативтә усбарҭа; анализи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; азинқәҵаразы аусбарҭа; акадрқәеи аусеилыргареи рзы аусбарҭа; афинансқәеи аҧхьаӡаратәреи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; аинформатизациазы аусбарҭа. Раҧхьаӡа иргыланы, хықәкынагӡарак аҳасабала Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҿаҧхьа иқәгылоуп атәыла аекономика иаҵанакуа асубиектқәа зегьы рыбжьара ашәахтә закәанҧҵара аусура хылаҧшра аҭара, иҧҵәоу ашәахтқәеи, егьырҭ аизгақәеи рыгжьра амҭакәа, ианаамҭоу аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ралагаларазы. Аппарат Хада аусбарҭақәа рпрактикатә усура ҵаҵҕәыс иамоуп ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ауснагӡара хра злоу ахырхарҭақәа рыла, «Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә маҵзуразы» захьӡу Азакәани, аминистрра аусбарҭақәа рықәҵарақәеи рыла.
https://mns-ra.org/ab/company/?
2024-02-23T20:05:01Z
<urn:uuid:2005e239-d1df-4264-b68b-edf254708a4a>
[]
[]
abk-Cyrl
0.94
1
1
12
4,308
tlsh:T1A8B7C1917D409BB7C5F3C04986A1AA364CD2A4170271F130CE85B4B00B82049D7FCD23EEF9E8068AB46B1551D139AF24AA1BFEE574BD6BD7304280616E1F68DD37D0BDE69E
Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит анаплакра маҷ кредитла аиқәыршәара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара Аҧсны акоммерциатә банкқәа рнапхгаҩцәа алархәны. Аилацәажәара далахәын иара убас Аҧсны Амилаҭтә банк Ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа. Аилацәажәараан ишьҭыхын акоммерциатә банкқәа Амилаҭтә банк иазнархиаз анаплакра маҷ кредитла аиқәыршәара апрограмма активла ралархәра иазкыз азҵаарақәа. Рауль Ҳаџьымба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари апроект аҳәынҭқарразы аҵакы ду шамоу, иҳәеит акоммерциатә кредиттә усбарҭақәеи Амилаҭтә банки гәацҧыҳәарала аусеицура иалагап ҳәа агәаанагара шимоу атәы. Беслан Бараҭелиа иазгәеиҭеит, рашәара 15 рзы апрограмма актәи ахәҭа Аекономика аминистрраҟны акомиссиахь азыҳәарақәа рнагара аусура шхацырку. Убри аан кредитла реиқәыршәаразы акомиссиа зықәшаҳаҭу апроектқәа ралхразы азин зду акоммерциатә банкқәа роуп. «Ари аамҭахҵәахаан зыӡбахә ҳамоу ахархәаҩцәа рыкредитқәа ракәӡам, - иазгәеиҭеит Амилаҭтә банк Ахантәаҩы. – Ари зынӡа даҽа проектхоит, уи уажәы азырхиара ҳаҿуп, ҭагалан аусура иалаҳаргап ҳәа иазгәаҭаны иҳамоуп». Акредит аиуразы ашасы ааныжьтәуп. Аҧараҧсахҩы хаҭалатәи наплакҩык иаҳасабала ашәҟәы дҭагалатәуп. «Ари апроект асоциалтә хырхарҭа шамоугьы, акредит азоужьрагьы илаҟәу апроценттә зыҧҵәала ишымҩаҧысуагьы, иеилыркаароуп арҭ аҧарақәа – ҧсахны ишырго, урҭ хымҧада ишырхнырҳәтәу», - иҳәеит инаҵшьны Беслан Бараҭелиа. Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит, апрограмм аихшьалақәа рыла уи ахаҭабзиара ахәшьара аҭара шымҩаҧгахо, қәҿиарала имҩаҧысуазар, апрограмма иацҵахар шалшо. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2325/
2024-02-29T09:46:58Z
<urn:uuid:3da0d06a-a744-49aa-b839-276b9aafab59>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.9
0.86
0.97
14
3,650
tlsh:T1B85D0D713540DB8BC5B3C069CB919A386CC1680343327220CEC9F5B11242099EFFCD23EABFE51A8A70EB0515E562BE116849EDC964BD6AE3601655A13D2F78D9379036D2AE
Хәажәкыра-цәыббразы иҟоу адыррақәа рыла, алаҵа ауаҩы дахьчоит 90%-ла, акоронавирус амшала иҧсыз рҟынтәи 98,95% апациентцәа алаҵа ҟазымҵаз роуп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Хәажәкыра-цәыббразы иҟоу адыррақәа рыла, алаҵа ауаҩы дахьчоит 90%-ла, акоронавирус амшал... Иҵегь аҭагалара Хәажәкыра-цәыббразы иҟоу адыррақәа рыла, алаҵа ауаҩы дахьчоит 90%-ла, акоронавирус амшала иҧсыз рҟынтәи 98,95% апациентцәа алаҵа ҟазымҵаз роуп 13:43, 04.11.2021 Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак ашьҭахь имҩаҧгаз абрифинг аҿы акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина иахылҵуа алҵшәақәа ирыдҳәаланы хәажәкыра-цәыббразы иҟаз адыррақәа цәыригеит. «Хәажәкыра-цәыббразы иҟоу адыррақәа рыла, алаҵа ауаҩы дахьчоит 90%-ла, акоронавирус амшала иҧсыз рҟынтәи 98,95% апациентцәа алаҵа ҟазымҵаз роуп. Зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны атәылаҿы алаҵақәа ҟарҵеит 814 851ҩык, урҭ рҟынтә акоронавирус ҿыркааит 11 403ҩык. Хәажәкыра 15 инаркны ахәышәтәырҭақәа рышҟа инагоуп 53 767ҩык, авакцина ҟазҵаз рҟынтә 1 386ҩык мацара роуп агоспитализациа зҭаххаз», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе. АУААЖӘЛАРРА Авaкцинaциa Амирaн Гaмҟрелиӡе 6 Еиҧшу Иахьа инаркны абҵара 15-нӡа изҭаху ауааҧсыра зегьы хәыда-ҧсада асезонтә грипп аҽацәыхьчаратә вакцина ҟарҵар рылшоит Амиран Гамҟрелиӡе ишааицҳаз, иареи Агәабзиарахьчара аминистри реиқәшаҳаҭрала инапынҵақәа шьҭеиҵоит Амиран Гамҟрелиӡе инпынҵақәа шьҭеиҵоит Амиран Гамҟрелидзе - «Амаамынтә ацәарҧшӡа» , егьырҭ ареспиратортә чымарақәа иреиҧшымкәа, усҟак аларҵәара амам, убри аҟынтә, агәамҵра ахәҭам Амиран Гамҟрелиӡе - Атәылаҿ акоронавирус аларҵәара ашыкьымҭа ҳамоуп Қырҭтәыла ақыҭақәа рҿы авакцинациа апрограмма мҩаҧысуеит Амиран Гамҟрелиӡе - Аҧкрақәа ҟалом Франциа иаарту ақәыҧшылараҿы асабрада аныҟәгара ахымҧадара иаҧыхуп, Норвегиагьы акарантинтә аҧкрақәа реиҳара иаҧыхуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/xazhkmra-tcmbbrazm-ikhow-admrraqa-rmla-alaca-awauim-dax%D1%8Cchoit-90-la-akoronavirws-amshala-iphsmz-rkhmnti-9895-apatcienttca-alac/
2024-02-29T15:29:27Z
<urn:uuid:69f9f79e-cd06-454a-b186-66b3099b267e>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.79
0.94
28
3,595
tlsh:T165FFB7719C04EB4BC7B7C199CA918F312CD17C0B4622A6218EC8B4B421A50B9EFFDC229EB9E5150ED4A70412D161BF145209BCFE247DFED3204141A5AD3F31DD27687ADA9E
Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, Европатәи аинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа аилатәара мҩаҧган - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, Европатәи аинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа аилатәара м... Иҵегь аҭагалара Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, Европатәи аинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа аилатәара мҩаҧган 19:01, 27.11.2023 Европатәи аинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа 70-тәи аилатәара мҩаҧган Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала. Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аилатәараҿы Қырҭтәыла ареформақәа русхәаҧштә иахәаҧшын, Еврокомиссиа абжьагарақәа рынагӡара иазку ауснагӡатәқәа рплан шьақәдырҕәҕәеит. «Аплан аиқәыршәара апроцесс иахылаҧшуан Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи апарламенти. Аплан аиқәыршәара иалахәын иашьашәалоу аусбарҭақәа зегьы. Апланаҿ иарбоуп абжьагарақәа рынагӡаразы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәа, иара убас, иҳәаақәҵан ари апроцесс азы аҭак зыҧхықәу аусбарҭақәеи аплан анагӡара аҿҳәарақәеи», — иануп Қырҭтәыла аиҳабыра ринформациаҿы. АПОЛИТИКА Европатәи аинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа аилатәара Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили 4 Еиҧшу Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп ҳара аглобалтә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны алҵшәа дуқәа шҳауа, адунеитә масштабла изҩыдоу, ишәҭыкакаҷу аҧеиҧш аиқәыршәара шҳалшо Иракли Ҕарибашвили адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа ихы алаирхәит Иракли Ҕарибашвили аилахәыра TAQA анапхгаҩы диҧылеит Аҳәынҭқарра, зынхарҭатә ҭагылазаашьа цәгьоу 1000 ҭаацәара анхарҭа ҿыцқәа рнаҭоит Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина диҧылеит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ари аус ҳазықәҧон, аус аауан, атәыла анапхгареи ажәлари ари астатус ҳҽаҧсаҳтәит Иракли Ҕарибашвили Урсула фон дер Лаиен лахь - Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит Иракли Ҕарибашвили Евроеидгылаҿ ахантәаҩра змоу атәыла – Испаниа аҧыза-министр иахь - Қырҭтәыла, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟатәи алахәыла аҳасабала, Европа ашәҭыкакаҷраҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель иахь – Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит Амш зеиҧшрахо 8° ахә Қaрҭ Ас 10° амҽ 11° Авалиута акурс $ USD 2.6599 0.001 € EUR 2.8839 0.006 ₽ RUB 0.029277 0.027 £ GBP 3.3677 0.004 TOP 5 Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Қырҭтәыла иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа абизнес администрациазы абакалавртә ԥшьышықәсатәи программа, хышықәсатәи программала ирԥсахыр рылшоит Михеил Дундуа - Акоррупциа аҟынтә ахақәиҭра аиндекс инақәыршәаны Қырҭтәыла аԥхьагылара амоуп, адунеи аҿы Қырҭтәыла иалукааша лидеруп Михаил Сарџьвелаӡе - Саакашвили азыӡба ихигоит, аӡәгьы азин имам ақырҭуа аӡбарҭа аҳаҭыр аларҟәразы Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла европарламентарцәа рцәахыхратә ҳәамҭақәа рыдгылара мап аҵәнакыроуп, ари аҟаҵаразы аамҭа ааит
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-gharibashvili-inapxgarala-evropati-aintegratcia-azcaaraqa-rzm-akomissia-ailatara-muiaphgan/
2024-03-01T10:26:39Z
<urn:uuid:32ada721-fc17-4790-a1c3-95360920080d>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.61
0.96
51
5,994
tlsh:T15FE12BC17A04DB4BE673C2558E918A357DD2394A8362A234CEC9B9716646198EBBCC13D9FAE8191AB08B1816D122BF04160AECEB58BDBBE7711240B45D3F34DE3B9472C6DD
Волгоград ақалақь аҟны ажьырныҳәамза 21 азы имҩаԥысуаз акарате иазку иаарту аицлабрақәа рхы аладырхәит Аԥснытәи аспортсменцәа. Урҭ рахьтә, Аԥсны Агәыӡера аҳабла аҟны еиҿкаау афедерациеи, Очамчыра ақалақь аҟны иаԥҵоу – «Абраскьыл» ҳәа хьӡыс измоу аклуби рыҟнытә 27-ҩык аспортсменцәа. Аҵаақәышьқьраара иазку аицлабрақәа Ажьырныҳәа 31, 2024 Аиҵбыратә қәра иаҵанакуа, Аԥснытәи аспортсмен қәыԥш Шорена Гәыниа раԥхьаӡакәны лхы рылалырхәит Урыстәыла Афедералтә округ хада аҟны имҩаԥысыз аҵаақәшьқьыраара иазку аицлабрақәа. Имҩаԥысит ахәыҷтәы ашахматтә еицлабра Ажьырныҳәа 31, 2024 Аҟәа ақалақь аҟны имҩаԥысит есышықәсатәи итрадициатәу ахәыҷтәы шахматтә турнир. Уи рхы аладырхәит Аԥсны ақалақьқәа рыҟнытә 90-ҩык ахәыҷқәа. Астатиақәа Ацхыраагӡатә школ аҟны Ажьырныҳәа 31, 2024 Ааигәа Аҟәатәи ацхырагӡатә школ аҟны имҩаҧысит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә семинар. Уи азкын зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа аҵаратә процесс рылааӡара атема. Астатиақәа Уасил Царгәыш ихьӡ ахҵоуп… Ажьырныҳәа 31, 2024 Ажәлар ркультура ашьҭыхразы иаҭахуп аҟазара злоу ауаа хатәрақәа, урҭ шаҟа ирацәаҩу аҟара ҳахьӡ адунеи иахыҵәоит. Убасеиԥш зкультура ҳараку, аҟазара ҷыда злоу ҳакәны адунеи ҳахзырҵәаз ируакуп, ираԥхьагылоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә зҽаԥсазтәыз ашәаҳәареи аќәашареи рансамбль. Астатиақәа Сахьиз, сахьааӡаз Аҟәа, сыԥсы алоуп… Ажьырныҳәа 31, 2024 Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа… Аибашьра ҟалаанӡа ари ақалақь ԥшӡаҿы инхоз аԥсуаа хыԥхьаӡарала имаҷын. Еныкь Ҭодиа Шәлиман-иԥа еицырдыруаз, ипатриотыз, зыхьӡи зыжәлеи еидкыланы ирҳәоз аԥсуа хаҵан. Аԥсны ицоз аполитикатә еибырххарақәа еснагь дрылахәын. Астатиақәа «Аԥеиҳаб» Ажьырныҳәа 31, 2024 Ахьҭа ӷәӷәа иҟазгьы иннамкылакәан А. Вампилов иҩымҭа «Аԥеиҳаб» иалхыз аспектакль апремиерахь инеиз аҟазара абзиабаҩцәа С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа Аҳәынҭқарратә драматә театр азал дырҭәит. Ахәаԥшцәа ргәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшыз, Аҳәынҭқарратә аҿар театр актиорцәа аԥардақәа анааимҟьа лассы асценахь иаацәырҵит. Астатиақәа Шамил Хокерба диижьҭеи 125 ш. ҵуеит Ажьырныҳәа 31, 2024 Ашәҟәыҩҩы, апублицист Шамиль Ибрагим-иҧа Хокерба диит (20.01.1899) Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Очамчыра ақалақь аҟны – иԥсҭазаара ҿахҵәеит Лагодехи, Қырҭтәыла, 1942 ш.). Аҿарацәа реихьӡарақәа Ажьырныҳәа 31, 2024 Ажьырныҳәамза 13 – 14 рзы Москва имҩаԥгаз аҟазара адунеи ачемпионат «Адунеи аҟазара» иахәҭакыз жанр рацәала еилаз жәларбжьаратәи афестиваль «Лидеры России» аҟны, Едуард Бебиа ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» аҿы иаԥҵоу ахәыҷтәы ахореографиатә студиа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Анжела Дбар напхгаҩыс дызмоу «Иааирума» иреиҳаӡоу аԥхьахә «Гран-при» иахьаԥсахаз, иалахәын убасгьы ҳешьаратә жәларқәа иреиуоу аедыгьақәа рхаҭарнакцәагьы, Адыге-Хабль араионтә культуратә хан аҿы иаԥҵоу ахәыҷтәы ахореографиатә гәыԥ «Радуга» ҳәа хьӡыс измоу. Уи напхгаҩыс дамоуп Абдокова Инесса Хазраил-иԥҳа. Аицлабра аҟны ансамбль «Радуга» иқәдыргылаз: авальс «Нежность», ҳаамҭазтәи акәашара «Коралловый феерверк», адебиуттә кәашара «Девичий танец» рзы иранашьан афестиваль аԥхьахә I аҩаӡара. Адыге-Хабль араион ахадара аиҳабы Астежев Мухтар Темир-Булат-иԥа ахәыҷтәы ансамбль «Радуга» ирыдиныҳәалеит, ирзеиӷьишьеит аԥхьаҟагьы аизҳара, ақәҿиара дуқәа. Саида Ҳаразиа Астатиақәа «Ахьтәы каԥ-каԥ» амҵәыжәҩақәа Ажьырныҳәа 31, 2024 Адунеи ажәларқәа зегьы реиԥш, ҳажәларгьы жә́ытә-натә аахыс ирымоуп: рбызшәа, рҵас, рқьабз, рҟазара… даҽа милаҭк иалазмырҩашьо. Аҟазара уи доуҳатә культуроуп, ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара иахәҭакуп, аҵакы адунеиаҿы инарҵауланы иахәаԥшуеижьҭеи акырӡа ҵуеит. Адоуҳа амч ахархәарала ианакәызаалак ауаажәларра рыбзазара еиҿыркаауан. Амилаҭтә хаҿра шьақәзырӷәӷәо аҟазараҵла амахәҭа жәпақәа ируакуп ажәлар рашәаҳәареи рыкәашареи.
https://gazeta-apsny.info/itemlist/user/806-aslan?start=60
2024-02-24T16:24:29Z
<urn:uuid:72e8d138-1027-4e42-8865-6dd35c73fee6>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.99
1
0.99
38
6,765
tlsh:T1E968ECD1AB80DB8BDAB3D4588A9299352DD16C5242A67270CEDAF0391646059EFFCD03EAE7EC164A64EB2226C142AE10A94FFCF9157D3EE3319300E12D3F34ED276433D19E
Аимҳәаду — ари даара ишәарҭоу чымазара ҿкуп. Дарбанзаалак ауаҩы аимҳәаду абактериақәа злоу иҿку аҳауа лбааидар алшоит. Насгьы заҟа ирацәаны, ма ирлас-ырласны ас еиԥш иҿку аҳауа ахьыҟоу ауаҩы дақәшәо аҟара, убри аҟара иҳаракуп ашәарҭара ауаҩы аимҳәаду ихьыр алзыршо. 1902 ш. рзы Гәылрыԥшь костроматәи аамсҭа Николаи Смецкои иргылоит аимҳәаду змоу ачымазцәа рзы асанатори. Х-еихагылак змаз ахыбраҿы 110 ҭыԥ аман, ачымазцәа аҽыхәшәтәра иахыршәаауан 60 мааҭ, уи ахарџьқәа иҟаз зегьы рҟынтә иаацқьаны абжа акәын иартәоз, егьырҭ иаанхоз аицҵалыҵқәа Николаи Смецкои ихатә ԥара ахишәаауан, ари аҩыза аҭагылазаашьа иалнаршон зылшарақәа маҷыз ачымазцәа ргәабзиара ишьахәыз акурортологиатә хәышәтәырҭаҿы аиӷьтәра. 1913 ш. рзы Смецкои иргылоит асанатори аҩбатәи акорпус. Ари ахыбра Аԥсны зегь реиҳа идууз ԥшь-еихагылакны иҟаз, 250 ҭыԥ змаз хыбран. Асанатори акыр ааха ӷәӷәа аиут Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәеи Аԥсны аблокада ианҭагылази раан. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш Агрба Р. Обращайтесь в диспансер: [о борьбе с туберкулёзом]//РА. - 2003. - С.4. Нерсесян М. Туберкулез: борьба продолжается...: [о Гульрыпшской туберкулезной больнице, которая нуждается в ремонте]//НГ. - 1999. – 1 марта, (№ 9). - С. 2. Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Адунеизегьтәи_амш_аимҳәаду_аҿагыларазы&oldid=118894 Акатегориақәа: Хәажәкырамза 24 Хәажәкырамза Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 07:13, 8 цәыббрамза 2022. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B4%D1%83%D0%BD%D0%B5%D0%B8%D0%B7%D0%B5%D0%B3%D1%8C%D1%82%D3%99%D0%B8_%D0%B0%D0%BC%D1%88_%D0%B0%D0%B8%D0%BC%D2%B3%D3%99%D0%B0%D0%B4%D1%83_%D0%B0%D2%BF%D0%B0%D0%B3%D1%8B%D0%BB%D0%B0%D1%80%D0%B0%D0%B7%D1%8B
2024-02-28T16:26:58Z
<urn:uuid:66dc257f-7500-4d91-8709-c61c103cbe34>
[ "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.79
0.91
0.94
11
2,998
tlsh:T16A744251CD048F5FD2B3C15DCA928E3158E02843830373258ED9B17566460DDEBFCC23AAFFEC454A68EF1266D162EE046E09FCE9027C6ED3319200A1193F39EA175473C69E
Азинтә ҟазшьа змоу ақзҵара, адҵа азакәан аппроектқәа реиҧш иҟоу АА ААП иҭнажьуа азинтә експертиза амҩаҧгара. АА ААП аҟәшақәеи иареи аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа реиқәыршәара. АА ААП анапаҵаҩразы иҭало аиқәшаҳаҭрақәа иахьатәи азакәанҧҵара иақәныҟәо агәаҭара. АА ААПи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭрақәеи АА ААПи УА ААП, аҳәаанырцәтәи атәылақәеи, акоммерциатә еиҿкаарақәеи, хаҭалатәи анапалакыҩцәеи рыбжьара ибжьаҵоу аиқәшаҳатрақәа русура ахылаҧшра. АА ААП анормативтә базала аиқәыршәара: Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иқәҵарақәа, Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарақәа. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аьжьаҟазартә ӡбараҿы АА ААП аинтересқәа азыҳәаратә еилыргараан. Еиуеиҧшым азинтә зҵаарақәа рзы аилацәажәара. Аиуристә документқәа реиҿкаара. Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқакрратә усбарҭақәа , аиҿкаарақәеи урҭ реидгылақәеи рзы Аиқәшаҳаҭра апроектқәа реиҿкаара, урҭ апрактикатә усура ахылаҧшра.
https://www.tppra.org/ab/o-torgovo-promyshlennoy-palate/structure/detail/lawyer/
2024-02-25T15:07:56Z
<urn:uuid:98660fc2-abf3-4a30-ad89-235522615729>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
7
1,693
tlsh:T1362ED53126009787D2B3C0C48A81DD35ACD1E4024232A3308FD9F1B40A5104AEAFDE13AFB6E956C968BB0606D5156F2498EADEDA74BDAED3714105E16E2F74CC3BE4BAC2DD
Адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аҟнытә Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума ашҟа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь анефтаалыҵқәа раагара аҭышәныртәалара азҵааразы Ааԥхьаразы» Ақәҵара рыдыркылеит Иахьа ааԥынтәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа аилатәара мҩаԥыргеит. Аилатәараҟны еицҿакны ирыдыркылеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аҟнытә Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума ашҟа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь анефтаалыҵқәа раагара аҭышәныртәалара азҵааразы Ааԥхьаразы» Ақәҵара. Ааԥхьара атекст аҟны иҳәоуп: «2023 шықәса ԥхынҷкәынмза 16 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ақәҵара аднакылеит ИАУ «УРЫСНЕФТ» Аԥсны Аҳәынҭқаррахь анефтаалыҵқәа аазго експортиор заҵәык аҳасабала ишьақәзыргыло. Ари акт аамҭалатәи аҟазшьа амоуп, аусурагьы ааннакылоит ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы. Убри аан Ақәҵара апунктқәа руак иазԥхьагәанаҭоит изаамҭанытәиу ашықәсбжак аҿҳәара ацҵара. Ареспублика абылтәы џьармыкьа алахәцәа ргәаанагарала, Абылтәы хьшьтәы материал аагаҩык иҟны мацара аахәара апрактика еиҟарам аҭагылазаашьақәеи анефтаалыҵқәа рзымхаразы ашәарҭа дуи аԥнаҵоит. Ас еиԥш иҟоу агәҭынчымра мзызс иамоуп ԥасатәи ашықәсқәа раантәи аԥышәа, усҟан атуристтә аамҭа аилашыкьымҭаз абылтәы аиԥҟьара ҟалеит. Ари аихамҩа аладатәи ахырхарҭала иахьҭацәымызи апассаџьыртә мҩангарақәа аԥыжәара рыҭареи ирыхҟьеит. Иҳәатәуп, абри аан аихамҩатә транспорт ала абылтәы амҩангара ишартәо 70 % азеиԥш мҽхакы аҟны. Иҟан аҭагылазаашьақәа, анефтаалыҵқәа аазгоз атранспорт Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынӡа ианынаӡоз азауад-аҭыжьҩы аидара андәықәнаҵа нахыс 2-3 мзы рышьҭахь. Ари анефтаалыҵқәа рџьармыкьаҟны ауадаҩрақәа аԥнаҵон. Аԥышәа иаҳнарбоит еилахәырак-експортиорк мацара алкаара ҳтәыла анефтаалыҵла аиқәыршәара аус ибааԥсны ишаныԥшуа. Уи ахҟьа-ԥҟьақәа аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш, ҳтәыла иаҭаауа асасцәагьы ирныруеит. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи русеицура иамоу аҩаӡара ҳаракы ҳасаб азуны, аҳәара ҟаҳҵоит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҭҵааны 2023 шықәса ԥхынҷкәынмза 16 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ақәҵара Аԥсны Аҳәынҭқаррахь анефтаалыҵқәа раагараан еилахәырак-експортиорк мацара алкаара ахәҭаҟны хымԥада аԥсахра шаҭаху азы, аџьармыкьа апринцип хадақәа – аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵараҟны ахақәиҭра алыршара аиқәырхаразы аԥсуа ган апозициа УА Аиҳабыра анапхгара аҟынӡа анагара». Иара убас ирыдыркылеит «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны ажурналистцәеи амассатә информациа ахархәагақәа ртехникатә специалистцәеи рзы Аккредитациа Аԥҟарақәа аԥсахарақәа ралагаларазы» Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти Ақәҵара. Аԥсахрақәа аккредитациа аԥҟарақәа, иара убас аккредитациа зызу ажурналистцәеи амассатә информациа ахархәагақәа ртехникатә специалистцәеи ирызкуп.
https://parlamentra.org/ab/novosti/4375.html
2024-02-24T13:02:20Z
<urn:uuid:577732f2-4ab2-4b59-8b4f-f902f9a80388>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
8
5,094
tlsh:T1116C33B14C408F8BD9B3C0589E828E31ACD198434662B730CE89F175164105AEBBCD13EABAE8064B78DB1621D112BF11A54EFDE9607D6FEB308250E16D3F38ED379436D5AE
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит аиҳабырауаа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, АЕА «Амшынеиқәафмцамч», Апрокуратура хадеи Аҩныҵҟатәи аусқәеи рхаҭарнакцәа алархәны. Аилацәажәараҟны ишьҭыхын изакәанымкәа акриптовалиута арҳареи атәылаҟны иҟоу аепидимиологиатә ҭагылазаашьеи ирызкыз азҵаарақәа. ́ Ахада иазгәеитеит иоуа аинформациа ала афымцамч ахархәара амҽхак еиҭа иазҳауа ишалагаз. Аҳәынҭқарра ахада иажәақәа рыла, афымцамч ахархәара азҳара иҟалаз ахьҭақәа ишрыдҳәалам. "УА аҟнытә иаауа афымцамч амҽхак ҳасаб азуны, ари амзазы уи ахархәара амҽхак 8,3 млн квт иреиҳамхароуп",- иҳәеит иара. Ахада даҽазныкгьы амаҵурауаа рнапынҵақәа анынармыгӡа ирыду хаҭалатәи аҭакԥхыкәра атәы ргәалаиршәеит. «Аӡәгьы игәы имырҭынчроуп. Аҭагылазаашьа ҳариашароуп», - абас ргәы рҽаниҵеит иара. Аслан Бжьанаиа иҳәеит аринахыс ас еиԥш инарҭбааны аилацәажәарақәа рымҩаԥгара игәы ишҭам. «Афымцамч ахархәара амҽхак азы исоуа аинформациа инақәыршәаны азыӡбақәа сыдыскыло салагоит», - иаҵшьны иҳәеит Ахада. Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа далацәажәеит атәылаҟны иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа. Уи иажәақәа рыла, ирыдыркылаз аԥкрақәа рыбзоурала ауааԥсыра рыҩныҵҟа короновирустә ҿкы иахҟьаз ачымазара арбагақәа алаҟәра иаҿуп. Ахада ҷыдала иазхьаирԥшны иҳәеит уи агәҭынчразы азин шаҳнамҭо. «Арҵаратә процесс ахацыркра инамаданы асанитартә нормақәа еиҳа ҭакԥхықәрала рызнеира аҭаххоит», - иҳәеит Ахада. Аԥыза-министр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба аҳәынҭқарра ахада адырра ииҭеит аиҳабыра алархәны аҵараиуратә усҳәарҭақәа аҵара ишазхиоу азы агәаҭара шымҩаԥыргаз азы. «Иазгәаҭатәуп ашколнӡатәи аусҳәарҭақәеи ашколқәеи иахьынӡалшоз ала аарҭра ишазхиоу», - иҳәеит Делба. Ахада аиҳабыра алахәцәа, аҳәынҭеилахәырақәа, егьырҭ амаҵзурақәа ирыдиҵеит апандемиа ыҟанаҵы ҩымш рыҩныҵҟала ашколқәа хылаԥшра рзызуа, школцыԥхьаӡа знапы иану ачынуаа рсиа изааргарц азы. «Ари иаанагаӡом ԥарала ацхыраара рышәҭалароуп ҳәа. Зыӡбахә ҳамоу асанитартә нормақәа рықәныҟәара шымҩаԥысуа ахылаԥшра ауп. Абри арежим аҟны мызқәак аус утәуп. Апандемиа иадҳәалоу апроблема ӡбаны ианыҟала, ари аусура аанкылахоит», - иҳәеит иара. Аилацәажәара иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/13445/?print=Y
2024-02-22T20:28:57Z
<urn:uuid:f265284f-5b44-4c12-98a3-447c4c76d29e>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
15
4,237
tlsh:T179980A912840DF8BC5B3C089DAC28A366CC128435632B760CEC9F5B5160609DEBFCC139AFAE8094A74AB1952D152BF156509FDEA253D7BD7304200956C3F38DE3A947AC6EE
Иахьа «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусзуҩцәа, апроект «Аԥеиԥш» аусура ацҵо, иаҭааит ақыҭа Ҭхьына инхо, ааигәа афонд ахь ацхырааразы аҳәара ҟазҵаз, ахшарарацәа змоу Рамаза Зингашьвилии Гәында Ԥаԥасқьырԥҳаи рҭаацәара, избан акәзар аҭаацәара нхоит иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҿы. Зынӡа Рамази Гәындеи быжьҩык ахшара рымоуп, аиҳабацәа анхамҩаҟны рҭаацәа ирыцхраауеит, избанзар инахароу ақыҭараҟны аусура ҳәа акгьы узыԥшаауам. Ахшарарацәа змоу аҭаацәара ахьынхо баны иӡбан, зегь раԥхьаӡа иргыланы аҩны аӡыржәтә амамзаара апроблема арҽеира. «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ала иаахәан 450 м иҟоу аӡымҩангара шәыра, аӡы зҭарҭәо амкьаҭ, аӡырԥхагатә мкьаҭ, аӡәӡәага машьына, аҭышәныртәалага, абзазаратә химиа, иара убас ахәыҷқәа рзы ахаа-мыхаақәа.
http://fondapsny.org/ab/aproekt-aeish-thyna-akytarakny
2024-02-21T11:20:34Z
<urn:uuid:bd4560a5-007d-43e1-a800-91f7f164f8e1>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
3
1,356
tlsh:T1BC0087216B81DF8BDA77C61ACEC24E362CC06D03822222648F8DF1F550451D9FFFCD13DABAD51A9EA4DB1125D221BA906905FCED557967E7309205E0283F3ED91B6872C59E
Ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы Аусбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра аппарат Хада иаҵанакуа структуратә еиҿкаамҭоуп, ақ. Аҟәеи араионтә инспекциақәеи зҵазкуа ахатә хаҿрақәа ршәахтәықәҵараҿы. Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу. Аусбарҭа уснагӡатә хаданы иадуп аусдкылара знапы алаку, ахатә-усдкылаҩцәа ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәеи реизгақәеи ирыҵанакуа азакәанҧҵара анагӡашьа хылаҧшра аҭара. Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР аинспекциақәа рыҟәшақәа рҿы ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵара аусра шьақәдыргылоит, аусдкылаҩцәа ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵара иадҳәалоу азакәанҧҵара анагӡашьа ахылаҧшра анаҭоит ахатәы компетенциа аҽҭагӡаны. Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵара анагӡашьа аилкааразы акомплексттә гәаҭарақәа рымҩаҧгара ахы аланархәуеит, аинспекциақәа ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵара аҟәшақәа рҭагылазаашьа системала иахылаҧшуеит. Ашәахтә закәанҧҵареи ашәахтә политикеи реиқәыршәареи реиҿкаареи рымҩаҧгареи рҿы ахы аланархәуеит, ишьақәыргылоу, аус зуа аусҧҵәа аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны. Алкаақәҵеи астатистикатә лкаақәеи анализ рызнауеит, иара убас, аҭыҧантәи агәаҭарақәа анализ рызнауеит, урҭ шьаҭас иҟаҵаны алагалақәеи арҽеирақәеи еиқәнаршәоит ашәахтқәеи аизгақәеи ирызку Азакәанҧҵара адгаларазы.
https://mns-ra.org/ab/central/nalog_phis/
2024-02-23T19:22:40Z
<urn:uuid:d71ba55c-2dff-4009-9d08-53afe4ff5f0d>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
3
2,730
tlsh:T12B07E251D500ABABC4F3C0848692C9361CD1580B0262F630CEC5B5B00B91059D7FCD13FEFAF84586B46B0605D2796B24956EEED968BD7BD2705540919E2E78EC32F17DC6ED
2015 шықәса хәажәкыра 11 рзы Аԥсни Урыстәылеи рнапы зҵарҩыз Амеморандум аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва имҩаԥысит аурыс-аԥсуа консультациақәа. Аконсультациақәа ирылахәын Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, ИАР атәылақәа аԥшьбатәи Рдепартамент адиректор Алексеи Павловски. Ирылацәажәан ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирзырхаз азҵаарақәа жәпакы: Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи русеицура; аԥсуа маҵзурауаа Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны рдырра ацҵара; Аԥсны ԥхьаҟа жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәара уҳәа реиԥш иҟақәоу.
http://mfaapsny.org/allnews/news/othernews/v-mid-rossii-proshli-abkhazo-rossiyskie-konsultatsii23/
2024-02-25T08:29:46Z
<urn:uuid:2cccd119-9059-4da0-aa3a-6ffaed4cf0c5>
[]
[]
abk-Cyrl
0.96
1
1
3
989
tlsh:T12FBC61113890938FC4B3D09549928D2959E0581386767376CF96B4606B40158EFFCC02E6F1B8588FA8E71123C2817E216B4EEDD925BEBED722D300E02E3F249C2764BAE5DF
https://sputnik-abkhazia.info/20240112/Aza-khy-Antsa-iazaaumgan-asuaa-Azhyrnya-shymayrgo-1031622307.html "Азҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган": аԥсуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго "Азҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган": аԥсуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго Sputnik Аҧсны Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Марина Барцыцԥҳа иҳадылгалоит Ажьырныҳәа, бзыԥаа рҿы Хьачхәама ҳәа изышьҭоу... 12.01.2024, Sputnik Аҧсны 2024-01-12T10:00+0300 2024-01-12T10:00+0300 2024-01-11T21:41+0300 https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102923/69/1029236974_0:0:2001:1125_1920x0_80_0_0_db967bcc50acba28968eda3c88cbffb4.jpg Sputnik Аҧсны [email protected] +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2024 Марина Барцыцԥҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102507/63/1025076384_0:33:1074:1107_100x100_80_0_0_c6854293df6a7894be422d67f82c09d2.jpg Марина Барцыцԥҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102507/63/1025076384_0:33:1074:1107_100x100_80_0_0_c6854293df6a7894be422d67f82c09d2.jpg Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны [email protected] +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102923/69/1029236974_0:0:1777:1333_1920x0_80_0_0_8799d6949af54d258d0a4cd46cb04f27.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны [email protected] +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Марина Барцыцԥҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102507/63/1025076384_0:33:1074:1107_100x100_80_0_0_c6854293df6a7894be422d67f82c09d2.jpg жәлар рдоуҳа жәлар рдоуҳа "Азҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган": аԥсуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго 10:00 12.01.2024 © Foto / Марина Барцыц Праздник Ажьырныхуа © Foto / Марина Барцыц Анапаҵаҩра Марина Барцыцԥҳа материал Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Марина Барцыцԥҳа иҳадылгалоит Ажьырныҳәа, бзыԥаа рҿы Хьачхәама ҳәа изышьҭоу аныҳәара амҩаԥгашьа иазку аматериал. Ажьырныҳәа, абзыԥқәа рҿы Хьачхәама ҳәа ззырҳәо, мҩаԥысуеит амзаҿа ангыло, ажәытәтәи иулиантәи амзар ала ажьырныҳәа 13 рзы. Апсуаа жәытәнатә аахыс ари ашықәс еиҩшара ҳәа ирԥхьаӡон. Избанзар абри аламҭалаз "зимнее солнцестояние" ҳәа изышьҭоу амра аԥхынрахь ианхышәҭуа, амшгьы иубаратәы ацлара ианалаго ауп. Абри аҽны шьыжьымҭан Уаҭҳаратәи аныҳәаҩ Борис Аиба (иара ажьира ианамшу - шәахьеи-ԥшьашеи) ижьираҿ "Аԥхынныҳәара" мҩаԥигоит. Имҵаныҳәон, ихьӡ ианықәуан: аԥсуа традициатә динтә дунеиқәыԥшылараҿы Шьашәы иҭыԥ 14 Ажьырныҳәа 2020, 15:27 Абзыԥқәа рҿы ажьира змамгьы, аныҳәа ҭаацәала имҩаԥыргоит. Иаразнак иазӷәаҳҭап, ари шҭаацәаратә ныҳәоу, аунификациа азум, убри аҟнытә аиԥшымрақәа, аивгарақәа маҷымкәа ишуԥыло. Иарбан ныҳәазаалакгьы иамоуп иара иатәу аритуалтә чыс. Ижәытәӡатәиу аныҳәқәа рҟны иахьеиԥш ачыс еиларыжьӡомызт. Иара иатәу ҳәа акы ыҟан, иахьынӡауазгьы еиларгаӡомызт уи. Ҳазааҭгылап Ажьырныҳәа амарҭхә, ачысхәы: Ацәашьы абри аныҳәараҿ ихадоу, зда ԥсыхәа амам иреиуоуп. Ацәашьы иахабалак еиԥшӡам. Иҟоуп цәашьык ахьыҟоу, иҟоуп ҩба ахьыҟоу - акы аныҳәаҩ ихазы, егьи иҭаацәа рзы, мамзаргьы акы - иара итәы, нас иҭаацәа рыцԥхьаӡа хаз-хазы, ма еиларҳәны (иара итәы агәҭа еиҳаны). Мамзаргьы – 7 (агәҭантәи дуны). Нас аԥсынгьари аҿы иадыркуан, ма иҩаҳаракны. Ажьира змам адәахьы аҵлашьапаҿы, аҩны абарҵа ашьаҟаҿ, ма аҭӡамц аҿы иадыркуан. Иҟан иаразнак доусу ицәымзахә ихы иакәыхшаны иахькыдырҵоз. Хьачхәаматәи аҭаацәа ирзеиԥшу ацәымза былуа анҵәамҭахь ианнеилак, иаакыдхны "зҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган!" ҳәа зегьы рхы иаакәыхшаны амца иақәдыршәуан. "Зҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган" - ачымазара Анцәа иаҳзааумган, уимоу баша чымазарамкәа, аҿкы чымазара ала ԥхӡы ҳалҵуа ҳҟаумҵан ауп иаахҵәаны иуҳәозар иаҵанакуа. Шәышықәса раԥхьа аҵарауаҩ Генко А.Н. аԥсуа-аурыс жәар аҿы абас еиҭеигоит ажәа "азҩа"- "болезнь, чума, зараза, эпидемиа" ҳәа. Ныҳәарацԥхьаӡа иамоуп иара иатәу ачысхә: Ари аныҳәараҿ раԥхьаӡа игылоуп ашьтәа. Уи абшьтәа хышықәса зхыҵуа акәзар бзиан, иҟан аӡыс зшьуазгьы (досу ишилшо). Убас шықәсык абжьара шықәсык ашьтәа ршьуан, егьи иааиуа ашықәс рбаӷьла мацара иныҳәон. Ашьтәа цқьазароуп. Заа иҿарҳәон аҽарыцқьаразы – махәқәак, ашәч арҭон. Ажьирахь ианыргоз, аҿы, ашьапы ӡәӡәаны, мпахьшьыцқьала ирбаны инаргон. Амра аҭашәарахь ахы анархалак, рышьтәа атәыҩа ианкны инаган иныҳәон: нас иацырҵон: "...Уажәы абзара уҳарбеит, нас агәы-агәаҵәа уҳарбоит", - ҳәа. Ани арбаӷьгьы ус акәын. Дзымҵыҵыз ажьира ахьӡала хазы зхы зныҳәоз аԥхәысгьы "сарбаӷьԥшӡа" ҳәагьы нацылҵон. Ус иубалак, гра змоу ушьыр ҟалаӡомызт. Габниаԥҳа: ажьырныҳәа амчра дуӡӡа змоу ныҳәоуп 13 Ажьырныҳәа 2016, 10:15 Ишаҳҳәаз еиԥш, убасгьы арбаӷьқәа, аҷкәынцәа досу рыцԥхьаӡа, ажьира змоу аҭыԥҳацәагьы рзы рыцԥхьаӡа ршьуан. Насгьы ирӡуан ачашәқәа, акәакәарқәа. Иҟоуп досу иарбаӷьхәқәа, ицәымзахәқәа хазы акакала аныҳәаҩ дахьахныҳәо, иҟоуп еизакны иахьырҳәо. Ажьырныҳәа иазкны ирыман аҩыцқьа. Аҩы зҭаз аҳаԥшьа уа аныҳәарҭа аҩнуҵҟа, ма ааигәа иҵазар ҟалон. Аҳаԥшьа ззыҵам, уи иазку ауалыр ҿыц хдыртуеит. Абарҭ роуп иара иатәу ачысхә. Амала иныҳәаны аҩны ианааилак, аишәаҿы абысҭа, арашысыӡбал, уҳәа дырхиоит. Аныҳәаҩ дныҳәаны данаалгалак ачашә/акәакәар агәҭантә хәыҷык аамхны, агәи-аӷәаҵәеи кәац ҿаҵак аамхны, аҩы нақәҭәаны, аԥсынгьери аума, ма ахәыблы, аҳаракыраҿ, ма абагьыр акы иахәымгаратәы иҟамларатәы иқәиҵон, абас наҳәаны: "Абри Ачбеи Чачбеи еиҩҟьҟьа-еиҩҵәҵәа иаласырҭхаџьаанӡа зҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган!" Ажьырныҳәа иазкны аҭҵаарақәа маҷӡам аԥсуаа ретнологиаҿы, аха иахьа уажәраанӡа ҭакда иаанхоит азҵаара "Ачбеи Чачбеи" абра изыргәалашәои ҳәа. Убасгьы, абри аныҳәаратә формула "Ачбеи Чачбеи еиҩҟьҟьа-еиҩҵәҵәа иаласырҭхаџьаанӡа зҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган!" аныҳәаԥхьыӡ иалоуп "Хыхь иҟоу", насгьы аӡатә иахьахныҳәо Анцәа иҳәарақәа рҟны. Ишдыру еиԥш, арҭ ныхахәқәоуп, ажьира ахаҭагьы шныхахәу еиԥш. "Афырхы анапахьы аагара": Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи иахьатәи уи аҵаки 13 Ажьырныҳәа 2020, 09:48 Аныҳәара хдыркәшон иаҵагылаз зегьы агәи-агәаҵәеи аҩи ргьама баны, нас иҭҟьоз абџьар ала ихысны аҩныҟа рыхынҳәрала. Аныҳәа ишаԥу еиԥш, уи ҽнак ала инҵәаӡомызт хаха-хымшгьы ицон. Аԥсуаа ражәа иалан ирҳәон: "Хьачхәама ачыс ҳалалуп, Мшаԥчыс ҳарамуп" ҳәа. Иҟалап, уи Мшаԥы аишәақәа ахьдыргылоз азы акәзар, мамзар даҽакы азы. Ииашаҵәҟан, ари аамҭа еиҳа ихьшәашәароуп, ачысхкы рацәаны еиларыжьуамызт, еиҳа еиҭанеиааиуеит (абзыԥқәа рҿы хымԥада), еидтәалон, еиқәныҳәон, ирфозгьы рхаҳауан, ирнаалон ҳәа рԥхьаӡон. Иааҳгоит 2017 шықәсазы Уаҭҳара ақыҭан ианаҳҵаз Аиба Шьмаҭ иԥа Борис (90 ш.) иныҳәара ахәҭак, иажәаҳәашьҭыбжь еиқәырханы. Иара излеиҳәо ала, ажьира иаб ианшьцәа Џьыкраа рҟынтә иааит. Жәеизаҩык ахшара ахьыҟаз, еиҳабызгьы еиҵбызгьы "ашьтәа шьны аныха сазкны сҟарҵит. Уажәгьы агәаҵәа зку сара соуп. Ҳабацәа ишырҳәоз убас ала исҳәоит ҳәа саҿуп", - иҳәоит иара. © Foto / Марина БарцыцАжьырныҳәа Аираа рҭаацәараҿы. 2017 ш. Ажьырныҳәа Аираа рҭаацәараҿы. 2017 ш. © Foto / Марина Барцыц "Ашьашәы, улԥха ҳаҭ, угәыԥха ҳаҭ, ҳрыцҳашьа, иаҳзымдыруа ҳаҭоумҵан! Ҳара иахьа асқәс-асықәс аиҩшара аҿы иҟаҳҵоит есысқәса Хьачхәама ахьӡуп абри ҳжьираныҳәоуп. Ҳжьырныҳәа алԥха ҳаманы, агәыԥха ҳаманы, абри аныҟаҳҵарнахыс иҳабаргузеи ҳа ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо, ҭаҳцәала ҳгәырӷьо ҳҟауҵарацы Анцәа суҳәоит!" "Амин!!!" - еицырҳәоит ажьира иаҵагылоу зегьы. "Ҳара ҳадагьы ажьира змоу уаха иҟарҵуоит. Абарҭ рыхәҷы-рду, агәаҵәа аныркуазаалакгьы улԥха ҳаҭ угәаԥха ҳаҭ ҳа ирҳәо аҿы иагымкәа, ақәнага иҟоу ақәнага иақәуршәарацы суҳәоит!" © Foto / Марина БарцыцАиба Борис Аиба Борис © Foto / Марина Барцыц "Амин!!!" "Ара, ӡӷаби-ҷкәынеи ҳацԥхьаӡа, зынџьы исысҳәаз еиԥш, ҳацԥхьаӡа рбаӷь ыҟоуп, ҳацԥхьаӡа акәакәар ыҟоуп, ҳацԥхьаӡа чашә ыҟоуп, ҳацԥхьаӡа цәымза аҳаркоит. Абри аныҟаҳҵа нахыс изакәытә бзиароузеи ҳазқәшәа ҳҳәо, ахәҷы-аду доус иахыҟазаалакь ушьапы акра иахыбаамкәа иҟауҵарацы Аԥааимбар ду суҳәоит. Иахьа абри ҳазшаз Аԥааимбар иишаз ала агәаҵәы иҳарбуа мышьҭабзиара аманы, амшьҭ бзианы, аҵх бзианы абзиарақәа рыла даҳхылаԥшуат ҳҳәаратәы шәгәырӷьо-шәыхәмаруа, шәыччуа шәҟаиҵаратәы Анцәа сиҳәоит. Улԥха ҳаҭ, угәыԥха ҳаҭ, ҳрыцҳашьа, иаҳзымдыруа ҳаҭоумҵан". © Foto / Марина БарцыцАжьырныҳәа Аираа рҭаацәараҿы Ажьырныҳәа Аираа рҭаацәараҿы © Foto / Марина Барцыц "Амин!!!" "Убри анаҩсан. Ҳаԥсынра иахьа иахагылоу ауааԥсыра, аҷкәынцәа аҳәоу еиқәшәара роуа, руы еиқәшәуа, абзиарақәа рзы, ыҟами, рныҳәаҿақәа акра ада хьаа рымам ҳәа ҳҳәаратәа Анцәа ҳазшаз иҟаиҵааит. Аамҭа бзиа ҟалааит! Рҳәоу еиқәшәааит, иҟалуазар! Ҳ-Аԥсны ԥхасҭарымтәратәы, иныҟәыргаратәы аамҭа рԥыхьашәааит! Алԥха Анцәа ҳазшаз ишәиҭааит. Дад, Ҳазшаз шәиргәырӷьааит!" "Амин, Анцәа иҳәааит!!!" Ачашәи агәи-агәаҵәеи ҿаҵақәак намхны аҩы рықәҭәаны ажьира ахыб аҵаҟа иҩаҳаракны иқәиҵоит абарҭ ажәақәа ҳәо: "Абри Ачбеи Чачбеи еиҩҟьҟьа-еиҩҵәҵәа ирылаҳҵаанӡа зҩаԥхӡы ҳалумхын, ақәнага Анцәа ҳақәыршә, ҳгәырӷьаҵәа Анцәа ҳҟаҵы. Ус рҳәуоит - иаҳзымдыруа ҳаҭамзаат, қәнамгаус ҳақәымшәаат. Улԥха ҳамазаат, угәыԥха ҳамазаат! Ҳрыцҳашьа! Дад, иаҳзааиз шәгәырӷьуо, абри аныҳәа алԥха шәыманы, ауаа рылԥха шәыманы, ақәнага ҳақәшәт шәҳәо, шәхы шәақәгәырӷьо, шәыԥсы шәақәгәырӷьо Анцәа шәҟаиҵааит, дад, Анцәа дшәықәныҳәа!"
https://sputnik-abkhazia.info/20240112/Aza-khy-Antsa-iazaaumgan-asuaa-Azhyrnya-shymayrgo-1031622307.html
2024-03-04T04:44:51Z
<urn:uuid:a33c8e69-12c9-4f30-a8f4-c02d0414f5b3>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.9
0.8
0.92
59
15,264
tlsh:T191ACB962DE40D78FCAB3C55C9BD24933ACD15943826377708EC9F5B51A420A8FFFCD13EAE6E90A4A64DF6414C152AB10A90EFDEA197D6AE3708240F5683F39CC16587AC5AE
Китаи ацҳаражәҳәаҩ – Астратегиатә партниор аҳасабала, Китаи, Қырҭтәыла асоциал- економикатә азҳара ацхраара иазҿлымҳауп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Китаи ацҳаражәҳәаҩ – Астратегиатә партниор аҳасабала, Китаи, Қырҭтәыла асоциал- економикат... Иҵегь аҭагалара Китаи ацҳаражәҳәаҩ – Астратегиатә партниор аҳасабала, Китаи, Қырҭтәыла асоциал- економикатә азҳара ацхраара иазҿлымҳауп 13:08, 27.11.2023 Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ Чжоу Цзиан Қырҭтәылеи Китаии рстратегиатә партниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟарҵо ашьаҿақәа дрылацәажәеит. Иара ишиҳәаз ала, Китаи Қырҭтәыла асоциал-економикатә азҳара ацхраара иазҿлымҳауп. «Ҳара Гори афинанстә цхыраара аҳҭеит ақалақь акәша-мыкәшеи ақыҭақәеи рҿы асоциалтә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы. Астратегиатә партниорра ашьақәыргылара ашьҭахь, Қырҭтәыла аиҳабыра рыцхраара – ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рҿы акрызҵазкәа хырхарҭоуп. Иара убас, ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит. Ари азҵаара ҳстратегиатә еизыҟазаашьақәа рҿы ахадаратә ҵакы амоуп. Иара убас, иазәгасҭар сҭахуп COVID-пандемиа аан Китаи Қырҭтәылеи уи ауааҧсыреи ирнаҭеит 200 000 еиҳаны авакцинақәа. Усҟан Америкеи европатәи атәылақәеи авакцинақәа рекспорт иқәиҭымыртәит. Убри адагьы, апандемиа аан Китаи Қырҭтәыла иазоунашьҭит 1,5 миллион адоллар рыхә ацхыраара. Астратегиатә партниор аҳасабала, Китаи, Қырҭтәыла асоциал- економикатә азҳара ацхраара иазҿлымҳауп», — иҳәеит Чжоу Циан. АПОЛИТИКА aстрaтегиaтә пaртниоррa Китаи ҚЫРҬТӘЫЛА 3 Еиҧшу Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит Қырҭтәылеи Кореиатәи Ареспубликеи рыбжьара аекономикатә партниорра иазку аиҿцәажәара актәи араунд иалагеит Питер Сииарто - Қырҭтәыла шықәсқәа раԥхьа ақәнаган Евроеидгыла алалара World of Statistics астатистика инақәыршәаны, атуристцәа уахынла ишәарҭамкәа аныҟәара ахьрылшо атәылақәа рыбжьара, Қырҭтәыла Европа аҵакыраҿ аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит Виктор Орбан иажәақәа рыла, 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи Натои Евроеидгылеи ралалара алшара рыман, аха ари ашанс рхы иадырхәарц ирылымшеит "Ақырҭуа гәахәтәы" аделегациа Китаи авизит ихыркәнашеит «Ақырҭуа гәахәтәы» аделегациа Китаи аиҧыларақәа нанагӡоит Иракли Кобахиӡе - Китаи аҟны аусеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҵак ду амоуп Иракли Чиқовани - Ҳтәылақәа астратегиатә партниорра иазкны аҳамҭақәа ҟарҵахьеит, ари иазыԥхьагәаҭаны Китаи авизит ҩганкаатәи еизыҟазаашьақәа рырҿиара аус азы аҵак ду амоуп Афинансқәа рминистрра - Жәларбжьаратәи ареитингтә агентра FitchRatings Амш зеиҧшрахо -2° аҧшь Қaрҭ ахә 0° Ас 3° Авалиута акурс $ USD 2.6606 0.005 € EUR 2.8780 0.004 ₽ RUB 0.029008 0.012 £ GBP 3.3646 0.004 TOP 5 Робин Данниган – Америка еиҧш абас ҕәҕәала Қырҭтәыла иадгыло даҽа тәылак иҟам Франциа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит Шьалуа Папуашвили – Америкеи ҳареи ҳстратегиатә партниорра аекономикеи, ауаа рыбжьара аимадареи, авизада анеиааиреи, ишиашо авиареисқәеи, аинвестициақәеи ирныҧшроуп Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәыла Албаниеи, Молдовеи, Украинеи ҿырҧштәыс азаагара Аҟаза дуи раҧхьатәи ицнагаҩи реиҿарҧшра иаҩызоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/kitai-atcharazhhaui-astrategiat-partnior-ahasabala-kitai-qmr%D2%ADtmla-asotcial-ekonomikat-azhara-atcxraara-iaztchvlmmhawp/
2024-02-29T01:34:01Z
<urn:uuid:83b7c26e-a428-4e8c-a9c1-79f2d9f73380>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.6
0.94
47
5,828
tlsh:T176B7CFC19C44C747D573C468CA50DA356C91684B8621A230CED5B8706749099EFFCD126ABAEC0A4F349F2511C166FB10660AFCEF697EBEF7719700A51E3F38E933A432829E
Жәларбжьаратәи атеатр амш (хәажәкырамза 27) — ари аныҳәа апрофессионалтә актиорцәа, арежиссиорцәа, адраматургцәа рымацара ракәӡам изныҳәо, уи рныҳәоуп атеатр бзиа избо зегьы, пату ззақәу - ари аҟазара ҳаракы. Атеатр амш иазкны хыԥхьаӡара рацәала еиуеиԥшым аныҳәатә усмҩаԥгатәқәеи атеатртә фестивальқәеи рымҩаԥгара азгәаҭоуп, атеатртә коллективқәа ракәзар ари аҽны аспектакль ҿыцқәа ықәдыргылоит. 1948 шықәса раахыс ИуНЕСКО ахантәаҩрала адунеи атеатрқәа официалла рҽеидыркылоит Жәларбжьаратәи атеатр аинститут ҳәа, 1961 шықәса рзы Жәларбжьаратәи атеатр аинститут IX аконгресс аҿы ишьақәыргылан атеатр амш, уи адунеи зегьы аҿы иазгәарҭоит хәажәкыра 27 рзы. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Аргун А.Х. Театр абхазов конца XX века/А.Х. Аргун; Абх. ин-т гуманит. исследований им. Д. Гулиа. Акад. наук Абхазии. - Сухум: Алашара, 2001. - 372 с. Лакербай М.А. Очерки из истории абхазского театрального искусства; Ред. В.А. Симонян, техред. М.Д. Хахмигери, корр. З.А. Шарашкина. - Сухуми: Абгиз, 1962. - 198 с. Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Жәларбжьаратәи_атеатр_амш&oldid=119813 Акатегориақәа: Хәажәкырамза 27 Атеатр Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 16:16, 18 жьҭаарамза 2022. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%96%D3%99%D0%BB%D0%B0%D1%80%D0%B1%D0%B6%D1%8C%D0%B0%D1%80%D0%B0%D1%82%D3%99%D0%B8_%D0%B0%D1%82%D0%B5%D0%B0%D1%82%D1%80_%D0%B0%D0%BC%D1%88
2024-02-23T01:12:59Z
<urn:uuid:521fc22b-a4c2-4036-887a-37dd1c2b719c>
[ "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.69
1
0.93
6
2,484
tlsh:T14DE3CA51BC44CA4FC273C5999521CD394AE16843871372318E99F5781A49084E5BCD12EBFDFD044AB4EF1211CA91EE14B90BFCDDA5BC6EC772D350202D6E39ED175433C29B
30 шықәса раԥхьа ҳаибашьцәа-гәымшәақәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны иалцаны, Егры аҳәааҟны Аиааира абираҟ ахадыргылеит! Аиааиреи ахақәиҭреи рымш ҳажәлар зегьы анеицгәырӷьо иамшныҳәоуп, аха уи иацуп алахьеиқәрагьы. 1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы бџьарла еиқәных Аԥсны иалалаз аӷа игәҭакы наӡазҭгьы, ашәарҭара иҭагылоз Аԥсуа ҳәынҭқара мацара акәмызт. Усҟан аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылан аԥсуа жәларгьы. Аха ҳаибашьцәа гәымшәақәа ирыбзоураны еиқәырхоуп ҳажәлар, еиҭашьақәыргылоуп Аԥсуа ҳәынҭқарра! Ҳажәлар рзы разҟ дуун иаҳа ианыуадаҩыз аамҭазы Анцәа дахьҳаҭәеишьаз зыԥсадгьыли зыуаажәлари рзы зхы иамеигӡоз, еицҿакны ажәлар зегьы зыгәра ргоз Аԥыза – Владислав Арӡынба! Уи Аԥсны ахьчаразы иажәа аӡәк еиԥш иахаҵгылеит ҳаибшьцәа. Урҭ ирывагылеит аиашара ҳара ҳганахь ишыҟаз еилызкааз Аԥсны иқәынхо егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы. Ҳаԥсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла ҳхала ҳаанырмыжьит Нхыҵ Кавказ инхо ҳашьцәа, аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа, убас, Урыстәыла ахаҭарнакцәа. Аԥсны Арбџьар мчқәа аԥҵан аибашьра анцоз ашықәсқәа рзы. Урҭ напхгара рырҭон Владислав Арӡынба ивагылаз Сулҭан Сосналиев, Сергеи Дбар, егьырҭ ар рыдҵаҟаҵаҩцәа. Ҳарҭ, аԥсуа жәлар лымкаала ҳахӡыӡаалароуп шьала иаагоу ахақәиҭра, иҳахьчалароуп иаҳгаз Аиааира ду! Акыр иаԥсоу аветеранцәа! Шәара ишәыбзоураны иахьа ҳанхоит ҳанҵуеит зхы иақәиҭу Аԥсуа ҳәынҭқарраҟны, ҳаԥсадгьыл иқәыҩуеит ҳбызшәа. Шәара иаашәырԥшыз афырхаҵара ҿырԥшыганы иҟоуп изызҳауа абиԥаразы. Иахьа лымкаала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳаибашьцәа гәымшәақәа Аԥсадгьыл абзиабара, уи ахақәиҭразы ахамеигӡара рылазааӡаз анацәеи абацәеи! Даара игәышьҭыхгоуп даргьы ҳаргьы иаҳзеиԥшу аныҳәа рхы аладырхәырц иахьаҳзааз аиҩызара ҳзызуа, есқьынгьы иҳадгылоу ареспубликақәа рнапхгаҩцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа, мшын нырцәынтәи ҳџьынџьуаа. Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааира ду амш! Нагӡара ақәзааит Аԥсуа ҳәынҭқарра! Аизҳара рымазааит аԥсуа жәлар, иҟазааит еснагь ҳадгьыл аҟны аҭынчра! Шьардаамҭа Аԥсныра! Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15985/
2024-02-29T08:29:27Z
<urn:uuid:b7ce83c7-b154-4769-bbb2-d7e90cb0e79b>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.91
0.98
23
4,464
tlsh:T15AF13B918A808B8BDAF3D559DF92493568D1694247223760CE89F4B2464219CFFFCC1396FBE4154BB4EB1125D1137E10A849EDE6297EAAE370C240E52C3F38CC2BA575D9AF
Аинформатизациа Аусбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада иатәу структуратә хырхарҭоуп. Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу. Аинформатизациа Аусбарҭа инанагӡоит анаҩстәи ауснагӡатә хырхарҭақәа: – Ашәахтә усбарҭақәа ринформациа-техникатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра, аинформациа-телекоммуникациатә технологиа ҿыцқәа ралагалара, амазаратә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы. – Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрразы автоматтә информациатә система ашьақәыргылара, алагалара, алыршара. – Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра автоматтә информациатә система архитектура амодернизациа азура. – Ашәахтә информациа автоматтә усадуларазы атехнологиақәа рышьақәыргылара (аинформациа адкылареи, аҭареи, аусадулареи, ахьчареи ирыдҳәаланы). – Ашәахтә усбарҭақәа русура акоординациа азура, автоматтә информациатә системақәа руснагӡараҿы. – Ашәахтә информациа амаӡақәа ишақәнагоу рыхьчара, аконфиденциалра зныҧшуа аинформациа аиқәырхара, иара ишаҟазшьоу еиҧш. – Ашәахтә усбарҭеи ашәахтәшәаҩцәеи рыбжьара қәҿиара реимадара алзыршаша аинформациатә системақәа раҧҵара, аус друра, алҵшәақәа наӡааӡақәа рыҭара аинфокоммуникациатәи аелектронтәи технологиақәа рыла.
https://mns-ra.org/eng/central/informatization/
2024-03-03T04:54:32Z
<urn:uuid:c6b51f63-8cc3-4420-b936-27efdcb0b49a>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
10
2,559
tlsh:T1127FD5512800DB6BC073C15881C39E3A18D2651B8161F530CEC4F5B01A92049CBBCC13FFFAF51C8578AB0611C256BF595A1AFED9657A2AD3B14241601E2D7CF822F5B6DBDD
Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аинформациа инақәыршәаны, ала зыцҳаз аҷкәын ихьӡ еилкаауп, иара авакциа изыҟарҵахьеит 18:50, 09.03.2022 Covid-19 аҽыхьчаратә вакцинациа аџьшьара аҭара апрограмма нагӡахоит хәажәкыра 31-нӡа 20:53, 03.02.2022 Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр COVID-19 аҽыхьчаратә вакцинациа иазку аҳасабырба цәырнагеит 11:46, 05.11.2021 Аҳасабырба инақәыршәаны, COVID-19 амшала иҧсыз зцәазтәымкәа иҟаз аҳәса рыгәҭа алаҵа ҟазҵаз аӡәгьы дыҟамызт 20:29, 20.09.2021 Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аилахәыра "Альма" ахь ааҧхьара ҟанаҵеит адәныҟатәи абилбордқәа рҿы авакцинациа апропаганда азызуа абаннерқәа зыҧшра ҟамҵақәа реиҭашьақәыргылара еиқәдыршәарц 18:33, 06.08.2021 Авакцинациа акурс наӡа иахысыз ауааҧсыра аҳәаанырцәҟа ацаразы аилкаа роур рылшоит аиммунизациа мҩаҧызго амедицинатә усбарҭа ма Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аҿы 13:36, 22.04.2021 Иахьазы иҟоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла акороанвирус аҽыхьчаратә лаҵа ҟарҵахьеит 33 337ҩык атәылауаа 17:50, 17.07.2020 Келли Дегнaн Лугaр ицентр дaҭaaит [aфото] 12:35, 19.05.2020 Ачымaзaрaқәa рхылaҧшрa aмилaҭтә центр - Акоронaвирус aхкҿыц aдиaгноз ззышьaқәырҕәҕәоу aуaa рҟынтәи 17 нaӡынa писиaр тестиррa aaн aсимптомқәa рымaмызт 17:03, 08.01.2020 Ачымaзaрaқәa рхылaҧшрa aмилaҭтә центр aдыррaқәa рылa, aгрипп aсезон aзы H1N1 aвирус aлa ҩыџьa aуaaҧсырa иҧсит
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/achmmazaraqa-rxmlaphshra-amila%D2%ADt-tcentr/
2024-02-25T08:04:32Z
<urn:uuid:7f3cb1f4-8128-4283-a7d6-30626ab141af>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.71
0.7
0.93
10
2,282
tlsh:T1B5281A416644E74FC273D59D9AC18E791DD0EC0B0276B131DDD4B4301246868DEECD22A9E9E5044EA0AB0922D5347F102A1ABCEA2AB9BFDA304105B55E3F2CDC2A6036CA6E
Аҧсуаҭҵааратә институти Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети рыбзоурала Аҧсны 2005 шықәса азы иҭыҵит аҧсшәа аҭҵаара аџьабаарацәа азызбахьоу аҵарауаҩ ду, апрофессор Владимир Арушьан-иҧа Касланӡиа еиқәиршәаз, ҳажәлар шықәсырацәала иззыбжаз, гәыҕрадула иззыҧшыз «Аҧсуа-аурыс жәар». Жәаҳәарада уи аҧсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа, ҷыдала иуҳәозар, ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәеи, арҵаҩцәеи аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи рзы акыр игәышьҭыхгахеит. Ашәҟәы цхыраагӡахеит еиуеиҧшым аҵараиурҭақәа рҿы иахьа аҵара зҵо аҿарацәа – ашколҷкәынцәеи астудентцәеи рзы. Ауаажәлар ракәзар, урҭ ҿыц-ҿыц ирызцәырҵит агәыҕра рхатәы бызшәа – аҧсшәа – анарха бзиа змоу, ӡра зқәым, аринахысгьы еиқәхараны иҟоу абызшәақәа ишреиуахо. Аҭыжьымҭа ргәы шьҭнахит аҭыҧантәи аиҭагаҩцәагьы. Уажәшьҭа хыхь еиқәысҧхьаӡаз ауаа зегьы, «кыр зычҳаз – кыр ибеит» ҳәа, иҧшуа иалагеит ажәар аиқәыршәаҩ Владимир Касланӡиа даҽазынгьы ҳиргәырҕьап ҳәа ҳаззыбжоу «Аурыс-аҧсуатә жәар» аҭыжьрала. Уажә иҭыҵыз ашәҟәы, 1986-1987 шықәсқәа рзы Аҧсны иҭыжьыз «Аҧсуа бызшәа ажәар» иаҿурҧшуазар, еиҳа игәылҭәаауп. Араҟа раҧхьаӡа акәны иҟаҵоуп аҽазышәара бзиа ҳбызшәа иалаз ажәытәӡатәи ажәақәа реиқәырхаразы. Еиқәырхоуп аҧсшәацәа зыҟәну, ҳбызшәа зырбеио, аамҭала иӡхьаз, ма аӡразы рацәак згымыз ажәақәа. Аиашазы, ашәҟәы злаурҽхәаша аҷыдарақәа маҷым. Иазгәаҭатәуп ажәар аполиграфиатә еиқәыршәашьа бзиа, ашәҟәы аҿыгҳара, уи аилазаашьа, аҧхьаҩ изнагашьа, жәлар рҿалаҳәара аныҧшшьа. Аха, ус егьа иҟазаргьы, аҭыжьымҭа иамоуп уи аҵакы зырҧсыҽуа кәама-ҵамақәакгьы. Урҭ иахьазы гәхьаамкрала рааныжьра ауазҭгьы, хымҧада, ҳрыхцәажәарын аусумҭа злаҵоуроу аганқәа заҵәык. Аха абызшәа уаҵәтәи аҧеиҧш лаша хьаас иҳамазар, шәааи, аҧсаҭеи-аџьыкаци ҳәа, ҳаизхәыцны, ҳахшыҩ еилаҵаны, цхыраагӡак, мҩақәҵагак аҳасабала иазгәаҳҭарц ари ажәар аҟны аҭҵаара аус шеиҿкаау, насгьы ишеиҿкаатәу. Уажәы ҳаиасып азгәаҭақәа рыхцәажәарахь. «Аҧсуа-аурыс жәар» ҿыгҳарала ишмаҷымгьы, уи иаламлеит аҧсшәа ахатә фонд иалазарц зықәнагаз ажәақәа. Урҭ хыҧхьаӡарала имаҷым, зегьыҵәҟьа ралкаара уадаҩуп, убри аҟнытә, иазгәаҳҭап нбанцыҧхьаӡа еиҳа ирбагатәу ҿырҧштәқәак. Иаагап анбан «Н». Ари анбан шьаҭаны измоу, абраҟагьы иарбоу ажәақәа, изыхҟьазаалакгьы, зыӡбахә ҳамоу ажәар иаламлеит. Абар урҭ ажәақәа: ана׳ваҧалара, ана׳ваҧсара. ана׳ваҭәара, ана׳вацалара, ана׳ваҵара, ана׳ваҵәира, ана׳вгара, ана׳вҧшра, а׳навс-а׳авсра, ана׳вҳәҳәара, ана׳гаха, ана׳гәара, а׳наҕрагылара, а׳наҕрасра, а׳наҕрысра, ана׳дгылара, ана׳дҧсылара, ана׳дҧшылара, ана׳дсылара, ана׳дтәалара, ана׳дхалара, ана׳дҳалара, ана׳дҳәалара, ана׳дцара, а׳надҵара, ана׳дшьылара, ана׳жәлара, ана׳жәҵара, а׳назырхара, а׳наӡааӡара, ана׳кәшара, ана׳қәҧалара, ана׳лагылара, ана׳лагьежьра, ана׳лажьра, ана׳лаӡра, ана׳лакра, ана׳лаҟьара, ана׳лалара, ана׳лаҧшра, ана׳ларгылара, ана׳ларгьежьра, ана׳ларҧара, ана׳ларҧсра, ана׳ларсра, ана׳лартәара, ана׳лҧраара, ана׳лҧсаара уҳәа убас егьырҭгьы. Анбан «С»: аса׳барыцқьага, а׳сабира, асаҧа׳р, уҳәа убас егьырҭгьы. Анбан «Ҭ»: аҭа׳цәаакра, аҭа׳ҵәахтә, аҭа׳чаҧара, аҭаҿара׳, аҭашәкәара׳, аҭҟәа׳шәаа, аҭоубы׳ҭ, аҭҳара׳ҳәа, а׳ҭҳарцәҳәа уҳәа убас егьырҭгьы. Анбан «ШӘ»: ашәа׳қьшьхәа, ашәиқәа׳, а׳шәҭыҧсы, ашәха׳жьра, ашәхаршьшьра׳, ашәхахара׳, ашәч, ашәшәа׳ҳәа, а׳шәшәҩы. Анбанқәа «Џ», «ЏЬ»: аџы׳шеиҵаҵа, аџьа׳мш, аџьы׳башәҟәы. Ажәар аҿы имаҷым аҧсшәа иалоу абжьықәыҕәҕәаратә ҧҟарақәа реилагара зныҧшуа аҿырҧштәқәа. Раҧхьа иазгәаҳҭап ажәар аҟны арҭ ажәақәа абжьықәыҕәҕәара шырзықәыргылоу, ахыц дуқәа ирҭакны ианаҳҵап уи шықәыргылатәыз: аҟа׳заара-анызаара (а׳ҟазаара-анызаара), аҟала׳гәара (аҟалагәа׳ра), ҟыбз-ҟыбзу׳а (ҟыбз-ҟыбзуа׳), амади׳ар (амадиа׳р), амажьди׳а (амажьдиа׳), ама׳қарҩы (а׳мақарҩы), амалабаша׳ (амалаба׳ша), аматри׳ца (ама׳трица), а׳мацасра (ама׳цасра), а׳муча (аму׳ча), амҿеи׳қәҵара (амҿе׳иқәҵара), амҿу׳асҭа (амҿы׳уасҭа), анавагы׳лара (ана׳вагылара), Са׳ӡны (Саӡны׳), аса׳ркьалбжьы (асаркьа׳лбжьы), аситу׳ациа (аситуа׳циа), аста׳ница (астани׳ца), астипенди׳а (астипе׳ндиа), сыҧсымза׳р (сыҧсы׳мзар), атрансли׳ациа (атранслиа׳циа), атәҕәыбжьара׳ (атәҕәыбжьа׳ра), аҭаҵәу׳ара (аҭаҵәы׳уара), аҭы׳ӡгәара (аҭыӡгәа׳ра), афилосо׳ф (афило׳соф), ашьаҟауа׳ҩ (ашьаҟа׳уаҩ), ашәаџьҳәа׳ҩ (ашәа׳џьҳәаҩ). Абарҭрҩызцәа аҿырҧшқәа маҷым, убри аҟынтә урҭреиқәҧхьаӡара абра иаанкылатәуп ҳәа азысыҧхьаӡоит. Еилкаам иара убас аҧсуа бызшәа иалоу ажәа еиҳа ииашаны ишҳәатәу: амамырџа׳гә (амамы׳рџыгә), а׳мапкра (ма׳пкра), амаркаџьы׳ (амыркџьы׳), ама׳р - ама׳рч - аба׳рч (еиҳа ииашазар ҟалап «ама׳рч»), амаҭәахшьы׳га (а׳маҭәахшьыга), амжәа׳бҕь (амжәабҕьы׳), ампы׳шҭа (а׳мпышҭа), а׳мшьҭакы (амшьҭкы׳), нага׳рҭа (на׳гарҭа), асака׳са (а׳сакаса), а׳сақә (аса׳қә), асахьаҭы׳хра (аса׳хьаҭыхра). «Аҧсуа-аурыс жәар» аҿы имаҷым аҧсшәахь еиҭагатәыз, аха еиҭагамкәа, ус баша, анбан «а» заҵәык нацҵаны ахархәара зызуу ажәақәа. Иаагап еиҳа угәы узырхьуа ҿырҧштәқәак: авелосипед, аверсиа, авертикал, агарантиа, агени, агигант, агиҧс, агном, адезертир, адеспот, адеталь, адиуал (адуель), египеттәи, аемиграциа, аекзамен, аеқспансиа, аепоха, аерудит, аетимологиа, аинвалид, амазут, амаксимум, амамонт, аманекен, аманикиур, амассаж, амассив, аматерик, аматриархат, амелиорациа, амемуарқәа, аметеор, аметеорит, амонолог, амонографиа, алава, асадизм, асеиф, асенсациа, асерна, асимптом, асирена, аситуациа, асклероз, асоиа, асолист, астаж, астихиа, асуфлиор, атавтологиа, аталант, ателефон, атермометр, атренер, атрубодур, атуберкулиоз, афальш, афанатик, афармацевт, афауна, афинал, афиниш, афлеита, афлора, афольклор, афонтан, афраза, афразеологиа, афутбол, ашарф, ашахҭа, ашвеицар, ашлем, ашофер, ашпион, аштраф уҳәа убас егьырҭгьы. Ирацәоуп ажәар аҟны анбан «ы» ахьыргылатәыз, аха иахьыргылам аҭыҧқәа. Иаагап ҿырҧштәқәак: ақдса׳ҟә (ақыдса׳ҟә), ақдхҵәа׳ха (ақыдхҵәа׳ха), аҟәҧсы׳ (аҟәыҧсы׳), амсы׳рқьаадш (амсы׳рқьаадыш), амҵәы׳шәмпыл (амҵәы׳шәымпыл), мшәҟәыш (мышәҟәы׳ш). Иара убри аамҭазы иҟоуп ажәақәа анбан «ы» ахәҭамкәа иахьыргылоу: сентиабыртәи, атеатыртә уҳәа убас егьырҭгьы. Иахәҭамызт ҳәа агәаанагара ҳамоуп заҧсуа вариант ыҟоу аурыс ажәақәа ҳжәар ралаҵара, иаҳҳәап, абҷат («амҳәыр» ҳәа, аҧсуаа иаҳтәымзаргьы, ҳжәар иалалахьоу ажәа ҳамазар), амагазин («адәқьан» ҳәа ажәа ҳамазар), амарла (акасыш). Ҳбызшәа акыр иарҿаасҭоит абарҭ ажәақәа: «амакарышь», ма «амакарыч» (магарыч), «аспычка», «аҟаршкапет», «амазон». Насгьы еиҕьӡами иҧшӡаӡа аҧсуацәа зыҟәну ажәа «асабарыцқьага» аҳәара ажәа «абыбы׳цхәлапҟа» ацынхәрас. «Агенерал» ҳәа акәымкәа еиҕьӡамзи «аинрал» ҳәа ажәлар зышцылахьоу ажәа ааныжьра? Аҧсуаа рахьтә имаҷым зыжәлақәа, ҧсыуаҵас ишахәҭоу акәымкәа, аурыс илымҳа ишанаало ала ашәҟәы иҭаҩҩу. Иаҳҳәап, Гогәуа (Гәагәыуа ацынхәрас), Кобахьиа (Кәабахьиа ацынхәрас), Коҕониа (Кәаҕәаниа ацынхәрас), Џьениа (Џьниа ацынхәрас). Арҭ аҿырҧшқәа ирыцҵазаргьы ауеит, аха абра иаанаҳкылап. Иаҳарбаз ажәақәа ирҧеиҧшхаз «лахьынҵала» акыр иазааигәоуп ажәар иарбоу ажәа «аге׳муа» (ари ажәа ҧсышәала иҩтәын «агьамыуа» ҳәа). Ажәа «египеттәи» ҳхы иаҳархәо ҳалагазар, уажәшьҭа дук хара имгакәа ҳжәар иалганы икаҳажьуазар, иаҳхаҳаршҭуазар акәхап ажәа «мсыртәылатәи». Иҟоуп ажәар аҿы зҵакы еилагоу, ииашаны иарбам ажәақәагьы. Иаагап ажәа «аа׳ҵрахәшә». Аижәлантәқәа-аешьцәа Кәарчиаа (В.А. Кәарҷиа, В.Е. Кәарҷиа, О.В. Кәарҷиа) еицҭрыжьыз ашәҟәы «Аҧсны ақыҭа нхамҩа аекономика» аҿы ажәа «аа׳ҵрахәшә» еиҭагоуп «будра плющевидная» ҳәа, В.А. Касланӡиа ижәар аҿы «Фиалка душистая» ҳәа. Уажәы игәаҳҭап Кәарҷиаа рышәҟәы иарбоу, аха «аҧсуа-аурыс жәар» иарбам ажәақәа. Урҭ иреиуоуп: абыҕьҟьаҟьа, абнашымҳа – ашымҳахәшә – ашымҳасса, ажьамрахәшә, аӡҭиаа, аидарашьҭҩы, аидарадкылаҩы, акамахәшә, ахьынчкәыр, алыҵә уҳәа убас егьырҭгьы.
http://megaloforum.russ-forum.ru/viewtopic.php?id=169
2024-02-21T12:40:40Z
<urn:uuid:4f628d4f-283e-408a-822b-f8cdbc5495ab>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.96
17
13,648
tlsh:T147A33752BB41D78FC6F3DB48CA918F3038D05947475372208EC9F5B2558205CEAECD13BDEEEE0688A49B0112D176BB70654AEFDE5A7CABE3B14301612D2EFAC9239572958F
Мчыбжьыктәи адыррақәа рыла, Қырҭтәыла акоронавирус 2570 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 1103ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Мчыбжьыктәи адыррақәа рыла, Қырҭтәыла акоронавирус 2570 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 1103ҩык а... Иҵегь аҭагалара Мчыбжьыктәи адыррақәа рыла, Қырҭтәыла акоронавирус 2570 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 1103ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит 12:41, 05.07.2022 Иҳаҩсыз амчыбжь азы (27.06.2022-03.07.2022) Қырҭтәыла акоронавирус 2570 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 1103ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, хҩык апациентцәа иҧсит. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр. Мчыбжьык ала атәылаҿы иҟаҵан 63 443 атестқәа. АУААЖӘЛАРРА aкоронaвирус ҚЫРҬТӘЫЛА 2 Еиҧшу Қырҭтәылеи Кореиатәи Ареспубликеи рыбжьара аекономикатә партниорра иазку аиҿцәажәара актәи араунд иалагеит Питер Сииарто - Қырҭтәыла шықәсқәа раԥхьа ақәнаган Евроеидгыла алалара World of Statistics астатистика инақәыршәаны, атуристцәа уахынла ишәарҭамкәа аныҟәара ахьрылшо атәылақәа рыбжьара, Қырҭтәыла Европа аҵакыраҿ аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит Виктор Орбан иажәақәа рыла, 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи Натои Евроеидгылеи ралалара алшара рыман, аха ари ашанс рхы иадырхәарц ирылымшеит Афинансқәа рминистрра - Жәларбжьаратәи ареитингтә агентра FitchRatings Тедрос Аданом Гебреисус - Covid-19-и, агриппи егьырҭ ареспиратортә чымазарақәеи рхыԥхьаӡара иазҳауеит, асабрадақәа ныҟәыжәгала, алаҵақәеи атестқәеи иҟаҵаны ахьшәымоу гәашәҭала Питер Фишер - 2024 шықәсазы Германтәылеи Қырҭтәылеи Европатәи ахеилакахь аинтеграциазы аусеицура нарыгӡоит Амилаҭтә гвардиа асолдаҭцәа Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз х-ганктәи арратә азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәит Германтәыла азакәанҧҵаратә аизара Хыхьтәи апалата Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам тәылақәас азханаҵеит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьоуп Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ аҩ 3° Ах 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мака Боҷоришвили Европарламент аҿы аиԥыларақәа лыман Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахабжьа аганахьала адронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, урыстәылатәи аҳирхьчаратә мчқәа 38 дрон карыжьит Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи бџьаршьҭыхлатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит фҩык аибашьцәа Афермерцәа рпротест амзызла, Украинеи Польшеи рҳәааҿ иҟоу оужьҭратә пунктқәа зегьы аибаратә машьынақәа рзы аркуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/mchmbzh%D1%8Cmkti-admrraqa-rmla-qmr%D2%ADtmla-akoronavirws-2570-afakt-tchvmtcqa-aarphshwp-1103uimk-apatcienttca-achmmazara-ialcit/
2024-03-04T02:03:20Z
<urn:uuid:7b9a6d09-b35d-4ad6-94da-8597090e409c>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.9
0.6
0.93
45
4,519
tlsh:T1BAA3BB918D44974BC5B3C9595E518E365CC16C1B8625B120CED9B4701706059EFFCD12DDFAEC0A0F70DF0511D166BB145A0AFCCA287EFFE7619200A49E3E38D8339876D5AE
Аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара аиҕьтәра азҵаарақәа ирызку Аминистрцәа реилазаара аилатәара Аҧсуа Русский English Акьыҧхьразы аверсиа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ахада(current) Абиографиа Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан Ахада имчхара атрибутқәа Ахада ихаҭыҧуаҩ(current) Абиографиа Ахада Иадминистрациа(current) Ахада Иадминистрациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы АИ анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩцәа Ашәарҭадаратә Хеилак Ахада Иадминистрациа аилазаара Ахада Иадминистрациа ажәабжь ҿыцқәа Ажәабжь ҿыцқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра(current) Азеиҧш информациа Аҳәынҭқарра асимволика Аҧсны аҭоурых Аекономика Акультура АИХ рзы(current) Аккредитациа Аимадарақәа Аофициалтә фотосахьақәа Адокументқәа(current) Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкылақәа Жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа Ахада Иусҧҟақәеи идҵақәеи Ахада иажәахәқәа Ацҳамҭақәа Аимадаратә хархәагақәа(current) Афото Авидео Аимадарақәа(current) Аимадаратә информациа Ахада ашәҟәы изыҩра Аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара аиҕьтәра азҵаарақәа ирызку Аминистрцәа реилазаара аилатәара 03.06.2015 Аҟәа, 10.00 Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара аиҕьтәра азҵаарақәа ирызку Аминистрцәа реилазаара аилатәара. Ахада Аиҳабыра алахәылаҩцәа ирылеиҳәеит «Аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара аиҕьтәразы» Аусҧҟа апроект азырхиара атәы. «Ҳара акыраамҭа аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара аиҕьтәра ҳалацәажәоит. Хара имгакәа ари азы Аусҧҟа снапы аҵазыҩуеит. Аминистрцәа реилазаара адҵа рыҭахоит аминистррақәеи, аусбарҭақәеи, аппарати рыҟны аштаттә акрақәа рхыҧхьаӡара 15% иреиҵамкәа рыгырхаразы. Уахь иаҵанакуеит Ахада Иусбарҭагьы егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәагьы. Аҳәара ҟасҵоит ҩымчыбжьа рыҩныҵҟала ари ауснагӡатә амҩаҧгаразы аматериалқәеи ажәалагалақәеи разырхиаразы», - иҳәеит Ахада. Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аусбарҭақәа рыҟны акырџьара аштатқәа мыцхәы ишрыцу, уск иахьеицаҿу шыҟоу. «Ҳбиуџьеттә хархәагақәа реиҧш урыстәылатәи афинанстә цхыраарагьы ҳаиҷаҳароуп. Аштатқәа реиҵатәрала зхы иақәиҭхо ахархәагақәа ауалафахәқәа разыҳарахьы идәықәҵахоит. Ари ҩымчыбжьа рыҩныҵҟала имҩаҧгазароуп», - иаҵшьны иазгәеиҭеит Ахада. Аҳәынҭқарра Ахада адҵа риҭеит аҧыза-министр, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩуцәа, аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхадацәа иаарласны ари аус рнапы адыркырц азы. «Ари уажәаҧхьагьы имҩаҧгатәын. Ҳара ҳҳәынҭқарра арҕәҕәара ҳгәы иҭазар, абас аҳәынҭқарратә маҵурауаа рхыҧхьаӡара ркьаҿны, иаҭаху ааныжьны, еиҷаҳарала ҳазнеироуп. Арҭ аусмҩаҧгатәқәа ҳҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура аиҕьтәра иазкуп», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба. Аҧыза-министр Артур Амқәаб агәра шиго иҳәеит, аштатқәа рыркьаҿра аҳәынҭқарратә напхагараҭара ахаҭабзиареи алҵшәеи ишырныҧшуа атәы, ари апроцесс ахацыркразы иақәнагоу аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара дшазыхиоу. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2211/
2024-02-29T09:40:48Z
<urn:uuid:18bae744-6e09-4519-8e51-d36141168f46>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.87
0.91
0.96
44
6,272
tlsh:T1A31733D13640CB8BC673C449DB919E359CC2688A0262B230CE89F5A10A41049EFFCE13EEBAE8268A74FB1611D666BF25555EEEF5747E1ED7200201A16D2F7CDC33A477D1DE
Аиҧылара иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩы Витали Габниа, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩы Шамиль Аӡынба, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩыӡба. Иалацәажәеит Аҿартә политика анагӡаразы иааизакны иҟоу азнеишьақәа, убрахь иналаҵаны аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭеилакы ацентртә аппарати араионтә ҟәшақәеи реизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра. Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩыӡба ҷыдала иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра Ахада аҿартә политиказы хазы аусбарҭа аҧҵаразы идикылаз аӡбамҭа даҽазнык атәыла анапхгара ари азҵаара зҿлымҳара ду шарҭо атәы шаҳәо. Алиас Аҩыӡба Ахада изеиҭеиҳәеит Аҳәынҭеилакы анаҧҵаз аахыс аусуреи азҧхьагәаҭақәеи, аҧхьаҟатәи апроектқәеи ртәы. Аиҧылара иалахәыз алацәажәеит аҿартә политиказы Ахеилак Ахада иҟны аҧҵаразы алшара атәы. Ажәалагала ҟаҵан алкоголтә рыжәтәи аҭыҭын аалыҵи 18 шықәса зхымҵыҵ раархәара рақәиҭымтәразы азакәанапроект азырхиареи Жәлар Реизараҟны ақәыргылареи рзы. Ахада иазгәеиҭеит аҿар аҳәынҭқрратә ргылара апроцесс ралархәра акры шаҵанакуа. «Аҿартә политика ауаа еиднакылароуп, даҽакала акәымкәа», - иҳәеит иара. Аҳәынҭқарра Ахада дадгылеит аҿартә политиказы Ахеилак аҧҵара аидеиа, иаҵшьны иҳәеит уи азҵаарақәа жәпакы рылацәажәареи рыӡбареи рзы усбарҭа бзихоит ҳәа. Рауль Ҳаџьымба ибзианы ахә ишьеит Аҳәынҭеилаки Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентри еидгыланы аҿартә политика аҿиара астратегиа аҧҵаразы имҩаҧырго аусура.
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2424/?print=Y
2024-02-22T20:15:52Z
<urn:uuid:0c6a99c5-8e74-4929-a17b-b28eaeb063c0>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
6
2,698
tlsh:T17E95FF51E604CF0BC1F7C0059A919931ACC164034632B261CDC9B1B856560A9FBFCD03ADFAE8068674BB2621E166BF09995DFEE5687D6EEB72460051BD2F38EE378076C2DD
Владимир Аҩӡба 82 шықәса ихыҵра аламҭалазы АААК аинфопортал иналукааша аполитик, ауаҩ хатәра иҿцәажәара мҩаԥнагеит. Асовет партиа аусзуҩы, аԥсуа политикатә усзуҩы, адипломат, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Асовет Еидгыла ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутат Владимир Аҩӡба имшира аламҭалазы АААК аинфопортал иазеиҭеиҳәеит еиуеиԥшым ахҭысқәа рыла иҭәу иԥсҭазааратә мҩа атәы. – Владимир Џьамал-иԥа, иаҳзеиҭашәҳәарц ҳҭахын шәхыҷра шықәсқәа ртәы. – Зегь реиԥш исхызгеит схәыҷра: сҩызцәа срыцхәмаруан, урҭ рыҟнытә аӡәырҩи сареи иахьагьы аимадараеи аиҩызареи ҳабжьоуп. Иаҳҳәап, Рауф Абыхәбеи сареи ҳаиҩызара аԥсҭазаара зегьы иалганы иааҳгеит. Схәыҷра аҟнытә еиҳараӡак исгәалашәоит ашкол ахь санца аамҭа – уи 1945 шықәса акәын. Актәи акласс хәба-хәба мацарала иасыркит, акласс аҟны зегьы иреиӷьыз аҵаҩы ҳәа сыҟан. Аҵара сҵон Аҩада-ешыратәи аа-классктәи ашкол аҟны, уажәы уи абжьаратә ашкол ҳәа иҟоуп. Ибзиаӡаны исгәалашәоит мчыла ақырҭшәа шаҳдырҵоз, уи аамҭазы ҳхатәы бызшәала ҳцәажәар руӡомызт. Уи зегь наунагӡа исхамшҭуа акы акәны сгәалашәараҿы инхеит. Владимир Аҩӡба (агәҭаны) иашьцәа дрылагыланы © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә – Ашкол ашьҭахь иаразнак Аԥсуа драматә театр аҟны аусура шәалагеит. Шәҵара ацҵара шәгәы иҭазма? – Ашкол ашьҭахь сҭалоит ҳәа сҽазысшәеит Қырҭҭәылатәи ақыҭанхамҩатә институт. Уахь сара сышьҭын лимитла (Асовет Еидгыла аамҭақәа раан, аҳәынҭқарра иаҭахны иҟаз азанааҭқәа рҿы аҵара зҵоз абитуриентцәа рҵара ахә ашәон – аред). Изыхҟьа сыздыруам, аха алимитқәа рыла инашьҭыз аӡәгьы ҳрыдрымкылеит. Иҟасҵози, аҩныҟа схынҳәит. Сан даараӡа илҭахымызт аклонхараҿы саанхар, убри азы, лашьа Азиз Агрба – Аԥсуа драматә театр режиссиор хадас иҟаз диҳәеит усурак сзиԥшаарц азы. Саншьа иусураҟны сизнеит, дансацәажәа ашьҭахь, уи аҽныцәҟьа, актиорс аусура сигеит, уи 1956 шықәса акәын. Сусура ҿыц даараӡа исгәаԥхеит, атеатр гәыкала бзиа избеит. Ҳакәша-мыкәша актиор дуқәа ыҟан – Лео Касланӡиа, Шәарах Ԥачалиа, Минадора Зыхәба, Разынбеи Агрба. Гәахәара дула инасыгӡон Гьаргь Гәлиа испектакль «Асас еиқәацәа» аҟны акаԥдан Милецки ироль. Убри зегьы шысгәаԥхозгьы, аполитикахь сагон. Владимир Аҩӡбеи Баграт Шьынқәбеи © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә АгIвдза Владимири Вознесенский Андрейи, Лыхнашта. АсуратчпагIв Кецба © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Владимир Аҩӡбеи Шьалодиа Аџьынџьали © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Владимир Аҩӡбеи Тҟәарчалтәи ашахта аусзуҩцәеи (арымарахьала аҩбатәи – Асиа Арӡынԥҳа), Ҭҟәарчал, 1980-тәи ашықәсқәа © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә –Шәышԥанеи аполитикахь? – Атеатр аҟны аус зуанаҵы, сҭалеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Акомсомолтә усура активла салахәын, саарыԥхьон акомсомол аобкоми, Қырҭтәылатәи акомсомол Ихадоу Акомитети реилатәарақәа рахь. Ажәакала, атеатр аҵкыс, акомсомолтә усура еиҳа саднаԥхьало иалагеит. Аинститут саналга ашьҭахь, аусура ҳәа саарыԥхьеит акомсомол араионтә Комитет ашҟа, ҩымчыбжь рышьҭахь Аҟәатәи араион акомсомолтә Комитет маӡаныҟәгаҩс салырхуеит. Анаҩс, Аҟәатәи араионтә Комитет анԥдырга, ҳадырҵоит Очамчыра, уаҟа Очамчыратәи ааглыхратә Комитет маӡаныҟәгаҩыс аусура салагоит. Аха уаҟа сусура зышьақәымгылеит. Убасҟанҵәҟьа Гьаргь Ӡиӡариа (еицырдыруа аԥсуа аполитикатә, ауаажәларратә усзуҩ – аред.), исыдигалеит аспирантура сҭаларц. Сидыруан, иара иахь сааԥхьаны дсацәажәеит. Уи ашьҭахь аконкурс схы аласырхәит, уи аихшьаалақәа рыла аспирантурагьы сҭалеит. Аспирантура саналга ашьҭахь, шықәсыбжак ааҵуаны, аусура срышьҭуеит агазеҭ «Аԥсны-Ҟаԥшь» апропаганда аҟәша аиҳабыс. Аредакциа аҟны жәашықәса аус зуит. Урҭ рыҟнытә быжьшықәса – аҟәша аиҳабыс, хышықәса – аредактор ихаҭыԥуаҩс. Смаҵуарақәа рҟынтә зегь реиҳа исгәаԥхон ажурналисттә усура. Арымарахьала арыӷьарахь: Октаи Ҷкотуа, Гиви Допуа, Владимир Аҩӡба, Меџьди Ачкәаниа, Сҭамԥыл, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакра, 1998 шықәса, хәажәкыра 11 © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра змоу Аԥсны ахаҭарнак Владимир Аҩӡба Ҭырқәтәылатәи апарламент (Меџьелис) аҟны Аԥсны иадгыланы иқәгылаз Ҭырқәтәыла ақыҭанхамҩа аминистр Мусҭафа Ташар ҳамҭас ииҭоит аԥсуа сахьаҭыхҩы исахьа, Ақбалык, 1998-1999 шықәсқәа. © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Арымарахьала арыӷьарахь: Ҳақы Ажьиба, Енвер Аҩӡба, Владимир Аҩӡба, Омар Беигәаа, Сабри Ажьиба, Муамер Лакрба; арымарахьала арыӷьарахь игылоуп: Реџьеԥ Агрба, зыхьӡ дырым, Џьемалаҭҭин Арӡынба, Ҭалаҭ Дармба, Џьиҳан Цеиба, Иашар Кациа © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә – Усҟан ақырҭқәа рганахьала акыдцаларақәа аныҟаз, иуадаҩыз аамҭан. Ицәгьызма аԥсуа газеҭ аҟны аусура? – Имариамызт. Аха агазеҭ аҟны иаҳкьыԥхьуан аԥсуа аинтеллигенциа иналукааша ахаҭарнакцәа рықәгыларақәа. Агазеҭ ауаа азыԥшын, иаԥхьозгьы рацәаӡан. Иҟаз ауадаҩрақәа ҳрызхьамԥшкәа, аусура ҳаҿын. – Иаҳзеиҭашәҳәа Апартиа Ҭҟәарчалтәи ақалақьтә Комитет актәи амаӡаныҟәгаҩс шәусура шымҩаԥысуаз атәы. – Уаҟа сара аус зуан хәышықәсеи мызки. Ҳусура аенергетика иадҳәалан, арацәа ыҵаҳхуан, иҳаргылон еиуеиԥшым ахыбрақәеи азауадқәеи. Актәи амаӡаныҟәгаҩ иуалԥшьақәа ртәы ҳҳәозар – уахь зегьы аҵанакуан. Зегьы рзы аҭакԥхықәра сара сакәын изқәыз. Хәышықәса ирылагӡаны иҳаргылеит ҩ-зауадк. Аусура даараӡа ихьанҭан, аха усҟан Ҭҟәарчал аԥсы ҭан, уаҟа инхон 25 нызқьҩык ауааԥсыра. Иахьала ишыҟоу ҳҳәозар, ақалақь хәыҷы-ҳәыҷла амчқәа ацара иаҿуп, 5-6 нызқьҩык ауааԥсыра роуп инхо. Аслана Кәабахьиеи, Владимир Аҩӡбеи, Енвер Дармбеи аԥсуа ҭаацәара рԥылара, Ҭырқәтәыла, ԥхынгәы, 1998 шықәса © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Аԥсуа дернеқь анапхгаҩцәа Қьамуран Цеибеи, Владимир Аҩӡбеи © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Итәоуп: Ирфан Аргәын, Гиви Допуа, Џьемалаҭҭин Арӡынба, Ҭенгиз Бигәаа, Владимир Аҩӡба; игылоуп: Емель Хавур, Дильбер Ҭарба, Ардашьын Бганба © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Лилиана Иаковлевеи, Гиви Допуеи, Владимир Аҩӡбеи аԥсуа ҭаацәара рԥылараан © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә – Шәыԥсҭазаара хәҭа дук – 1994 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа Ҭырқәтәыла аусура иазышәкит. Уаҟа Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра змоу ахаҭарнакс шәыҟан. Ишԥаҟалеи Ҭырқәтәылаҟа шәцара? – Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба акырынтә иара иахь сааиԥхьахьан. Уи зегь Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьоуп ианыҟала. Иара дсазҵаауан аус зур абасҭаху ҳәа, даараӡа ибзианы дысзыҟан. Насгьы иареи сареи қыҭак ҳаицалҵит. Ҳаиқәшәарақәа руак аан иасҳәеит, иауны иҟалозар, Ҭырқәтәыла Аԥсны ахаҭарнакс сыҟазар шысҭаху атәы. – Уи аҩыза агәаҳәара шәызцәырызгеи? Ҭырқәтәыла иҟоу Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Ахаҭарнакра: 25-шықәсатәи аусура аихшьалақәа – Аспирантура санҭаз, аԥсшьарамшқәа Ешыра акәын иахьысхызгоз. Сан слыцхраауан, иара ианакәызаалакгьы сан даараӡа сылзааигәан. Сан длыцынхон саб иаҳәшьагьы. Ҽнаказы уи исылҭоит Ешыра инхоз, 1936 шықәсазы (сталинтәи арепрессиақәа раамҭа – аред.) Ҭырқәтәылаҟа иахыгаз, аԥсуа ҭыԥҳа ԥҳәысс дызмаз аҭырқәак иҟнытә саб иахь иаашьҭыз асаламшәҟәы. 1961 шықәсазы иаашьҭыз асалмшәҟәы аҟны иара дазҵаауан иҩызцәа рыԥсҭазаашьа, ишынхо-ишынҵуа атәы. Уи асаламшәҟәы анырра ду сынаҭеит, сазхәыцуан, ҭынч сызтәомызт, саргәаҭеиуан. Санаԥхьа аҽныцәҟьа изысышьҭит аҭак, уаҟа уажәшьҭа сара сиҳәон, Ҭырқәтәыла инхо сыжәла зыжәлоу рконтактқәа сзааишьҭырц. Убас иагьышьақәгылеит адиаспореи сареи ҳаимадара. Арӡынбеи сареи ҳанеицәажәоз аамҭазы 300-ҩык раҟара Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуааи сареи аимадара ҳабжьалахьан. – Аҭырқәа бызшәа шәдыруазма? – Схәыҷра аахыс издыруан. Ақыҭараҿы аҭырқәцәа гәылацәас иаҳаман, урҭ дара рбызшәала акәын ишҳацәажәоз. Насгьы иҟан сара исықәлаз ахәыҷқәа, иара убасгьы ашколгьы исыцҭан, урҭгьы аҭырқәшәала акәын ишсацәажәоз. Убас хәыҷы-хәыҷла абызшәагьы сҵеит. Ԥсышәала ҳцәажәар руӡомызт азы, амаӡақәа аҭырқәшәала еибаҳҳәон. Иара убасгьы аспирантура санҭалагьы, аҭырқәшәа ахьыздыруаз даараӡа исыхәеит. Владислав Арӡынба, Владимир Аҩӡба, Сергеи Багаԥшь, археологиатә ԥшаарақәа рабадырра, Тамшь, аԥхынра, 1976-1977 шықәсқәа © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Сҭамԥыл иҟоу аԥсуа дернеқь аҟны Владислав Арӡынба иԥылараан © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә – Ҭырқәтәылаҟа шәанцоз аҭаацәара аԥышәҵахьазма? – Ааи, аҭаацәара аԥысҵахьан, ҩыџьа ахәыҷқәа сыман, аха Ҭырқәтәылаҟа сымацара соуп ицаз. Ганкахьала, зегь раԥхьаӡакәны Ҭырқәтәыла аԥсуа дипломатиа аԥшьгара сара иахьсыдаз, ҳәарада, гәахәара дуун. Даҽа ганкахьала – уи аҩыза аҭакԥхықәра исыднаҵоз рацәан. – Шәҭаацәа гәхьаажәгозар ҟаларын? – Ианрылшоз исзаалон. Убас ҩажәа шықәсагьы ҵит. Аха Ҭырқәтәыла сыҟанаҵ, секундкгьы стәымуаҩны схы сымбеит. Даараӡа ибзианы срыдыркылеит, сашьцәа срылаҵәеит. Ҭырқәтәыла сыҟанаҵ еиҳарак игәхьаазгон бзиа избоз ауаа, аԥсуа интеллигенциа, атеатр, ашәҟәқәа. Арымарахьала арыӷьарахь: Кадыр Арӡынба, Владимир Аҩӡба, иҭахаз Аԥсны Афырхаҵа Ефқан Цыба иаҳәшьа, Ҭалаҭ Дармба, Џьевџьеҭ Ашымхәаа, Реҳми Ашәба, Екба © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Ҭырқәтәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рҟынтә раԥхьа иҭахаз – Аԥсны Афырхаҵа Ефқан Цыба анышә иамадара © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Владимир Аҩӡба © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә – Владимир Џьамал-иԥа, издыруеит, Ҭырқәтәыла шәыҟазаара ашықәсқәа раан амшынҵа шныҟәыжәгоз, насгьы уи ҭшәыжьырц шәгәы ишҭоу. Уи ҳаԥхьаратә алшара анбаҳауа? – Ҳазҭоу ашықәс анҵәамҭазы, мамзаргьы ҳаԥхьаҟа иааиуа ашықәс алагамҭазы. Уажәазы амшынҵа саԥхьоит, ариашарақәа алазгалоит. – Еиҳарак иара зызки? – Сгәы иҵхоз, насгьы хаҭала избаз ахҭысқәа исызцәырыргаз ацәаныррақәа ирызкуп. Еиҳаракгьы уаҟа иаарԥшуп Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ирхыргоз ауадаҩрақәа. – Шәара шәхаҭа шәусура хәшьарас иашәҭои? – Ҽнак акбинет аҿы стәан, акы сгәы иалан, сгәалаҟазаарагьы ҽеимызт. Дааҩналеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа ҭыԥҳа, адиаспора аҟны активла аус зуаз. Игәалҭеит сылахь шеиқәыз, иҟалазеи ҳәагьы дсазҵааит. Сусура алҵшәақәа уамак исгәаԥхом, сгәы иҭазгьы жәпакы сзынамыгӡеит ҳәа ласҳәеит. Лара ус салҳәеит: «Еиҿырԥшы – уара арахь уаанӡа Аԥсназы иаҳамаз адыррақәеи, иахьа ҳаԥсадгьыл ииашаны ишаҳныруеи» ҳәа. Сгәанала, убри оуп ихадоу салагала. Аслан Аҩӡба, Владимир Аҩӡба, Витали Чамагәуа, Аԥснытәи аҭҵаарадырратә Институт © Наала Аҩӡба Аилак инарҭбаау аилатәара. Афото аҟны: Владимир Аҩӡба, идырым, Џьемалаҭҭин Арӡынба, Раҳми Ҭуна (Маҳинур Папааԥҳа лыԥшәма), адиаспора активистцәа © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Владимир Аҩӡбеи Џьемалаҭҭин Арӡынбеи, аԥсуа гәараҭа, Адаԥазар © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә – Владимир Џьамал-иԥа, иахьазы шәнапы злакузеи? – Сара – Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны ахыҵхырҭаҭҵаара аҟәша аҵарауаҩ хадас сыҟоуп. Сықәра акыр инеихьеит, уажәшьҭа сыԥсы сшьалароуп. Еиҳаракгьы сымшынҵа аус адызулоит. Изыҩуа зегьы – Ҭырқәтәыла сусуроуп изызку. Сара хаҭала избаз-исаҳаз сара сыда аӡәгьы ишизеиҭамҳәо еилкааны аҩра саҿуп. – Иаҳзеиҭашәҳәа шәҭаацәара ртәы. – Сыԥшәмаԥҳәыс – ажурналист Елена Иаковлева лоуп. Сыԥҳа – Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭаҟны аус луеит, сыҷкәын – Аԥсны аҳазалхратә еилак аҟны. Сыҷкәын аҭаацәара аԥиҵахьеит, Анцәа изиҳәара инхоит. Амала, макьаназы амоҭацәа сымаӡам, аха сгәыӷәуеит хара имгакәа урҭгьы ҟалап ҳәа. Владимир Аҩӡбеи Кан Ҭаниеи © Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рзы Аминистрра Арымарахьала — Бедиз Кәарацхьелиа, агәҭаны — Владимир Аҩӡба, Владислав Арӡынба, Ирфан Аргәын, шьҭахьҟа — Сергеи Багаԥшь. Аԥсуа делегациа алахәцәа, Ҭырқәтәыла © Октаи Ҷкотуа ихатә архив аҟнытә. Асахьаҭыхҩы: Абдулькадыр Арӡынба Арыӷьарахьала-арымарахь: хыхь еидгылоу - Владимир Аҩӡба, Гиви Допуа, Ирфан Аргәын, Биулент Аҩӡба, Ардашьын Бганба; ҵаҟа еидгылоу - Владимир Занҭариа, Сергеи Шамба, Ильҳан Кәаӡба © Октаи Ҷкотуа ихатә архив аҟнытә. Асахьаҭыхҩы: Абдулькадыр Арӡынба Арымарахьала-арыӷьарахь: хыхь еидгылоу - Џьиҳан Ацәеиба, Есаҭ Ахба; агәҭаны - Владимир Аҩӡба, Октаи Ҷкотуа, Ирфан Аргәын, Ҭемыр Ачыгәба, Џьымхәыр Бал, Џьенгьиз Гогәуа, Реџьен Агрба; итәоуп - Гиви Доԥуа, Џьемалаҭҭин Арӡынба, Аҭаи Ацәышба © Октаи Ҷкотуа ихатә архив аҟнытә. Асахьаҭыхҩы: Абдулькадыр Арӡынба Октаи Ҷкотуа, Хусеин Ҷкотуа, Ирфан Аргәын, Ҭемыр Ачыгәба, Гиви Допуа, Владимир Аҩӡба © Октаи Ҷкотуа ихатә архив аҟнытә. Асахьаҭыхҩы: Абдулькадыр Арӡынба – Ауаҩы имшира аҽны иԥсҭазаараҿы дзыхьӡахьоу гәаҭаны, еихшьаалақәак ҟаиҵоит. Шәыԥсҭазааратә мҩа иахьазы хәшьарас иашәҭои? – Даҽазныкгьы сыԥсҭазааратә мҩа ахысра сықәшәаргьы, исыԥсахуаз ҳәа акгьы ҟаломызт. 82 шықәса схыҵуеит, снысымҩа сазыразуп. – Шәымшира аҽны шәхы иазеиӷьашәшьои? – Амоҭацәа – уаҳа акымзарак. Егьыс зегь сымоуп. Владимир Аҩӡбеи иԥшәмаԥҳәыс Лилианеи Сҭамԥыл иҟоу адгьылбжьаха Биукада аҟны рныҟәара © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Лилиана Иаковлевеи, Гиви Допуеи, Владимир Аҩӡбеи аԥсуа ҭаацәара рԥылараан © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Лилиана Михаил-иԥҳа Иаковлева, Владимир Аҩӡба иԥшәмаԥҳәыс © Иулиа Соловиова © Аҩӡаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Ахаҭарақәа Владимир Аҩӡба Акомментари ааныжьразы шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп. Ашара а б в г ӷ д џ е ҽ ҿ ж з ӡ и к қ ҟ л м н о ҩ п ԥ р с т ҭ у ф х ҳ ц ҵ ч ҷ ш ы ь ә Абхазский язык Абазинский язык а б в г д е ё ж з и й к л м н о п р с т у ф х ц ч ш щ ъ ы ь э ю я Ӏ Абхазский язык Абазинский язык 2-хҳәаак АԥхьакраАцәыргара Сертап Юнер 04.12.2019 11:53 Duygulandım ve gözlerim yaşardı, değerli büyüğümüze, sevenleri ve sevdikleriyle birlikte sağlık ve mutluluklar diliyorum. Сертап Юнер 04.12.2019 12:01 Duygulandım ve gözlerim yaşardı, değerli büyüğümüze, sevenleri ve sevdikleriyle birlikte sağlık ve mutluluklar diliyorum. Ахҭысқәа Шәаҳәарыла атәыла акәшара: АААК имҩаҧнаго амузыкатә проект аҳәаақәа арҭбаауеит. «Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Кәҷоҷа Миқаиа иҿцәажәара Аҟәа амузеиқәа рҿы: 2024 шықәсазы АААК апроект «Аимадара» иацнаҵеит Аҿцәажәара «Необходимо сохранить наш маленький абхазский мирок»: интервью с Теймуразом Тания "Згәы зыԥхьаны иааз": АААК иазнархиеит хатәгәаԥхарала иҳавагыланы еибашьуаз ирызку авидеонҵамҭа Аԥсни италиатәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәеи: аԥсуа ҵарауаҩ Чрыгба ишәҟә ҿыц Реиҳа изыԥхьо Адиспансеризациа 2024: АААКи Агәабзиарахьчара аминистрреи ашколхәыҷқәа ргәабзиара агәаҭара еиҭахацдыркит. 18 Жәабран 2024 15:30 «Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Кәҷоҷа Миқаиа иҿцәажәара 26 Жәабран 2024 10:00 ААУ аҿы имҩаҧысит абаза бызшәала азеиҧш диктант 21 Жәабран 2024 21:05 Шәаҳәарыла атәыла акәшара: АААК имҩаҧнаго амузыкатә проект аҳәаақәа арҭбаауеит. 26 Жәабран 2024 17:10 Анҵамҭақәа зегьы Ҳара ҳхархәаҩцәа Алана Харцызова Астанда Габлия Андреи Тутышкин Зулифа Шебзухова Улви Ариқан Азамат Мамхягов Элана Ласурия Семих Озкан Аҭалара Аҽҭаҩра Афотосахьақәа Аҧсны еиуеиҧшым акәакьқәа рҿы Ажьырныҳәа шымҩаҧырго зныҧшуа афотолента Авидеонҵамҭақәа «Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Кәҷоҷа Миқаиа иҿцәажәара Апроектқәа рыдгылара / Алахәцәа рыхәҭалагала Ахшәаара Аконгресс алалара Арзаҳал ахарҭәаара Аконгресс аҿы Аконтактқәа Амультимедиа Апроектқәа Аконгресс ажәабжьқәа © 2024 АААК Азинқәа зегь хьчоуп 18+ , ма шәыҽҭажәҩыроуп. АААК алахәцәа рхыԥхьаӡарахь адкылара аԥҟарақәа Арзаҳал онлаин ахарҭәаара Арзаҳал PDF аҭагалара Иҭабуп шәахьҳадҵаалаз. Иаарласны ҳаҽшәымаҳдоит. Иҭабуп шәахьҳалахәхаз! Иалашәҵаз азыҳәара хымԥада ҳахәаԥшуеит. 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail Ажәла, ахьӡ, абхьӡы Атекст аҿы агха Аацҳамҭа Асахьатә фаил, ма адокумент Ашьҭра 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail: Апароль Сагәалашәааит Апароль шәхашҭма? Аҭалара Аккаунт аԥҵаӡами? Аҽҭаҩра Ахархәаратә еиқәшаҳаҭра Асоциалтә ҳақәа рыла аҭалара: Защита reCAPTCHA: Конфиденциальность и Условия использования 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail: Ишәхәыц апароль (ф-символк иреиҵамкәа) Апароль еиҭанышәҵа Ахархәаҩ иақәшаҳаҭра аԥҟарақәа сыдыскылоит, схаҭаратә дыррақәа аус рыдулара сақәшаҳаҭуп. Аҽҭаҩра Асоциалтә ҳақәа рыла аҽҭаҩра: Защита reCAPTCHA: Конфиденциальность и Условия использования Иашәырбаз аелектронтә ԥошьҭа арҵабыргразы ишәзынашьҭуп азхьарԥш згәылоу асаламшәҟәы. Аҭаӡ Спам иҭоу агәаҭара шәхашәмыршҭын! Апортал анҵамҭақәа Шәаккаунт апароль аиҭашьақәыргыларазы ахьарԥш згәылоу асалам шәҟәы шәзынашьҭын. Ахьарԥш ала шәиасны апароль ҿыц шәхәыц.
https://www.abaza.org/abk/vladimir-ayudzba-tyrkutyla-sykanats-sekundkgy-stymuayuny-skhy-zymbeit
2024-03-03T10:06:06Z
<urn:uuid:14bb80a7-20f8-4a6c-8284-dd17264bb9d0>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.6
0.96
225
28,315
tlsh:T100877AD2CB81CB8FC6B3C0589FD14D356CD1685246227220CEC9F4B41685058FFFCC13AAFAE8059A38AB1561E152BF04694AFCEA25BD7BD7709240A52E3F38EE379472D69F
Иракли Кобахиӡе - Аоппозициаа рхаҭарнак Самниӡеа шьақәлырӷәӷәеит уаанӡа изныкымкәа иҳҳәахьаз ажәабжь - урҭ акандидат статус ҳарымҭарц азы ирылшо зегь ҟарҵон - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Кобахиӡе - Аоппозициаа рхаҭарнак Самниӡеа шьақәлырӷәӷәеит уаанӡа изныкымкәа иҳҳәахь... Иҵегь аҭагалара Иракли Кобахиӡе - Аоппозициаа рхаҭарнак Самниӡеа шьақәлырӷәӷәеит уаанӡа изныкымкәа иҳҳәахьаз ажәабжь - урҭ акандидат статус ҳарымҭарц азы ирылшо зегь ҟарҵон 13:26, 25.10.2023 Иацы аоппозициаа рхаҭарнакцәа аҿақәшаҳаҭхара амш рыман, урҭ акандидат статус ҳарымҭарц азы ирылшо зегь ҟарҵон, – иҳәеит апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе. Кобахиӡе иажәақәа рыла, Хаҭуна Самниӡе аҳәамҭа аныҟалҵоз, иконкрету ауаа дрыхцәажәеит. „Хаҭуна Самниӡе аҳәамҭа аныҟалҵоз, иконкрету асубиектцәа дрыхцәажәеит, лымкаала, апартиа “Амилаҭтә ҵысра”, “Лело”, Гварамиа Арҭ хсубиектк дрыхыәажәеит. Адетальқәа лымҳәеит, аза ҳара иаадыруеит урҭ Европа ицаны, акандидат статус ҳарымҭарц азы ирылшо зегь шыҟарҵоз. Аоппозициаа рхаҭарнак Самниӡеа шьақәлырӷәӷәеит уаанӡа изныкымкәа иҳҳәахьаз ажәабжь – урҭ акандидат статус ҳарымҭарц азы ирылшо зегь ҟарҵон“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе. Иацы аоппозициаа рдепутат Хаҭуна Самниӡе иҟалҵаз аҳәамҭала, “аполитикцәа џьокы апартниорцәа рахь еиуеиԥшым аацҳамҭақәа рыла инеины, акандидат статус иазку аҿбара адкылара иаԥырахгоуп”. АПОЛИТИКА İrakli Kobaxidze 3 Еиҧшу Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Иракли Кобахиӡе - Европарламент аҩныҵҟа ашәқәа ркны ирҳәо зегьы ақырҭуа жәлар еилыркаар, уи ҳажәлар дара рахь ирымоу азныҟәаразы анырра бзиа амазаауеит Иракли Кобахиӡе - Агәабзиарахьчара аминистр иҟны аимадара иазкны исҳәар сҭахуп, амедицинатә усхкы ахаҭарнакцәа агәынамӡара рыман, уи гәасҭеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿырҧштәалагьы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылҧылеит Франциа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит Иракли Кобахиӡе Швеицариатәи аконфедерациа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит Иракли Кобахиӡе Павел Герчински диԥылеит Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит Иракли Кобахиӡе - Ареспубликатә хәшәтәырҭа ареорганизациа аанкылахоит, иашьашәалоу азинтә докумнт аус адулара ҳалагахьеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Санкт-Петербург ҩнык адрон ақәҳаит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-kobaxidze-aoppozitciaa-rxa%D2%ADarnak-samnidzea-sh%D1%8Caqlmr%D3%B7%D3%B7eit-waandza-iznmkmmka-ihhax%D1%8Caz-azhabzh%D1%8C-wr%D2%AD-aka/
2024-03-03T05:44:51Z
<urn:uuid:7793e679-7b5c-47cc-9911-912d79339a72>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.62
0.95
48
5,921
tlsh:T165D325C19B40DF9BD6B3C0188AA289356CD1781BD6617160CED8B4713659169EBFCC23AAFDF8AD4D60EF1511C0A2BF15660EACEB157CBECB715600A06D3F30EA2B4476869F
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара Аус ҳуеит ашәарҭадареи, агәрагареи аиҭашьақәыргыларазы Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшратә миссиа ҳауп. 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала аибашьра аҟәыҵра иазкны аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь ҳара ҳмиссиа арахь&nbsp;иаашьҭын. Аҧыҧшра 24/7 Амиссиа ахатәы аусура 2008 шықәса цәыббра мза ианалага инаркны, ҳара инаҳагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара, Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧсни административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ираҳҭоит, Европатәи аполитика иазааигәоу аилазаашьақәа Қырҭтәылеи, арегиони рҿы рхатәы политика ашьақәыргылараҿы ацхыраара раҳҭоит. Аибашьратә хҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара Ҳара ҳприоритетқәа аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара аҭареи, Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа азааигәара инхо ауаа ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи, еиҿагылоу аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылареи, Қырҭтәылеи, арегиони ирызкны Европатә аполитикатә ҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Аганқәа рыбжьара адырраҭара аиҭныҧсахлара Аидыслара ма ашәарҭадара иазку, ма егьырҭ азҵаарақәа цәырҵыр, ҳара аҭагылазаашьа аилкааразыи, аибарххара ма аиҿыхара аҽацәыхьчарази ацхыраара раҳҭоит аганқәа адырраҭара аиҭныҧсахлараҿы. English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом. Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://www.eumm.eu/ab/new_media_gallery/gal_iprms/
2024-02-25T19:17:42Z
<urn:uuid:fb99fbe8-640a-4f5e-aa1f-5619bd5e4912>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.85
0.99
27
6,705
tlsh:T1B51D2AD14544CB4BC173D4A9CA818F386CE26D578212B270CD8EF5B21685059EFFCC139ABAE8015B70EB1911D121BF10690AECDA687DBBE7B04240B65E3E7CDD276576C5AE
Аԥсны Жәлар рпоет, аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорист, алингвист Абызшәа Ашьклаԥшра Аредакциазура Дырмит Иосиф (Урыс)-иԥа Гәлиа[1] (аур. Дмитрий Иосифович Гулиа; жәабранмза 9 (21), 1874 ш., Уарча ақыҭа, Урыстәылатәи аимпериа — мшаԥымза 7, 1960 ш., Агәыӡера ақыҭа, Аԥснытәи АССР, Қырҭтәылатәи ССР, СССР) — Аԥсны Жәлар рпоет, аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорист, алингвист. Дырмит Гәлиа Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа Ахатәы хьӡы Гач Урыс-иԥа Гәлиа Аира жәабранмза 21, 1874 ш. Уарча Аԥсра мшаԥымза 7, 1960 ш. Агудзера Аусура ашәҟәыҩҩы Абызшәақәа Аԥсуа бызшәа, Аурыс бызшәа, Ақырҭуа бызшәа Атәылауаҩра Урыстәылатәи аимпериа, Асовет Еидгыла Анашьамҭақәа орден Ленина, орден Трудового Красного Знамени Commons Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа Аҵакы 1 Абиографиа 2 Абиблиографиа 2.1 Исахьаркыратә ҩымҭақәа 2.2 Ипоезиатә еиҭагамҭақәа 2.3 Аԥсшәахь иеиҭагоу адинхаҵаратә шәҟәқәа рахьтә 2.4 Аҭоурых иазку аусумҭақәа рахьтә 2.5 Алитература, абызшәаҭҵаара, ажәарқәа 2.6 Жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рахьтә 2.7 Арҵага шәҟәқәа 2.8 Раԥхьаӡатәи Аԥсуа календар (амзар) 3 Аҭаацәара 4 Исахьаркыратә ҩымҭақәа 5 Алитература 6 Азгәаҭақәа 7 Азхьарԥшқәа Абиографиа аредакциазура Абаҟа Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа, Аҟәа Дырмит Есыф-иԥа Гәлиа диит 1874 шықәса хәажәкырамза 21, Уарча ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҿы. Азеижәтәи ашәышықәса аҩбатәи азыбжазы, амҳаџьырра аан ԥшьышықәса зхыҵуаз Д. Гәлиа иҭаацәеи иареи хырҵәаны, имҳаџьырцәаны, Османтәи аимпериа, Трабзон агаҿа инанагеит. Дырмит иаб Урыс ааӡаб ихганы, 1878 шықәсазы иҭаацәа иманы уахьынтә дыбналаны Аԥсныҟа дхынҳәит. Ихырҵәаны ианыргоз иццышәыртәыз иҭыӡҭыԥ данахыла, «инхарҭа ҭыԥ аҿы анхара данақәиҭырымтә, уи аҭыԥ иамариашаны нырцә, ҿыц ихәышҭаара ашьапы икит». Нырцә ҳәа Д. Гәлиа араҟа дызҿу Кәыдры армарахьтәи аԥшаҳәаҿы ишьҭоу, Аӡҩыбжьа ақыҭа ауп, амҳаџьырра иагаанӡа Дырмит иаб Урыс Кәыдры арӷьарахьтәи аԥшаҳәаҟны — Уарча — дынхон. Аҩреи аԥхьареи иҵеит аашықәса данырҭагылаз, ақыҭаҿтәи апап иҟны: Гач ҳәа хәыҷы хьӡны изарҳәоз Д. Гәлиа уи ишҟа мчыбжьык ахьтә ҩымш-хымш дныҟәон. Убри инаркны Урыс Гәлиа иҷкәын хәыҷы диманы ҩышықәса Аҟәа Ашьхарыуаа ршкол ахь дцо-даауа дыбжьан, ашкол ашә дылагылан, иҷкәын дрыдыркыларц. Ахышықәса раан, 1885 шықәсазы, Д. Гәлиа Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол апансионат (аинтернат) даанахәоит. Уи зеиӷьыҟам ала далгоит 1889 шықәсазы: ахыркәшаратә ԥышәарақәа раан ииҭиуаз жәа-маҭәарк рахьтә ааба рзы «ибзиаӡоуп» изықәдыргылт, ҩба рзы «ибзиоуп». Иара убри 1889 шықәсазы, Д. Гәлиа, Қырҭтәыла, Гори (Хонтәи) ақалақь аҿы, Аахыҵ-Кавказтәи арҵаҩцәа рсеминариа дҭалоит, аха иҵара хиркәшартә еиԥш дзыҟамлеит: ԥшьымзҟа рышьҭахь ичымазара иахҟьаны иҵарагьы аанижьыр акәхеит. Убарҭ ашықәсқәа раан изыҟалеит агәырҩа дугьы: 1891 шықәса жьырныхәа мзазы иан дыԥсит, 1893 шықәсазы — иаб, 1894 шықәсазы — ианду. Урҭ ахҭысқәа апоет игәалаиршәоит абас: «Дук мырҵыкәа, абарҭ ашықәсқәа раан, сан дыԥсит. «Испанка» иагеит сандуи саби. Сара урҭ Кәыдры армарахьтәи аԥшаҳәаҿы аҵла ду амҵан анышә инаҭаны, аҩны ахадара ааныскылт. Сашьеи саҳәшьеи ааӡатәны исыман». Урт — Ивани Екатеринеи ракәын. Абринахыс, егьа иҽазикызаргьы, Д. Гәлиа ҵараиурҭак дҭалартә дзыҟамлеит. «Абасала, — иҩуан иара, — сара ԥшьышықәсеи ԥшьымзи ракәын ашколқәа рҟны аҵара анысҵоз, иара уигьы инеиԥынкыланы акәымкәа... Уи ашьҭахь сара рҵаҩцәас исыман ашәҟәқәеи аԥсҭазаареи». Арҵаҩцәа рсеминариахьтә даныхынҳә, Д. Гәлиа, зназы Екатериновка зыхьӡыз, Аҟәа иаԥныз қыҭак аҿы рҵаҩыс аус иуан. Уаҟа 1890-1891 шықәсқәа рзы аҵаҩцәа аурыс бызшәа иаирԥхьон. 1892 шықәсазы Ашьхарыуаа рышкол ахылаԥшҩы (иахьатәи ала — адиректор) К. Маҷавариани иареи иеицхырааны Қарҭ иҭрыжьуеит аурыс графика шьаҭас измаз «Аԥсуа нбан». Уи ашьҭахь, Д. Гәлиа активла далахәын иара убри ашықәсан Аҟәатәи аепархиаҿы адинхаҵаратә шәҟәқәа аԥсышәала реиҭагаразы еиҿкааз Акомиссиа аусура. Азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы анбан шәҟәы аԥҵара, иара убас аиҭагаратә ус нап анаиркы инаркны маҷ-маҷ ашьапы акуеит Д. Гәлиа ирҿиаратә, илитературатә усура. Изныкымкәа излаигәалаиршәоз ала, убасҟан ауп уи, уарлашәарла акәзаргьы ихатә жәеинраалақәагьы аԥиҵо даналага. Убри апериод азы Д. Гәлиа аамҭакала Очамчыра аучасткаҿы, Аҟәа аокруг аначальник иусҳәарҭаҿы уҳәа ҭырџьманс (еиҭагаҩыс) акыр шықәса аус иуан, уахи-ҽни ауаажәлар дрылан, арзаҳалқәа, ашшыԥхьыӡқәа уҳәа рзеиҭеигон, дырзааԥсон. 1904 шықәсазы, Д. Гәлиа арҵаҩратә ҵараиурҭа дшалымгацызгьы, идырреи иԥышәеи ҳасаб рзуны, Кавказтәи Арҵаратә аокруг ахылаԥшҩы иҟнытә алагарҭатә школқәа рҿы азин иоуеит арҵаҩра. Д.Е.Гәлиа жәлар ршкол арҵаҩы ҳәа ахьз анирҭа, рҵаҩыс аус иуан Кәтолтәи (1904-1905), Кындыӷтәи (1905-1908), Тамшьтәи (1908-1912) ашколқәа рҿы. 1912 шықәсазы Д. Гәлиа иԥсҭазаараҿы иҟалеит иразҟыӡбагахаз хҭыс дук — Қарҭ аԥсышәала иҭыҵуеит уи раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга — «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи» - аԥсуа сахьаркыратә литература хацзыркыз, ауасхыр азышьҭазҵаз ашәҟәы. Уи епиграфс иамоуп: «Аҽы ԥсыр - адәы аҭынхоит, ауаҩы дыԥсыр - ажәа иҭынхоит». 1912 шықәсазы Д. Гәлиа диасуеит Аҟәаҟа, Араҟагьы ҩаԥхьа арҵаҩра ус хациркуеит, зны-зынлагьы ҩыџьара-хыџьара иусура еилеигӡоит. Аамҭакала аус иуеит: Аҟәатәи аҳәса ргимназиаҿы, Ашьхарыуаа рышкол аҿы (1912 шықәса), Ареалтә училишьче аҟны (1914), анаҩс, 1915 шықәса инаркны 1921 шықәса рҟынӡа аус иуеит Аҟәатәи арҵаҩцәа рсеминариаҿы (1921 шықәса инаркны асеминариа арҵаҩратә техникум ҳәа ахьӡырҵоит, Абри асеминариаҿы Д. Гәлиа екстерн ҳасабла қәиарала аԥышәара дахысуеит, убри иабзоураны, иара излаигәалаиршәо ала, 1919 шықәсазы абжьаратәи аҵараиурҭақәа рҿы официалла арҵаҩра азин иоуеит. (Уи атәы акыр инарҭбааны иазааҭгылоуп «Зыхьӡ камшәо» зыхьӡу Х. С. Бгажәба ишәҟәы аҿы — Аҟәа, 1977 ш.). Убарҭ ашықәсқәа раан Д. Гәлиа ауасхыр азышьҭеиҵоит аԥсуа периодикатә кьыԥхь — шьаҭаркҩыс дамоуп 1919 шықәса жәабран 27 рзы иҭыҵыз агазеҭ «Аԥсны». Иара иоуп уи раԥхьатәи аредакторгьы (1919-1921). Уи аамҭа апоет абас игәалаиршәоит: «Иакымкәа-иҩбамкәа ашколқәа рҿы аус зуан, уахык ала ҩышә тетрад ирыгыу ирыбзоу саналгалакь ашьҭахь акәын алитература аус нап анасыркуаз, хазы, «Аԥсны аҭоурых» ҳәа изҩырц иҟаз ашәҟәы азгьы аматериалқәа реизгара саҿын». Арҵаҩцәа рсеминариаҿ акәзар, иҵаҩцәа (И. Когониа, М. Аҳашба, Ив. Папасқьыр, Ӡ. Дарсалиа уҳәа) ицырхырааны иаԥшьигоит анапылаҩыратә журнал «Ашарԥы-еҵәа». Арҵаҩратә семинариа аҵаҩцәа рымчала иеиҿикаауеит адраматә кружок. Уи иахылҿиааит Д. Гәлиа дызхагылаз раԥхьатәи Еиҭаҵуа Аԥсуа театр. 1921 шықәсазы, Аԥсны асовет мчра анышьақәгыла, мшаԥымза инаркны Дырмит Есыф-иԥа днарыԥхьоит Ареспублика ҿыц анапхгара ашҟа — Ареволиуциатә Комитет (Аревком) Жәлар рҵара аҟәшахьы. Араҟа уи аԥсуаа рҵарадырра иазку аҟәша еиҳабыс даман. Хықәкыла арҵага шәҟәқәа реиҭагареи, реиқәыршәареи аус рыдиулон, аҵарадырра аус ашьҭыхра дазааԥсон. Иара убри ашықәс нанҳәамза инаркны Д. Гәлиа Аԥсны Аҵара ус азы Жәлар ркомиссариат Амилаҭқәа рыҟәша Аԥсуа секциа дахагылоит, уаҟагьы инапы ианын аҵарадырра, ашәҟәҭыжьырҭа, асахьаркыратә литература, аиҭагара. Иара убас 1921 шықәсазы уи ирҿыцны еиҿикаауеит Аԥсны ақыҭақәа рҿы анхаҩы жәлар рҿаԥхьа иқәгылоз, аларҵәара ду змаз Еиҭаҵуа Аԥсуа театртә гәыԥ. Д. Гәлиа иаԥиҵаз Еиҭаҵуа атеатр урҭ ашықәсқәа раан Гәдоуҭеи Очамчыреи араионқәа ирыҵаркуа ақыҭақәа жәпакы рҿы аспектакльқәа рыманы иқәгылон, аларҵәара дугьы аман. Аамҭакала Д. Гәлиа аус шиуц иуан Аҟәатәи арҵаҩратә техникум аҿы, имҩаԥигон акрызҵазкуаз еиуеиԥшым ауаажәларратә усура. 1924-1926 шықәсқәа рзы Д. Гәлиа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсуа бызшәа акурс дырзаԥхьоит, убри инацҵаны, излаигәалаиршәо ала, аԥсуаа рҭоурыхгьы рзеиҭеиҳәоит. Қарҭынтәи Аԥсныҟа даныхынҳә, Аԥсны аиҳабыра рҿы еиҭагаҩ ҷыдас дҟарҵоит, аԥсышәала аусмҩаԥгара ашьақәыргылара дацхраауеит. 1926-1928 шықәсқәа рзы Аԥсуа рҵаҩратә техникум аҿы аҭоурых дирҵоит, аԥсуа алфавит аԥсахразы имҩаԥысуа аусура активла ихы алаирхәуеит. . 1927 шықәса жьырныҳәазы Д. Гәлиа бжьыҭирала далырхуеит Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа ахантәаҩыс (академиа еиҿкаан 1925 шықәсазы ауаажәларратә хаԥшьгарала, академик Н. Марр ибзоураны). Д. Гәлиа уаҟа аус иуан 1930 шықәса рҟынӡа - Академиа ацынхәрас Аԥсуа бызшәеи алитературеи ирызку аҭҵаарадырратә-еилкааратә институт (ашьҭахь - АБНИИ) еиҿкаахаанӡа. Уи анеиҿкааха инаркны, Д. Гәлиа аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩцәа дыруаӡәкын, аус иуан иԥсҭазаара далҵаанӡа: 1938 шықәса рҟынӡа ҭҵаарадырратә усзуҩын, 1938 шықәса инаркны, Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Апрезидиум излашьақәнарӷәӷәаз ала, ҭҵаарадырратә усзуҩы усзуҩы еиҳабыс. 30-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭанӡа Д. Гәлиа иҭҵаарадырратә усура инаваргыланы, рҵаҩыс аус шиуц иуеит Аҟәатәи еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рҿы, 1938 шықәса инаркны Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт адоцент ҳәа ахьӡ ихҵоуп. 1937 шықәсазы Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Апрезидиум иҟанаҵаз ақәҵарала, аԥсуа бызшәеи афольклори ирызкыу иҭҵаарадырратә усумҭақәа рзы Д. Гәлиа адиссертациа имырхьчаӡакәа ианашьан аетнографиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҭҵаарадырратә ҩаӡара. 1927 шықәса инаркны Д. Гәлиа Аԥсны Анагӡаратә Центр акомитет (ЦИК) аилазаара далан. 1928 шықәсазы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа далалоит, 1934 шықәсазы — СССР ашәҟәҩҩцәа Реидгыла. 1929 шықәсазы Д. Гәлиа ихҵан Аџьа Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыр хьӡы, 1937 шықәсазы - Аԥсны жәлар рпоет ҳәа ахьӡ ҳаракы. Д. Гәлиа Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилазаарахь депутатс далырххьан ԥшьынтә: 1938 шықәса (актәи ааԥхьара), 1947 шықәса (аҩбатәи ааԥхьара), 1951 шықәса (ахԥатәи ааԥхьара), 1955 шықәса (аԥшьбатәи ааԥхьара); 1942 шықәса ԥхынҷкәын мза инаркны Аԥсны АССР Иреиҳазоу Асовет Апрезидиум аилазаара даларҵеит, Аԥсны Иреиҳазоу Асовет депутатс дыҟанаҵгьы уи аилазаара далан. 1949 шықәсазы Д. Гәлиа ианашьан Ленин иорден. Д. Гәлиа ҩынтә СССР Иреиҳазоу Асовет ашҟа депутатс далырххьан: 1954 шықәса (аԥшьбатәи ааԥхьара), 1958 шықәса (ахәбатәи ааԥхьара). 1957 шықәсазы Дырмит Гәлиа Ленин ихьз зхыу апремиа аиуразы дықәыргылан (агазеҭ «Известиа», жьырныҳәа 17, 1957 ш.). 1957 шықәсазы, 83 шықәса зхыҵуаз апоет иаԥиҵоит иреиӷьу ипоезиатә рҿиамҭақәа руак: «Абри соуп сара». Дырмит аҭаацәаратә ԥсҭазаара далалахьан ҩынтә, раԥхьа, 28 шықәса данырҭагылаз, 1902 шықәсазы уи динасыԥхеит Џьгьарда ақыҭан инхоз апап Сарпиан (Серапион) Чхьеиӡе иԥҳа - Мариа Чхьеиӡе-ԥҳа (лан д-Амҷԥҳан). Агәалашәарақәа рҿы изларҳәо ала, Марина мыцхәы иԥшӡаз, иеинаалаз аӡә лакәын, ҵараиурҭак далымгацызт, аха аҩреи аԥхьареи лдыруан. Мариа Чхьеиӡе-цҳа диит 1885 шықәсазы, лыԥсҭазаара далҵит 1903 шықәсазы, ахшараиура дахыԥсааит. Джуп Џьгьарда ақыҭан, лани лаби рывараҿы. Аҩынтә раан Д. Гәлиа аҭаацәаратә ԥсҭазаара далалоит 1911 шықәсазы 37 шықәса данырҭагылаз. Усҟан Аҟәатәи аҳәса ргимназиаҿы аҵара зҵоз Елена Андреи-иԥҳа Бжьалаа (1893-1979) дихатәҩызахоит. Д. Гәлиеи Е. Бжьаала-ԥҳаи хҩык ахшара рхылҵит. Аиҳабы - Гьаргь Гәлиа (1913-1989) еицырдыруа шәҟәыҩҩуп; Ишьҭанеиуаз Владимир Гәлиа (1914) дынџьнырын, аҩбатәи адунеитә еибашьраҿы хабарда дыбжьаӡит; рыԥҳа заҵәы - Татиана Гәлиа (1919-1997) — инеиԥынкыланы акыр шықәса аус луан А. М. Горки ихьз зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт аҿы, ддоцентын, аҵыхәтәан Д. Гәлиа иҩны-амузеи еиҳабыс дыҟан. «...Ашәҟәыҩҩы изы, - иҩуан Д. Гәлиа,- даара акыр иаԥсоуп ицхрааша, иҩызахаша аԥҳәыс даниднагала. Сара исылсыршаз жәаџьара ишаны хәҭакгьы сзыҟаҵомызт алитературеи аҟазареи рзы зыԥсы ҭыхны изкыз Елена Андреи-иԥҳа лакәмызҭгьы.» Д. Гәлиа 1958 шықәсазы ииҩыз иавтобиографиаҿ иҳәоит: «...Иџьашьатәӡам узнысыз амҩа угәы иахәоу иамыхәоу, иахьынӡахәҭоу ажәлар рымаҵ узума ҳәа уаҩ дсазҵаар. Анс-арс ҳәа акәымкәа, иаахҵәаны аҭак ҟасҵоит абас: ааи, сара исылсыршаз маҷысшьом, избанзар, наџьнатәгьы сара иҟасҵоз зегьы гәыкала акәын ишыҟасҵоз. Аха иҟасҵахьоу аҵкыс хараӡа еиӷьны исылсыршар ҟалон, зегь раԥхьа иҟаҵатәу, зегь реиҳа хадара злоу ҳәа аханатә сусқәа еилкааны исымазҭгьы. Сара сгәамчи сылшареи сыԥсаҟьон, зны апоезиа шьҭых'уа, зны анаукахь сеихо мацара. Иҟалап, алитература мацара схы азкны аус зур еиҳа еиӷьызҭгьы. Иҟалап ус акәымзаргьы! Ауаҩытәыҩса ҿыц нап злеикуа аус аҿы инамцхәны агәамч ақәирӡуеит, аиашазы, идыррагьы аҽарҭбаауеит, иазҳауеит. Ари — егьыбзиоуп, иагьуԥышькласуеит. Зны-зынла исԥырхагахалоз даҽа мзызк ыҟан. Амыцхә «армара» зҽадызхалоз ҩызцәақәак «адунеи зегьтәи ареволиуциа» асахьа иҭырхуаз аҿы Аԥсны цәыкәбарк иаҟарамкәа исдырбо ианалагалакь, аиашами ишәасҳәаша, скалам сымҟәыҵшәаны икашәон. Инықәбаны ицаша цәыкәбарк азы аџьабаа батәума? Аха аԥсҭазаара иснарбаз уи ауп, иара убри ацәыкәбар азыҳәаҵәҟьа аџьабаабара иаԥсоуп. Гәыкала аџьабаа базар - уи ацәыкәбар џьаргьы иқәба изцаӡом. Акгьы амыхьӡакәа иаанхоит». Абиблиографиа аредакциазура Исахьаркыратә ҩымҭақәа аредакциазура Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи. Қарҭ, 1912 шықәса. Арԥызбеи аԥҳәызбеи рышәҟәы. Даҽа хьӡыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ, 1913 шықәса. Ажәеинраалақәеи, ахьӡыртәрақәеи, ашәақәеи. Аԥсуаа рхьырԥар рахь. Д. Г. икнытә. Аҟәа, 1923 шықәса. Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1933 шықәса. Аԥсуа частушкақәа. Аҟәа, 1934 шықәса. Ашарԥы-еҵәа. Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1937 шықәса. Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1947 шықәса. Иҩымҭақәа. Сухуми - Аҟәа. 1950 - 1954 шықәсқәа. Иҩымҭақәа. Иҭыҵит ҩ-томкны. Аҟәа, 1956 - 1957 шықәсқәа рзы. Иҩымҭақәа. Иҭыҵит ԥшь-томкны. Аҟәа, 1956, 1957, 1958, 1962 (аԥшьбатәи атом) шықәсқәа рзы. «Иалкаау Аԥсуа лирика» асериаҿ. Дырмит Гәлиа. Аҟәа, 1967 шықәса. Ҳара ҳпартиа. Ажәеинраала. 43 бызшәа рыла еиҭаганы. Аҟәа, 1973 шықәса. Сабдуи ааԥынреи. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983 шықәса. Иҩымҭақәа реизга. Ф-томкны. Аҟәа, 1981 - 1986 шықәсқәа. Ипоезиатә еиҭагамҭақәа аредакциазура Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи. Қарҭ, 1912 шықәса. Арԥызбеи аԥҳәызбеи рышәҟәы. Даҽа хьӡыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ, 1913 шықәса. Ажәеинраалақәеи, ахьӡыртәрақәеи, ашәақәеи. Аԥсуаа рхьырԥар рахь. Д. Г. икнытә. Аҟәа, 1923 шықәса. Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1933 шықәса. Аԥсуа частушкақәа. Аҟәа, 1934 шықәса. Ашарԥы-еҵәа. Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1937 шықәса. Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1947 шықәса. Иҩымҭақәа. Сухуми - Аҟәа. 1950 - 1954 шықәсқәа. Иҩымҭақәа. Иҭыҵит ҩ-томкны. Аҟәа, 1956 - 1957 шықәсқәа рзы. Иҩымҭақәа. Иҭыҵит ԥшь-томкны. Аҟәа, 1956, 1957, 1958, 1962 (аԥшьбатәи атом) шықәсқәа рзы. «Иалкаау Аԥсуа лирика» асериаҿ. Дырмит Гәлиа. Аҟәа, 1967 шықәса. Ҳара ҳпартиа. Ажәеинраала. 43 бызшәа рыла еиҭаганы. Аҟәа, 1973 шықәса. Сабдуи ааԥынреи. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983 шықәса. Иҩымҭақәа реизга. Ф-томкны. Аҟәа, 1981 - 1986 шықәсқәа. Аԥсшәахь иеиҭагоу адинхаҵаратә шәҟәқәа рахьтә аредакциазура Иҳақәиҭу Иисус Христос Иевангелие Цқьа. Матфеии, Марки, Лукаи, Иоаннии ирыкнытәу. Карҭ, 1912 шықәса (Араҟа Д. Гәлиа аиҭагаҩцәа хадацәа дреиуан, акорректура зкызгьы иара иакәын, ҽакала иуҳәозар, аҭыжьымҭа атекст даредакторын. Дырмит Есыф-иԥа уаанӡагьы дрылахәын акымкәа-ҩбамкәа аныхаԥшьатә шәҟәқәа реиҭагара аус, иҟоуп ихала иеиҭеигақәазгьы). Аҭоурых иазку аусумҭақәа рахьтә аредакциазура История Абхазии. Том первый. Тифлис, 1925 г. Алитература, абызшәаҭҵаара, ажәарқәа аредакциазура Материалы по абхазской грамматике /Дополнения и разъяснения к книге П.К.Услар «Абхазский язык». Аҟәа - Сухум, 1927 г. Алитературеи абызшәаҵареи ртерминологиа. Аҟәа, 1930 шықәса. Иааркьаҿны аԥсшәа аорфографиа. Аҟәа, 1935 шықәса Аурысшәахьтә аԥсшәахь иеиҭагоу Жәлар /азеиԥш/ политикатә-терминологиатә жәар. Аҟәа, 1935 шықәса Жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рахьтә аредакциазура Абхазские пословицы, загадки и скороговорки (на абхазском и русском языках). Тифлис, 1907 г. Аԥсуа жәаԥҟақәеи, ажәарццакқәеи, ацуфарақәеи. Ҩынтә ҭыжьра еиҳа ихарҭәааны. Аҟәа, 1921 шықәса. Аԥсуа жәаԥҟақәеи, ацуфарақәеи, ажәарццакқәеи, аомонимқәеи, аомографқәеи, ажәлар амшцәгьа еилыргашьас ирымоуи, амцхаҵарақәеи, аҭәҳәақәеи реизга. Аҟәа, 1939 шықәса Аԥсуа жәлар рпоезиа. Еиқәдыршәеит Д. Гәлиа, Х. С. Бгажәба (ашәҟәы иамоуп Д. Гәлиа иацхьажәа). Аҟәа, 1941 шықәса; аҩбатәи, ихарҭәаау аҭыжьра - 1972 шықәса. Арҵага шәҟәқәа аредакциазура Арҭ, инеиԥынкылан акыр жәашықәса иҭыҵуаз арҵага шәҟәқәа, ахрестоматиақәа рҿы, инарҭбаан аҭыԥ рымоуп Д. Гәлиа еиҳа ихарҭәаау итомқәа рҿгьы иуԥымло, убарҭ ирылаӡны икоу иоригиналтә рҿиамҭақәа - иажәеинраалақәа, иеиҭагамҭақәа, акыр зҵазкуа ажәа кьаҿқәа, ажәа хьыршәыгәқәа. К. Мачавариани, Д. Гулиа. Абхазская азбука. Молитвы, X заповедей и присяжный лист. Тифлис, 1892 г. Аԥсуа шәҟәы. Аԥсуа школқәа рзы. Аҩбатәи аҭыжьра. Қарҭ-Тифлис, 1911 ш. Иара убас Асовет аамҭазы иҭыҵуаз Д. Гәлиа иеиқәиршәаз, иаԥиҵаз арҵага шәҟәқәа, ахрестоматиақәа: «Аԥсуа бызшәа. Аҩбатәи акласс азы. Аҟәа, 1934 шықәса», «Алитературазы ахрестоматиа. Ахәбатәи акласс азы. Аҟәа, 1934 шықәса», «Алитературазы ахрестоматиа. Ажәбатәи ажәабатәи аклассқәа рзы. Аҟәа, 1939 шықәса», «Аԥсуа бызшәа. Аԥшьбатәи акласс азы» уҳәа иҵегьы. Раԥхьаӡатәи Аԥсуа календар (амзар) аредакциазура Раԥхьаӡа аԥсышәала иҭыҵыз Аԥсуа Календар (Амзар). Стиль ҿыцла. Аҟәа, 1920 шықәса Аҭаацәара аредакциазура Аиашьа — Гәлиа Иуан Иасыф-иԥа; Аиаҳәшьа — Гәлиа Екатерина Иасыф-иԥха; Аԥа — Гәлиа, Гьаргь Дырмит-иԥа — иналукааша аԥсуа советтә шәҟәыҩҩы; Аԥа – Гәлиа Владимир Дырмит-иԥа – дынџьнырын; Амоҭа — Гәлиа, Нурбеи Владимир-иԥа — аҵарауаҩ, афизик, апрофессор; Амоҭа - Гәлиа Дырмит Гьаргь-иԥа, дҭоурыхҭҵааҩын; Амоҭа – Гәлиа Татиана Гьаргь-иԥҳа, атеатрҭҵааҩы, ацҳаражәҳәаратә усзуҩы; Амоҭа – Гәлиа Гьаргь Гьаргь-иԥа, ажурналист, аҭоурыхҭҵааҩы; Исахьаркыратә ҩымҭақәа аредакциазура Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи. Қарҭ 1912 шықәса. Арԥызбеи аԥҳәызбеы рышәҟәы. Даеа хьӡыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ 1913 шықәса. Ажәеинраалақәи, ахьӡыртәрақәеи, ашәақәеи. Аԥсуаа рхьырԥар рахь. Алитература аредакциазура Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 894-901. Советская энциклопедия, «Асоветтә Енциклопедиа Ду» (аур. Большая советская энциклопедия), 3-тәы аҭыжьра, 30-тәи атом. Москва, 1974. Азгәаҭақәа аредакциазура ↑ Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 894-901 Азхьарԥшқәа аредакциазура Гулиа Дмитрий Иосифович (аур.) Гәлиа Дырмит Иосиф-иԥа (аԥс.) Гулия Дмитрий Иосифович — hrono.ru асаит аҟны АԤСУА ЛИТЕРАТУРА АБДУ, АԤСУА ҬҴААРАДЫРРА АХАЦЫРКҨЫ Дырмит Гәлиа — abaza.org асаит аҟны Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа игәаларшәара иазкыз арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысит Москва — abaza.org асаит аҟны
https://ab.m.wikipedia.org/wiki/%D0%93%D3%99%D0%BB%D0%B8%D0%B0,_%D0%94%D1%8B%D1%80%D0%BC%D0%B8%D1%82_%D0%98%D0%BE%D1%81%D0%B8%D1%84-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-02-24T06:58:54Z
<urn:uuid:4562d71f-319e-47f5-be22-400d251e2d2b>
[ "header", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.93
0.94
0.99
155
32,448
tlsh:T1868955E2CF80CB4BC2B7C0888E914C399CD5681246727271CED6F4B5271209DFFFCC03EAF5A91689649F1222E122AE145A4AFCE524BCBFD771D240D66E2E39DD279476E29F
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь аҟны аусуратә ныҟәарақәа мҩаԥигеит. Аныҟәарақәа ирылахәынАхада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аҟәа ақалақь Администрациа Ахада Беслан Ешба. Аныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарра Ахада ибеит Арӡынба имҩаду аҟны Агәмааи Титовеи амҩақәа еимадзо аҭыԥқәа рыҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо. Беслан Ешба иҳәеит, арҭ амҩадукәа рыҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо ақалақь Администрациа ахарџь ала, иагьшхыркәшахо ашықәс анҵәамҭазы. "Амҩа даара аҭагылазаашьа бааԥсын. Ауаа рацәаҩны инхоит, амҩа иахыкәшан ицалар акәын, иԥҽыз амҩа иҭамҳарц азы ",-иҳәеит Ешба. Иара убас, Ахада иеиҳәеит арҿыцратә усурақәа анцоз аамҭазы аӡӡымҩангара шәырақәа шыԥсахыз, ари аусурахкы иартәеит 38 млн.мааҭ. Аԥхьаҟа иазԥхьагәаҭоуп - амҩа акаҭран ақәырҭәара, уи иақәхарџьтәхоит 15-18 млн.мааҭ. " Аԥара ҳамоуп. Аканализациа иадҳәалаз аус цгьан, аҭыбгарақәа рацәан аус аԥырхага азҭоз", - иҳәеит иара. Ешба еиҭеиҳәеит, ԥхынгәымзазы излагаз аусурақәа жәамш рыла ишхыркәшахо. Анаҩс Ахада ибеит Т. Шамба ихьӡ зху апарк аҟны имҩаԥысуа аусурақәа. Аусурақәа рымҩаԥысшьа зеиԥшроу еиҭеиҳәеит Беслан Ешба. "Индоевропатәи ателеграф 12 ҭоурыхтә шьаҟа ареставрациа рзаҳуит. Иаарласны 80 цыра атәарҭақәа ҳаргылоит", - иҳәеит Аҟәа Администрациа Ахада. Амуниципалтә усбарҭа "Ақалақьргыларапроект" адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа иажәақәа рыла, апарк аҟны иҟоу аӡыршә аиҭашьақәыргылара уажәшьҭа ахыркәшарахь инеиуеит. " Аусурақәа цонаҵы аӡыршә иамаз раԥхьатәи ахаҿра аиқәырхара ҳашьҭан. Аусурақәа хыркәшахоит абҵарамза 17-нӡа",-иҳәеит Ԥиԥиа. Беслан Ешба иҳәеит, иааиуа ашықәс азы апарк аҟны ишыҟало ауаргьала аҳәыҷқәа рзы акьанџьа дуқәеи. Анаҩс Аслан Бжьаниа даҭааит Басла аӡиас иху ашьапыламҩатә цҳа. Беслан Ешба иҳәеит, ацҳа ахи аҵыхәеи рыҟны алифтқәа раҭара ргәы ишҭоу. "Апандус ахьамам иахҟьаны, зымаха-зышьаха зыхьуа ауаа ацҳа изықәсӡом, иара убас ашьаҟауаа ахәыҷтәы колиаскақәеи амаланыҟәақәеи змоу", - иҳәеит Ешба. Аслан Бжьаниа алифтқәа рышьақәыргылара дақәшаҳаҭхеит, атәылауааи асасцәеи рзы акырӡа ишаҭаху азгәаҭаны. Ацҳа ҿыц аҟны алифт шьақәыргылахоит 2024-тәи ашықәс алагамҭазы. Анаҩс Ахада Ацҳа ҟаԥшь дахәаԥшны ибеит. Ақалақь Администрациа Ахада иҳәеит, арҿыцратә усурақәа раԥхьа аҭыџьтәы кәырша шамамыз. Иахьатәи амш азы аусурақәа зегьы хыркәшоуп, амаакырақәа еиҭашьақәыргылоуп. Анаҩстәи аыҟәарақәа ирыцҵан агәаҭарҭатә ҭыԥи Аҟәатәи ашьхаҿы иҟоу аӡыршәи рыҟны. Асҭамыр Ԥиԥиа Аслан Бжьаниа адырра ииҭеит актәи агәаҭарҭатә ҭыԥ аҟны аусурақәа шцо. "Ахыб аевкалипт ҵла ақәҳаит, уи апроблема аԥаҳхит, уажәшьҭа аусурақәа ахыркәшарахь инеиуеит", -иҳәеит иара, убри аан иазгәеиҭеит абҵарамза анҵәамҭазы актәи агәаҭарҭатә ҭыԥ аҟны аусурақәа зегьы шхыркәшахо. Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит Аҟәатәи ашьхаҿы аӡыршә ааха ӷәӷәа шамаз, аха аиҭашьақәыргылара шрылшаз. Аӡыршә арҿыцра, иара иажәақәа рыла, ашықәс анҵәамҭазы ихыркәшахоит, апарк акәзар идырԥшӡоит, еиҿыркаауеит. Ахада иара убас, Аҟәа амикрораион ҿыц аҟны аусурақәа рцашьа гәеиҭеит. Ара Агрба имҩаду апарк хадаҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган, ишьҭаҵан атротуартә хаҳәцәқәеи акаҭрани, еиҭашьақәыргылан ауаажәларратә трансорт аангыларҭақәа. Анаҩс Ахада Аҟәатәи аихамҩатә вокзал даҭааит. Аԥснытәи Аихамҩа анџьныр хада Леонид Кәыруа Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы. «Авокзал аҩныҵҟеи адәахьи иаҳрыцқьеит – агәам-сам дәылаҳгеит. Ашә ҿыцқәа шьақәҳаргылеит, аԥенџьырқәа ҿаҳҵеит, абагьырқәа ҳарҿыцит», иҳәеит Ҟәыруа. Иара убас уи иҳәеит аибашьра аахыс ахыбра ахыб абжа шамам. Иазԥхьагәаҭоуп авокзал ахыбра 2024 шықәса аԥхынранӡа аиҭашьақәыргылара, апассаџьырцәа рымҩангара иалагаанӡа азыԥшырҭа зал аиҭашьақәыргылара. «Аусурақәа зегьы мҩаԥысуеит Акультура аминистрра абжьгарақәа рықәныҟәарала авокзал ахыбра аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа ирыҵанакуеит аҟнытә», - иҳәеит иара. Ахада иазгәеиҭеит Аҟәатәи авокзал аиҭашьақәыргылара – иҿио ауаажәларра символра шазнауа. «Ари иара авокзал мацара иахьазеиӷьу адагьы, ҳтәылауаагьы ргәы иахәоит. Уи ҳуаажәларра рыҿиара иасимволуп. Шәара аҵыхәтәантәи ҩажәижәаба шықәса раахыс абгара иаҿыз аобиект аиқәырхара шәылшеит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ари азы», - иҳәеит иара. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16065/
2024-02-21T15:25:38Z
<urn:uuid:0534f3da-b582-474a-a063-03d70f16e42c>
[ "footer" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.91
0.99
23
8,444
tlsh:T14724CE026740CF4BD2B3C48DEBC18D39A8D158524632B230CEC9F0B12A45048EFFCD139AFAE9198E70DB1612E156BB11655AFDE6247EABD3309240D46D2F28DD37A576D6AE
Иракли Кобахиӡе – Ҳара «Адырраҭара иазку» азакәан аҧсахразы аполитикатә интересс ҳамам, ҳара Евроеидгыла адиректива наҳагӡоит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Кобахиӡе – Ҳара «Адырраҭара иазку» азакәан аҧсахразы аполитикатә интересс ҳамам, ҳа... Иҵегь аҭагалара Иракли Кобахиӡе – Ҳара «Адырраҭара иазку» азакәан аҧсахразы аполитикатә интересс ҳамам, ҳара Евроеидгыла адиректива наҳагӡоит 14:49, 19.10.2023 «Ҳара «Адырраҭара иазку» азакәан аҧсахразы аполитикатә интересс ҳамам, ҳара Евроеидгыла адиректива наҳагӡоит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе. Кобахиӡе иажәақәа рыла, арегулиациақәа зегьы, ахы инаркны аҵыхәанӡа, Евроеидгыла адиректива ашьаҭала ишьақәыргылоуп. «Азакәанпроект Евроеидгылашҟа идәықәҵоуп, иара убас, ҳара вариантқәак рыдаагалеит. Дара х-вариантк рҟынтә ак еиҕьаршьеит, ҳаргьы уи алҳхит, ари ауп иҟалаз. Апатудара иазку анҵамҭа ҧасагьы иҟан, уи ишыҟаз еиҧш иаанхоит. Ари азҵаара акультура иадҳәалоуп, ҳара уи ҳҽалаагалом. Сара апроект цқьа самыҧхьацт, абжьыҭиранӡа сахәаҧшуеит, избан? — Ҳара «Адырраҭара иазку» азакәан аҧсахразы аполитикатә интересс ҳамам, ҳара Евроеидгыла адиректива наҳагӡоит. Ари азакәанпроект згәамҧхо дыҟазар, Евроеидгыла ахаҭарнакцәа драцәажәааит. Иҳашәҳәо зегьы ҟаҳҵоит ҳәа раҳҳәеит. Ҳара изакәызаалак аполитикатә интересск ҳамам», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе. АПОЛИТИКА «Адыррaҭaрa иaзку» aзaкәaн İrakli Kobaxidze 3 Еиҧшу Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Иракли Кобахиӡе - Европарламент аҩныҵҟа ашәқәа ркны ирҳәо зегьы ақырҭуа жәлар еилыркаар, уи ҳажәлар дара рахь ирымоу азныҟәаразы анырра бзиа амазаауеит Иракли Кобахиӡе - Агәабзиарахьчара аминистр иҟны аимадара иазкны исҳәар сҭахуп, амедицинатә усхкы ахаҭарнакцәа агәынамӡара рыман, уи гәасҭеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿырҧштәалагьы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылҧылеит Франциа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит Иракли Кобахиӡе Швеицариатәи аконфедерациа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит Иракли Кобахиӡе Павел Герчински диԥылеит Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит Иракли Кобахиӡе - Ареспубликатә хәшәтәырҭа ареорганизациа аанкылахоит, иашьашәалоу азинтә докумнт аус адулара ҳалагахьеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Санкт-Петербург ҩнык адрон ақәҳаит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-kobaxidze-hara-admrra%D2%ADara-iazkw-azakan-aphsaxrazm-apolitikat-interess-hamam-hara-evroeidgmla-adirektiva-nahagdzoit/
2024-03-03T05:25:18Z
<urn:uuid:c64f3e26-25fb-43a3-84f2-a6952aa9528e>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.62
0.94
47
5,929
tlsh:T1111094C16600CF1BD5B3C049CAA18A366CD1395B87217230CDC9B471265A069EAFCC13ADFAF86A4EB0EF1515D0B2BF056509BCEB58BDBED7614600A40D6F34DE2B84728A9F
Аинаугурациа иазкыз ацеремониа иалахәын Адыгеиа Ареспублика актәи Ахада Аслан Џьаримов, аҩадакавказтәи ареспубликақәа рхадацәа, урыстәылатәи аполитикцәа. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар рыхьӡала, хаҭала иара ихьӡала Мураҭ Кәумпилов идиныҳәалеит Адыгеиа Ареспублика Ахада имаҵзура нап ахьаиркыз. "Шәара - аҧышәа змоу аполитик, аҳәынҭқарратә усзуҩы, шәнапхгарала Адыгеиа Ареспублика акырӡа аихьӡарақәа аиуит асоциал-економикитә ҿиара ахырхарҭала. Шәара шәымч-шәылшеи, шәџьабааи ирыбзоураны, шәыуаажәлар рыбзиабареи раҳаҭыри шәрыҧсахеит, иҟәыӷоу аполитик, адырра змоу анапхгаҩы иаҳасабала",- иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада. Ахада иара убас иазгәеиҭеит М. Кумпилов шәышықәсала иааиуа аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иазку иусура аҳаҭырқәҵара иаҧсоуп. "Иазгәасҭарц сҭахуп хатәгәаҧхаралатәи агәыҧқәа рроль иамоу аҵак ду. Ҳашьцәа -адыгақәа ҳтәыла ахьчара анаҭахха иарӷьажәҩаны иҳадгылеит. Аӡәырҩы ҳҳәынҭқарра Ахақәиҭреи Ахьыҧшымреи рхы ақәырҵеит",- иҳәеит иара. Иахьа ареспублика анапхгаҩы иҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа мариаӡам, аха Шәара шәыпрофессионализми шәыхьӡи Адыгеиа Ареспублика аизҳазыӷьара ахьӡала иактуалтәу ауснагӡатәқәа қәҿиарала рыӡбара иаухррауеит,-иҳәеит Ахада. Аҳәынҭқарра анапхгаҩы иалырхыз Ахада изеиӷьеишьеит аихьӡарақәа аҭакҧхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҿы. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/14955/
2024-02-29T16:25:00Z
<urn:uuid:874f378e-c73f-4dac-946a-b18d3bf417dc>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.89
0.87
0.97
15
3,263
tlsh:T1E6C164616640DB8BD573C09DDF918A34ACD1584243227A60CEC9F4B15A4209DEAFCD13E6FAE4064AB4E71251D662FB11AA0DFDE524BEAADB301701652C3F78C937A476C1AE
Венециатәи акомиссиа арекомендациа - Адеолигархизациа иазкә азакәанпроект иҟоу аформала адкылара ҟалом - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Венециатәи акомиссиа арекомендациа - Адеолигархизациа иазкә азакәанпроект иҟоу аформала ад... Иҵегь аҭагалара Венециатәи акомиссиа арекомендациа - Адеолигархизациа иазкә азакәанпроект иҟоу аформала адкылара ҟалом 11:30, 13.06.2023 Адеолигархизациа иазкә азакәанпроект иҟоу аформала адкылара ҟалом, аолигархтә нырра аҿагыларазы аперсоналтә акәым, асистематә зныҟәара аҭахуп, – иазгәаҭоуп анапгхаратә партиа аус адызулаз “Адеолигархизациа иазкә азакәанпроект” иадҳәаланы Венециатәи акомиссиа аланарҵәаз арекомендациа аҿы. “Венециатәи акомиссиа иаҵшьны азгәанаҭоит атәыла аекономикатәи, аполитикатәи, ауаажәларратәи ԥсҭазаара анырра хазхаҭалатә ахаҿы инапахьа ақәшәара ашәарҭа ду атәылақәа рацәа рҟны шыҟоу. Атәылақәа реиҳара еидҳәалоу азакәанԥҵаратәи, аинститционалтәи, административтәи, аекономикатәи уҳәа уб. егь. ахархәагақәа аус рыдырулеит, ари аԥхасҭа аеффект армаҷуеит. Асектортәи, асистематәи зныҟәашьа аҿиара ацынхәрас, аолигархизациа ишәарҭоу анырра аҿагыларазы Қырҭтәыла ари азҵаара “даҽакала азныҟәара” рыӡбеит, аус адыруеит “Адеолигархизациа иазкә” азакәанпроект. Ари “аперсоналтә зныҟәашьа” змоу азакәанпроект иҷыдлу акритериқәа (амазара, аихқәа рнапаҿы аҟазаара уҳәа уб.егь) рыла “аолигархцәас” раарԥшразы аперсонақәа ридентификациа ауп хықәкыс амоу. Азакәанпроект ирҽеи авариант аҿы́ ақәнагаа ақәыршәарақәа реиҳара аԥыхуп, аха ари иахәамԥшыкәа, азакәан ахәҭаҷқәа рхархёара азакәан аиҳаӡареи аполитикатә плиурализми рзы ашәарҭа аадырԥшыр ҟалап”, – иануп Венециатәи акомиссиа алкаа аҿы. Венециатәи акомиссиа Қырҭтәыла анапхгара арекомендациа рнаҭоит адеолигархиазциа иазкәа азакәанпроект уажәтәи асахьала рыдрымкыларц. АПОЛИТИКА Адеолигархизациа иазкә азакәанпроект Венециaтәи aкомиссиa 1 Еиҧшу Алхратә комиссиа хада – Аполитикатә партиақәак Венециатәи акомиссиа аихшьаала рхы иадырхәоит алхратә администрациа аҳаҭыр аларҟәразы Иракли Шоҭаӡе Венециатәи акомиссиа аделегациа алахәылацәа дырԥылеит Иракли Ҕарибашвили Венециатәи акомиссиа аделегациа алахәылацәа дырԥылеит Шьалуа Папуашвили Венециатәи акомиссиа аделегациа алахәылацәа дырԥылеит Венециатәи акомиссиа Азеиԥш аӡбарҭақәа рзакәан иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит Шьалуа Папуашвили Венециатәи акомиссиа ахь ааԥхьара ҟаиҵеит 12 абжьгарақәа рынагӡара иазку адокументқәа ахәшьара рырҭарц Шьалуа Папуашвили Венециатәи акомиссиа ахада лахь ааԥхьара ҟаиҵеит "Адеолигархизациа иазкә" азакәанпроект иадҳәаланы агәанагара ирласӡаны идырмазеирц Венециатәи акомиссиа "Адеолигархизациа иазку азакәанпроект" иазкны аус аднауло алкаа, ашьақәырӷәӷәаразы акомиссиа аилатәараҿ хәажәкыра 10-11 рзы цәырыргоит Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ аҩ 3° Ах 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мака Боҷоришвили Европарламент аҿы аиԥыларақәа лыман Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахабжьа аганахьала адронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, урыстәылатәи аҳирхьчаратә мчқәа 38 дрон карыжьит Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи бџьаршьҭыхлатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит фҩык аибашьцәа Афермерцәа рпротест амзызла, Украинеи Польшеи рҳәааҿ иҟоу оужьҭратә пунктқәа зегьы аибаратә машьынақәа рзы аркуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/venetciati-akomissia-arekomendatcia-adeoligarxizatcia-iazk-azakanproekt-ikhow-aformala-adkmlara-khalom/
2024-03-04T01:26:52Z
<urn:uuid:b40aed33-8beb-4f1a-926f-5da21401d2a6>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.61
0.96
46
6,306
tlsh:T1EBBB41D14900DB4BC9B3C1668691CD386CD0294BC626B231CED5B970120645DEABCD03EAFDFC594F749B1816D162FB162A0AFCDA55BD7FCB628701A52E3E34D9229833D6DD
Анаҩс, Аҧснытәи аделегациа рыдыркылеит Иорданиатәи апарламент ахада Атиф Тарауни, иара убас апарламент алахәыла, ҳџьынџьуаҩ Менсур Абазеи. Ирылацәажәан хырхарҭа рацәала азҵаарақәа. Адемографиеи Арепатриациеи Адәныҟатәи Аекономикеи Аинвестициеи Афинансқәеи Инарҭбааны 22/11 2017 Аҧснытәи аделегациа усуратә хырхарҭала Иорданиа иаҭааит Арҭ амшқәа рзы Иорданиа аҳҭны қалақь Амман иаҭааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа напхгара ззиуа аделегациа. Уи аилазаараҿы иҟоуп: «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа, афонд аҟны аус зуа аҿартә политиака ахеилак анапхгаҩы, Аҧсны аекономика аминистрраҿы иаҧҵоу аинвистициатә маҵзура аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Симон Агрба, аусдкылаҩ Дмитри Аргәын. Аҧснытәи аделегациа Иорданиаҟа рцара хықәкыс иамоуп уаҟа имҩаҧысуа аекономикатә форум аҽалархәра. Адәныҟатәи Адемографиеи Арепатриациеи Аекономикеи Аинвестициеи Афинансқәеи Инарҭбааны 05/10 2017 Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа Аиааира амш азгәарҭеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира амш 24 ш. ахыҵра аҳаҭыразы, Иорданиа аҳҭны қалақь Амман имҩаҧысит ҳџьынџьуаа злахәыз аныҳәатә хәылҧазы. Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» амилаҭ дыгатә телерадиоеилахәыра «Нарҭи» русеицуразы Аҧсны ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, раҧхьатәи апроект хацыркын Иорданиа, Аиааира амш ныҳәа ду амҩаҧгарала. Аныҳәатә хәылҧазы аҧсышәала иаалыртит афонд аусзуҩ Жанна Леиҧҳа. Аӡырга Адемографиеи Арепатриациеи Инарҭбааны 28/09 2017 Ателецҳа, Аҧсны – Иорданиа, Аиааира амш аҽны Ателерадиоеилахәыра Нарҭ-ТВ, аиҿкаара «Кәбан», «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» раҧшьгарала, Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа рзы аныҳәатә концерт мҩаҧгахоит. Ари аусмҩаҧгатә еиднакылоит ҩнызқьҩык инарзынаҧшуа ауаа. Аныҳәа азгәаҭоуп цәыббра 30рзы, ихацыркхоит асааҭ 20:00. Ишиашоу атранслиациа еиҿкаахоит асоциалтә ҳа феисбуки, иутуби рҿы, иара убас иазгәаҭоуп Аҧсуа телехәаҧшра ишиашоу ицоу аефир ахь ацәырҵра. Аспутниктә телерадиоеилахәыра Нарҭ ТВ, иара ахатә канал аҿы имҩаҧнагоит ишиашоу ицо аефир. https://www.youtube.com/user/nart56789 Адемографиеи Арепатриациеи Адәныҟатәи Инарҭбааны 18/07 2017 Сҭампыл ақалақь аҿы имҩаҧысит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аделегациеи Аҧсуа федерациа ахаҭарнакцәеи реиҧылара Аиҧылара ааиртит ҳџьынџьуаҩ Аадем Махариа. Уи иқәгылараҿы дазааҭгылеит Аҧснынтә аделегациа раара хықәкыс иамоу, иара убас еизаз идирдырит урҭ хаҭа-хаҭала афонд аусураҿы рнапы злаку. Анаҩс, ажәа иҭан афонд ахада Сенер Гогәуа. Сенер Гогәуа инарҭбааны далацәажәеит афонд аусура атәы, уи аҳәынҭқарра аргылараҿы ҵакыс иамоу, иара убас афонд злашьақәгылоу ахарџь ахьынтәаауа. Ажәахә ҟазҵаз Сенер Гогәуа агәыӷра ааирҧшит афонд аҿиара амҩа иадгылап ҳәа ҳџьынџьуаа. Адемографиеи Арепатриациеи Адәныҟатәи Инарҭбааны 17/07 2017 Ҭырқәтәыла "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахатә усбарҭаҿы аиҧылара мҩаҧысит Иахьа ашьыжь асааҭ жәаба рзы, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аделегациа аҭааит Сҭампыл мызқәак раҧхьа афонд еиҿнакааз аусбарҭа. Ҭырқәтәыла афонд ахьӡала хаҭарнакс аус зуа Џьенгиз Ашәба аделегациа ахаҭарнакцәа идирбеит ахыбра, иара убас еиҭеиҳәеит аусура шеиҿкаау. "Ҳара излаҳалшо ала, акультуратә еимадара аҳәаақәа ҳарҭбаароуп, уи ҳара ҳхықәкқәа раҧхьа игылоуп"- иҳәеит Aшәба. Адемографиеи Арепатриациеи Адәныҟатәи Инарҭбааны 15/05 2017 Б. Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» аҧхьара хыркәшоуп Ҭырқәтәыла Аҧсны аҳәынҭқарра, аҧсуа телерадиоеилахәыра, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» русеицурала еиҿкаау апроект «Ацынҵәарах» аҧхьара мҩаҧысуан Ҭырқәтәыла. Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, ароман «Ацынҵәарах» автор Баграт Шьынқәба шәышықәса ихыҵра инамаданы, ҳтәыла араионқәа зегьы рҟны ихацыркуп ароман хәҭа-хәҭала аҧхьара. Маи 10 инаркны 14-нӡа, ари ауснагӡатә иацҵан хдиаспора ахьынхо Ҭырқәтәыла. Адаҧазар, Сақариа, Сҭампыл, Қьефқьен, Џьгьарда-Сауксу аҭыҧқәа рҟны еиҿкаан ҳџьынџьуаа злахәыз аҭыхрақәа. Ԥшьымш ирылагӡаны «Ацынҵәарах» иаҧхьеит жәиҧшьҩык. Адемографиеи Арепатриациеи Акультуреи Аҵарадырреи Инарҭбааны 17/02 2017 «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ҳџьынџьуаа аԥсуа бызшәа арҵара акурсқәа рзеиҿнакааит Ҭырқәтәыла. Ҭырқәтәыла, Адаԥазар Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ашҟа ааԥхьара ҟанаҵеит аԥсуа бызшәа дзырҵо арҵаҩы дырзаарышьҭырц. Ари аус иаразнак рыбжьы ақәдыргеит Сенер Гогәуа хадара ззиуа афонд. Оқтаи Ҷкотуа иаразнак ҭелла сиԥшааит, исарҳәеит ҳџьынџьуаа иҟарҵаз аҳәара атәы . Ҭырқәтәыла, Адаԥазар Сақараиа ақалақь иҟоу аԥсуаа рхеидкыла аҭаххара инақәыршәаны, Аԥсны аҵараеи аҭҵаарадырреи рминистрра ақәшаҳаҭхарала, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахарџьала, Ҭырқәтәыла, аԥсуа бызшәа дырҵаразы Ҭырқәтәылаҟа дышьҭуп Аза Шамԥҳа. Адемографиеи Арепатриациеи Акультуреи Аҵарадырреи Инарҭбааны 25/01 2017 Иорданиатәи ачерқьес школ иаҭааит Аҧснытәи аделегациа Арҭ амшқәа рзы Иорданиа иҟаз Аҧснытәи аделегациа аҭааит Кавказтәи адиаспора аҵаҩцәа аҵара ахьырҵо апринц Хамза ихьӡ зху ачерқьес школ. Акыр шықәса ари ашкол ахәыҷкәа ахьырааӡоз, аҵара ддырҵарц рҽахьазыршәоз ҭыҧын. Ас еиҧш Иорданиатәи апринц Хамза иан ианылба, илыӡбеит аҭагылазаашьа бзи рзаҧылҵарц аҵаҩцәеи, ааӡаҩцәеи, арҵаҩцәеи. Убри аҟынтә аҳкәажә иаҧшьылгеит ахыбра ҿыц лыргыларц, анаҩс уи официалла бжьаратә ҵараиурҭаны иҟалеит. Ахыбра анаадыртуаз амш аҽны, аҳкәажә ҿыц ииз лысаби Хамза длыманы дааит, аҳәарагьы ҟалҵеит апринц хәыҷы ихьӡ ахырҵарц. Адәныҟатәи Адемографиеи Арепатриациеи Инарҭбааны 24/01 2017 Иорданиеи Аҧсни аусеицура рыбжьаҵаразы аганқәа еиқәшаҳаҭхеит. ​Иорданиа имҩаҧысуаз алхрақәа инарықәыршәаны, ачерқьесқәа рцентр еиҳабыс далхуп Зухди Џьамбачыҟәа. Иорданиа, Хашимиттәи акралра иаҭааз Сенер Гогәуа Хадара ззиуаз Аҧснытәи аделегациа русура аҳәаақәа ирҭагӡаны рхы аладырхәит ачерқьесцәа рцентр аиҳабы иалхра иазкыз аусмҩаҧгатәқәа. Ажьарныҳәамзазы имҩаҧысыз алхрақәа рышҟа иааит Амман ақалақь аҟынтә еиҧш, Иорданиа егьырҭ араионқәа рҟынтә ачерқьес диаспора. Маӡалатәи абжьыҭира инақәыршәаны, ачерқьесцәа рцентр аиҳабыс далхын Зухди Џьамбачыҟәа.
http://www.fondapsny.org/ab/proekty/ademografiei-arepatriaciei
2024-03-01T07:38:32Z
<urn:uuid:b0feea52-98ca-4de9-99f6-16fd0e9e2a2d>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.92
0.99
49
10,731
tlsh:T1326736227C44DB1BDAB3C489DE814E365CC1690B8162B220CEC9F5B5160608DFEFCD13A9FAEC1E4AB4DF1222C162BE055D0AFCE5297DBBE3719214912D3F38E9279436C56E
Иааиуа амшқәа рзы иаҳа ирацәаны ахәыҷқәа ашәыхәтәырҭа рҭаххар ҟалап, уи еиҧш ашәарҭара иҟоуп - Иуане Чхаиӡе Ихaдоу Ажәaбжь ҿыцқәa Ауaaжәлaррa Аилыркaaрa Амультимедиa Акультурa Аспорт Асоветтә репрессиақәа Акоронавирус 14ГБ GEO APS RUS To See This Web Page You Need Java Script!!! Аилыркaaрa Иааиуа амшқәа рзы иаҳа ирацәаны ахәыҷқәа ашәыхәтәырҭа рҭаххар ҟалап, уи еиҧш ашәарҭара иҟоуп - Иуане Чхаиӡе Автор: Нино Ҭолорaиa 16:34 / 23.07.2021 Share Акоронавирус Дельта аштамм аларҵәара ианалага ашьҭахь,адунеи зехьынџьара авирус ҿызкаазгьы ахәышәтәырҭақәа ирҭарҵазгьы ахәыҷқәа акырӡа ирацәахеит. Қырҭтәылагьы убасҵәҟьоуп аҭагылазаашьа шыҟоу. Ахәыҷтәы хәышәтәырҭақәа зегьы итәуп. Иацҵаны аиарҭақәа реиқәыршәара аҭаххеит. Аҵыхәтәантәи ҩымш рыла атәылаҿы авирус амшала ҩыџьа асабицәа иҧсит. Руаӡәы Дельта аштамм илан, егьи – британиатәи аштамм. Аҧшьбатәи ацәқәырҧа зегьы раасҭа ахәыҷқәа ирҧырхагахома, насгьы, атәылаҿы ҽнакала шаҟаҩы ахәыҷқәа авирус ҿыркаауа – абарҭ азҵаарақәа рзы "Лаивпресс" акорреспондент длацәажәеит Иашвили ихьӡ зху Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа хада амедицинатә директор,аиммунизациа азҵаарақәа рзы абжьагаҩцәа ртехникатә гәыҧ анапхгаҩы, апрофессор Иуане Чхаиӡе. Лаивпресс: Апандемиа етапқәак раан агәаанагара иҟан ахәыҷқәа усҟак авирус ҿыркаауам, иҿыркааргьы имарианы ирхыргоит ҳәа. Иахьазы абри аганахьала аҭагылазаашьа цәгьахеит. Апедиатриатә аҟәшақәа зегьы иҭәуп. Абри зегьы зыхҟьеи? Иуане Чхаиӡе: Ҳара иахьагьы ҳгәы иаанагоит акоронавирус адуцәа иаҳа иҿыркаауеит, ахәыҷқәа рыгәҭа усҟак аларҵәара амам ҳәа. Аинфекциа ҿызкааз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара ҳахәаҧшыр, урҭ рыгәҭа ахәҷқәа маҷуп. Қырҭтәыла акоронавирус ззышьақәырҕәҕәоу рҟынтәи ахәыҷқәа 9,5-10%роуп иҟоу. Америка ари арбага иаҳа идууп, уаҟа астатистика иаша рымоуп, инақәыршәаны, 14,2% иҟоуп. Иҵабыргны,ахәыҷқәа ракәӡам акоронавирус зегьы раасҭа изҧырхагоу. Аха, авирус ҿызкааз ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара – уи акоуп,аҩбатәи азҵаара – ахәыҷқәа абри авирус шырхырго ауп. Абри аганахьала акоронавирус Дельта аштамм ахатә роль нанагӡоит. Авирус ҿызкааз ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара акәӡам аус злоу, рчымазара ахьанҭара ауп ҳзыргәамҵуа. Дельта аштамм ахатә ҷыдарак амоуп, уи ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рыгәҭа иаҳа аларҵәара амоуп. Дара реиҳараахәышәтәырҭада ҧсыхәа рымамкәа иҟалоит. Лаивпресс: Дельта аштамм ҟазшьас иамои? Ахәыҷқәаишҧарнубаало? Иуане Чхаиӡе: Дельта аштамм агрессиатә ҟазшьа амоуп. Ҧаса, китаитәи авирус аан, ачымазара ахьанҭараинақәыршәаны, 100ҩык ахәыҷқәа рҟынтә 3ҩызаҵәык ахәышәтәарҭа рҭаххон, уажәазы ахәышәтәырҭада ҧсыхәа змам ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара ҩынтә, хынтә еиҳахеит. Лаивпресс: Қырҭтәыла британиатәи аштамм амшалагьы иҧсыз ахәыҷқәа иҟоуп… Иуане Чхаиӡе: Ааи, ҳара Дельта аштамм иаҳа аларҵәара амоуп ҳәа ҳҳәом, аха, зегьы реиҳа ихадоу - адунеи зехьынџьара иҟоу астатистика инақәыршәаны, ес-ҩымчыжьк рыҩнуҵҟала афактқәа рхыҧхьаӡара ҩынтә азҳауеит. Қырҭтәылагьы убасҵәҟьоуп ишыҟоу. Ҩымчыбжь раҧхьа 20% акәын иҟаз. Ҳаҭыр зқәу Амиран Гамҟрелиӡе аҵыхәтәантәи иҳәамҭа инақәыршәаны, авирус ҿызкааз ауаа рҟынтә 40% Дельта аштамм рыдбалоуп. Иахьазы иҟоу апрогнозқәа рыла, нанҳәазы, 2 - 3 мчыбжьы рышьҭахь,авирус ҿызкаауа рыгәҭа Дельта авариант арбага 50%-нӡа ишьҭыҵуеит. Лавипресс: Атәылаҿы Дельта аштамм аларҵәара азҳара ҳаназыҧшу аамҭазы, аҧшьбатәи ацәқәырҧа зегьы раасҭа ахәыҷқәа ирҧырхагахоит ҳәа ҳҳәар ҳалшома? Иуане Чхаиӡе: Мап. Ахәыҷқәа акоронавирус зегьы раасҭа изҧырхагоу категориас изыҟалом. Анаӡынатә арбагақәа рыла иуҳәозар, авирус ҿызкаауа рыгәҭа ахәыҷқәа кырӡа имаҷуп, иахьагьы убасҵәҟьоуп ишыҟоу. Аха, ахәышәтәырҭа зҭаххо ахәыҷқәа иаҳа ирацәахар ауеит, уи еиҧш ашәарҭара иҟоуп. Абҵареи ҧхынҷкәыни рзы ахәышәтәырҭақәа рҿы абас ахәыҷқәа рацәамызт. Авирус ҿызкааз рҟынтә 10% ахәыҷқәа роуп ҳәа анаҳҳәо, уи иаанагоит есымша 200-250ҩык ахәыҷқәа авирус ҿыркаауеит ҳәа. Абри арыцхә даараӡа идууп. Убри аҟынтә, апедиатриатә стационарқәа ахьанҭара ду роуеит. Убри азоуп иацҵаны аиарҭақәа реиқәыршәара зыҳаӡбаз. Ҳара абри атенденциа ҳзаанымкылар, уаҵәи уаҵәашьҭахьи авирус аҿкаара есымшатәи арбага иаҳа иазҳар, ҳәарада, авирус ҿызкааз ахәыҷқәа рхыҧхьаӡарагьы ацлоит. Ҧхынгәы ҳҭагылоуп, ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи аус руам. Ахәыҷқәа авирус ҿыркаар рылшоит абзазаратә аимадара мацарала, аҭаацәара алахәылацәа рҟынтә. Убри аҟынтә,иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп авакцинациа аҵакы. Ауаҩҧсы авакцинациа дақәшаҳаҭымзар, мап ацәикуазар, иара игәабзиара ашәарҭара иҭаиргылоит, аха, аамҭакала,иҭаацәара алахәылацәагьы ашәарҭара иҭаиргылоит. Абри зегьы аҭакҧхықәра ду ацуп. Арҭ ауаа рпозициа сзеилкаауам. Лаивпресс: Дельша аштамм ҿызкааз апациентцәагьы абри аҩызаҵәҟьа аметод ала ирхәышәтәума? Иуане Чхаиӡе: Инеизакны иуҳәозар, акоронавирус ахәыштәразы алҵшәа зхылҵуа хәшәык иҟам. Насгьы,адуцәа рхәышәтәразы ҳхы иаҳархәо ахәшәқәа ахәыҷқәа ирзыҟаҳҵом. Убри аҟынтә, хархәагак ауп иҟоу, ацхырааратә терапиа, асимптомтә терапиа, ахәыҷы иҭагылазаашьа хьанҭахар, арҧҳа иҧсабаратәым авентилиациашҟа диаганы,ихәышәтәра наҳагӡоит. Лаивпресс: Ахәыҷқәа акоронавирус аҽыхьчаратә алаҵа рзыҟаҵатәума? Иуане Чхаиӡе: Америка, Канада, Италиа, Франциа,Швеицариа, Лиетува, Иапониа, уҳәа, аҳәынҭқаррақәа рацәа рҿы аҵыхәтәантәи амзазы ахәыҷқәагьы алаҵа рзыҟаҵара иалагеит. 12-15 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа роуп ҳазлацәажәо. Аха, Америка ишырыӡбаз ала, цәыббра - жьҭааразы,аҭҵаарақәа ианрылгалак, иаҳа зықәра маҷу ахәыҷқәагьы алаҵақәа рзыҟаҵара иалагар ҟалап. Макьана ҳара Пфаизер авакцина мацароуп ҳазлацәажәо, абри авакциноуп уажәазы зҧышәара иаҿу. Адунеи зехьынџьаара 3 вакцинак мацароуп ахәыҷқәа рзы зхархәара ҟало - Модернеи, Пфаизери,Астразенекеи. Аха, Пфаизер зегьы раасҭа иаҳа еиҕьны иҭҵаауп, зегьы раасҭа ирацәаны адыррақәа иҟоуп, убри аҟынтә, ақәратә компонент дырҭбаар ҟалап. Лаивпресс: Қырҭтәыла ақәратә компонент арҭбаареи 16шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа алаҵақәа рзыҟаҵареи ргәы иҭоума? Иуане Чхаиӡе: Ари азҵаара иалацәажәоит. Раҧхьа иргыланы, ҳара Агәабзиарахьчара адунеизегеьтәи аиҿкаара абжьагара ҳазыҧшуп, уи еиҧш абжьагара ҟалар, 12-15шықәса зхыҵуа ахәыҷқәагьы авакцинациа апроцесс аҽалархәра рылшоит. Лаивпресс: Шәгәы ишҧаанаго, аҧкрақәа зегьы анаҧырху аамҭазы, абри аҩыза аҭагылазаашьа алҵразы мҩас иҟои. Авакцинациа апроцесс инаваргыланы, аҧкрақәа еиҭашьақәыргылатәума? Иуане Чхаиӡе: Раҧхьа иргыланы, иаартугьы иаркугьы ақәыҧшыларақәа рҿы асабрада аныҟәгара арегулиациа амч амазароуп, ари апроцесс ахылаҧшра ҕәҕәа амазароуп. Уи зегьы реиҳа зынагӡара мариоу, зегьы реиҳа зхылаҧшра мариоу аҧҟароуп. Ҷыдала, иарку ақәыҧшылараҿы, иахьаари аҧҟара аӡәгьы инаигӡом, аӡәгьы дахылаҧшуам. Абри амеханизм алҵшәа бзиа ахылҵуеит. Есымша ҩынтә иаҳа ирацәаны ауааҧсыра алаҵақәа ҟарҵар, анеҩстәи мызкибжаки рыҩнуҵҟала уи ҳалшар, авакцинациа апроцесс аласра ацаҳҵар, аплан инақәыршәаны амассатә вакцинациа апроцесс мҩаҧаагар, ацәыӡ ду ҳамамкәа ҭагалан ҳаҧылар ҳалшоит. Нино Ҭолорaиa Нино Ҭолораиа Лаивпресс аҿы журналистс дыҟоуп 2011 шықәса инаркны. Аполитикеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, акультуреи, аспорти азҵаарақәеи егьырҭ ахҭысқәеи аалырҧшуеит. Қырҭтәыла ажурналистикатә етика ахартиа далахәып. Ари aмaтериaлқәa 20:09 / 14.10.2021 Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Аилыркaaрa Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧеи аӡынтә сезони ҳанрызҧшу аамҭазы, атәылаҿы авакцинациа 11:39 / 14.07.2021 Аҧсуа аҵаҩцәа рзы - Аҧсуа школқәа Қарҭ икьыҧхьу ашәҟәы ала аҵара иалагар ҟалап Аилыркaaрa Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи алитературеи 00:12 / 11.07.2021 Аҵара аиуразы ампыҵахалара иалсны ицо амҩа цәгьа - Галтәи абитуриентцәа ргәазыҳәара Аилыркaaрa Хышықәса ҵуеит импыҵахалоу Аҧсны иқәынхоабитуриентцәа Жәыргьыҭҟа 09:31 / 25.06.2021 Егры нхыҵ инхо ауааҧсыра алаҵа ҟарҵарцаз, Жәыргьыҭ агәҭангьы акабинет рзаадыртуеит - аҳәынҭқарра ахаҭарнак иҟны аинтервиу Аилыркaaрa Ҧхынгәы инаркны атәылаҿы аиммунизациа апроцесс дырласырц Архив Аилыркaaрa Акоронавирус Апопулиaртә Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Асоветтә репрессиақәа Ажәaбжь ҿыцқәa 11:02 / 23 Нaнҳәa Иракли Ҕарибашвили Ҟрымтәи аплатформа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, 11:15 / 12 Нaнҳәa Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, хымчыбжь аҿҳәарала аҧкрақәак шьақәгылазаауеит Қырҭтәылагьы, адунеи аҿгьы аепидемиологиатә 12:48 / 08 Жьҭaaрa USAID-Қырҭтәыла Аҧсны иарҭеит акоронавирус аҽыхьчаратә тестқәеи адиагностикатә хархәагақәеи USAID/Қырҭтәыла Аҧсны иҟоу ахәышәтәырҭақәеи 12:44 / 08 Жьҭaaрa Чхороҵҟутәи арҵаҩы амилаҭтә ҳамҭа лоуит 2020 шықәсазы арҵаҩы имилаҭтә ҳамҭа лоуит Амультимедиa „Чеми морду“ - зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра рзы арегион аҿы иаадыртыз раҧхьатәи ацентр аус ишауа [афото] Ахәмарраҿы зегьы раасҭа сманшәалоуп, еснагь аиааира згоит, - Ашколахь асабрадала - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит [афото] Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа, Аҭынчраҿ амузыка абжьы ахьуаҳауа „Афольклор аҩны“ [афото] Знык адамхаргьы, Жәыргьыҭ Ҭамар Авакцинациа автобус аҿы [афото] Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо „Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы [афото] 74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала Акультурa Аинтерес аҵаҵаны акарантин мҩаҧызго жәыргьыҭтәи амузыкант [афото] Covid-19 аҿагылара инамаданы имҩаҧгаз адунеитә концерт аҿы еицциз ақырҭуа аиаҳәшьцәа ашәа рҳәеит [авидео] Аҩычагаҿы иаарҧшу ашәануатә бзиабара аҭоурых [афото] Аспорт Наҭиа Гаделиа - Адунеи ачемпионс дҟалеит [афото] Аҳәса рспорт акәӡам ҳәа аҳәара иаҿын, сара маӡала азыҟаҵарашҟа сцон - амилаҭтә аизга иалоу Хобитәи аӡҕаб Европаҿы аҧхьахәқәа згаз жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа [афото] Абашатәи аӡиудоистӡҕаб Европа ачемпионс дҟалеит Жәыргьыҭтәи aштaнгист Европa aчемпионaт aҿы aџьaзтә медaл иоуит Хобтәи aқәҧaҩ aдунеи чемпионс дҟaлеит Аилыркaaрa Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Иааиуа амшқәа рзы иаҳа ирацәаны ахәыҷқәа ашәыхәтәырҭа рҭаххар ҟалап, уи еиҧш ашәарҭара иҟоуп - Иуане Чхаиӡе
https://www.livepress.ge/ap/aaa/article/40195-2021-07-27-13-16-36.html
2024-02-28T02:55:46Z
<urn:uuid:bb73bd7e-4c71-4ef9-b602-7cde56cd6126>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.86
0.98
73
18,080
tlsh:T124116A827640CB4FC6B3C4599B918A356CD1A8474323B271CDCAB47512450ACEFFCD12A9FEE9065EA0DB1512E162BF146A0AFCEA297DBBE7604240B12D3F78DD17A836C1ED
Абаклаџьа́н[1], Абаклажан (алаҭ. Solanum melongena) — захьӡу ауҭраҭых ҵиаагьы аҟәымқәа рҭаацәара иаҵанакуеит. Уи аџьынџьдгьыл ахьыҟоу Индиа ауп. Уаантәи инанагеит Китаитәылаҟа 3000 шықәса уажәы аԥхьа. Европаҟа иаанагеижьҭеи рацәак шымҵуагьы уи хархәара ӷәӷәа аиуит ажәларқәа рыфатә хкқәа рыҟаҵараҿы. Уи иҿало ашәыр ажьы таатоуп, иахоу ацәа еиҳа икьакьоуп. Ԥшшәахәыла абаклажан иҟоуп еиқәаҵәоу, иҩежьу, ишкәакәоу, цәаҳәа- цәаҳәа изылдоу уб. иҵ. Ашәыр ажьы атаатара иагәылоуп ажәлақәа рацәаны. Иҿиоит абаклажан жәлала, аиҭаҳатә рхи- аны еиҭарҳауеит иазырхиоу аҭыԥаҿы, бзиа иабоит аԥхарра. Акартоши абаклажани рбыӷьқәа ирызгагоуп колорадатәи абжқәа. Урҭ абжқәа хәышәла рнырҵәара анаҩсгьы иалшо- ит напыла рыҟәшәара. Аус злоу аҿиаха рымҭакәа ианаамҭоу иҟәшәаны рнырҵәара ауп. Абаклажан ишаӡоу ирфаӡом. Уи рӡуеит, иржәуеит, идырҵәуеит, аӡынхәы ҳәа иадыркуеит. Абаклажан шәыр афатә алырхуеит цқьа ишәаанӡа, цқьа ишәыз абаклажан ажәла кьа- кьоуп, агьамагьы ашоуп. Аҟәымқәа рҭаацәара зыхьӡ аху аҟәым еиқәаҵәа (паслён черный) иҿало ашәырргәыц еиқәаҵәақәа ианшәлакь рышҳамра рылҵуеит. Аҟәым еиқәаҵәа абӷьи, агәыцәи, ашәҭқәеи ашҳам рылоуп. Аҟәым еиԥшу ҳаскьын ҵиаауп аҭаҭын фҩыхаа (душистый табак). Уи аԥшӡаразы апаркқәа рҿы еиҭарҳауа аҵиаақәа ире- иуоуп. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] П. К. Кәыҵниа, «Аҵиаақәа, абактериақәа, акәыкәбаақәа рбиологиа», Аҟәа – 2011 Ахьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] ↑ Касланӡиа В. А. (аред. Џьонуа Б. Гь.), «Аԥсуа-аурыс жәар», Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет, Аҟәа, 2005 Авторитет змоу адыррақәа: Амилаҭтә Франциа BnF data Германиа Израиль ЕАА Чехиа Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Абаклаџьан&oldid=127319 Акатегориа: Аҵиаақәа Ицәыргам акатегориақәа: BNF аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа BNFdata аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа GND аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа J9U аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа LCCN аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа NKC аиԥшрагәаҭагақәа рдаҟьақәа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 08:21, 11 ԥхынгәымза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B1%D0%B0%D0%BA%D0%BB%D0%B0%D1%9F%D1%8C%D0%B0%D0%BD
2024-02-28T23:26:00Z
<urn:uuid:1374cf9f-1441-4f70-bcc1-66ab287c1a35>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.91
0.95
0.93
20
3,961
tlsh:T10D2892818A40D78BD6B3E098CA918D3958D16806476332718F99F0B53A450ADEAFCC13D9EAE9654874AF1116D296BF207A0BECDE363D6AD7619240E01C3E32CD377836D1DE
Ҭеимураз Купатаӡе иҳәамҭала, атәыла зехьынџьара имҩаҧысуа аоперациа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны, иаанкылоуп 20ҩык иреиҳаны анаркотикқәа рыҭиҩцәа 11:56, 30.03.2023 Ҭеимураз Купатаӡе - Уажәазы атәыла зехьынџьара жәаҩыла анаркотикқәа рыҭиҩцәа аанкылоуп, амш анҵәамҭанӡа ҩынтә еиҳаны иаанаҳкылоит 13:00, 20.12.2022 Ҭеимураз Купатаӡе - Атәыла иахьынӡанаӡааӡо, зехьынџьара аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаҧысуеит, еиуеиҧшым ақалақьқәа рҿы, Қарҭгьы, анаркотикқәа зҭиуаз 20ҩык раҟара аанкылоуп 21:26, 15.07.2019 Ҭеимурaз Купaтaӡе – Дaвиҭ Гaреџьи иaҧну aҵaкырaдгьыл aҿы ҭынчроуп, aтуристцәa рхы иaқәиҭны еиҭaҵыр рылшоит
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/%D2%ADeimwraz-kwpatadze/
2024-03-05T01:46:41Z
<urn:uuid:52c90647-35ca-4453-8e32-32b399de6938>
[]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.8
0.97
5
1,068
tlsh:T121A19F116646A7CFC1D3D568DE92467618D4681B8B333228CEC5F5E05281029FAFCC429EEBE50A0C94C7130382B1FA14680BEDE62D7FBEF6E16160985C6F74C82725B9E19E
Гәык-ҧсыкала, азеиҕьашьара бзиаӡақәа ацны, ишәыдысныҳәалоит Аҧсны аҳәынҭқарраҿы инхо аҧсылманцәа зегьы иҧшьоу Рамадан мза алагамҭа. Аҧсылман дин хазҵо зегьы Рамадан иадырҳәалоит ауаҩышәара, аламыс, адин амч ду анырреи ихадоу ауаҩытәҩсатә ҟазшьа бзиақәа рырҕәҕәареи. Уаҩы агәахәара ду инаҭоит ҳтәылаҿы аҧсылман дин ныҟәызго, егьырҭ адинқәа хазҵо зегьы реиҧш, рыхәҭаа ду шаларгало аҭынчреи аизыразреи рус, иеиҵагыло абиҧара апатриотизми, аџьаус абзиабареи рылааӡара. Гәыблыла ишәзеиҕьасшьоит аҧсылман дин ныҟәызго зегьы агәамч ҕәҕәа, аҭынч бзазара, анхамҩа, ақәҿиара дуқәа ҳаҧсадгьыл аизҳазыҕьареи ашәҭыкакаҷреи рыхьӡала напы злашәкуа аусқәа зегьы рҿы! Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2324/
2024-02-29T09:45:47Z
<urn:uuid:6c415172-473a-434d-9d38-121937cd305f>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.82
0.8
0.95
10
2,057
tlsh:T16C4E3B417A88D38BD6B3C5ABCE925E35ACD0184A466176A4CDC9F4B64681084EAFCC12E6BBE5110BA4EB2152D076BF28A609FCDA287DFAD3704240612C3FB9C927D475815E
1992 шықәса ҧхынгәымза 23 рзы, атәылаҿы ауаажәларра- политикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, Владислав Арӡынба хантәаҩыс дызмаз Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет ишьақәнарҕәҕәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟи Аҳәынҭқарра агерби. Атәыла иҿыцӡоу аҭоурых аҟны ари акрызҵазкуа хҭысхеит. Ҳара аныҳәа азгәаҳҭоит ҳтәыла ҳгәы аздуны, ҳаҧсадгьыл ахь абзиабара ду ҳаманы. Ари акрызҵазкуа амш аҽны, Аҧсны атәылауаа зегьы ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара ҕәҕәеи аныҳәатә гәалаҟазаареи! « Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара аколлектив ишәыдырныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш. Аконституциатә ӡбара апресс-релиз »
https://ks.apsny.land/ap/item/190-a-yr-z-u-a-sny-at-ylauaa
2024-03-04T22:00:37Z
<urn:uuid:fe99b5a7-5048-4e3e-a49a-b33e58c1a496>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
4
1,140
tlsh:T116761E218B808A4FD1B7C11ACFA25A33A9D0140A4622B2B0CDC9F0B4075605AFFFCD13AEE9E8141A79D71510C073BB14A54EDED5597EAECB705400A27D2F3CC93B4436C59E
Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыдәныҟаполитикатә механизм акоординациа амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны изаамҭанытәиу аконсультациақәа. Аԥснытәи Аган ахьӡала аконсультациақәа ирылахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, аминистрра астратегиатә усеицура адепартамент аиҳабы Адгәыр Чегьиа, аинформациа-аналитикатә департамент аиҳабы Ҭимур Шьанаа, аминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба. Ирылацәажәан ҩ-ганктәи аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәеи изаамҭанытәиу женеватәи аиҿцәажәарақәа рызҵаарақәеи.
http://mfaapsny.org/allnews/news/visits_info/abkhazo-rossiyskie-konsultatsii/
2024-02-25T08:08:05Z
<urn:uuid:ccaca869-6a97-4617-8c60-8406ecad79b1>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
3
1,187
tlsh:T1E2CDFE212504DB8BCAB3C05498E28C2699C1581F51B8B6318FC1F2702B8156EEBBCD03E6F56C288A604B1953C2436E182B0FFDFA643E3FD2718312D02E1F14A8329476C7DE
Шьалуа Папуашвили - Аӡбарҭа аӡбақәҵа ашьҭахь ишьақәырҕәҕәоуп аиҳабыра рықәшаҳаҭрада атәыла ахада лыла авизит амҩаҧгара - аилагара шакәу - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Шьалуа Папуашвили - Аӡбарҭа аӡбақәҵа ашьҭахь ишьақәырҕәҕәоуп аиҳабыра рықәшаҳаҭрада атәы... Иҵегь аҭагалара Шьалуа Папуашвили - Аӡбарҭа аӡбақәҵа ашьҭахь ишьақәырҕәҕәоуп аиҳабыра рықәшаҳаҭрада атәыла ахада лыла авизит амҩаҧгара - аилагара шакәу 13:47, 19.10.2023 «Саломе Зурабишвили атәыла аҩныҵҟа аума, анҭыҵ аума, абзиара лзеиҕьазшьо аӡәыр дыҟазар, илыбжьаргар акәын лара Аконституциа еилалымгарц», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили. Саломе Зурабишвили лыла аиҳабыра рықәшаҳаҭрада ҳаҧхьаҟа авизитқәа рымҩаҧгара иазкны ианиазҵаа, Шьалуа Папуашвили ишиҳәаз ала, Аконституциатә аӡбара аӡбақәҵа инақәыршәаны, ақәшаҳаҭрада аныҟәара хазхаҭалатәи ныҟәароуп, уи азыҳәан ҭеҭрикгьы аныхра ҟалом. «Азинтә ахәҭа ҳахәаҧшыр, уи апарламент акомпетенциақәа ирыҵанакәам. Аха, Аконституциатә аӡбарҭа аӡбақәҵа ашьҭахь ишьақәырҕәҕәоуп аиҳабыра рықәшаҳаҭрада авизит амҩаҧгара – аилагара шакәу, абри аҩыза авизит аофициалтә ма аусуратә ҟазшьа заиуам. Убри аҟынтә, абри аҩыза аныҟәара иадҳәалоу ахарџьқәа зегьы лхаҭа ихылҩароуп. Абри аҩыза авизитаз иныху ҭеҭри цыҧхьаӡа закәандарала аҧара аныхра ауп иаанаго, ҳәарада, абри аҩыза аилагара еснагь иахәҭоу ақәҿыҭра аиуеит. Саломе Зурабишвили атәыла аҩныҵҟа аума анҭыҵ аума, абзиара лзеиҕьазшьо аӡәыр дыҟазар, илыбжьаргар акәын лара Аконституциа еилалымгарц», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили. АПОЛИТИКА Сaломе Зурaбишвили Шьалуа Папуашвили 129 Еиҧшу Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла европарламентарцәа рцәахыхратә ҳәамҭақәа рыдгылара мап аҵәнакыроуп, ари аҟаҵаразы аамҭа ааит Шьалуа Папуашвили – Америкеи ҳареи ҳстратегиатә партниорра аекономикеи, ауаа рыбжьара аимадареи, авизада анеиааиреи, ишиашо авиареисқәеи, аинвестициақәеи ирныҧшроуп Ахада ладминистрациа аинформациала, Саломе Зурабишвили визитла Британиа Д ашҟа ддәықәлеит Шьалуа Папуашвили - Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рдонорцәа ирароуп, атәылантә ҳдәылцреи, атәыла рхала анапхгараҭареи аума ирҭаху, аӡбарҭа аилазаашьа ашьақәырӷәӷәара атәым тәылақәа ирусым Шьалуа Папуашвили - Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи разықәԥараҿ украинатәи жәлар рфырхаҵара иҿырԥшыгоуп, ари еиҟарам аибашьраҿ Қырҭтәыла Украина адгылоит Саломе Зурабишвили - Ҩышықәса ҵит, аха Урыстәыла аиаара агара алымшеит, украинатәи жәлар реихшара алымшеит Шьалуа Папуашвили - Адонорцәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, апартиақәа рфинасркра иадҳәалоу NGO ԥаршеиқәа раԥыхра иазкны, ақырҭуа партиақәа атәымтә ԥара анроуа, ари Қырҭтәыла асуверенитет еиланагоит Шьалуа Папуашвили - Аиункерцәа рҭоурых еснагь иҳгәаланаршәоит ақырҭуа милаҭ ампыҵахалара ахаан шақәшаҳаҭуам Шьалуа Папуашвили - Ҳԥыза-министр иеиԥш, актәи авизила Бриуссель саҭааит, Саакашвили раԥхьаӡатәи ивизитла Москва ддәықәлеит Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла евроатлантикатә қәыԥшылараҿ аинтеграциазы алшо зегь ҟанаҵоит - абри ауп Бриуссель ашҟа ҳашьҭымҭа хада Амш зеиҧшрахо 2° амҽ Қaрҭ амҽ 3° ашә 4° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Каха Калаӡе - Иракли Кобахиӡе зегьы реиҳа ибзианы идыруеит аиҳабыра ирызкны идикылаша аӡбара Иахьа инаркны аӡыргаратә ацҳамҭақәа рышьҭра адресат иқәшаҳаҭра мацара ашьҭахь алшахоит Павел Ҳерчински - Анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи аганахьала Қырҭтәыла аҧхьагылара шамоу аазырҧшуа аҭҵаарақәа гәахәаала аҧара рзоуҳажьҭуеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/sh%D1%8Calwa-papwashvili-adzbar%D2%ADa-adzbaqca-ash%D1%8C%D2%ADax%D1%8C-ish%D1%8Caqmrghghowp-aihabmra-rmqshaha%D2%ADrada-atmla-axada/
2024-03-02T23:04:29Z
<urn:uuid:491f3185-dee0-4c41-a7cd-bcdcd611e0ad>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.62
0.96
50
7,055
tlsh:T16670A9E18A44CB1BC673C54D8F918A357CC26A068762B360CEC9F875164609DEFFCD1365BDE80A49709F0461D121BF201A59FCE765BEBBDB609600E11D3F38DE27A8768A9E
Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла Гәдауҭатәи араионтә газеҭ “Бзыҧ” аредактор ихаҭыҧуаҩ Руслан Анқәаб идырныҳәалоит 70 шықәса ихыҵра аиубилеи. Руслан Анқәаб 1977 шықәса рзы далгеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт. Уи данҭаз аамҭазы аус иухьан Гәдауҭа араион ақыҭатә школқәа рҟны аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс. 1978 шықәса рзы аусура далагеит агазеҭ “Бзыҧ” аредакциаҿы еиҭагаҩыс. Анаюс, 1981 шықәса рзы диасуеит корреспондентс. 1985 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа аус иуан аредакциа ашәҟәқәа рықәша аиҳабыс. 1992 шықәса инаркны иахьа уажәыраанӡа агазеҭ аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩыс дыҟоуп. Р.Анқәаб Аҧсны ажурналистцәеи Урыстәылатәи ажурналистцәеи Реидгылақәа дрылахәлоуп. Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан уи арратә корреспондентс дыҟан. 2013 шықәса рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иусҧҟала Руслан Анқәаб ихҵан Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист ҳәа ахьӡ ҳаракы. Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла Руслан Анқәаб изеиӷьаршьоит агәабзиара, аманшәалара, арҿиаратә еихьӡара ҿыцқәа!
https://sj-ra.info/ruslan-an-ab-iiubilei-idny-alara/
2024-03-04T09:18:57Z
<urn:uuid:6baacdab-0d1b-4220-97d8-aea7361503b1>
[]
[]
abk-Cyrl
0.98
1
0.99
6
1,763
tlsh:T1A5DD5E3168088B5BC9B3C051C9D28D395CD4942706507271CDC7B0F22BA2048DAFCD12A9FE18059AB98F1222D292BE18AE8AFCE118BDFECB741A50557E2F65FE274079D59F
Иаҳаҩсыз амшқәа рзы Аҧсны араионқәа иахьрыҵаркуа акырџьара абнақәа амца ркит ҳәа ажәабжь ааҩит. Аҭагылазаашьа хылаҧшра арҭоит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа. С.У.Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра азгәаҭаразы 16 Жәабран 2024 Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, Аԥсны Аҩбатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден І аҩаӡара занашьоу Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Аусеицура аҳәаақәа 16 Жәабран 2024 Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аԥснымедиеи» «Евразийская медиа группа» ҳәа изышьҭоу Акционертә Еилазаареи рыбжьара аусеицуразы Амеморандум анапаҵаҩра мҩаԥысит Москва ақалақь, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Амеморандум рнапы аҵарҩит Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аԥснымедиа» аиҳабы Роберт Џьопуеи Акционертә Еилазаара «Евразийская медиа группа» аиҳабы Сергеи Деменскии. Аиааира мгакәа даанымгылеит 15 Жәабран 2024 Аԥснытәи аспортсмен Харитон Агрба Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысыз абокс азы атурнир RCC Boxing Promotions аҿы атехникатә нокаут ала Шәачатәи аспортсмен Ваге Сураханиан дииааит. Хаҭала ахылаԥшра 15 Жәабран 2024 Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥигеит. Аиааира ргеит 15 Жәабран 2024 Наталиеи Христинеи Симониаа аҿыбӷаҟазара-спорттә клуб «Виват Россия» аԥхьахәқәа ргаразы амуниципалтә еицлабрақәа рҿы аиааира ргеит. Ахьшәашәарақәеи амшцәгьақәеи анеицыла 15 Жәабран 2024 Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоуи Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат аҟны иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилаки жәабранмза 6 инаркны иалагалахо ашколқәа рҿы аҵара асааҭқәа ирықәшәо афымцамч арцәаразы аграфик ҿыц инамаданы ӷәӷәала агәҭынчымра аадырԥшуеит.
https://gazeta-apsny.info/?start=14
2024-02-24T17:14:10Z
<urn:uuid:dfb63e4f-7bf9-4ea9-a9bb-347e84c67e1b>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
1
0.98
13
3,345
tlsh:T1ABCF26615B00DB8BD6B3D08989914A345DD15C020222B230CECAF4711653099EBFCE22EAFAE8568A78DF1635C561AF05950EEDFC25FDBFE3218610A57E2F35DE2B4077D5AE
Апартиа "Қырҭтәыла адгыларазы" ахаҭарнакцәа апрокуратура иадҵаалт Иракли Кобахиӡе Гьаргь Гахариа изы иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы аусеилыргара иалагарц - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Апартиа "Қырҭтәыла адгыларазы" ахаҭарнакцәа апрокуратура иадҵаалт Иракли Кобахиӡе Гьаргь ... Иҵегь аҭагалара Апартиа "Қырҭтәыла адгыларазы" ахаҭарнакцәа апрокуратура иадҵаалт Иракли Кобахиӡе Гьаргь Гахариа изы иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы аусеилыргара иалагарц 15:33, 27.09.2021 Апартиа “Қырҭтәыла адгыларазы” ахаҭарнакцәа апрокуратура иадҵаалт Иракли Кобахиӡе Гьаргь Гахариа изы иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы аусеилыргара иалагарц. Уажәааны Иракли Кобахиӡе Гьаргь Гахариа изиҳәеит анаркотикқәа идикылоит ҳәа. Апрокуратура арзаҳал аларҵеит апартиа «Қырҭтәыла адгыларазы» иалахәы Анна Буҷукурии Михаил Даушвилии. Дара апрокуратура аҟынтә иаҳәоит «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы иқәиргылаз ахарадҵара иадҳәаланы зыҧшра ҟамҵакәа аусеилыргара алагареи, Ираклия Кобахиӡе иҿахәы имхреи, зыӡбахәы ҳәоу ацәгьаура шьақәыдмырҕәҕәар, Кобахиӡе амцҳәаразы аҭакҧхықәра идҵареи. «Абри ахарадҵара изакәызаалак шьаҭак шаҵам анеилыркаалак, ҳпартиа алидер абас изызҳәаз Кобахиӡе амцҳәаразы аҭакҧхықәра иқәырҵароуп», — иҳәеит Даушвили. АПОЛИТИКА aнaркотикқәa İrakli Kobaxidze Гьaргь Гaхaриa 1 Еиҧшу Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Иракли Кобахиӡе - Европарламент аҩныҵҟа ашәқәа ркны ирҳәо зегьы ақырҭуа жәлар еилыркаар, уи ҳажәлар дара рахь ирымоу азныҟәаразы анырра бзиа амазаауеит Иракли Кобахиӡе - Агәабзиарахьчара аминистр иҟны аимадара иазкны исҳәар сҭахуп, амедицинатә усхкы ахаҭарнакцәа агәынамӡара рыман, уи гәасҭеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿырҧштәалагьы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылҧылеит Франциа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит Иракли Кобахиӡе Швеицариатәи аконфедерациа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит Иракли Кобахиӡе Павел Герчински диԥылеит Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит Иракли Кобахиӡе - Ареспубликатә хәшәтәырҭа ареорганизациа аанкылахоит, иашьашәалоу азинтә докумнт аус адулара ҳалагахьеит Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ ашә 3° аҩ 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/apartia-qmr%D2%ADtmla-adgmlarazm-axa%D2%ADarnaktca-aprokwratwra-iadcaalt-irakli-kobaxidze-g%D1%8Carg%D1%8C-gaxaria-izm-ikhaicaz-aham%D2%ADa-iadhalan/
2024-03-03T23:01:45Z
<urn:uuid:b933ff3a-5e8d-4d49-ad74-4c6566bb6f26>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.63
0.95
46
5,610
tlsh:T1F9E652C17600DF57C5B3C048CAA199366CD1795B97217130DDD9B471365A0A8EAFCC03A9FAF89E4EA4EF2821C072BF026604ACE715BDBED7706600A41E2F34EE2B847685DE
 ПОСОЛЬСТВО РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ В БОЛИВАРИАНСКОЙ РЕСПУБЛИКЕ ВЕНЕСУЭЛА | Embajada de la República de Abjasia en la República Bolivariana de Venezuela 1050, Kapakac [email protected] +58 412 960 0726 +58 212 910 0047 Аҧсуа Español Русский Toggle navigation АДАҞЬА ХАДА АЖӘАБЖЬҚӘА АЦҲАРАЖӘҲӘАРА АЖӘАБЖЬҚӘА АҦСНЫ АЖӘАБЖЬҚӘА АЦҲАРАЖӘҲӘАРА АЗЕИҦШ ИНФОРМАЦИА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ АЦҲАРАЖӘҲӘАРА АУСЗУҨЦӘА АИМАДАРАҚӘА АҦСНЫ АЗЕИҦШ ИНФОРМАЦИА АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА СИМВОЛИКА АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АКОНСТИТУЦИА АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АҦСНЫ АҬОУРЫХ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘ-АЗИНТӘ СТАТУС ВЕНЕСУЕЛА ВЕНЕСУЕЛЕИ АҦСНИ РЕИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА ВЕНЕСУЕЛА АҲӘЫНҬҚАРРА СИМВОЛИКА ВЕНЕСУЕЛА АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА НИКАРАГУА НИКАРАГУЕИ АҦСНИ РЕИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА НИКАРАГУА АҲӘЫНҬҚАРРА СИМВОЛИКА НИКАРАГУА АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АТУРИЗМ АҦСНЫ ВЕНЕСУЕЛА АГАЛЕРЕИА АФОТОСАХЬАҚӘА АВИДЕОНҴАМҬАҚӘА  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҷыдалкаатәи Мчызмоуи Ацҳаражәҳәаҩ Гәаџьаа Заур Константин-иҧа АҦСНЫ АҬОУРЫХ АҦСНЫ АҬОУРЫХ Иалукааша аамҭақәа (реишьҭагылашьа) Ажәытәӡатәи аамҭа Аҧсны абжьарашәықәсазтәи аамҭазы Аҧсны Урыстәылатәи Аимпериа алазаара Асоветтә аамҭа Ҳазҭагылоу аамҭа Иалукааша аамҭақәа (реишьҭагылашьа) 500 нызқьш. раҧхьа – Аҧсны Иашҭыхә ақ. (Аҟәа аҩада-мрагыларатәи акалҭ) иқәынхоз ажәытәӡатәи ауаҩы. 5 нызқьш. ҳ. ҟ. – Аҧсны иахьаҵанакуа раҧхьатәи аҧсуа хылҵшьҭрақәа рцәырҵра. III нызқьш. ҳ. ҟ. – адольментә культура. I азқьыш. ҳ. Ҟ. – колхида-кобантәи аметаллургиатә провинциа. VIII-VII ашә. ашә. ҳ. ҟ. – аиха аус адулара ианалага (появление металлургии железа). VI ашә. ҳ. ҟ. – абырзен колонизациа алагамҭа. Аҧсны амшын аҧшаҳәаҿы ицәырҵуа иалагеит абырзен нхарҭақәа, ақалақь-колониақәа Диоскуриа (Аҟәа), Питиунт (Пицунда), Гиуенос (Очамчыра). 64 ш. ҳ. ҟ. – Аурымқәа рымчра ашьақәгылара аамҭа. I ашә. ҳ. ҳ. – аурым ҵарауаҩ Плини Секунд иусумҭаҿы раҧхьаӡакәны аҧсилаа рыӡбахә иҳәоит . I ашә. ҳ. ҟ. – аныхатә ҳәамҭақәа рыла, ацқьа цҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аҧхьанаҧхьеи Симон Канатәи аҧсуа хылҵшьҭрақәа ақьырсианра рыларҵәара иалагоит. III ашә. анҵәамҭа – Мраҭашәаратәи Кавказ Питиунт ақ. ишьақәгылоит Никеитәи аизара (325 ш.) иалахәыз аепископ Стратофил дызхагылаз раҧхьатәи ақьырсиантә еиҿкаара. VI ашә. – Амшынеиқәа агаҿа аамҭала аџьамқәа иааныркылоит . VI ашә. актәи азбжа – аҧсуаа рхылҵшьҭрақәа – аҧсилааи абазгааи Византиантәи ақьырсианра рыдыркылоит ҳәынҭқарратә динк аҳасабала. Ақьырсиан ныхақәа рыргылара ашьапы кын. 737 ш. – Анаҟәаҧиа абаа амҵан арабцәа рыр ирҿагыланы аибашьра. 786 ш. – Аҧсҳацәа Леонидаа рышьҭра зхагылаз Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара X ашә.анҵәамҭа. – Аҧсуа ҳәынҭқарра иахагылаз адинастиа аҧсахра (ҳәынҭқарны дҟалоит Баграт III). «Аҧсуааи ақарҭвелцәеи рҳәынҭқарра» ашьақәгылара. XIII ашә. – «Аҧсуааи ақарҭвелцәеи рҳәынҭқарра» аилаҳара. XIII ашә. алагамҭеи – XV ашә. агәҭеи – ақ. Генуиантәи италиатәи аҭуџьарцәа Аҧснытәи амшынҿықә рнапахьы аагара, генуиатәи ахәаахәҭырҭа дуқәеи (афакториақәа) абаақәеи рыргылара иалагеит. XVI ашә. аҩбатәи азбжа – Аҧсны адгьылқәа Османтәи аимпериа иахьыҧшны иҟалеит. XVI – XVII ашә.-қәа – Аҧсны аҧсылманра аларҵәара 1810 г. – Урыстәылатәи аимператор Алеқсандр I Аманифест инапы аҵаиҩит, уи инақәыршәаны Аҧсны автономиатә зин змоу ҳәынҭқарратә формак аҳасабала Урыстәылатәи аимпериа иалалеит. XIX ашә. аҩбатәи азбжа – массала аҧсуаа хырҵәаны Ҭырқәтәылаҟа рахгара, («амҳаџьырра»), Аҧсныҟа агырқәеи, абырзенқәеи, аболгарцәеи ааганы рнырхара. 1864 ш. – аимператор Алеқсандр II иусҧҟала Аҧсуа аҳра аҧыхны Урыстәылатәи аимпериа Аҟәатәи арратә ҟәша ҳәа ахьӡ ҧсахын. 1864-1917 шш. – Аҧсны (Аҟәатәи аҟәша, 1883 ш. инаркны Аҟәатәи аокруг) Кавказ ахылаҧшҩы иусбарҭа иаҵанакуа иҟарҵеит. 1866 ш. – Лыхнытәи ақәгылара. 1918-1921 шш. – Аҧсны ақырҭуа меншевиктә еиҳабыра рыр рыла аоккәупациа азуын. Хәажәкыра 4, 1921 ш. – Аҧсны асовет мчра ашьақәгылара. Хәажәкыра 31, 1921 ш. – Аҧснытәи Асоветтә Социалисттә Республика ашьақәгылара. Лаҵарамза 21, 1921 ш. – «Аҧсны Асоциалисттә Советтә Республика ахьыҧшымразы» Қырҭтәыла Аревком Адекларациа. 1925 ш. – Аҧснытәи ССР Аконституциа адкылара. 1931 ш. – Аҧсны Қырҭтәылатәи ССР иалаҵоуп автономтә республика аҳасабала. 1941-1942 шш. – Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаан Аҧсны аҭыҧқәак рыҟны аибашьра мҩаҧысуеит. 1992-1993 шш. – Аҧсны жәлар ахьыҧшымразы реибашьра. 1993 ш. – ишьақәгылеит ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра. Абҵара 26, 1994 ш. – ирыдыркылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ҿыц. Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахадас далхуп Владислав Арӡынба. Жьҭаара 12, 1999 ш. – ареферендум аихшьалақәа рыла ирыдыркылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымразы Акт. Нанҳәа 26, 2008 ш. – Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев инапы аҵаиҩит «Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵаразы» Аусҧҟа. Цәыббра 9, 2008 ш. – Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра иаҵаҩуп. Цәыббра 17, 2008 ш. – Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра иаҵаҩуп. Абҵара 24, 2014 ш. – Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Ахада Владимир Путини рнапы аҵарҩит «Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызаратәи астратегиатәи усеицуразы» Аиқәшаҳаҭра. Ҧхынҷкәын 22, 2014 ш. Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиқәшаҳаҭра аднакылеит, ажьырныҳәа 23, 2015 ш. Аиқәшаҳаҭра аднакылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума. . Ажәытәӡатәи аамҭа Аҧсны ажәытәӡаахыс ауаҩы дшықәынхоз атәы рҳәоит хыҧхьаӡара рацәала Палеолит (Иашҭыхәтәи агыларҭа), Мезолит (Аҳаҧы хьшәашәа, Апианча аҳаҧы), Неолит (аиланхарҭақәа Лемса, Кистрик) аамҭа иаҵанакуа археологиатә ҧшаамҭақәа. Аҧсуаа Кавказ иашьагәыҭу аетносқәа ируаку, збызшәа, зкультура, зҵасқәа рыла нхыҵкавказтәи ажәларқәа: абазақәа, адыгақәа, аҟабардақәа, ачерқьесқәа, аубыхцәа ирзааигәоу жәларуп. Арҭ ажәларқәа зегьы нхыҵкавказтәи абызшәақәа рҭаацәара аҧсуа-адыга гәыҧ иеиднакылоит. Аҧсуаа Нхыҵкавказ аҩада-мраҭашәарахьтәи аган Кавказ Ду ашьхараҿи Колхидатәи акаршәреи рҿы ишьҭоу иахьатәи Аҧсны Аҳәынҭқарра иқәынхоит. Аҧсуаа ажәытәӡатәи рхылҵшьҭрақәа раҧхьатәи рҩыратә нҵамҭақәаны иазгәаҭоуп ассириатәи аҳ Тиглатпаласар I ихаан (инықәырҧшны 1115—1076 шш. ҳ.ҟ.) иҟаҵоу аклинопистә текстқәа. Арҭ атекстқәа рыҟны рыӡбахә ҳәоуп абешлақәа рабшьҭрақәа, иара убас акаскцәа (адыгақәа рхылҵшьҭрақәа ракәзар ҟалоит). Абызшәадырҩцәа рыҩныҵҟа лассы-лассы иуҧылоит аҧсуа-адыгақәеи хаттааи (иахьатәи ҭырқәтәылатәи Анатоли иқәынхоз ажәлар, Ажәытәӡатәи Мрагылара аҳәынҭқарра – Хеттатәи аҳра акультура анырра ду азҭаз) реиуара атәы зҳәо агәаанагара. VI ашә. ҳ.ҟ. иаҵанакуеит иахьатәи Аҧсны иахьаҵанакуа иаҧҵаз, Аҧсны антикатәи адунеи акультуратә ҧсҭазаара адыҧхьалараҿы зроль дуу ажәытәӡатәи абырзентә қалақь-ҳәынҭқаррақәа. Арҭ аколониақәа рахьтә еиҳа иеицырдыруа рахь иҧхьаӡоуп Диоскуриада (иахьатәи Аҟәа аҭыҧ аҟны), Питиунт (Пицунда), Гиуенос (Очамчыра). I ашә. ҳ.ҟ. Понтиитәи аҳра иаҿагыланы ҕәҕәала ақәҧара ашьҭахь арегион аҟны Ажәытәӡатәи Рим аҳра шьақәгылоит. Абри аамҭазы Аҧсны ауааҧсыреи Аурым дгьылҵакыреи рыбжьара ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа лассы аҿиара иалагоит. Уи арҵабыргуеит ибеиоу археологиатә материал. Аҧсны уи аамҭазы қалақьтә центр дуны иҟан иахьатәи Аҟәа аҭыҧ аҟны ишьҭаз Себастополис. Ари ақалақь аҵакы атәы аҳәоит иара ахьӡ – Себастополис, абырзен бызшәаҟнытә «Ҳаҭыр ду зқәу ақалақь» аанагоит. Аҧсны абжьарашәықәсазтәи аамҭазы Аҧсуаа рхылҵшьҭрақәа – аҧсилааи абазгқәеи рыӡбахә рҳәоит антикатәи ахыҵхырҭақәа рыҟны I – II ашә. ҳ.ҟ. VI ашә. иахьатәи Аҧсны аҭыҧ аҟны иҟоуп Мрагыларатәи Аурым империа (Византиа) иахьыҧшу заафеодалтә аҳрақәа – Аҧсилиа, Абазгиа, Санигиа. 737 ш. Аҧсны иақәлеит арабцәа рыр. Уи абазгцәа раҳҭнықалақь Анаҟәаҧиа (уажәтәи Афон Ҿыц) амҵан Абазгиа аҳ Леон I напхгара зиҭоз ар иҧыххаа иқәырҵеит. Ари ахҭыс ашьҭахь Абазгиа аҽарҕәҕәеит аҧсуа хылҵшьҭрақәа зегьы еидкыланы. Абасала, ишьақәгылеит Аҧсуа ҳра. Уи Леон II ихаан Мрагыларатәи Аурым империа (Византиа) иахьыҧшымкәаны иҟалеит. Аҧсны Византиа адҵра алыршахеит Леон II иабду Хазартәи акаганат (аҳәынҭқарра) аҳ ииҭаз ацхыраара иабзоураны. Ишьақәгылаз Аҧсуа ҳәынҭқарра Мрагыларатәи Амшынҿықә аҟны иҟаз аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа рахьтә еиҳа амчра змаз аҳәынҭқаррақәа иреиуан. Уи иалшеит иахьатәи Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла зегьы аҵакра. 806 ш. Аҧсны аҳҭнықалақь Анаҟәаҧиаҟнытә Қәҭешьҟа иааган. Аҧсуа аҳра Қарҭли Аерман ҳәынҭқарра адкыланы анапаҿы аагаразы ақәҧара иаҿын. Византиа аҧсуа ҳәынҭқарацәа рыла аланқәеи Кавказ егьырҭ ажәларқәеи ақьырсианра рыларҵәыра иалагеит. 975 ш. Аҧсуа ҳәынҭқар Феодоси иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь аҳра зуаз Леонидаа рышьҭра ҿахҵәан, Аҧсны амчра Багратидаа рышьҭраҟнытә Феодоси иаҳәшьа Гәырандыхәт лҧа Баграт III ишҟа ииасит. Ари ахҭыс Багратидаа рышьҭра амчхара иацнаҵеит, уи иахьатәи Қырҭтәылагьы аҵанакуа иҟалеит. Иеидҵаз аҳәынҭқарра акыраамҭа аҳҭнықалақьс иаман Қәҭешь. XII ашә. аҳәынҭқар Давид аргылаҩ Аҧсны ахылаҧшҩыс дықәиргылеит ашах Ширван Отаго иҧа. Уи ишьаҭаиркит аҧсуа ҳәынҭқарцәа Шервашиӡе (Чачба) рышьҭра. XIII ашә. амонголцәа рқәыларақәа рышьҭахь «Аҧсуааи ақарҭвелқәеи раҳра» хыбгалеит. XIII ашә. анҵәамҭеи XIVашә. алагамҭази рзы Аҧсны Генуеатәи ареспублика анырра аиууа иалагеит; ара ишьақәнаргылоит ахәаахәҭырҭа дуқәа (афакториақәа) Сан-Себастиан (Аҟәа), Какари (Гагра), Пицонда (Пицунда), Каво ди Буксо (Гәдоуҭа) Сан-Тамазо (Тамшь) уҳәа уб.егь. Османаа Константантинополь рнапахьы ианырга ашьҭахь 1453 ш. Генуиа Аҧсны иалҵыр акәхеит. XVI ш. Мраҭашәаратәи Кавкази Нхыҵкавкази рҳәынҭқарратә шьақәгыларақәа реиҳарак реиҧш, Аҧсны Османтәи аимпериа анапаҵаҟа иҟалеит. Ҭырқәтәыла ари арегион аҿы ааира иадҳәалоуп аҧыслманра аларҵәара, убрахь иналаҵаны иара Аҧсынгьы. Аҧсны Урыстәылатәи Аимпериа аилазаараҿы XVIII ашә. анҵәамҭазы XIX алагамҭазы Османтәи аимпериа арратәи аполитикатәи лшарақәа аныҧсыҽха, Урыстәылатәи аимпериа ароль аныҕәҕәаха Аҧсны аҳ Қьелешьбеи Шервашиӡе (Чачба) Урыстәыла азааигәахара дазхәыцуа далагеит. Аха 1808 ш. Қьелешьбеи дыршьит, аҳра ааникылеит Ҭырқәтәылаҟа зхы кыдыз иҧеиҳабы Асланбеи. Жәабран 17, аимператор Алеқсандр I ашәҟәы инапы аҵаҩит шьҭралатәи аҳ дызхагылоу Гьаргь Аҧсуа ҳәынҭқарра Урыстәылатәи аимпериа иаҵанакуа ишыҟало атәы зҳәоз ашәҟәы. Абасала, Аҧсны зхатә напхгара змоу ҳәынҭқаррак аҳасбала Урыстәылатәи аимпериа иалалеит. Аҭоурыхҭҵааҩцәа аӡәырҩы ргәаанагарала, Аҧсуа аҳра егьырҭ ақырҭуа аҳрақәа (Қарҭли-Кахеҭии, Имереҭии, Гәуриеи, Гыртәылеи) излареиҧшмыз, Урыстәыла ианалала, иара аҳәынҭқарртәра ацәымӡӡеит. 1810 ш. Урыстәыла ацхыраарала аҧсуа аҳраҭыҧ ааникылоит иршьыз аҳ иҧеиҵбы Сафарбеи, аӡӡаахра ашьҭахь Гьаргь зыхьӡхаз. Жәабран 17, 1810 ш. аимператор Александр I Гьаргь Аҧсуа аҳраҿы шьҭрала аҳра аанызкылаз ҳәа дазхаиҵоит. Абасала, Аҧсны зхатәнапхгара змаз аҳраҵас Урыстәылатәи аимпериа иалалоит. Аҭоурыхҭҵааҩцәа аӡәырҩы ргәаанагарала Аҧсуа аҳра егьырҭ изалареиҧшмыз, ақырҭуа аҳрақәа (Қарҭли-Кахеҭии, Имеретии, Гәуриеи, гыртәылеи) ирҿырҧшны, Урыстәыла ианалала иара аҳәынқарратәра ацәымӡӡеит. Урыстәылатәи арратә цхыраарала, урыстәылтәи арратә иерархиаҿы аҭыҧ ду аанызкылоз аҧсуа аҳ имчхара ҕәҕәахоит. Убас, аҵыхәтәантәи аҳ Михаил Гьаргь-иҧа Шервашиӡе (Чачба) аинрал-леитинанти аинрал-адиутанти рчын иара убас иман ац. Алеқсандр Невтәи иорденгьы. Иара убас аҧсуа ҳәынҭқарцәа ашьхарыуааи агәылара инхоз аубыхцәеи ашаҧсыҕцәеи рыдгьылқәа рыҟны Урыстәыла анырра иацхраауан. Кавказтәи аибашьра анҵәамҭазы (1864 ш.) Аҧсуа аҳра урыстәлатәи аусбарҭазы аҵакы ыӡит, иара убри ашықәсангьы 1864 ш. иаҧыхын. Уи аҭыҧаҿы аҟәатәи арратә ҟәша аҧҵан, ишиашоу Кавказ иҟаз аҳратә усбарҭа иаҵанакуа иҟан. XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжа аҧсуа жәлар рҭоурых аҿы зегь раасҭа арыцҳара рзаазгаз аамҭан. Убасҟан ауп аҳраҿы иҟаз амчқәа Османтәи аимпериахь массала аҧсуаа ахцаны ианкарцаз. Амҳаџьырра иахҟьаны аҧсуаа реиҳарак Рыҧсадгьыл ааныжьны ицар акәхеит, амилаҭтә ҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаҧсахит. Иҭацәыз адгьылқәа егьырҭ ажәларқәа – аурысқәа, аерманқәа, аестонцәа, раҧхьа иргыланы Қырҭтәылантәи иааз аколонистцәа.1886 ш. Аҧсны инхоз ауааҧсыра рахьтә аҧсуаа 85,7% ракәызҭгьы иҟаз, 1897 шықәсазы 55,3% роуп инхаз. Абри адинамика егьырҭ ажәашықәсақәа иҟан. 1917 шықәсазы Урыстәылатәи аимпериа анеилаҳа, Аҧсны ауаажәларратә-политикатә мчқәа рыхәҭак Аҩада Кавкази даҕьысҭантәи ашьхарыуаа Реидгыла алаларазы иқәгылеит. Уи ашьҭахь аказакцәа рыри Кавказ ашьхарыуааи рҽеидыркылан Алада-Мрагыларатәи Реидгыла аҧырҵеит. Ари аидгылара Урыстәылатәи адемократиатә республика иахәҭакны иҟалар акәын. 1917 шықәсазы иаҧҵан Аҧснытәи Жәлар р-Совет – Аҧсны аиҳабыра раҧхьатәи русбарҭа. Абхазии. 1918 шықәсазы Баҭым Ашьхарыуаа рреспублика аҧҵан, уи иадгылаз гәҭакыс ирыман ари Аҧсынгьы алалараны иҟоуп ҳәа. Аха ари ашықәсан Аҧсны ранапаҿы иааргеит убасҟан ишьақәгылаз Ақырҭуа Демократиатә Республика. Ари ареспублика иахагылаз аиҳабыра имҩаҧыргоз аполитика аҧсуа жәлар рполитикатәи рмилаҭтәи зинқәа рымхра иазкын. Машәырла иҟамлаӡеит хәажәкыра 4, 1921 шықәсазы аҭыҧантәи ауааҧсыра реиҳарак Аҧсны ақырҭуа еиҳабыра рымчра аҿагыларазы иқәгылаз Ар Ҟаҧшь иахьрыдгыаз. Асоветтә аамҭа 1921 ш. хәажәкыра 31 рзы Аҧсны ареволиуциатә комитет ирыланаҳәеит ихьыҧшым Асоветтә Социалисттә Республика Аҧсны аҧҵара. Лаҵарамза 21 Қырҭтәылатәи ССР Аревком иара убри ашықәсазы Аҧсны ахьыҧшымра азханаҵеит. Аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылараҿы рроль дуӡӡоуп Нестор Аполлон-иҧа Лакоба, Ефрем Алеқсеи-иҧа Ешба уҳәа егьырҭ аҳәынҭқарратә усзуҩцәа. 1921 ш. ҧхынҷкәын мзазы И.Сталини С. Орџьоникиӡеи зхагылаз Урыстәылатәи Акоммунисттә Партиа Кавказтәи абиуро иҟанаҵоз ақәыҕәҕәарала, Аҧснытәи АССР Қырҭтәылеи иареи рыбжьара Аиҩызаратә еиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩыр акәхеит. 1922 ш. ҧхынҷкәын мзазы Аҧснытәи АССР ахаҭарнак ЗСФСР аделегациа далахәны СССР ашьақәгыларазы Аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит. 1925 ш. ирыдыркылеит Аҧснытәи ССР Аконституциа, уи ала иара ЗСФСР еиҧш, СССР-гьы алҵра зылшоз суверентә ҳәынҭқарраны ирылаҳәан. 1931 ш. Аҧснытәи ССР СССР иахәҭакны иалаз Автономтә республиканы ишьақәыргылан. Сталин анапхгараҿы даныҟаз Аҧсны массала арепрессиақәа, мчыла аҧсуа жәлар ассимилиациа рзура ианаҿыз аамҭоуп ҳәа иазгзаҭоуп. Убри инаваргыланы ақырҭуа еиҳабыра массала Аҧсныҟа ақырҭқәа ааганы индырхон, уи иахҟьаны аҧсуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны еиҳа иеиҵоу милаҭны иҟалеит. Қырҭтәыла амчраҿы иҟаз имҩаҧыргоз аҧсуа милаҭ раамырбра аполитика иаҿагыланы изныкымкәа зықьҩыла аҧсуаа ықәгылоны агәынамӡара аадырҧшуан 1957, 1967, 1978, 1989 ашықәсқәа раан. Ҳазҭагылоу аамҭа 1990 ш. алагамҭазы милаҭрацәала ишьақәгылоу Аҧсны жәлар зегьы рзы лидерны дцәырҵит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Владислав Григори-иҧа Арӡынба (1945—2010 шш.). Жәлар рдепутат СССР Иреиҳаӡоу Асовет алахәылаҩны даныҟаз автономтә еиҿкаарақәеи Асовет Еидгыла ажәлар маҷқәеи рзинқәа рыхьчара иазкыз азыӡбақәа рыдкылара дацхраауан. 1990 шықәса ҧхынҷкәын мзазы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет дахагыланы уи аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара ахырхарҭа шьҭихит. 1989-1990 шш. Қырҭтәыла Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылеит Аҧсни Қырҭтәылеи ирыбжьаз аҳәынҭқарратә еизыҟазаашьқәеи 1921 шықәса инаркны асовет аамҭазтәи аҳәынҭқарратә еилазаарақәа зегьи раҧыхра аҵакы змаз азыӡбақәа жәпакы. Ари аҭакс Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет нанҳәа 25, 1990 ш. иаднакылеит Аҧсны аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа. Қарҭ бџьаршьҭыхла амчра рнапаҿы иааганы Қырҭтәыла арратә хеилак 1992 ш. жәабран мзазы Қырҭтәылатәи ССР Аконституциа аҧыхны 1921 ш. Қырҭтәыла Адемократиатә Республика Аконституциахь аиасразы азыӡба аднакылеит. Ари Аконституциаҟны Аҧснытәи АССР аҳәынҭқарратә-зинтә еизыҟазаашьақәа рсубиект аҳасабала иарбаӡамызт. Ареспубликақәа реизыҟазаашьақәа рзинтә еилагарақәа рыриашара хықәкыс иҟаҵаны ҧхынгәы 23, 1992 шықәсазы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет иаӡбеит 1925 ш. Аҧсны Аконституциа аус ауа иҟанаҵарц, иара убас иаднакылеит иҿыцу Аҧсны Ареспублика Агерби Абираҟи. Убри инадкыланы Аҧсны Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет Қырҭтәыла аиҳабыра рышҟа ааҧхьара ҟанаҵеит зинла иеиҟароу аҳәынҭқарратә-зинтә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы. Ари аҭакс нанҳәа 14, 1992 ш. Қырҭтәыла Аҧсны иаҿагыланы аибашьратә агрессиа хацнаркит, хықәкыла иақырҭуам ауааҧсыра рықәхреи раамырбреи, аҧсуа жәлар рматериалтәи рдоуҳатәи культура абаҟақәа рыҧҽра иалагеит, егьырҭ массала ауаҩы изинқәа реилагара мҩаҧысуеит. Агрессор абџьаршьҭыхла иҿагылара напхгара аиҭеит Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы В.Г. Аӡынба, Атәылахьчара Аҳәынҭқарратә хеилак ахантәаҩыс иқәгылаз. Аҧсны ацхырааразы иааит шәҩыла Нхыҵ Кавказ, Аладатәи Урыстәыла, аказакцәа, Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи инхо аҧсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәа. Ашьаарҵәыратә еибашьраҿы Аҧсны арбџьармчқәа ирылшеит ақырҭқәа рыр Аҧсны рықәцара, цәыббра 30, 1993 шықшсазы Егры аӡиас Аҧсни Қырҭтәылеи рҳәааҟны инаӡеит. 1994 шықәсазы Аҧсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иргылан Урыстәыла абжьаҟазартә мчқәа ИАР абираҟ иаҵагылаз. Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы Аҧсны аҭынч ҧсҭазаара шьақәыргылатәын аибашьра ихнарбгалаз аекономика, ИАР атәылақәа иақәнаҵаз асанкциақәа рҭагылазаашьаҿы. Асанкциақәа хықәкыс ирыман Қырҭтәыла иқәнаргылоз адҵақәа мчыла рыдкылара алыршара. Аха ареспублика зҭагылаз аауадаҩрақәа ирылҵын зхала иҟоу ҳәынҭқарраны аҟазаара шалшо аанарҧшит. 1999 шықәса ҭагалан инаркны милаҭрацәала иеилоу Аҧсны аганахьала Урыстәыла аполитика аҽаҧсахуа иалагеит. Урыстәылатәи анапхгара иазхаҵам аҳәынҭқарразы визадатәи аҭагылазаашьа аҧнаҵеит, урыстәылатәи атәылауаҩра аҭара аполитика амҩаҧгара иалагеит. Убри аан қырҭтәыла изныкымкәа ахысра аанкыларазы аиқәшаҳаҭра аибашьрашьҭахгьы хынтә иеилаганы (1998ш. лаҵарамзазы, 2006 шықәсазы ҧхынгәазы) Аҧсны иалалахьан 1993 шықәсазтәи аҵахара ацкы ауразы, аха урҭ аҽазышәарақәа зегьы лҵшәадан. Абри аҩыза агрессиатә политика мҩаҧнагоит Қырҭтәыла иахьатәи анапхгарагьы. Иеидҵоу амилаҭқәа реиҿкаара ахылаҧшрала 1993 ш. абҵара мзазы Урыстәыла абжьаҟазаралеи Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Европатәи аиҿкаара алархәны ақырҭуа-аҧсуа еиҿцәажәарақәа мҩаҧысуан. Ирыҵаҩын акрызҵазкуаз ашәҟәқәа, хаҭала, 1994 шықәсазы лаҵарамза 4 аҟнытә «Аполитикатә ҭышәныртәаларазы аусмҩаҧгатәқәа ирызку алаҳәара». 1994 ш. лаҵарамза-рашәарамза инаркны Иеидҵоу амилаҭқәа реиҿкаара ахылаҧшрала аҭынчра ашьақәыргыларазы имҩаҧгаз аоперациа иабзоураны Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара аҳәааҿы ахысрақәа аанкылан. Ихацыркхеит Қырҭҭәыла аҳәаа иаҧну Аҧсны Гал араион ахь ахҵәақәа рырхынҳәра. Ҳазҭагылоу аамҭазы, шамахамзар, аибашьраҧхьа ара инхоз ауааҧсыра зегьы ари араион ахь ирхынҳәын. 1994 ш. абҵара 26 рзы ирыдыркылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ҿыц, Аҧсны раҧхьатәи Ахадас далхын В. Г. Арӡынба. 1999 ш. жьҭаара 12 рзы ареферндум аихашьалақәа рыла ирыдыркылеит Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьыҧшымразы Акт. 2005 ш. ажьырныҳәа мзазы Аҧсны Ахадас далхын С.У. Багаҧшь (1949–2011ш.). 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Қырҭтәыла Алада Уаҧстәыла ианақәла Урыстәыла аҭынчра ашьақәыргыларазы имҩаҧнагаз аоперациа ашьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Д.А. Медведев Аҧсны ахьыҧшымреи ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы азыӡба идикылеит. Ари ишәарҭадам аҿиареи аҳәынҭқарра ахьыҧшымра аиқәырхареи алзыршо хҭыс дуны иҟалеит Аҧсны жәлар рҭоурых аҿы. Ирыҵаҩын Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра (2008 ш.), амчқәа еилаҵаны Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәаа ахьчаразы Аизыразра (2009ш.), Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы иеиду урыстәылатәи арратә база иазку Аизыразра (2010) уҳәа аҳәынҭқаррабжьаратәи аиҳабырабжьаратәи ашәҟәқәа жәпакы. Урыстәыла адагьы Аҧсны азхарҵеит Венесуела, Никарагәуа, Науру, Вануату, Тувалу, иара убас Алада Уаҧстәылатәи Ареспубликеи Приднестровтәи Молдавиатәи Ареспубликеи. 2011 шықәсазы лаҵарамза 29 рзы Ахада Сергеи Багаҧшь иҧсҭазаара иалҵра инамаданы Жәлар Реизара аҳәынҭқарра ахада иалхра рыланаҳәеит. 2011 ш. нанҳәа 29 рзы изаамҭанытәым алхрақәа рышьҭахь Аҧсны Ахадас далхын Алеқсандр Золотинск-иҧа Анқәаб. 2014 ш. маитәи аполитикатә кризис анаҩс, уи иалҵшәаны Алеқсандр Анқәаб имаҵура дамхын. Жәлар Реизара аҳәынҭқарра ахада иалхразы ирыланаҳәаз изаамҭанытәым алхрақәа раан аоппозициатә партиа «Жәлар ракзаара Афорум» ҧхынгәы 1 азы имҩаҧнагаз аизара ду аҟны Аҧсны Ахадас Рауль Ҳаџьымба икандидатура иадгылеит. Ахада ихаҭыҧуаҩыс иқәыргылан Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ахантәаҩы Виталии Габниа икандидатура. 2014 шықәса нанҳәа 24 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадас далхын Рауль Џьумка-иҧа Ҳаџьымба. Официалла имаҵура ааникылеит 2014 шықәса цәыббра 25 рзы. 2014 ш. цәыббра 27 рзы Аҧсны Ахадас иалхыз Рауль Ҳаџьымбеи Москва амҵан Ново-Огариова арезиденциаҟны Урыстәыла Ахада Владимир Путини еиҧылеит. Аиҧылараҿы иалацәажәан изаамҭанытәу ашықәс нҵәаанӡа Аҧсни Урыстәылеи аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра ҿыц рыбжьаҵара. Аиқәшаҳаҭра ҿыц азы хықәкы ҿыцны иарбан исуверентәу аҳәынҭқаррақәа ҩба рыбжьара аинтеграциа аҩаӡара хаҭабзиарала ашьҭыхра. Иалацәажәан иара убас Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Аҧсны иаиууа афинанстә цхыраара ацҵара, иара убас атәыла урыстәылатәи аинвесторцәа дуқәа радҧхьалара аус ацхыраара ишазыхиоу атәы. 2014 ш. абҵара 24 рзы Шәача ақ. Аҧсни Урыстәылеи рхадацәа Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини рнапы аҵарҩит Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Аиқәшаҳаҭра Аҧсни Урыстәылеи реизыҟазаашьа астратегиатә усеицура зхаҭабзиара ҿыцу аҩаӡарахь иханагалоит. Уи иазгәанаҭоит атәылахьчареи ашәарҭадареи рзеиҧш ҵакыра аҧҵара, адәахьтәи аполитика аицахылаҧшра, азеиҧштә социалтәи економикатәи ҵакыра ашьақәыргылара, Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара, апостсоветтә ҵакыраҿы атәыла аинтеграциатә процессқәа ихаҭәаанагӡаны ралахәраҿы Урыстәыла аҧшьгаралеи ацхырааралеи инагӡахо аҭагылазаашьақәа азаҧҵара, акультуратә, адоуҳатә, агәыҳалалратә ҵакыра аҧҵара. 2014 ш. ҧхынҷкәын 22 Аиқәшаҳаҭра шьақәырҕәҕәан Аҧсны Жәлар Реизараҿы, 2015 ш. ажьырныҳәа 23 рзы ишьақәырҕәҕәан Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думаҟны.  © 2016 БОЛИВАРИАНТӘИ АРЕСПУБЛИКА ВЕНЕСУЕЛА ИҞОУ АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АЦҲАРАЖӘҲӘАРА, 1050 КАРАКАС АҚ., КАСАНОВА ИМҨА, АЗИНҚӘА ЗЕГЬ ХЬЧОУП
https://emb-abjasia.com/ab/abjasia/historia/
2024-02-22T05:39:29Z
<urn:uuid:7e0fd11d-f529-46fb-ba34-026b9d9dabbe>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.93
0.98
112
39,137
tlsh:T1587A33039B80CB4BC5F3C499CF919E35ACD1681B4222B231CDC5B4741656059FFFCD13AAEAE8068E78EB2212D122BE156A4AECE628BDFFD7305700956E2F68DD339475C19E
St. Paul`s Bay – ари Мальта иҟоу англыз бызшәа ашкол ауп, араҟа аҵареи аҟәараҿы аԥсшьареи еилагӡоуп. Ахалатә ҽазыҟацарақәа зегьы мҩаԥугалар ҟалоит, уԥсы шьо аҟәараҿы, аӡҭачаҿы амра ашәахәақәа удкыло,мамзаргьы апальмақәа рышәшьыра иҵатәаны. Уи адагьы астудент илшоит иманшәалоу, игьамоу, аиҩызаратә ҟазшьа змоу аҭагылазаашьаҿы аҟазаара. Араҟа аус зуа арҵаҩцәа зегьы англыз бызшәа бзианы ирдыруеит, ирхатәы бызшәоуп. Ари ашкол алшара унаҭоит иманшәалоу аҭагылазаашьеи, аԥсшьара бзиеи, алҵшәа змоу апрограммеи реилагӡара, уи зегьы ирыбзоураны астудент ихы ааирԥшуеит. Аҵаҩцәа адыррақәа роуеит,убри инамаданы аспорт рҽазыҟарҵоит, ахәылԥазқәа ирҭаауеит,ахәмаррақәа рхы рыладырхәеит,аныҟәарақәа, егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа. Sprachcaffe ашкол ақалақь Buggiba агәҭа иҟоуп, аҟәара азааигәараҵәҟьа. Ари ақалақь хәыҷы, адгьылбжьаха аҩадатәи ахәҭаҿы иҟоуп, аҳҭнықалақьи иареи 10 минуҭк рыбжьоуп. Аҭыԥантәи аԥшаҳәа даара иԥшӡоуп, аԥсабаратә ҭыԥ ԥшӡақәа рахьтә ахрақәа алыукаар улшоит. Арҵаратә программа. Арҵаратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны , ҩ – вариант ҳадыргалоит. Акәырсқәа интенсивтәқәазар ауеит, ма иаабац. Акласс аҿы 15 ҩык рхыԥхьаӡара еиҳаӡам. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит аусуратә мшқәа раан,уахь иаҵанакәеит аԥхьара, аҩра, аграмматика, ацәажәара. Аԥсшьаратә мшқәа астудент ишииҭаху ихигоит, уи аныҟәарақәеи аԥсшьареи ирызкызар ауеит. Иаабац акурс инақәыршәаны ашәахьа инаркны ахәашанӡа 20 урок мҩаԥыргоит,есыҽны 4 урок. Акурс, ианмаҷха 2 мчыбжь ыҟазароуп, агәыԥ ахь ирыдыркылоит 10 ҩык астудентцәа. Интенсивтәу акурс аҳәаақәа ирҭагӡаны мчыбжьык 30 урок мҩаԥыргоит,мышкы – 6 урок алҵуеит, акурс мчыбжьык еиҵамзароуп. Агәыԥ ахь ирыдыркылоит 10 ҩык инареиҳамкуа. Астудентцәа рыдыркылоит аҭаацәара рҿы еиԥш, иара ашкол аҿгьы, уи ахатәы резиденциа амоуп. Аҭаацәара рҿы 2-3 ҩык уадак аҿы еицынхоит, инахарамкуа, ашкол аҟынӡа шьапыла 15 минуҭ рыла унаӡоит, автобус ала иҵегьы иаарласны. Арезиденциаҿы 3 ҩык уадак аҿы еицынхоит,аҵаратә центр аҟынӡа 5 минуҭк бжьоуп шьапыла. Аӡҭачы ыҟоуп, хазы аху шәаны аинтернет аҿаукыр ҟалоит. Акрыфареи аԥсшьареи Астудентцәа зегьы акрыфара роуеит ихаҭәаау апансион инақәыршәаны, мышкахьы хынтә. Арезиденциаҿы иԥхоу шьыбжьхьа рырҭоит, аҭаацәараҿы – иаарласнытәи какал акра. Аҵара адагьы, астудентцәа зегьы аԥсшьара ласы иадрыԥхьалоит,уахь иаҵанакуеит зсиа дуу аспорттә усмҩаԥгатәқәа,еиҳарак аԥшаҳәатә ԥсшьара. Анапылампыл,аӡсара, асиорфинг уҳәа ухы азыукыр ҟалоит. Ахәылԥазқәагьы рҟазшьа еиуеиԥшым, уи акараоке акәзар ҟалоит, абарбекиу- ахәылԥаз, мамзаргьы амилаҭеилазааратә хәылԥазы. Аныҟәарақәа удыргалоит- ҩымчыбжьтәи атур аҟны – 3мш аҽнынтәарак иазыԥҵәоуп, нас даҽа 2 амш азбжа. Аныҟәарақәа рвариантқәагьы даара ирацәоуп. Апрограмма ахәԥса аӡәы изы иаарԥшуп евро ала, 2018 тәи ашықәс азы Апрограмма ахьӡ Арыцху Заҟа мчыбжьы Арезиденциаҿы анхара аху. Аҭаацәара рҿы анхара аху Англыз бызшәа + Аԥсшьара 24.06 - 25.08.2018 2 мчыбжь 3 мчыбжь 4 мчыбжь 1 100 1 630 2 160 950 1 405 1 860 Ахәԥса иҭаӡоит: Хазы аху ахшәаатәуп: -Аҵареи анхареи иалышәхыз апрограмма ала. -Акрыфара – ихарҭәаау апансион -Атрансфер Хәыда-ԥсадатәи ацхыраара акциақәа рҳәаа иҭагӡаны* -Аԥшьгареи ацхыраареи аҵараиурҭа алхраан -Апрограмма абронь азуреи,иаҭаху ашәыҟәқәеи реиқәыршәара -Аҳаиртә билеҭқәа раанкылара -Аҽыхьчаратә билеҭ алҩаара -ҵараҿы иҟоу астудент ихылаԥшра - 24/7 аимадараҿы аҟазаара. - Авизазы ааԥхьара 50 у.е. - Абанк аҟынтәи аԥара аиагара 65 у.е. - Авизатә цхыраара 135 у.е. Аҽыхьчара 1 у.е./уахыки ҽнаки - Аҳаиртә билеҭ 270 у.е.ин - Аконсултә еизга 61 у.е.
http://studycubeapsny.org/abkh/aprog/sprachcaffe/-st.pauls-bay
2024-02-24T01:58:51Z
<urn:uuid:9f64b8ec-107e-4752-8cac-0806a75cda1d>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.83
0.99
12
6,255
tlsh:T1366AA2D17880DB8BDAB3D589DF8259365CC12912133373608EDDB0B516450A9FBFCC13E5FAF90686709B1115D212BB20B50EFCEA597DBAE7709250A46D7F34CC1BA836C6AD
Ноиабр 2 рзы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека иаҭааит Мурмансктәи аобласт ахаҭарнакцәа - Светланеи Алеқсандри Мамакинаа November 03, 2020 Акрааҵуеит ақалақь Мончегорск аҭҵаара-техникатә библиотека уаанӡатәи анапхгаҩы Светлана Мамакинеи Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариеи рыбжьара аиҩызаратә, аусеицуратә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи. Лара 2007 шықәса раахыс Амилаҭтә библиотека даҭаауеит, акыргьы ацхыраара ҟалҵоит абиблиотека аусхк ахь атехнологиа ҿыцқәа ралагалара азҵааразы. Изныкымкәа Амилаҭтә библиотека… ЗХАҾРА МЫӠУА, АҬОУРЫХ ДУ ЗМОУ Нанҳәа 24, 2020 Арубрика: Амилаҭтә библиотека – 100 шықәса Март 29, 2021 шықәсазы Аҧсны акультуратә хәышҭаара хадақәа ируаку И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека иахыҵуеит 100 шықәса. Ари аамҭа иалагӡаны атәыла абиблиотекатә ус имариамыз аҭоурыхтә мҩа ианысит. Уи рхаануп «аамҭа еиқәаҵәақәеи», иара убасгьы… Владислав Григори-иҧа Арӡынба иаамҭа Лаҵара 14, 2020 Алықьса Џьениа диижьҭеи 90 ш. ҵит Хәажәкыр 17, 2020 Март 12 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит иналукааша аҧсуа шәҟәыҩҩы, апублицист Алықьса Камыгә-иҧа Џьениа диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы. Ахәылҧаз еиҿнакааит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла, иагьымҩаҧигон уи ахантәаҩы, апоет Вахтанг Аҧҳазоу. Ахәылҧаз рхы аладырхәит Аҧсны… Борис Ҷолариа аҳәса Март 8 рыдиныҳәалеит Хәажәкыр 10, 2020 И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа аҳәса – атәыла абиблиотекақәа русзуҩцәа Март 8 рыдиныҳәалеит. Акыр иаҧсоу аҳәса – сколлегацәа, Аҧсны абиблиотекақәа русзуҩцәа!Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит ааҧынра ааиреи аҧсабара аҿыхареи ирсимволу аныҳәа ду Март 8. Ҳтәыла аҭоурых аҟны… Владимир Ҳараниа ишәҟәы аӡыргара Хәажәкыр 10, 2020 Март 6 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит еицырдыруа аҧсуа зиндырҩы, 1994 шықәса инаркны Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭаҿы аус зуаз, 25 шықәса инареиҳаны прокурорс иҟаз, "Ахьӡ-Аҧша" аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Владимир Леуа-иҧа Ҳараниа ишәҟәы "Ахьышьҭра мҩала" аӡыргара. Уи… Ҳажәлар рзы исимволхаз арыцхә Хәажәкыр 04, 2020 И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотека амилаҭтә литературеи аҳәынҭқарратә библиографиа асеқтори рыҟәшаҿы еиҿкаауп Владислав Григори-иԥа Арӡынбеи Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшьи ргәалашәара иазку ашәҟәтәы цәыргақәҵа. 10 шықәса раԥхьа, март 4, 2010 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Ари… Борис Ҷолариа: «АРИНАХЫСГЬЫ ХЬЫМӠӶЫ АНЦӘА ИШӘИМЫРГААИТ!» Жәабран 27, 2020 И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека аиҳабы Б.Шь. Ҷолариа Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа дрыдныҳәалеит. Ҳаҭыр зқәу Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа, агазеҭ «Аҧсны» аколлектив! И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека ахьӡала гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит раҧхьаӡатәи аҧсуа газеҭ… Акьыҧхьтә ҭыжьымҭақәа ацифрахь ииаргоит Жәабран 27, 2020 Ишдыру еиҧш, ҳаамҭазы адунеиаҿ абиблиотекақәа русура акыр аҽеиҭанакит, аҧхьаҩцәа рымаҵ аураҿы иаларгалаз аҿыцрақәа маҷӡам. Жәаба-жәохә шықәса раҧхьа иҟаз аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаҧсахит. Иаларгалеит акомпиутерқәа, иҟалеит аинтернет, ицәырҵит еиуеиҧшым аудио-визуалтә хархәагақәагьы. Урҭ зегьы абиблиотекатә маҵзурақәа реиӷьтәра иацхраауеит. Аҧхьаҩцәа рҿаҧхьа иаатуеит алшара ҿыцқәа.… Зус иазҟазоу, зҧышәа аҿар ирымаздо Жәабран 12, 2020 АҞӘА, февраль 12, Алхас Чхамалиа. Аҧсны абиблиотекатә ҧсҭазаара аҭоурых уазхьаҧшуазар, аханатә аахысгьы хыҧхьаӡарала ирацәаҩымызт абиблиотекатә ҵара зманы аус зуаз аҧсуаа. Уи моу, иааидкыланы иугозар, урҭ рахьтә аӡәырҩы иреиҳау аҵарагьы рымамызт. Аха аамҭа цон, маҷ-маҷ аҭагылазаашьа аҽаҧсахуан, ҳкультуратә хәышҭаарақәагьы есааира рҽеибырҭон,… Амилаҭтә библиотеказы – аҳамҭа бзиа Жәабран 03, 2020 АҞӘА, февраль 2, Алхас Чхамалиа. И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧсны амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаҭоуп иаарылукааша апартиатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Шоҭа Мама-иҧа Шьакаиа иҭаацәаратә библиотекатә фонд. Адунеиаҿ иуҧылоит имаҷымкәа ахаҿсахьақәа, мыцхәы зыбжьы мыргаӡакәа, хӡыргарада, зыҧсҭазаара зегьы зыуаажәлари зыҧсадгьыли рымаҵ аура иазызкыз. Ус… 50 шықәса абиблиотека амаҵ азызуа Ажьырныҳәа 21, 2020 АҞӘА, ианвар 21, Алхас Чхамалиа. И.Гь. Папасқьыр ихь зху Аԥсны амилаҭтә библиотека ҳаамҭазы аԥхьаҩцәа ргәазыҳәарақәа ҩаӡара ҳаракыла иназыгӡо, ихазырҭәаауа акультуратә усҳәарҭақәа ируакуп. Зҭоурых шәышықәса инарзынаԥшуа ари абиблиотека аханатә аахыс амаҵ азыруан зус ҭакԥхықәрала иазнеиуаз ауаа, абиблиотекатә усхк аганахьала иахәҭоу азыҟаҵара… 1 2 3 4 5 Алагарҭа Анҵәамҭа Адаҟьа 1 - 5 « March 2024 » Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun 1 2 3 4 5 6 7 8 9 10 11 12 13 14 15 16 17 18 19 20 21 22 23 24 25 26 27 28 29 30 31 Tags 70 шықәса ихыҵра 80 шықәса ихыҵра 90 шықәса ихыҵра Борис Ҷолариа В Арӡынба Владимир Анқәаб Владимир Высоцки Краснодар абиблиотека абиблиотекар имш адныҳәалара аекскурсиа аекспозициақәа аиубилеи аицлабра акультура амилаҭ амузеи апроект арҿиара аспорт астудентцәа афестиваль ацәыргақәҵа ашьапылампыл ашәҟәы ашәҟәқәа аҿар аҿыцрақәа
http://nl-ra.ru/index.php?option=com_k2&view=itemlist&layout=category&task=category&id=37&Itemid=680&lang=ap
2024-03-02T13:36:42Z
<urn:uuid:28d7eec0-af78-4648-935a-885d075c6d4d>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.71
0.98
41
8,980
tlsh:T1A13CFE02BC40CB4BC6F7C4899FE1AE356CD1581642627330CDC9F0B02217055EBFCD13A9FEA8068AB4DB5512D422BE106A4AFCEC15BCBAE770AA01A52D2F78EF375476965E
https://sputnik-abkhazia.info/20230715/asuaa-arynba-izyan-asra-iaylon-rimma-kooniaa-lgalasharaa-1046708824.html "Аԥсуаа Арӡынба изыҳәан аԥсра иаԥылон": Римма Коӷониаԥҳа лгәалашәарақәа "Аԥсуаа Арӡынба изыҳәан аԥсра иаԥылон": Римма Коӷониаԥҳа лгәалашәарақәа Апоет Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳа илгәалалыршәоит Аԥсны Аџьынтәылатәи аибашьра алагамҭеи, иара убас аӷа инапаҵаҟа иҟаз Аҟәа даныҟаз лыбла иабаз... 15.07.2023, Sputnik Аҧсны 2023-07-15T17:42+0300 2023-07-15T17:42+0300 2023-07-18T00:54+0300 аԥсны аналитикеи аиҿцәажәарақәеи аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/04/1046709290_0:24:1280:744_1920x0_80_0_0_b4d8e8b0ce596848b11db5be8b45ccc6.jpg Апоет Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳа илгәалалыршәоит Аԥсны Аџьынтәылатәи аибашьра алагамҭеи, иара убас аӷа инапаҵаҟа иҟаз Аҟәа даныҟаз лыбла иабаз ахҭысқәеи. Аамҭа иаԥсаҟьаз рацәазаргьы, лара лгәалашәраҿы инхаз маҷым, лыԥшәма лыла ишабоз ақырҭуа гвардиауаа даныргоз налаҵаны.Акартош ыҵаҳхит, аџьықәреи ҳлагеит- Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа раан, ахәыҷқәа Аҷандараҟа исышьҭит. Таиф Аҟәа дыҟан. Сара Кәтолҟа сцеит сан лахь. Акартош лаҵаны иҳаман иҵысхп, шылак, шәык зҳәаз еиԥш фатәык, жәтәык уҳәа ак аазгақәарц. Убри аамаҭазы аилахарақәа ыҟан, аулафахәы маҷхеит, Асовет еидгыла аилаҳара аамҭазы, даара ахныҟәгара уадаҩын. Сани сареи ҳаицхырааны акартош ыҵаҳхит, аџьықәреи ҳлагеит. Нас, аҵәа еизаҳгеит аиларш ҟаҳҵарц. Ашампанҵәа шаҟа уҭахыз ыҟан, уажә иҿалаӡом избан сыздыруам. Сани сареи ачуан азна еилаҳаршит. Ус август 14 рзы ҳаҩны Табаӷәуа ҷкәынак днеит аибашьра ҟалеит ҳәа. Ҳашьа Валериан (Нана) аҩны дыҟамызт. Абри аҷкәын аҭуан дхалан аимдара далагеит абџьар ҵәахны иҟоуп ҳәа. Ҳашьа агвардиа даламзи, акыр имазар ҳәа акәхап дзеимдоз. Убри ашьҭахь ҩымшҟа сыҟан аҩны, нас шьапыла сдәықәлеит Аҟәаҟа. Раԥхьатәи амшқәа рзы аибашьра ду ҟалеит ҳәа агәра уго иҟаӡамызт. Сан илҭахӡамызт сахьдәықәлоз, ахәыҷқәа ақыҭахь иҟоуп, Таифгьы далҵып ихала бабацо шылҳәоз амҩа сықәлеит. Тамшьынӡа шьапыла сааит. Уа ҩыџьа аҷкәынцәа сықәшәеит, Тамшьтәиқәазар ҟаларын, иақырҭқәан, аха макьана агәаӷ зыла ихыхәҳәылоз ракәмызт. Жәыргьыҭынтәи иаауаз автобуск ҳақәтәеит даргьы саргьы. Аӡҩыбжьанӡа ҳаанагеит. Нас шьапыла ҳдәықәлеит еицқәаз. Кьалашәыр ҳааиуаны машьынак ҳахьӡеит. Сшьапқәа аӡаӷьа ҟарцахьан сахьныҟәоз. "Икарус" аауан убри ҳақәтәеит. Аҟәа абри Турбаза ҳәа иахьашьҭоу ҳанналала, аума шыҟалаз збеит. Апаспорт егьи ҳәа акгьы сыцӡамызт сара. Сашьа агәыбжьанытә изын аиқәаҵәа сшәын. "Икарус" ааныркылт (азна ауаа ҭан), нас ауаҩы дынҭалан аԥсуаа шәҭыҵ иҳәеит. Сара сахьала аԥсуаа среиԥшӡам, даҽа милаҭк сатәыз џьыршьазар акәхап, саргьы сыҽсырԥсит аҟынтә, аӡәгьы сҭимгеит. Ус акәзаргьы, иҭатәаз зегь ҳаурыжьит.Ар маҭәа зшәу ауаа чахқәа- Абыржәы Турбаза агәаны асасааирҭа ахьыҟоу агәабанқәа шьҭаҵаны ар маҭәа зшәу ауаа чахқәа маҟҿаҳәара еилыхны иқәиан. Излеилысказ ала, ари дара рзона акәын. Ара уааныркылар урытҟәон. Нас, анҭ Тамшьынтәи исыцдәықәлаз аҷқәынцәа срыхьчан сиаргеит. Ҳара ҳганахь ҳаниас даргьы аӡәгьы дрыламкьысит ицеит иахьырҭахыз. Изызкыз сгәалашәом, аха абри Зураб Маршьан иҿы неитәыс исыман нацҳатәык аҵыхәала. Иҩны саннеи аума бгәаӷьит, бышԥааи арахь иҳәеит. Ашьҭахь саҳәшьа Ира лҿы снеит Аҭынчра апроспект аҿы. Уигьы дшәаҟьаны дыҟан, бышԥааи, арсынтәи ауаа наҟ ицоит лҳәеит. Ашьҭахь шьапыла Аҳабла ҿыц ахь аҩныҟа сцеит. Саннеи Таиф, быҩнал, быҩнал, бышԥааи ара даара ишәарҭоуп иҳәеит. Ателевизор аҿакын, қырҭшәала акы рҳәон иара дазыӡырҩуан. Раԥхьаҵәҟьа уиаҟара исзеилкаауамызт аибашьра ишалагаз. Таифгьы Аҷандара дцаны ахәыҷқәа баны даахьан, сшаауаз игәы азҩон азы. Ателевизор ҳахәаԥшуан, агәылацәеи ҳареи ҳаиҭанеи-ааиуан ҳаԥсы ӡаны, иҟаз ианыз еилаҳкаауан раԥхьатәи амшқәа рзы. Ахԥатәи аҩнаҿы аԥсуаа еиҳа ирацәаҩны инхон убарҭ рахь дцаны даауан Таиф, саргьы сиццон зны-зынла. Абас иалагеит аибашьра.Асабрада зҿызхыз- Ҽнак зны ҳаҩны еихагылак аҿы амца ацралеит. Ҳгәыла қырҭуа ԥҳәыск - инҵәааит абарҭ аԥсуаа, зегь лалабылны ицааит лҳәеит. Хаҵак ус аалаҭеикт - бара арҭ анбылуа бхала бныжьны ицо џьыбшьома амца қьауқьад? Баргьы балабылуеит иҳәеит. Ҳаиҳабыра рыцҳашьан ацәажәара саналалгалакгьы, быԥхамшьаӡакәа еиҭа ирыцҳабшьома зҳәоз ыҟан. Абри схашҭӡом ахаан. Зны саныҟамыз сыҩны ԥҽны иҩналеит, аҩны зегь еиладырҩынтит, иргазгьы хьаас исымаӡамызт, мал дукгьы ҳамаӡамызт усгьы. Ачашылаҭра иҭалан еиԥхьдырттеит хьык ҭазар ҳәа. Маҭәақәак иргәаԥхаз ргазар акәхап исгәалашәом. Марттәи ажәылара ашьҭахь даара ргәы ҵкапуа иҟан ақырҭқәа. Сгәыла хаҵак исзыҟаиҵахьан аихалых лаба алыкә аҳасабала илаҵаны ашә асыркларц. Схала сыҟан азы, уахынла сшәон. Убри аамҭазы уахык ҳгәыла Резо захьӡыз гыруак ашә асра далагеит. Даҟәымҵит асра. Уаанӡа быԥсы ҭоума ҳәа дагьысзымҵаацызт. Крыбфама, крыбжәыма ҳәа имҳәацызт. Аԥсуаа ажәылара аныҟарҵа, издыруада акы исыхәар ҳәа акәхап дзааиз. Иара абџьар икымызт, аха автобус дақәтәан, аԥсцәа ралгараҿы дрыцхраауан. Дара дрыдгылон ҳәарада. Уазусҭада ашә иасуа сҳәеит. Резо соуп, Римма ашә аарты иҳәеит. Уахынла сара ашә аасыртӡом сҳәеит. Асааҭ 2 иахысхьеит, сара сӡыӡо сыҩнатәоуп сызшьуада ҳәа - ача бҭахызар Римма ҳәа дсазҵааит иара. Ача сҭахӡам сара сҳәеит. Исфо сымоуп сҳәеит. Ача бысҭарц шысҭахыз бымҳәо иаҭаххар иҳәеит ашә анаасмырт. Уи иаанагоз, аԥсуаа ааир ихы аиқәырхара иҭахын.Арӡынба ипортрет- Сентиабр мза аҽеиҩшамҭазы ҳцоит ҳәа сабхәында Славик, Таиф сара ҳдәықәлеит аха, ирмуӡеит ақырҭқәа. Ҽнак Таиф сабхәында днаскьаганы дшаауаз ауп ҳәа сыҟоуп агвардиауаа дааныркылт. Таиф ихы наиқәкны наҟ дышәшьы ҳәа ҿааиҭит руаӡәы. Аӡәы срыцҳаишьеит иҳәеит Таиф - Аӡҩыбжьа уанааныркылаз, аӡәы урыцҳаимшьар иахьа уабаҟалоз иҳәазаап руаӡәы. Нас, доурыжьит иламкьыскәа. Абри уажә исҳәо ахаан исымҳәац - аҩны данааи, убас дахьыладырҟәыз игәы арԥшааит, аҵәуара далагеит иԥсадгьыл аҿы анеиааира азин ахьимамыз азы. Илаӷырӡ ааит, аха ҳара ҳаҵахоит ҳәа ихахьгьы иааиуамызт. Иара игәы каҳаны дыҟаӡамызт, гәамчк иман ҩнуҵҟала. Арӡынба ҳаишьит ҳәа зҳәозгьы аԥсуаа здыруеит, аха иара аиааира агәра игон. Абра иаԥхьатәи иџьыба иҭаҵаны иман Владислав Арӡынба иҭел аномер. Уара абри наҟ иҭыг уџьыба, ирбар уршьуеит сҳәон. Уа иҭазааит иҳәан иџьыба инапы надикылеит. Арӡынба ипортрет аибашьра шцозгьы ҳакҿыҩра аҭӡамц аҿы икыдын. Иара игәы каижьӡомызт. Зегь дара роуп аурысқәа дрықәгәыӷуан иара. Ҳара ҳазлаз, аха еилыбгаз Асовет еидгыла амаа зкыз аурсқәа ҳрыхьчоит ҳәа игәы иаанагон. Аурысқәа ақырҭқәа ҳрырҭарым усҵәҟьа иҳәон. Абри телевизорла ақырҭқәа данырзыӡырҩуаз сара исзычҳаӡомызт. Ақырҭқәа рыбжьы сзыхгом ателевизор аҿоумкын анысҳәалакгьы - урҭ ишырҭахӡоу иҟаӡам санырзыӡырҩлак рҭагылазаашьа еилыскаауеит, алыхәҭа икылхны исраӡоит ирҳәо иҳәон. Таиф адәахьы еиҳа имаҷны ддәылҵуан, сара аӡы аазгар акәын, фатәык, жәтәык ҟасҵон. Ҳҭелқәа аҿырхит нас ҳашнеишнеиуаз џьара ҳзамысуа.Ауаа бзиақәа- Амлаҵәҟьа ҳамкӡеит аибашьра анцоз, избанзар, агәылацәа-азлацәа бзиақәа ҳаман. Исыцхраақәоз, сгәы ҟазҵоз ыҟан Таиф данырга ашьҭахь схала санынха. Декабр 14 1992 шықәсазы Лаҭа авертолиот шкаҳаз саҳаит, аха ҳара ҳҭаацәа иреиуаз уа иҭатәан ҳәа сыздыруамызт. Иван Саӡба иԥҳәыси иареи ирҵәахырц аурысқәа рбазахь иргеит Аҳабла ҿыц аҵыхәахь. Уахь сыргалон саргьы. Каҳуак, чаик сдыржәлон. Саргьы ҭаҭынк соур изызгон Иван Николаи-иԥа. Ҩынтәҟа дара рахь снеихьан. Убра сахьнеиз авертолиот аӡбахә цәырыргеит, аха ишысзымдыруаз анырба идмырзеит. Хаҵеи ԥҳәыси неихәаԥш-ааихәԥшуа избеит, аха иҟаз сзеилымкааит. Зны Коӷониак дҭан ҳәа саҳахьан, аха сыгәҩарақәа дырԥсаҟьеит Саӡаа. Нас, Арӡынба дыршьит ҳәа гәарарҵеит ақырҭқәа. Аҵәыуара салагеит сара. Бымшәан рҳәеит, уи дҟамларгьы егьырҭ ыҟоуп рҳәан сгәы дырӷәӷәеит Саӡба иԥҳәыси иареи. Сара Арӡынба дыршьызар ҳанҵәеит ҳәа схәыцуан. Иван Саӡба аԥса иҿоу аԥсараџь иалхны ацәашьы зҭадыргыло ҳамҭас исиҭахьан. Иахьагьы исымоуп иара. Заур Коӷониа иҭаацәа адгылара сырҭон. Дара анцагьы, ианхәа (лара лыбжа қырҭуан, лыбжа урысын) убри есымша - бааи ара ҳәа сызҿылҭуан. Ҳгәыла Витали Ҷыҭанаа иан зны амгьал лӡит ашьақар аҭаны, чашылак џьара илыԥшаазаап. Убри агьама слырбеит. Ахаан убри еиԥш ихааны мгьалк сымфацт. Сгәылацәа схылаԥшуан. Ԥсыуак дыргеит ҳәа анраҳалакгьы сырҵәахуан. Зегь реиҳа далскаауеит Константин Ануа иԥшәмаԥҳәыс Света. Амла садмыркӡеит урҭ. Лара лан Ҵабал дынхон. Уи афатә аалҭиуан, ицоз иаауаз ыҟан азы. Лашьа даҳхылаԥшуан, иаргьы ақырҭқәа дырцәыбналаны дыҟан, ихы дирбомызт...Октиабр 9 1992 шықәса- Таифраа аныргоз аҽны, санхәыԥҳа кәацк сылҭан супк изыҟасҵап ҳәа иақәсыргылеит. Уажәшьҭа имазеиуп уааи ҳәа иасҳәап ҳәа сгәы иҭан. Иара Џьота Амыҷба иҿы дыҟан. Аԥенџьыр аҟынтәи ҳанԥшлак Џьота иԥенџьыр ҳаҿаԥшуан. Быжьқәак саҳаит. Схы нкылырҳәҳәан санԥшы Џьотагьы Таифгьы лбааганы ишыргоз збеит. Агвардиауаа хагаханы ҳаҩны иакәшаны иҟан. Иаразнак сылбааит ҵаҟа. Сахьылбаауаз агвардиауаа гылан. Сыԥшәма дыргеит снашәышьҭроуп - сҳәеит. Ааит, шәара аԥсылманцәа, иҳәан ацәҳара далагеит игылаз. Сгәыла ԥҳәыск уи дыԥсылыманым лҳәеит. Ҩыџьа гылан автоматқәа кны. Сыҩны снеит Таифи Џьотеи автобус иҭатәан. "Амшынҵа наҟ иҵәахы" иҳәеит аԥсышәала Таиф. "Не говори на своем поганом языке" иҳәеит ақырҭуа. Уи ахаан исхашҭуам. Џьота, баба исышьоу ачхьарпқәа маншәалам, бхаланы еимаак сзаага иҳәеит. Нелли лҿы сахьхалаз, уа агвардиауаа аҩны аарҳәны акаамеҭ иаҿын. Нас, аимаақәак сылҭеит Нелли. Есымша убри лгәалашәон - исҭаз аимаақәа ишьапы идырхьуан ҳәа. Нелли лыҭра дыҭҟьаны дзыҟаз аҩны ахьдырҳәуаз акәӡамызт, Џьота дахьыргози лбарҵаҿы ахәыҷы дызманы зҽызҵәахыз ҳгәыла Емма Ҳашԥҳа дгәарҭар ҳәа дахьшәози рзы акәын. Насыԥны дара ақырҭқәа уахь идәылымҵӡеит. Нас, ҳгәылацәа Салаҟаиак иԥҳәыси иареи лбааргеит. Иара дбыргын 75 шықәса раҟара ихыҵуан, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду даветеранын, иԥҳәыс даурсын дмедиаҳәшьан. Дабажәго аҭаҳмада ҳәа урысшәала аҿыҭра даналага ларгьы дрыманы ицеит. Уаҳа ихнымҳәӡеит иаргьы ларгьы. Есава зыжәлаз дылбааргеит, нас Самсониак. Џьапуакгьы Артиом ихьӡын егьи аҩнаҿы дынхон, уигьы дыргеит. Уи ателефон аномер сиҭеит сҭаацәа бырзасны сшыргаз раҳә ҳәа. Сасит, сасит, аха ишьҭырымхит… Иԥҳәыс лыҩны ддәылганы дырҵәахызаап ара агвардиауаа анҳақәла. Нас, саргьы џьара сганы сырҵәахит, аха нас схынҳәит, џьара уабанӡатәазауа.Лорик Маршьан- Џьота иԥҳәыс Нелли сареи ақалақь аҿы ҳнеит авоенкомат ахьыҟоу Таифраа анырга ашьҭахь, аха ара аӡәгьы дыҟаӡам рҳәеит. Таиф ақырҭқәа аӡәгьы диздырӡомызт, убра аус ахьиуаз аӡәы, ҩыџьа ракәымзар. Џьота Қарҭ далгеит аҵара, аҩызцәагьы иман, аха аӡәгьы изымԥшааит рхабар. Лорик Маршьан аиҳабыра рыҩны ахьыҟаз дтәамзи. Света Ануа саалгеит убра Таиф ихабарк ҳзеилкаауазар ҳәа. Сидикылеит. Иргаз зегь ртәы иасҳәеит. Аинтеллигенциа маҷӡак иадамзаргьы иудыруазар, арҭ рыӡбахә уаҳахьазароуп сҳәеит. Таиф дазусҭаз издырамызт зынӡа. "Шәара ишәзеилкааӡом Арӡынба иҟаиҵаз иҳәеит. Уи аҩны ахыб ала аргылара далагеит" иҳәеит. Сара ара Арӡынба ицәгьа сҳәарц смааӡеит сҳәеит. Сара сыԥшәма дыргеит, убри ихабар сашьҭоуп сҳәеит. Акымзарак исыхәоз сеимҳәеит. Ҽнак Нелли сареи амилициа ахьыҟаз ҳнеит. Гәулуа ижәлан ҳәа сыҟоуп аӡә даҳбеит. Ҳашбакгьы Гәылрыԥшь аус зуаз убра дыҟан - шәара шәықәгыланы ишәҳәароуп иҳәеит аибашьра аанкылатәуп, ҳааинаалароуп ҳәа. Нелли сареи ҳдәылҵны ҳцеит арҭқәа анҳаҳа. Гәулуа зыжәлаз ус иҳәеит – абандитцәа аурыжьҭит, иазусҭцәоу сеидроу изгаз.Ачеченцәа рыцәаара- Зны абарҵа аҟны сдәылҵын Нелли лахь снапы сҟьеит. Қырҭуа гәыла ԥҳәыск ачечен адырга илырбеит ҳәа сзылҳәеит ари анылба. Ачеченцәа рыӡбахә раҳар аԥсра ирзаҩызан дара, рыцәаара иацәшәон. Ара ачеченцәа ыҟазар ҟалап ҳәа ргәы иаанагон еснагь. (Раԥхьа ачечен дахьызбаз, абри аиааира адырхаҽноуп. Абрахь Аҟәа санаауаз амҩан дызбеит. Иаргьы арахь даауан). Агәылацәа ашә аҿы абызкаҭаҳа амазар иалакьысӡомызт, ачечен ҽыҵәахра даазар иалаҳдыруеит ҳәа. Ауадақәа реиҳарак рышәқәа аркымзи. Убри аҟара ишәон аӡә абызкаҭаҳа амихыр апаника шьҭырхуан ара маӡала ачеченцәа ҩналеит ҳәа. Ҳара ишаҳбоз анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵон ҳашҭаҿы агвардиауаа. Массив еиҳа ишәарҭан азы, ара иааны рҽеимыртаӷа ҳашҭаҿы итәон. Аҩнқәа зегьы рымпыҵахалан иҟан. Абомбақәа анкаҳауаз ҳаҩны аӷәраҵахьы ҳалбаауан зегьы. Асолдаҭцәа анцәыҵалозгьы убырын. Убра ҳшыҵатәаз қырҭуа хаҵак ус иҳәеит "Ҳара Шеварнаӡе изыҳәан аӡәгьы ҳҽаҳшьӡом, аԥсуаа Арӡынба изыҳәан аԥсра иаԥылоит. Ҳара уи иҩыза аԥхьагыла дҳамаӡам" ҳәа.Х-абиԥарак рҟәых- Март мза анҵәамҭазшәа Костиа иԥҳәыс Света хаҵак длыцны дааит суадаҿы. Сахьынхоз аҭыӡҭыԥ зныз ақьаад иманы ҳаҩнаҿы дааит, аха Костиараа рҿы дақәшәеит. Бымшәан, сара саԥсыуоуп с-Занҭариоуп иҳәеит. Абри аԥҳәыс дааумгакәа арахь умаан ҳәа адҵа сымоуп Гәдоуҭантәи сааит иҳәеит. Светагьы бца лҳәеит. Аарла ҳәа сыҟан исыгханы. Сабхәа иабхәа ҳамҭас ииҭахьаз Таиф икабинет аҿы икнаҳаз аҟама, инсыжьыр иргоит сҳәан ишьҭысхит сумка хәыҷык инҭаҵаны, нас маҭәа хәыҷқәак ахасҵеит. Аухантәарак сышҵәыуоз исыршеит. Алашарбага аҳабла абаӷәазаҿы инеитәын, аӷба маҷ ала ҳалыргон. Ауаа рацәаны еизаны иҟан. Шьапыла ҳцеит. Света Ануа снаскьалгеит. Уа сахьнеиз еилыхароуп, ицо арахь шәааи рҳәоит. Гетто шәымдыруеи? Убри еиԥшын сыла иабаз. Сыԥшызар издыруаз Руслан Ченгелиа Џьота-иԥа (иан даԥсыуан) днаиааиуеит. Санааихәаԥш иаргьы даасыдгылеит. Уара, уаншьцәа урҿагылама, Руслан сҳәеит. "Ус аҭахуп" ҳәа аҭак сиҭеит урысшәала иныҵакны. Нас, ишеилысказ ала, иара рбызшәа идыруан азы, иҽырҩашьаны арсынтәи ҳа ҳтәқәа дрыцхраауазаарын. Аибашьра ашьҭахь идунеи иԥсахит. Ари ссумка аагәарҭар сҟама ргоит, уи хьаас искит уажәы. Х-абиԥарак рҟәых, имырӡӡакәа абранӡа ианааи ишԥасырӡри сымҳәеи. Нас, Руслан иасҳәеит. Иара сниаиган, ибзоурала еиқәхеит аҟама. Сшәаҟьаны сыҟан цәгьала. Гәдоуҭа саннеи ауаа санырҿаԥшы, даҽакала ишыҟаз збеит рҭ́еиҭыԥш. Аҟәа иаланхоз аԥсуаагьы иара ақырҭқәагьы ргәы ҭҟьаны иҟан. Избеит Гәдоуҭа иаҳа аԥсҭазаара ыҟаны. Ауаа среигәырӷьон ианызбалак. Ҭырқәтәылантәи иааз аибашьцәа анызбалак игәыдыскылон. Гәдоуҭа ауп иахьсаҳаз сашьа иҭаацәеи иареи авертолиот аҿы ишҭахаз…Ауҭрақәа ҭыҵны ицон- Аҟәа ргеит ҳәа Гәдоуҭа исаҳаит. Аҟәҟәаҳәа ихысуан. Ара изхысуеи уахь изыҟами сҳәон. Ахқәа баша иҭдырҟьоз сгәы иалан, избанзар убри зегьы аахәара зуалыз Арӡынба аԥхьа днаргыланы ҳаиҳабыра ракәымзи. Аҟәаҟа сааит мышқәак рышьҭахь. Сыҩны ашә акӡомызт, нас барқәамк ҿаҳҵеит ҳаицхыраан. Нас, Кәтолҟа сан лахь сцеит. Аибашьра аналагоз лареи сареи иҳаршыз сыхәҭа аҵәеиларш сан исзыҵәахны илыман, Римма даар илысҭоит ҳәа. Мама, ауаа ирҿабҵаруааз анысҳәа, ауаа ирысҭоз маҷхәызма лҳәеит. Исалҳәеит лгәылацәеи лареи аибашьцәа рхәы рхианы ишырҭиуаз. Лара лҟазшьала ачеиџьыка змаз уаҩын, ладеи ҩадеи ииасуаз акрырҿалҵон. Аибашьра ашьҭахь саннеи убри аԥҳәыс акәты, ауҭраҭых уҳәа илымамыз акгьы ыҟамызт. Луҭрақәа ҭыҵны ицон. Илфоз, илжәуаз зегь лыман аибашьра шыҟазгьы… https://sputnik-abkhazia.info/20230701/ayra-ari-arrat-aoperatsia-rgy-rymnareit-akhra-galania-iulti-azhylarazy-1046279241.html https://sputnik-abkhazia.info/20230708/amila-anuaa-ayra-ran-sakhym-a-dygrymuan-sab-1046289459.html https://sputnik-abkhazia.info/20230311/inapylaaaram-abaa-1044537856.html https://sputnik-abkhazia.info/20221009/saal-aaigazargy---sgyra-kharoup-30-shysa-taif-aba-ikhabarda-1041975594.html https://sputnik-abkhazia.info/20230610/shevardnae-spalata-daanaleit-ma-ayrua-politikat-spektakl-nodar-sharyl-iourykh-1046162991.html https://sputnik-abkhazia.info/20191214/Zsakhaa-nymkhaz-Elana-Laati-akhlymaakh-ialayz-asabi-1029021096.html Sputnik Аҧсны [email protected] +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2023 Елеонора Коӷониаԥҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg Елеонора Коӷониаԥҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны [email protected] +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/04/1046709290_83:0:1220:853_1920x0_80_0_0_99e3f9c9593c86f0039dbe9d4a2fbb1e.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны [email protected] +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Елеонора Коӷониаԥҳа https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса "Аԥсуаа Арӡынба изыҳәан аԥсра иаԥылон": Римма Коӷониаԥҳа лгәалашәарақәа 17:42 15.07.2023 (ирҿыцуп: 00:54 18.07.2023) © Sputnik / Томас Тхайцук Римма Когония © Sputnik / Томас Тхайцук Анапаҵаҩра Елеонора Коӷониаԥҳа материал Апоет Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳа илгәалалыршәоит Аԥсны Аџьынтәылатәи аибашьра алагамҭеи, иара убас аӷа инапаҵаҟа иҟаз Аҟәа даныҟаз лыбла иабаз ахҭысқәеи. Аамҭа иаԥсаҟьаз рацәазаргьы, лара лгәалашәраҿы инхаз маҷым, лыԥшәма лыла ишабоз ақырҭуа гвардиауаа даныргоз налаҵаны. Акартош ыҵаҳхит, аџьықәреи ҳлагеит - Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа раан, ахәыҷқәа Аҷандараҟа исышьҭит. Таиф Аҟәа дыҟан. Сара Кәтолҟа сцеит сан лахь. Акартош лаҵаны иҳаман иҵысхп, шылак, шәык зҳәаз еиԥш фатәык, жәтәык уҳәа ак аазгақәарц. Убри аамаҭазы аилахарақәа ыҟан, аулафахәы маҷхеит, Асовет еидгыла аилаҳара аамҭазы, даара ахныҟәгара уадаҩын. Сани сареи ҳаицхырааны акартош ыҵаҳхит, аџьықәреи ҳлагеит. Нас, аҵәа еизаҳгеит аиларш ҟаҳҵарц. Ашампанҵәа шаҟа уҭахыз ыҟан, уажә иҿалаӡом избан сыздыруам. Сани сареи ачуан азна еилаҳаршит. Ус август 14 рзы ҳаҩны Табаӷәуа ҷкәынак днеит аибашьра ҟалеит ҳәа. Ҳашьа Валериан (Нана) аҩны дыҟамызт. Абри аҷкәын аҭуан дхалан аимдара далагеит абџьар ҵәахны иҟоуп ҳәа. Ҳашьа агвардиа даламзи, акыр имазар ҳәа акәхап дзеимдоз. Убри ашьҭахь ҩымшҟа сыҟан аҩны, нас шьапыла сдәықәлеит Аҟәаҟа. Раԥхьатәи амшқәа рзы аибашьра ду ҟалеит ҳәа агәра уго иҟаӡамызт. Сан илҭахӡамызт сахьдәықәлоз, ахәыҷқәа ақыҭахь иҟоуп, Таифгьы далҵып ихала бабацо шылҳәоз амҩа сықәлеит. Тамшьынӡа шьапыла сааит. Уа ҩыџьа аҷкәынцәа сықәшәеит, Тамшьтәиқәазар ҟаларын, иақырҭқәан, аха макьана агәаӷ зыла ихыхәҳәылоз ракәмызт. Жәыргьыҭынтәи иаауаз автобуск ҳақәтәеит даргьы саргьы. Аӡҩыбжьанӡа ҳаанагеит. Нас шьапыла ҳдәықәлеит еицқәаз. Кьалашәыр ҳааиуаны машьынак ҳахьӡеит. Сшьапқәа аӡаӷьа ҟарцахьан сахьныҟәоз. "Икарус" аауан убри ҳақәтәеит. Аҟәа абри Турбаза ҳәа иахьашьҭоу ҳанналала, аума шыҟалаз збеит. Апаспорт егьи ҳәа акгьы сыцӡамызт сара. Сашьа агәыбжьанытә изын аиқәаҵәа сшәын. "Икарус" ааныркылт (азна ауаа ҭан), нас ауаҩы дынҭалан аԥсуаа шәҭыҵ иҳәеит. Сара сахьала аԥсуаа среиԥшӡам, даҽа милаҭк сатәыз џьыршьазар акәхап, саргьы сыҽсырԥсит аҟынтә, аӡәгьы сҭимгеит. Ус акәзаргьы, иҭатәаз зегь ҳаурыжьит. Аԥсны "Ақырҭқәа ари арратә операциа ргәы рымнарҟьеит": Ахра Гәаланӡиа иультәи ажәыларазы 1 Ԥхынгәы 2023, 13:22 Ар маҭәа зшәу ауаа чахқәа - Абыржәы Турбаза агәаны асасааирҭа ахьыҟоу агәабанқәа шьҭаҵаны ар маҭәа зшәу ауаа чахқәа маҟҿаҳәара еилыхны иқәиан. Излеилысказ ала, ари дара рзона акәын. Ара уааныркылар урытҟәон. Нас, анҭ Тамшьынтәи исыцдәықәлаз аҷқәынцәа срыхьчан сиаргеит. Ҳара ҳганахь ҳаниас даргьы аӡәгьы дрыламкьысит ицеит иахьырҭахыз. Изызкыз сгәалашәом, аха абри Зураб Маршьан иҿы неитәыс исыман нацҳатәык аҵыхәала. Иҩны саннеи аума бгәаӷьит, бышԥааи арахь иҳәеит. Ашьҭахь саҳәшьа Ира лҿы снеит Аҭынчра апроспект аҿы. Уигьы дшәаҟьаны дыҟан, бышԥааи, арсынтәи ауаа наҟ ицоит лҳәеит. Ашьҭахь шьапыла Аҳабла ҿыц ахь аҩныҟа сцеит. Саннеи Таиф, быҩнал, быҩнал, бышԥааи ара даара ишәарҭоуп иҳәеит. Ателевизор аҿакын, қырҭшәала акы рҳәон иара дазыӡырҩуан. Раԥхьаҵәҟьа уиаҟара исзеилкаауамызт аибашьра ишалагаз. Таифгьы Аҷандара дцаны ахәыҷқәа баны даахьан, сшаауаз игәы азҩон азы. Ателевизор ҳахәаԥшуан, агәылацәеи ҳареи ҳаиҭанеи-ааиуан ҳаԥсы ӡаны, иҟаз ианыз еилаҳкаауан раԥхьатәи амшқәа рзы. Ахԥатәи аҩнаҿы аԥсуаа еиҳа ирацәаҩны инхон убарҭ рахь дцаны даауан Таиф, саргьы сиццон зны-зынла. Абас иалагеит аибашьра. Асабрада зҿызхыз - Ҽнак зны ҳаҩны еихагылак аҿы амца ацралеит. Ҳгәыла қырҭуа ԥҳәыск - инҵәааит абарҭ аԥсуаа, зегь лалабылны ицааит лҳәеит. Хаҵак ус аалаҭеикт - бара арҭ анбылуа бхала бныжьны ицо џьыбшьома амца қьауқьад? Баргьы балабылуеит иҳәеит. Ҳаиҳабыра рыцҳашьан ацәажәара саналалгалакгьы, быԥхамшьаӡакәа еиҭа ирыцҳабшьома зҳәоз ыҟан. Абри схашҭӡом ахаан. Зны саныҟамыз сыҩны ԥҽны иҩналеит, аҩны зегь еиладырҩынтит, иргазгьы хьаас исымаӡамызт, мал дукгьы ҳамаӡамызт усгьы. Ачашылаҭра иҭалан еиԥхьдырттеит хьык ҭазар ҳәа. Маҭәақәак иргәаԥхаз ргазар акәхап исгәалашәом. Марттәи ажәылара ашьҭахь даара ргәы ҵкапуа иҟан ақырҭқәа. Сгәыла хаҵак исзыҟаиҵахьан аихалых лаба алыкә аҳасабала илаҵаны ашә асыркларц. Схала сыҟан азы, уахынла сшәон. Убри аамҭазы уахык ҳгәыла Резо захьӡыз гыруак ашә асра далагеит. Даҟәымҵит асра. Уаанӡа быԥсы ҭоума ҳәа дагьысзымҵаацызт. Крыбфама, крыбжәыма ҳәа имҳәацызт. Аԥсуаа ажәылара аныҟарҵа, издыруада акы исыхәар ҳәа акәхап дзааиз. Иара абџьар икымызт, аха автобус дақәтәан, аԥсцәа ралгараҿы дрыцхраауан. Дара дрыдгылон ҳәарада. Уазусҭада ашә иасуа сҳәеит. Резо соуп, Римма ашә аарты иҳәеит. Уахынла сара ашә аасыртӡом сҳәеит. Асааҭ 2 иахысхьеит, сара сӡыӡо сыҩнатәоуп сызшьуада ҳәа - ача бҭахызар Римма ҳәа дсазҵааит иара. Ача сҭахӡам сара сҳәеит. Исфо сымоуп сҳәеит. Ача бысҭарц шысҭахыз бымҳәо иаҭаххар иҳәеит ашә анаасмырт. Уи иаанагоз, аԥсуаа ааир ихы аиқәырхара иҭахын. Аԥсны Џьамила Ануаԥҳа: ақырҭқәа рҷан сҭахым ҳәа дыгәрымуан саб 8 Ԥхынгәы 2023, 16:40 Арӡынба ипортрет - Сентиабр мза аҽеиҩшамҭазы ҳцоит ҳәа сабхәында Славик, Таиф сара ҳдәықәлеит аха, ирмуӡеит ақырҭқәа. Ҽнак Таиф сабхәында днаскьаганы дшаауаз ауп ҳәа сыҟоуп агвардиауаа дааныркылт. Таиф ихы наиқәкны наҟ дышәшьы ҳәа ҿааиҭит руаӡәы. Аӡәы срыцҳаишьеит иҳәеит Таиф - Аӡҩыбжьа уанааныркылаз, аӡәы урыцҳаимшьар иахьа уабаҟалоз иҳәазаап руаӡәы. Нас, доурыжьит иламкьыскәа. Абри уажә исҳәо ахаан исымҳәац - аҩны данааи, убас дахьыладырҟәыз игәы арԥшааит, аҵәуара далагеит иԥсадгьыл аҿы анеиааира азин ахьимамыз азы. Илаӷырӡ ааит, аха ҳара ҳаҵахоит ҳәа ихахьгьы иааиуамызт. Иара игәы каҳаны дыҟаӡамызт, гәамчк иман ҩнуҵҟала. Арӡынба ҳаишьит ҳәа зҳәозгьы аԥсуаа здыруеит, аха иара аиааира агәра игон. Абра иаԥхьатәи иџьыба иҭаҵаны иман Владислав Арӡынба иҭел аномер. Уара абри наҟ иҭыг уџьыба, ирбар уршьуеит сҳәон. Уа иҭазааит иҳәан иџьыба инапы надикылеит. Арӡынба ипортрет аибашьра шцозгьы ҳакҿыҩра аҭӡамц аҿы икыдын. Иара игәы каижьӡомызт. Зегь дара роуп аурысқәа дрықәгәыӷуан иара. Ҳара ҳазлаз, аха еилыбгаз Асовет еидгыла амаа зкыз аурсқәа ҳрыхьчоит ҳәа игәы иаанагон. Аурысқәа ақырҭқәа ҳрырҭарым усҵәҟьа иҳәон. Абри телевизорла ақырҭқәа данырзыӡырҩуаз сара исзычҳаӡомызт. Ақырҭқәа рыбжьы сзыхгом ателевизор аҿоумкын анысҳәалакгьы - урҭ ишырҭахӡоу иҟаӡам санырзыӡырҩлак рҭагылазаашьа еилыскаауеит, алыхәҭа икылхны исраӡоит ирҳәо иҳәон. Таиф адәахьы еиҳа имаҷны ддәылҵуан, сара аӡы аазгар акәын, фатәык, жәтәык ҟасҵон. Ҳҭелқәа аҿырхит нас ҳашнеишнеиуаз џьара ҳзамысуа. Ауаа бзиақәа - Амлаҵәҟьа ҳамкӡеит аибашьра анцоз, избанзар, агәылацәа-азлацәа бзиақәа ҳаман. Исыцхраақәоз, сгәы ҟазҵоз ыҟан Таиф данырга ашьҭахь схала санынха. Декабр 14 1992 шықәсазы Лаҭа авертолиот шкаҳаз саҳаит, аха ҳара ҳҭаацәа иреиуаз уа иҭатәан ҳәа сыздыруамызт. Иван Саӡба иԥҳәыси иареи ирҵәахырц аурысқәа рбазахь иргеит Аҳабла ҿыц аҵыхәахь. Уахь сыргалон саргьы. Каҳуак, чаик сдыржәлон. Саргьы ҭаҭынк соур изызгон Иван Николаи-иԥа. Ҩынтәҟа дара рахь снеихьан. Убра сахьнеиз авертолиот аӡбахә цәырыргеит, аха ишысзымдыруаз анырба идмырзеит. Хаҵеи ԥҳәыси неихәаԥш-ааихәԥшуа избеит, аха иҟаз сзеилымкааит. Зны Коӷониак дҭан ҳәа саҳахьан, аха сыгәҩарақәа дырԥсаҟьеит Саӡаа. Нас, Арӡынба дыршьит ҳәа гәарарҵеит ақырҭқәа. Аҵәыуара салагеит сара. Бымшәан рҳәеит, уи дҟамларгьы егьырҭ ыҟоуп рҳәан сгәы дырӷәӷәеит Саӡба иԥҳәыси иареи. Сара Арӡынба дыршьызар ҳанҵәеит ҳәа схәыцуан. Иван Саӡба аԥса иҿоу аԥсараџь иалхны ацәашьы зҭадыргыло ҳамҭас исиҭахьан. Иахьагьы исымоуп иара. Заур Коӷониа иҭаацәа адгылара сырҭон. Дара анцагьы, ианхәа (лара лыбжа қырҭуан, лыбжа урысын) убри есымша - бааи ара ҳәа сызҿылҭуан. Ҳгәыла Витали Ҷыҭанаа иан зны амгьал лӡит ашьақар аҭаны, чашылак џьара илыԥшаазаап. Убри агьама слырбеит. Ахаан убри еиԥш ихааны мгьалк сымфацт. Сгәылацәа схылаԥшуан. Ԥсыуак дыргеит ҳәа анраҳалакгьы сырҵәахуан. Зегь реиҳа далскаауеит Константин Ануа иԥшәмаԥҳәыс Света. Амла садмыркӡеит урҭ. Лара лан Ҵабал дынхон. Уи афатә аалҭиуан, ицоз иаауаз ыҟан азы. Лашьа даҳхылаԥшуан, иаргьы ақырҭқәа дырцәыбналаны дыҟан, ихы дирбомызт... Аԥсны Инапылаҟаҵарам абаҟа 11 Хәажәкыра 2023, 11:19 Октиабр 9 1992 шықәса - Таифраа аныргоз аҽны, санхәыԥҳа кәацк сылҭан супк изыҟасҵап ҳәа иақәсыргылеит. Уажәшьҭа имазеиуп уааи ҳәа иасҳәап ҳәа сгәы иҭан. Иара Џьота Амыҷба иҿы дыҟан. Аԥенџьыр аҟынтәи ҳанԥшлак Џьота иԥенџьыр ҳаҿаԥшуан. Быжьқәак саҳаит. Схы нкылырҳәҳәан санԥшы Џьотагьы Таифгьы лбааганы ишыргоз збеит. Агвардиауаа хагаханы ҳаҩны иакәшаны иҟан. Иаразнак сылбааит ҵаҟа. Сахьылбаауаз агвардиауаа гылан. Сыԥшәма дыргеит снашәышьҭроуп - сҳәеит. Ааит, шәара аԥсылманцәа, иҳәан ацәҳара далагеит игылаз. Сгәыла ԥҳәыск уи дыԥсылыманым лҳәеит. Ҩыџьа гылан автоматқәа кны. Сыҩны снеит Таифи Џьотеи автобус иҭатәан. "Амшынҵа наҟ иҵәахы" иҳәеит аԥсышәала Таиф. "Не говори на своем поганом языке" иҳәеит ақырҭуа. Уи ахаан исхашҭуам. Џьота, баба исышьоу ачхьарпқәа маншәалам, бхаланы еимаак сзаага иҳәеит. Нелли лҿы сахьхалаз, уа агвардиауаа аҩны аарҳәны акаамеҭ иаҿын. Нас, аимаақәак сылҭеит Нелли. Есымша убри лгәалашәон - исҭаз аимаақәа ишьапы идырхьуан ҳәа. Нелли лыҭра дыҭҟьаны дзыҟаз аҩны ахьдырҳәуаз акәӡамызт, Џьота дахьыргози лбарҵаҿы ахәыҷы дызманы зҽызҵәахыз ҳгәыла Емма Ҳашԥҳа дгәарҭар ҳәа дахьшәози рзы акәын. Насыԥны дара ақырҭқәа уахь идәылымҵӡеит. Нас, ҳгәылацәа Салаҟаиак иԥҳәыси иареи лбааргеит. Иара дбыргын 75 шықәса раҟара ихыҵуан, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду даветеранын, иԥҳәыс даурсын дмедиаҳәшьан. Дабажәго аҭаҳмада ҳәа урысшәала аҿыҭра даналага ларгьы дрыманы ицеит. Уаҳа ихнымҳәӡеит иаргьы ларгьы. Есава зыжәлаз дылбааргеит, нас Самсониак. Џьапуакгьы Артиом ихьӡын егьи аҩнаҿы дынхон, уигьы дыргеит. Уи ателефон аномер сиҭеит сҭаацәа бырзасны сшыргаз раҳә ҳәа. Сасит, сасит, аха ишьҭырымхит… Иԥҳәыс лыҩны ддәылганы дырҵәахызаап ара агвардиауаа анҳақәла. Нас, саргьы џьара сганы сырҵәахит, аха нас схынҳәит, џьара уабанӡатәазауа. Аԥсны "Саџьал ааигәазаргьы - сгәыӷра хароуп": 30 шықәса Таиф Аџьба ихабар ыҟамкәа 9 Жьҭаара 2022, 17:00 Лорик Маршьан - Џьота иԥҳәыс Нелли сареи ақалақь аҿы ҳнеит авоенкомат ахьыҟоу Таифраа анырга ашьҭахь, аха ара аӡәгьы дыҟаӡам рҳәеит. Таиф ақырҭқәа аӡәгьы диздырӡомызт, убра аус ахьиуаз аӡәы, ҩыџьа ракәымзар. Џьота Қарҭ далгеит аҵара, аҩызцәагьы иман, аха аӡәгьы изымԥшааит рхабар. Лорик Маршьан аиҳабыра рыҩны ахьыҟаз дтәамзи. Света Ануа саалгеит убра Таиф ихабарк ҳзеилкаауазар ҳәа. Сидикылеит. Иргаз зегь ртәы иасҳәеит. Аинтеллигенциа маҷӡак иадамзаргьы иудыруазар, арҭ рыӡбахә уаҳахьазароуп сҳәеит. Таиф дазусҭаз издырамызт зынӡа. "Шәара ишәзеилкааӡом Арӡынба иҟаиҵаз иҳәеит. Уи аҩны ахыб ала аргылара далагеит" иҳәеит. Сара ара Арӡынба ицәгьа сҳәарц смааӡеит сҳәеит. Сара сыԥшәма дыргеит, убри ихабар сашьҭоуп сҳәеит. Акымзарак исыхәоз сеимҳәеит. Ҽнак Нелли сареи амилициа ахьыҟаз ҳнеит. Гәулуа ижәлан ҳәа сыҟоуп аӡә даҳбеит. Ҳашбакгьы Гәылрыԥшь аус зуаз убра дыҟан - шәара шәықәгыланы ишәҳәароуп иҳәеит аибашьра аанкылатәуп, ҳааинаалароуп ҳәа. Нелли сареи ҳдәылҵны ҳцеит арҭқәа анҳаҳа. Гәулуа зыжәлаз ус иҳәеит – абандитцәа аурыжьҭит, иазусҭцәоу сеидроу изгаз. Ачеченцәа рыцәаара - Зны абарҵа аҟны сдәылҵын Нелли лахь снапы сҟьеит. Қырҭуа гәыла ԥҳәыск ачечен адырга илырбеит ҳәа сзылҳәеит ари анылба. Ачеченцәа рыӡбахә раҳар аԥсра ирзаҩызан дара, рыцәаара иацәшәон. Ара ачеченцәа ыҟазар ҟалап ҳәа ргәы иаанагон еснагь. (Раԥхьа ачечен дахьызбаз, абри аиааира адырхаҽноуп. Абрахь Аҟәа санаауаз амҩан дызбеит. Иаргьы арахь даауан). Агәылацәа ашә аҿы абызкаҭаҳа амазар иалакьысӡомызт, ачечен ҽыҵәахра даазар иалаҳдыруеит ҳәа. Ауадақәа реиҳарак рышәқәа аркымзи. Убри аҟара ишәон аӡә абызкаҭаҳа амихыр апаника шьҭырхуан ара маӡала ачеченцәа ҩналеит ҳәа. Ҳара ишаҳбоз анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵон ҳашҭаҿы агвардиауаа. Массив еиҳа ишәарҭан азы, ара иааны рҽеимыртаӷа ҳашҭаҿы итәон. Аҩнқәа зегьы рымпыҵахалан иҟан. Абомбақәа анкаҳауаз ҳаҩны аӷәраҵахьы ҳалбаауан зегьы. Асолдаҭцәа анцәыҵалозгьы убырын. Убра ҳшыҵатәаз қырҭуа хаҵак ус иҳәеит "Ҳара Шеварнаӡе изыҳәан аӡәгьы ҳҽаҳшьӡом, аԥсуаа Арӡынба изыҳәан аԥсра иаԥылоит. Ҳара уи иҩыза аԥхьагыла дҳамаӡам" ҳәа. Аԥсны "Шеварднаӡе спалата дааҩналеит", ма ақырҭуа политикатә спектакль: Нодар Шьаҟрыл иҭоурых 10 Рашәара 2023, 14:00 Х-абиԥарак рҟәых - Март мза анҵәамҭазшәа Костиа иԥҳәыс Света хаҵак длыцны дааит суадаҿы. Сахьынхоз аҭыӡҭыԥ зныз ақьаад иманы ҳаҩнаҿы дааит, аха Костиараа рҿы дақәшәеит. Бымшәан, сара саԥсыуоуп с-Занҭариоуп иҳәеит. Абри аԥҳәыс дааумгакәа арахь умаан ҳәа адҵа сымоуп Гәдоуҭантәи сааит иҳәеит. Светагьы бца лҳәеит. Аарла ҳәа сыҟан исыгханы. Сабхәа иабхәа ҳамҭас ииҭахьаз Таиф икабинет аҿы икнаҳаз аҟама, инсыжьыр иргоит сҳәан ишьҭысхит сумка хәыҷык инҭаҵаны, нас маҭәа хәыҷқәак ахасҵеит. Аухантәарак сышҵәыуоз исыршеит. Алашарбага аҳабла абаӷәазаҿы инеитәын, аӷба маҷ ала ҳалыргон. Ауаа рацәаны еизаны иҟан. Шьапыла ҳцеит. Света Ануа снаскьалгеит. Уа сахьнеиз еилыхароуп, ицо арахь шәааи рҳәоит. Гетто шәымдыруеи? Убри еиԥшын сыла иабаз. Сыԥшызар издыруаз Руслан Ченгелиа Џьота-иԥа (иан даԥсыуан) днаиааиуеит. Санааихәаԥш иаргьы даасыдгылеит. Уара, уаншьцәа урҿагылама, Руслан сҳәеит. "Ус аҭахуп" ҳәа аҭак сиҭеит урысшәала иныҵакны. Нас, ишеилысказ ала, иара рбызшәа идыруан азы, иҽырҩашьаны арсынтәи ҳа ҳтәқәа дрыцхраауазаарын. Аибашьра ашьҭахь идунеи иԥсахит. Ари ссумка аагәарҭар сҟама ргоит, уи хьаас искит уажәы. Х-абиԥарак рҟәых, имырӡӡакәа абранӡа ианааи ишԥасырӡри сымҳәеи. Нас, Руслан иасҳәеит. Иара сниаиган, ибзоурала еиқәхеит аҟама. Сшәаҟьаны сыҟан цәгьала. Гәдоуҭа саннеи ауаа санырҿаԥшы, даҽакала ишыҟаз збеит рҭ́еиҭыԥш. Аҟәа иаланхоз аԥсуаагьы иара ақырҭқәагьы ргәы ҭҟьаны иҟан. Избеит Гәдоуҭа иаҳа аԥсҭазаара ыҟаны. Ауаа среигәырӷьон ианызбалак. Ҭырқәтәылантәи иааз аибашьцәа анызбалак игәыдыскылон. Гәдоуҭа ауп иахьсаҳаз сашьа иҭаацәеи иареи авертолиот аҿы ишҭахаз… Зсахьаҵәҟьа нымхаз Елана: Лаҭатәи ахлымӡаах иалаӡыз асаби 14 Ԥхынҷкәын 2019, 15:14 Ауҭрақәа ҭыҵны ицон - Аҟәа ргеит ҳәа Гәдоуҭа исаҳаит. Аҟәҟәаҳәа ихысуан. Ара изхысуеи уахь изыҟами сҳәон. Ахқәа баша иҭдырҟьоз сгәы иалан, избанзар убри зегьы аахәара зуалыз Арӡынба аԥхьа днаргыланы ҳаиҳабыра ракәымзи. Аҟәаҟа сааит мышқәак рышьҭахь. Сыҩны ашә акӡомызт, нас барқәамк ҿаҳҵеит ҳаицхыраан. Нас, Кәтолҟа сан лахь сцеит. Аибашьра аналагоз лареи сареи иҳаршыз сыхәҭа аҵәеиларш сан исзыҵәахны илыман, Римма даар илысҭоит ҳәа. Мама, ауаа ирҿабҵаруааз анысҳәа, ауаа ирысҭоз маҷхәызма лҳәеит. Исалҳәеит лгәылацәеи лареи аибашьцәа рхәы рхианы ишырҭиуаз. Лара лҟазшьала ачеиџьыка змаз уаҩын, ладеи ҩадеи ииасуаз акрырҿалҵон. Аибашьра ашьҭахь саннеи убри аԥҳәыс акәты, ауҭраҭых уҳәа илымамыз акгьы ыҟамызт. Луҭрақәа ҭыҵны ицон. Илфоз, илжәуаз зегь лыман аибашьра шыҟазгьы…
https://sputnik-abkhazia.info/20230715/asuaa-arynba-izyan-asra-iaylon-rimma-kooniaa-lgalasharaa-1046708824.html
2024-02-26T05:09:14Z
<urn:uuid:f1b3b77b-8b3d-47a7-bc47-fb22714269fa>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.72
0.96
58
54,516
tlsh:T14F034F33AB80CF4BC6B3C41DAFC245326CD1198356A27721CFC5F4B556460A8EFFCC13AAFAE8069A74DB1261E192BB18B54AFCEA187D6E97708200956D3F39CE27447685AF
Адәныҟатәи аполитика ҳәоуеиқәшәарала амҩаҧгара алыршара иазку аусмҩаҧгатәқәа рзы Амеморандум анапаҵаҩразы ахцәажәарақәа Хәажәкыра 11 Москва Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи русқәа рзы аминистрцәа Виачеслав Чрыгбеи Сергеи Лаврови ҳәоуеиқәшәарала Адәныҟатәи аполитика амҩаҧгара алыршара иазку аусмҩаҧгатәқәа рзы Амеморандум рнапы аҵарҩит. 03.03.2015 Ишьақәырҕәҕәоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиа 2025 шықәсанӡа Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит «Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиа 2025 шықәсанӡа ашьақәырҕәҕәаразы» Аусҧҟа. 23.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмааҧҳа лҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иналукааша аоператә шәаҳәаҩы, Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмааҧҳа дылҧылеит 20.02.2015 Аҧсны Ахадеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи реиҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Жәабран 20, 2015 шықәса, Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дырҧылеит Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа –анаплакыҩцәа, абизнесуаа. 19.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа араион ауаажәларра рхаҭарнкцәа рҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа араион актив дырҧылеит 18.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Мушьни Лашәриа иҧылара иазку Хәажәкыра 18, 2015ш., Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иеицырдыруа аҧсуа поет, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, академик Мушьни Лашәриа диҧылеит. 18.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны абанк аҿы аиҭакрақәа ирызкыз аилацәажәара мҩаҧигеит 18.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ақыҭанхамҩа азҵаарақәа ирыдҳәаланы имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Ахада Иусбарҭа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ақыҭанхамҩа азҵаарақәа ирызкыз аилацәажәара мҩаҧигеит. 16.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владиславом Суркови реиҧылара иазку аинформациатә цҳамҭа Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дырҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владиславом Сурков напхгара ззиуаз аделегациа 13.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ азы ацҳамҭа Ахада Иусбарҭа. Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит ашәахтә система аиҭакреи аиҕьтәреи ирызкыз аилацәажәара. 19.01.2015 Аҧсны Ахада Иусҧҟа Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азҵаарақәа рзы Ахада идҵала Ҭали Шьалико-иҧҳа Џьапуаҧҳа даҭоуп Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азҵаарақәа рзы Аҧсны Ахада ицхырааҩыс. 23.12.2014 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аҧсны жәлар рартист Алиса Гыцҧҳаи реиҧылара иазку АИХ азы ацҳамҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Москватәи амузыкатә театр «Геликон-Опера» асолист, Аҧсны жәлар рартист, Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Алиса Гыцҧҳа 16.12.2014 Рауль Ҳаџьымба далахәын Арсени Константин-иҧа Ҳашба игәалашәара иазкыз аконференциа Аконференциа мҩаҧысуан Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аконференц-зал аҟны, иагьазкын иналукааша абызшәадырҩы, аҧсуаҭҵааҩы, Аҧснытәи атәылаҿацәҭҵаара аинститут актәи адиректор Арсени Ҳашба110 шықәсаихыҵра. 03.12.2014 Рауль Ҳаџьымба дырҭааит Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаа аусбарҭа аобиектқәа Гал араион аҟны Апрограмма актәи апункт ала иахәаҧшын аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра Агәаҭаратә Аужьратә Пункт «Егры». ААП аиҳабы Рауль Ҳаџьымба иҟынӡа инаигеит иҟоу аҭагылазаашьа, Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра аицгәаҭара аиҿкаареи амҩаҧгареи шымҩаҧысуа ртәы. 21.11.2014 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәеи реиҧылара иазку Аҟәа. Имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Нхыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа 12.11.2014 ЗҲӘА “НХЫҴКАВРЕНТГЕН-Д” анапхгара аҧылара Рауль Ҳаџьымба идикылеит Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликаҟнытә арентгентә мыруга еилахәыра-аҭыжьҩцәа рхаҭарнакцәа – ЗҲӘА «Нхыҵкаврентген-Д» адиректор хада Бетал Хуштови ари аилахәыра адиректорцәа рхеилак ахантәаҩы Роман Пономаренкои. 08.06.2014 Аконституциатә реформазы акомиссиа аилатәара Рауль Ҳаџьымба хантәаҩра азиуан ажьырныҳәа 22, 2015 шықәсазы Аҧсны Ахада Иусҧҟала иаҧҵаз Аконституциатә реформазы акомиссиа аилатәара. Ахада иажәалагалаҟны иазгәеиҭеит: 21.05.2014 Аҧсны Ахада иҟны ицәыргоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеира алагаларазы аконституциатә закәан апроект Аконституциатә реформа актәи аамҭахҵәаха аҳәаа иҭагӡаны Валери Агрба хантәаҩра ззиуа аусуратә гәыҧ Аҧсны Ахада иҟны ицәырнагеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеира алагаларазы “Аҧсны жәлар Реизара ахыҧхьаӡаратә шьақәгылашьазы” аконституциатә закәан апроект 21.05.2014 Аҧсны Ахада иҟны ицәыргоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеира алагаларазы аконституциатә закәан апроект Аконституциатә реформа актәи аамҭахҵәаха аҳәаа иҭагӡаны Валери Агрба хантәаҩра ззиуа аусуратә гәыҧ Аҧсны Ахада иҟны ицәырнагеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеира алагаларазы “Аҧсны жәлар Реизара ахыҧхьаӡаратә шьақәгылашьазы” аконституциатә закәан апроект 22.06.2012 Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны аусуратә еилацәажәара мҩаҧысит Аҟәа, 14.00 Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рыҟны уи аҟәшақәа русура арҕәҕәара иазкыз аусуратә еилацәажәара. Новости 2941 - 2960 из 2985 Начало | Пред. | 146 147 148 149 150 | След. | Конец | Все Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/11593?PAGEN_1=148
2024-02-28T09:34:17Z
<urn:uuid:61de2bce-373c-42f5-8827-4a3a3c892d12>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.87
0.99
53
10,412
tlsh:T12FC1CE228A40CB4BD0F7C469CF91AF319DD1985B4261B661CEC8F0F00742189EBFCD13A9EAE81A8AB4EB1511E162BF01690AFDE525BDAE97311504A13E3F78E936D476C29E
Азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада аструктура иаҵанакуа еиҿкаароуп, уи иалоуп азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аҟәшақәеи аинспекциақәеи араионқәа рҿи, ақ. Аҟәеи. Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу. Азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәаҵара ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп анаҩстәи азааҭгылақәа: – Ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵара аусушьа ахылаҧшра аҭара, аминситррақәеи, еиуеиҧшым аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи, аҳәынҭқарратә компаниақәеи рыбжьара; – Азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵара иаҵанакуа аҟәшақәа русура еиҿнакаауеит, имҩаҧнагоит Аҧсны Аҳәынҭқарра ААРА ақ. Аҟәеи, араионқәа ирыҵанакуақәа рҿи, ахатәратә форма шьаҭас измоу еиуеиҧшым аиҿкаарақәеи ааглыхратә усбарҭақәеи рыбжьара ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵара аусушьа хылаҧшра аҭауа; – ААР Аинспекциа имҩаҧнаго акомплекстә гәаҭарақәа ралыршара ахы аланархәуеит, иара убасгьы хылаҧшра анаҭоит азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵара иазку аҟәшақәа русушьа Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР Аинспекциа; – Аусбарҭа ашәахтә гәаҭарақәа рграфики аусуратә плани шьақәнаргылоит, ААР аинспекциақәа рыҟәшақәа аусуратә плани агәаҭарақәа рграфики иахьынӡарықәшәаны русура хылаҧшра азнауеит; – Алкаақәҵеи астатистикатә лкаақәеи анализ рызнауеит, иара убас, аҭыҧантәи агәаҭарақәа анилизи рызнауеит, урҭ шьаҭас иҟаҵаны алагалақәеи арҽеирақәеи еиқәнаршәоит ашәахтқәеи аизгақәеи ирызку Азакәанҧҵара адгаларазы; – Ашәахтә закәанҧҵареи ашәахтә политикеи реиқәыршәареи реиҿкаареи рымҩаҧгареи рҿы ахы аланархәуеит, ишьақәыргылоу, аус зуа аусҧҵәа аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны; – Ашәахтәҧхьаӡара аформақәа разыҧшаара аус аҽаланархәуеит, аҽаланархәуеит алкааҧҵәаҟаҵараҿы, адекларациеи егьырҭ ашәҟәқәеи реиқәыршәараҿы, ашәахтәқәеи егьырҭ аизгақәеи рыҧшаареи абиуџьеҭ рахыҧхьаӡалареи рҿы, иара убасгьы, ААР аинспекциақәа русура алкааҧҵәаҟаҵара аформақәа рҿы; – Асистематә ҟазшьа аҭаны абиуџьеҭ аашәахтә лагалатә уснагӡара ахылаҧшра анаҭоит, ахатә компетенциа аҽҭагӡаны абиуџьеҭ апроект аус адулараҿы ахы аланархәуеит; – Азинхьчаратә ахылаҧшратә усбарҭақәа рпланшьақәыргыларатә руснагӡаратә усмҩаҧгатәқәа ахы рыланархәуеит, ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵара арыҕәҕәареи уи ахылаҧшреи аус аҿы;
https://mns-ra.org:443/ab/central/nalog_ur/
2024-02-22T13:58:10Z
<urn:uuid:2536ce56-0cd0-4820-b26b-37c80c505d3b>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
12
4,451
tlsh:T12FE36F91F6409BABC5B3C08486D2CE361CD254070222F6318EC9B5701F5104ADBBCD13EEFAFD46C6B4AB0656D165AB24566EEDC9697D7BD2704240919E2D38DC37F17DC6ED
По окончании в 1905 году Тифлисского учительского института работал преподавателем в Сухуме. С марта 1921 последовательно занимал посты: заведующий Отделом школ Народного комиссариата просвещения ССР Абхазия, директор 1-й Сухумской семилетней школы (ССР Абхазия), заместитель народного комиссара просвещения АССР Абхазия, а затем и комиссар народного просвещения АССР Абхазия. С 1938 - председатель Верховного Совета Абхазской АССР, а с 7 апреля 1948 по 1958 - председатель Президиума Верховного Совета Абхазской АССР. (Источник: http://www.ru.wikipedia.org.) Главная » Алфавитный каталог авторов » Ч » Собрание сочинений. В трех томах. Том первый А. М. Ҷоҷуа Иҩымҭақуа реизга Х-томкны Актәи атом Аредақциатә коллегиа: М. Аҳашба, Г. Ӡиӡариа, Х. Бӷажәба, Б. Ҭарба Актәи атом аредақтор М. Аҳашба Иеиқуиршәеит Х. Бӷажәба Аҟуа — 1968 280 д. Атираж 1000. АРЕДАКЦИА АҞНЫТӘ Андреи Мақсим-иҧа Ҷоҷуа иҩымҭақуа х-томкны иҭыҵуеит. Актәи атом ианылоит ажәабжьқуа, аҩбатәи атом — апедагогикатә зҵаарақуеи аҧсуа бызшәеи ирызкыу аҩымҭақуа, ахҧатәи — агуалашәарақуеи аиҧыларақуеи. Ари актәи атом аҿы иеизгоуп А. М. Ҷоҷуа аҧсышәала ииҩыз, ма егьырҭ абызшәақуа рахьтә еиҭагақуаз ажәабжьқуеи, ажәамаанақуеи, алакуқуеи. Дара урҭ, шамахамзар, аурыс шәҟуҩҩцәа (И. Крылов, Л. Толстои, Д. Ушински уҳәа) рахьтә еиҭеигақуаз — акыр рхы иақуиҭны, «ираҧсышәаны» иеиҿартәуп. Убас иҟоуп ақырҭуа бызшәахьтә (И. Гогебашвили иҟнытә) иеиҭеигаз акык-ҩбак ажәабжьқуагьы. 1962 шықусазы иҭыҵит А. М. Ҷоҷуа ишәҟу — «Ажәабжьқуа ахуҷқуа рзы». Аҧхьажәаҿы автор иҩуан: «Абри ашәҟу аҟны иеизгоу ажәабжьқуеи ажәамаанақуеи ахуҷқуа ирыҧхьоит аҵара бзианы ирҵаларц, аҟазшьа бзиеи алеишәа бзиеи рҽадыршьцылаларц, ирылаанаӡауеит агублра, аиҩызара, абзиаеибабара, аҟубҷара, убас ала ауаҩра, аламыс иаҵанак'уа абарҭ реиҧшқуа жәпакы». Уажәы актәи атом ҭыҵуеит, хыхь зыӡбаху ҳҳәаз ашәҟу аасҭа, акыр ихарҭәааны. Убри аҟнытә араҟа ашәҟу ахьыӡгьы аҽеиҭанакит. Аҵабыргаз, «Ажәамаанақуеи ажәабжьқуеи» еиҳа иеиднакылоит ашәҟу аҵакы, насгьы иара — ахучқуа моу, адуцәа аҧхьаргьы иахыумбаартә иҟоуп, избанзар, хуҷгьы дугьы ирзеиҧшу акыр азҵаарақуа ирыхцәажәоит. А. М. Ҷоҷуа ҷыдала хуцырҭас иман ҳауаажәлар шьардаӡа игуныркылаша азҵаара — ҳхуҷқуа, ҳҿар ҧсы-цқьала, ҧсы-раӡала, ажәакала иуҳәозар, коммунисттә ҵасла рааӡара. Абри аус ду ацхраара иҽазкны, уи иҩуан абас: «Сышәҟу хуҷгьы, ҳҿар хь-ҩеижь рааӡара аҟны акы ихуарҭахозар, сара иара ззыскыз нанагӡазшәа исыҧхьаӡарын». А. М. Ҷоҷуа иҩымҭақуа актәи атом аҟны ианылоит иара убасгьы 1914 шыкусазы ихарҭәааны иҭижьыз «Аҧсуа анбани», 1910 шықуса инаркны Аҟуа ашколқуа рҿы аҧсуа бызшәа зладирҵоз ажәабжьқуеи астатиақуеи. А. М. Чочуа Собрание сочинений В трех томах Том первый На абхазском языке Скачать книгу "Иҩымҭақуа реизга. Х-томкны. Актәи атом" в формате PDF (37,1 Мб) (OCR — Абхазская интернет-библиотека.) Некоммерческое распространение материалов приветствуется; при перепечатке и цитировании текстов указывайте, пожалуйста, источник:
http://apsnyteka.org/1825-tchotchua_a_sobranie_sotchineny_tom_1_1968.html
2024-03-02T06:30:57Z
<urn:uuid:8d7d2c28-df01-4fe6-b846-9d04c929a217>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.65
0.61
0.98
18
5,272
tlsh:T1D65E26B1EF05CF1FD2B3C549CA814A31DC92594BC623B292CDD8B4742186094EFFCC126AFAEC0955F0DB1215D065FA00A946BCFA18BCAF97639700252D7F77E617ACB6869E
Уарча ақыҭа инхо Шьақаиа Ҭымыри, Габниаҧҳа Светланеи ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәароуп. Иахьа, ари аҭаацәараҿы ҩаҧхьа гәырӷьаран. Диит а-13-тәи асаби, Мадлена хәыҷы. Мадлена хәҩык аишьцәеи, быжьҩык аиҳәшьцәеи лымоуп: Санта, Саманта, Сабина, Сабрина, Саида, Саид, Сантана, Алексеи, Гудиса, Алмас, Амина, Леон. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго еснагьтәи апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҷыдала арҭ аҭаацәа рзы ирхиан аҳамҭа. Мадлена лыхьӡала еиқәыршәаз ашәыра еиднакылоит лара лааӡараҿы лан лхы иалырхәаша амаҭәахәқәа, ацәымҳақәа инадыркны ашәҵатәқәа рҟынӡа. «Даараӡа ҭабуп ҳәа шәаҳхәоит ҳгәырӷьара ахьҳацеиҩышәшаз, ҳхы иаҳархәаша аҳамҭақәа ахьҳанашәшьаз. Уажәшьҭа сыхшара духеит, исыҵагылеит, аҩнтәи аусқәа зегьы рҿы исыцхраауеит»-ҳәа азгәалҭеит 13-ҩык ахшара ран Светлана Габниаҧҳа, афонд аџьшьара аҭо. Ииашаҵәҟьаны, ас еиҧш аизҳара ахьыҟоу аҧсуа ҭаацәарақәа рыӡбахә узеигәырӷьаша хҭысуп. Хымҧада, уи азгәаҭаны досу излаилшо ала адгылара аныҟаиҵа, ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари рҧеиҧш азы иуасхыруп.
http://fondapsny.org/ab/aproekt-ani-amaalyki-nagdzoup-uarcha-akyta
2024-02-21T11:47:41Z
<urn:uuid:80a683cc-f1ab-47e0-900f-eed7574d3579>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
4
1,854
tlsh:T19DC9E7318A56C74FC6B3C45ADBC21E3A28C5594792A3B251CEC9F4B91191099FFFCC13A9BAED069A70AB1511E166BA00660AFCFF593D7BD7700381505C3F36CD12A0B5825E
Акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, дара Урыстәыла атәылауаа Қырҭтәылаҟа раара иадҳәаланы апротест ҟарҵоит. Аҭыҧаҿы аус зуа Актәи аканал акорреспондент ишааицҳаз ала, аҳапкылҵәа егьы аганаҿ аиҭаҵра ҧкуп, убри аҟынтә, акциа алахәылацәа егьы аганашҟа изиасуам. Акциа алахәылацәеи азинхьчаҩцәеи ари атемазы аимак рыбжьалеит. «Дроа» алахәылацәа ишырҳәаз ала, азинхьчаҩцәа акциа амҩаҧгараҿы ирҧырхагахар, амҩа адыркыр ҟалап. АПОЛИТИКА aкциa Droa Ларс Урыстәылa aтәылaуaa 3 Еиҧшу Ареспубликатә хәшәтәырҭа аԥҳьа гәыԥҩык аҳақьымцәа аҿагыларатә акциа мҩаԥыргоит Александр Вучич ишааицҳаз ала, Белград имҩаԥысуаз акциақәа анапхгара ахҳәара хықәкыс иаман, ари аус аҿы акциа атәым тәылақәа ацхыраара азыруан Вашингтон Израиль адгыларатә акциахь инеит зықьҩыла ауааԥсыра Лондон палестинаа рыдгыларатә акциа мҩаԥысуеит Роман Гоцириӡеи Хаҭиа Деканоиӡеи Қырҭтәыла иҟоу Урыстәыла атәылауаа аинвестициатәи аҿҳәаракьаҿлатәи анхара азин рыҭара апроцесс 2024 шықәса анҵәамҭанӡа аанкылара иазку аинициативала иқәгылеит Кишинев евроинтеграциа адгыларатә акциа мҩаԥысит Русҭавели имҩаду аҿы аҿагыларатә акциа мҩаԥысуеит Азакәанхьчаҩцәа, Кахеҭи асасааирҭа "Ҟварелтәи аӡиа" аԥхьа имҩаԥысуа акциа алахәылаҩцәақәак атерриториа иалыргеит Апартиа "Дроа" аиҿкаарала, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза ахырхарҭала аҿагыларатә ныҟәара мҩаԥысуеит Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ ашә 3° аҩ 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Санкт-Петербург ҩнык адрон ақәҳаит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ашәышықәсарацәалатә культуреи амилаҭтә принципқәеи змоу аконсервативтә жәлар ҳауп, уи ииашаны еилкаатәуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/aitchvkaara-droa-aktivisttca-aga%D2%ADara-awzh%D1%8C%D2%ADrat-pwnkt-lars-aaigara-aktcia-muiaphmrgoit/
2024-03-03T23:37:15Z
<urn:uuid:a5ee5107-4a5a-472b-b567-c08f05d1caca>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.63
0.98
30
3,694
tlsh:T1FA8E06713600DB4FD6B7C168CA9199792CD2390B4222E1B0CDD9F4B1124949DEBFCD0399EAFC494E60EB2516D1527F022A05DCD619BDBEEB615200E46E7F34EA37847589DE
Иуџьин Виктор (Џьин) Дебс (англ. Eugene Victor «Gene» Debs; абҵарамза 5, 1855 ш., Терре-Xот, Индиана, ЕАА — жьҭаарамза 20, 1926 ш., Елмҳерст, Илиноис, ЕАА) – Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны аусуцәеи армаратә ҵысреи русзуҩы, Америка Асоциалисттә партиа (1900–1901 ш. рзы), иара убас (1905 ш. рзы) азанааҭеидгылатә еиҿкаара «Адунеи аиндустриалтә усзуҩцәа» аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын. Асоциалисттә партиа аԥхьагыла, уи апартиа аҟынтәи алхрақәа раан хәынтә кандидатс иҟаз, 6% рҟынӡа америкатәи алхыҩцәа рыбжьқәа роура зылшоз. Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Иуџьин Дебс далгеит 8 класск, 14 шықәса анихыҵуаз аусура далагеит, раԥхьа аихамҩа аусзуҩыс, нас амцаҭаҵаҩы ицхырааҩыс, аҵыхәтәаны 1870 ш. рзы афақьдәыӷба амцаҭаҵаҩыс аусура далагоит. Иуаажәларратә усура акәзар, уи хациркит алитературатә клуб Оксидентел, иқалақь гәакьа Терре-Хот аҟны, уахь еснагь ааԥхьара ала иқәгылон Роберт Грин Ингерсолли Сиузен Ентонии. Иуџьин Дебс иԥсҭазаара ахәҭак азаанаҭеидгылақәа раԥҵареи рырҭбаареи иазикит. Хыԥхьаӡара рацәала иаԥҵаз азанааҭеидгылақәа реидкылара дашьҭан. Аха игәҭакқәа зыҟамлеит. «Пульмановтәи ақәгыларақәа» рхыбгалара ашьҭахь – усҟантәи аамҭазы уи зегьы иреиҳаз амассатә қәгыларан, Дебс фымз иқәҵаны дҭаркуеит. Аӡбарҭаҿ уи дихьчон еицырдыруаз адукат Кларенс Дерроу. Дерроу (иара убасгьы америкатәи асоциал-демократцәа рԥыза Виктор Бергери) иоуп Дебс асоциалисттә ҵара дадзыԥхьалазгьы. Абахҭаҿ Едвард Беллами, Роберт Блетчфорд, Карл Каутски, Карл Маркс, асоциалистцәа русумҭақәа дрыԥхьон, Дебс еиликаауа далагеит, азаанаҭеидгыла ахаҭа, аполитикатә дгылара змам, аусуцәа рықәԥара аҟны ацхыраара дук аҟаҵара шзалымшоз. Раԥхьа Асоциал-демократиатә, анаҩс Еиду Америкатәи Аштатқәа Рсоциалисттә партиа аиҿкааҩцәеи аԥҵаҩцәеи ируаӡәкыз Дебс атәыла акәакьқәа акыр дырҭааны асоциализм атемала алекциақәа дрыԥхьон. 1904, 1908, 1912, 1920 - тәи ашықәсқәа рзы Иуџьин Дебс Америка Асоциалисттә партиа аҟнытә кандидатс дықәдыргылоит, Еиду Америкатәи Аштатқәа апрезидент иалхрақәа рзы алхратә компаниа аан. 1904 шықәса рзы акандидат Дебс 20-нызқьҩык рҟынӡа алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит. 1908 шықәса рзы Дебс 500-нызқь инарзынаԥшуа абжьқәа иоуит. Аха апартиа иреиӷьыз алҵшәақәа аанарԥшит 1912 шықәса рзы апрезидент иалхрақәа раан, усҟан Дебс 901.551 бжьы иоуит – ари ишьақәнаргылеит 6% алхыҩцәа рыбжьы, абра иҳәатәуп ари иреиӷьыз лҵшәаны ишыҟаз «ахԥатәи апартиа» акандидат изы, америкатәи алхрақәа рымҩаԥысрақәа зегь раан. 1920 шықәса рзы Дебс икандидатура даҽа зныкгьы иқәыргылан, уи аамҭазы иара ашпионаж азы азакәан аилагаразы ахара идҵаны дышҭакызгьы, 913.664 бжьы иоуит – ари Асоциалисттә партиа акандидат изы зегьы иреиҳаз хыԥхьаӡаран алхрақәа рҭоурых аҟны. Анаҩс, 1921 шықәса рзы Дебс аполитика маҷк дацәхьаҵны агитациатә ус, асоциализм аларҵәара иазырхаз дазхьаԥшуеит. Иԥсҭазаара далҵаанӡа иара Америка ныҟәаҩык иаҳасаб ала дакәшон, уи аан иашьа Теодор Дебс идгылара иазырхаз алекциақәа мҩаԥигон. Иԥсҭазаара зегьы Дебс аԥара даргәаҟуан, ихазы, аиҿкаара азы, насгьы апартиатә газеҭи ажурнали рҭыжьразы, урҭ редакторцәас иаман иашьеи иареи. Абарҭқәа зегьы ракәын иара ирҳауаз зегьы зыхҭниҵоз. Азанааҭеидгыла ауалқәа раркразы Дебс иара ихьӡала акредитқәа анигозгьы ыҟан. Дебс иҳәамҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] «Иҟанаҵы иреиҵаӡоу акласс – сара урҭ срыҵаркуеит, иҟанаҵы ацәгьоуцәа – сара урҭ сыруаӡәкуп, аӡәы заҵәык иԥсы абахҭаҿы иҟанаҵы – саргьы схы сақәиҭым». Мшаԥымза 21, 1918 шықәса рзы – агазеҭ «Нью-Йорк колл» аҟны Дебс «Урыстәылатәи ареволиуциа аԥсы» захьӡыз астатиа икьыԥхьит, уа аусуцәеи, анхаҩцәеи, абольшевикцәеи – Урыстәыла ареволиуциа азаазгаз – дырзышәаҳәоит. «Ареволиуциа алахьынҵа зеиԥшразаалакгьы, – иҩуан Дебс, – уи амца зыӷроу аԥсы ԥсра ақәым, уи адунеи зегьы лашарала, хақәиҭрала, бзиабарала иарҭәуеит». Цәыббрамза 4, 1920 шықәса рзы. агазеҭ «Нью-дей» аҟны апрезиденттә алхратә компаниа аан Дебс иҩуан: «Еиҭакрак ҟаларц залшом, гәыԥҩык ауаа ҳтәыла рнапаҟны иҟанаҵы,уи амазара, аресурсқәа, аполитика хылаԥшра арҭонаҵы». Иу. Дебс иԥсҭазаара ахроника[аредакциазура | акод аредакциазура] 1855–1894 шш.[аредакциазура | акод аредакциазура] Абҵарамза 5, 1855 шықәса рзы ақалақь Терре-Хот (Индиана) диит Иуџьин Виктор Дебс. 1875 ш. – Дебс Адәыӷбақәа рымцеиқәҵаҩцәа Рыиашьара ашьаҭаркҩцәеи амаӡаныҟәгаҩцәеи дыруаӡәкхеит. 1875 ш. анҵәамҭазы – ақ. Терре-Хот аҟны иаԥҵаз алитературатә Оксидентал-клуб апрезидентс далхын. 1878 ш. – Ажурнал Адәыӷбақәа рымцеиқәҵаҩцәа Риашьара Амилаҭтә журнал аредактор ицхырааҩыс дҟаҵан. 1879 ш. – адемократцәа ралхратә сиа ала, раԥхьаӡа акәны ақ. Терре-Хот амуниципалитет амаӡаныҟәгаҩыс далхын. 1880 ш. – Адәыӷбақәа рымцеиқәҵаҩцәа Рыиашьара Амилаҭтә хеилак аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩыс дҟаҵан, иара убасгьы ари азанааҭеидгыла ажурнал аредакторс дҟалоит. 1884 ш. – ақ. Терре – Хот аҟнытә адемократцәа рхаҭарнак иаҳасабала, аштат Индиана азакәанԥҵаратә еизара алахәылас далхын. 1885 ш. – Протестк аҳасаб ала Ассамблеиа далҵуеит, избанзар иара игәаанагарала, уи аусзуҩцәа ринтерсқәа рымаҵ ауам. 1892 ш. – Адәыӷбақәа рымцеиқәҵаҩцәа Рыиашьара азанааҭеидгылақәа реизара ду аҟны Дебс азанааҭеидгыла аофициалтә орган – ажурнал аредакторс далырхуеит. 1893 ш., рашәарамза – Дебс Чикаго еиҿикаауеит аихамҩа аусзуҩцәа раԥхьатәи Америкатәи рхеилак. 1893 ш., нанҳәамза – Аихамҩа аусзуҩцәа Америкатәи ахеилак ақәгылара мҩаԥнагоит Аҩадатәи аихамҩа ду аҟны. Уи ақәгылара жәаа мшы ицон. Аихамҩа зтәыз аԥшәмацәа аусуцәа рыдҵақәа зегьы ирықәшаҳаҭхоит. 1894 ш., лаҵарамза – Дебс напхгара аиҭоит аихамҩа аусзуҩцәа рықәгылара ду, уи атәыла 23 еихамҩатә цәаҳәа аҵанакит (Пульмановская стачка). Усҟантәи Еиду Америкатәи Аштатқәа рхада Г. Кливленд идҵала афедералтә архәҭақәа ари ақәгылара рхәаҽит. 1894 ш., рашәарамза 23 – Дебси егьырҭ Америкатәи аихамҩа аусзуҩцәа рхеилак аԥхьагылацәеи ырбаандаҩын, анаҩс, 1895 шықәса, лаҵарамзазы, ахара рыдҵаны ақ. Вудстоктәи абахҭа иҭакын. 1895—1918 шш.[аредакциазура | акод аредакциазура] 1895 ш. абҵарамза 22 – Дебси уи иҩызцәеи Пульмановтәи аихамҩаҟны ақәгыларақәа ицымҩаԥызгоз, ирықәырҵаз рыхганы рхы иақәиҭтәын. 1898 ш. – Дебс Америка Асоциал-демократиатә партиа аԥҵара активла далахәуп. 1900 ш. – Асоциалтә-демократиатә партиа Дебс Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидентс икандидатура ықәнаргылоит. 1901 ш. – Дебс иҩызцәеи иареи Америка Асоциалисттә партиа аԥырҵеит. 1904 ш. – Дебс раԥхьаӡа акәны Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидентс икандидатура ықәиргылоит Америка Асоциалисттә партиа аҟнытә. 1905 ш. – активла далахәуп Еиду Америкатәи Аштатқәа азанааҭеидгылатә еиҿкаара «Адунеи аиндустриалтә усзуҩцәа» (ИРМ) аиҿкаара. 1906 ш. – Ашахтиорцәа Мраҭашәаратәи рфедерациа аԥхьагылаҩцәа Моиереи Хеивуди, ирхарамкәа ауаҩшьра зықәҵаз, дрыдгыланы активла акьыԥхь аҟны анҵамҭақәа ҟаиҵон. 1907–1912 шш. рзы Дебс аус иуеит агазеҭ «Еппил ту ризон» аредактор ихаҭыԥуаҩыс, ақ. Джирарде, аштат Канзас. 1908, 1912 шш. – даҽа зныкгьы Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидентс аҟаларазы икандидатура ықәдыргылоит Америка Асоциалисттә партиа аҟнытә. 1913 ш. – америкатәи архәҭақәа Мексикаҟа алагалара иазынархаз акомпаниа даҿагыланы дықәԥоит. 1914 ш. – Дебс дақәыӡбоит аштат Колорадо, ақ. Лудлоу аҟны ашахтиорцәа рықәгылара бџьаршьҭыхрала ахәаҽра; аусуцәагьы уи иаҿагыларц ааԥхьара рзыҟаиҵоит. 1914–1916 шш. – Иу. Дебс атәыла аҩныҵҟа атурне мҩаԥигеит. Иара убас Европа аибашьрақәа дырҿагыланы ақәгыларақәа мҩаԥигон, ажәларқәа рыбжьара аҭынчра ашьақәгылара дашьҭан. Еиду Америкатәи Аштатқәа Актәи адунеизегьтәи аибашьра аҽазыҟаҵара ианалага, уи аҽазыҟаҵара даҿагылон. 1917 ш. – активла аибашьра иаҿагылоз акомпаниа мҩаԥигон, Еиду Америкатәи Аштатқәа ари аибашьра ралахәхара даҿагылон. 1917 ш. абҵарамза – Дебс Урыстәыла аиааира згаз ареволиуциа рыдиныҳәалоит. Ари аиааира ала ибон аибашьра ахыркәшара, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны асоциалисттә ҵысра аӷәӷәахара. 1918 ш., мшаԥымза 21 – агазеҭ «Ниуи-Иорк колл» аҟны Иу. Дебс астатиа «Душа русской революции» икьыԥхьуеит. 1918 ш., рашәарамза 16 – Иуџьин Дебс еицырдыруа иқәгылара мҩаԥысит асоциалистцәа реизара ду аҟны, ақ.Кантоне, аштат Огаио аҟны. Абарҭқәа рышьҭахь иаарласны Дебс дҭаркуеит, даҽа аамҭак анаҩс, иара иқәгыларақәа рзы, америкатәи акапиталисттә система ақәыӡбаразы, урыстәылатәи абольшевикцәа рықәгыларақәа рыдгыларазы, аштат Огаио, Кливлендтәи Афедералтә Ӡбарҭа, Иуџьин Дебс жәашықәса иқәҵаны дҭанакуеит. 1919—1926 шш.[аредакциазура | акод аредакциазура] Иуџьин Дебс Аҩны шкәакәа аанижьуеит иаарласны, абахҭа аҟынтә даноурыжь ашьҭахь, 1921 шықәса рзы. 1919–1920 шш. – Аштат Џьорджиа, ақ.Атланта афедералтә бахҭа аҟны даныҟазгьы акорреспонденциақәеи астатиақәеи рыла дықәгылон, урҭ пальмертәи аполициатә реидқәа ирықәыӡбон. 1920 ш., лаҵарамза – Иуџьин Дебс абахҭаҟны иҭаауеит Америка Асоциалисттә партиа аофициалтә хаҭарнакцәа, иагьиҳәоит рпартиа аҟнытә Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидентс икандидатура ақәыргылара дақәшаҳаҭхарц. 1920 ш., жьҭаарамза 2 – Дебс агазеҭ «Нью-дей» аҟны астатиа «Бомба на Уолл-стрите» икьыԥхьуеит, уи аҟны иара америкатәи акапиталисттә система, ауаҩи ауаҩи ахәура иахьҭеибацало, аибашьреи азини реиҟарамра системаны иахьыҟоу дақәыӡбоит. 1920 ш., ԥхынҷкәынмза – агазеҭ «Нью-дей» аҟны иикьыԥхьыз астатиа «До и после» аҟны Иу. Дебс ҩ-партиакны иҟоу абуржуазиатә система акласстә ҵакы атәы дазааҭгылоит: ареспубликатәи аполитикатәи партиақәа – ари акапиталисттә партиоуп, уи финансла еиқәнаршәоит, насгьы иахылаԥшуеит акапиталистцәа дара рхатәы ҭахрақәа рзы ҳәа. 1921 ш., ԥхынҷкәынмза 26 – америкатәи аҳәаанырцәтәи апрогрессивтә еилазаара апрезидент Гардинг иқәымчрақәа ирылҵшәахеит Дебс иҿҳәара аанӡа абахҭа аҟынтә иоушьҭра, аха уи америкатәи атәылауаҩра имхын. Дебси Гардинги реиқәшәара Аҩны шкәакәа аҟны имҩаԥысит. 1921 ш., ԥхынҷкәынмза 28 – Дебс иҩныҟа, иқалақь гәакьа Терре-Хотҟа дгьежьуеит, ара иара зықьҩыла ауаажәларреи аусуцәеи иԥылеит. Абахҭа ашьҭахь Дебс игәабзиара уашәшәырахеит. 1922 ш., хәажәкырамза – Дебси «Белл Синдикати» аиқәышаҳаҭра рыбжьарҵеит Атлантатәи абахҭа аҟнытәи аԥсҭазаара атәы еиҭазҳәоз жәаҩа статиа рыҩразы. Иара инапы зҵеиҩыз аиқәышаҳаҭра неигӡеит, аха «Белл Синдикат» аиқәышаҳаҭра аҵыхәтәанынӡа иазынамыгӡеит. Уи иакьыԥхьыз астатиақәа жәба роуп. Дебс иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ауп егьырҭ астатиақәа анкьыԥхьхаз. 1922 ш., хәажәкыра 24 – акьыԥхь аҟны ицәырҵуеит Дебс истатиа америкатәи аусуцәа «аҵыхәтәантәи рдоллар» ахҭнырҵарц Асоветтә Урыстәыла адгылара аҭаразы, уа ҭыԥ змаз аарҩара иахҟьаны акыр араионқәа рҟны амлакра ҟалеит. 1922 ш., лаҵарамза 19 рзы – даҽа зныкгьы Америка иқәынхо рахь ааԥхьара ҟаиҵоит имлагоз Асоветтә Урыстәыла ауааԥсыра ацхыраара рырҭаразы. 1922 ш., жьҭаарамзазы – Дебс астатиа икьыԥхьуеит, уа иаҳәоит иара игәы шыбзиоу, насгьы аусуцәа рыкласс амҵ аура дшазыхиоу. 1923 ш. – Аусуцәа рзанааҭеидгылатәи рсоциалисттәи ҵысра алахәхара, атәыла аҟны аныҟәарақәа, алекциақәа рыла ақәгыларақәа, аусуцәа азанааҭеидгылақәа акны рыҟаҵара атәы зҳәоз иқәгыларақәа мҩаԥысуан. 1923 шықәса анҵәамҭеи 1924 шықәса алагамҭеи рзы Дебс, игәабзиара акыр ишыуашәшәырахазгьы, иара иуаажәларратә усура иациҵоит. 1924 ш., Ажьырныҳәамза 22 рзы, Дебс В. И. Ленин иԥсра ақәҿиҭуеит абас еиԥш иҟаз ажәақәа рыла: «Ленин ари даара зыхшыҩҵак ҳаракыз уаҩын… Уи изызҳауа абиԥара ргәалашәара аҟны даанхоит ҳәынҭқарратә усзуҩны, дфырхаҵан, аусуцәа рзинқәеи рхақәиҭреи ирзықәԥоз иакәны». 1926 ш., жьҭаарамза 20 рзы Дебс иԥсҭазаара далҵуеит, анышә дамардоит ақ. Терре-Хот. Аинтерес зҵоу афактқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Виктор Иуџьин Дебс 1918 шықәса рзы Чикаго аибашьра иаҿагылоз ажәахә ала дықәгылоит. 1920 шықәса лаҵарамзазы Дебс абахҭаҟны даныҟаз иҭаауеит Америка Асоциалисттә партиа аофициалтә хаҭарнакцәа, иагьиҳәоит рпартиа аҟнытә Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидентс икандидатура ақәыргылара дақәшаҳаҭхарц. Уи еиԥш ажәадгала иара дақәшаҳаҭхеит. Еицырдыруа ашәҟәыҩҩы Курт Воннегут Иуџьин Дебс дишьҭрақәлаҩны ихы иԥхьаӡон (Дебс иԥсҭазаара далҵит Воннегут ԥшьышықәса анихыҵуаз). Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] https://www.britannica.com/biography/Eugene-V-Debs https://www.peoples.ru/state/party/udzhin_debs/. https://www.wikizero.com/ru/%D0%AE%D0%B4%D0%B6%D0%B8%D0%BD_%D0%94%D0%B5%D0%B1%D1%81 https://w.histrf.ru/articles/article/show/diebs_iudzhin Иархивитәиз 2021-02-09 ахь Wayback Machine https://citaty.info/man/yudzhin-debs https://www.wikizero.com/ru/%D0%AE%D0%B4%D0%B6%D0%B8%D0%BD_%D0%94%D0%B5%D0%B1%D1%81 https://ru.knowledgr.com/00033926/%D0%AE%D0%B4%D0%B6%D0%B8%D0%BD%D0%92%D0%94%D0%B5%D0%B1%D1%81 http://anticapitalist.ru/archive/analiz/istoriya/yudzhin_debs_golosujte,_kak_vyi_bastuete._bastujte,_kak_vyi_golosuete!.html Иархивитәиз 2021-09-22 ахь Wayback Machine https://www.sensusnovus.ru/idea/2013/08/11/16961.html https://smekni.com/a/350184/debs-yudzhin-viktor/ https://www.booksite.ru/fulltext/1/001/008/020/971.htm Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Дебс,_Иуџьин&oldid=133526 Акатегориақәа: Еиду Америкатәи Аштатқәа рполитикцәа Антикапитализм 1855 шықәсазы ииз Абҵарамза 5 рзы ииз 1926 шықәсазы иԥсыз Жьҭаарамза 20 рзы иԥсыз Ицәыргам акатегориа: Webarchive ашаблон wayback азхьарԥшқәа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 21:28, 29 жьҭаарамза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%94%D0%B5%D0%B1%D1%81,_%D0%98%D1%83%D1%9F%D1%8C%D0%B8%D0%BD
2024-02-25T19:53:36Z
<urn:uuid:58289b5e-5eb4-45a8-b74b-86e17e0de9e9>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.91
0.8
0.93
15
23,122
tlsh:T123D4B4A2AC40CF57D5B3C098CAD18E3558D1680742267231CEC8F4B4164609DEBFCC12AAFAF90B9AB49F1612E163BF156A4AECE921BD6EDB74D340A12D3F34EE139472D69E
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду зегь реиҳа ишьаарҵәыраз аепизодқәа ирхыԥхьаӡалоуп Аԥсны ашьхахыҵырҭақәа рҿы имҩаԥысуаз аидысларақәа, аӷа Кавказ инапахьы аагара алзмыршаз. Анемец фашистцәа Аԥсны алаларазы изыԥшьаргоз аҽазышәарақәа акгьы рылымҵит. Марыхәтәи ашьхахыҵырҭа – Аџынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿы иҭахаз Ар Ҟаԥшь аибашьцәа ргәалашәара иазку ақьашанеи амемориалтә ӷәи © mountain.ru 1942 шықәса аԥхынразы афашистцәа рыр Кавказ ажәылара рҽазыркит, ҭагалан азы рнапаҿы иааргахьан Ҟәыбани Нхыҵ-Кавкази рҵакырадгьылқәа реиҳарак. Аибашьра Аԥсны ашьхахыҵырҭақәа рыҟнынӡа инаӡеит. Ақалақьқәа рҿы ахыхьчаратә ргыларақәеи абомбаҽыԥхьакырҭақәеи рыргылара иалагеит. Ажәылара аанкылан, аӷа Аҟәеи, Гәдоуҭеи, Гагреи инапахьы раагара илымшеит, 1943 шықәсазы – ампыҵахалаҩцәа Кавказ иалцан. Аԥсны ашьхарақәа рҟны имҩаԥысуаз аидысларақәа ирызку аинформациа инарҭбааны иарбоуп Владимир Ԥачлиа ишәҟәы «Аԥсны Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду ашықәсқәа раан» ҳәа хьӡыс измоу аҟны, иара убасгьы, уи аамҭазы Аҟәа инхоз Евгени Чернышиов игәалашәарақәа ибзианы ирныԥшуеит аибашьра Аԥсны ианаҭаз анырра. Иаҳҳәап, уи имшынҵа аҟнытә ҳара иаҳдыруеит аҳаиртә жәыларақәа ирыхҟьаны ааха зауз ртәы, ашьха қыҭа Ԥсҳәы ахьчара шеиҿкааз, иара убасгьы Аҟәатәи амшын баӷәаза ишыхгылаз ахәцәа зҭаз аӷбақәа. Кавказ ажәылара © Кази-Магомеҭ Алиев ишәҟәы ««Едельвеис» азонаҿы» “ Шьыжьы инаркны ақәа аҿыҵышәшәон. Саб арадио аҿеикит. Молотов дҿаҳа-ҿагәо алаҳәара ҟаиҵеит, афашисттә Германиа Асовет Еидгыла ишақәлаз. Ари ажәабжь ҳгәылацәа зегьы иаарылаҩит, арадиорҳәага аҿаԥхьа ауаа рацәа еизеит. Алаҳәара даҿа зныкгьы еиҭаҟарҵеит. Аиҳабацәа ргәы уазыруа ари ажәабжь иалацәажәон. Ҳарҭ ахәыҷқәа ҳакәзар, еилаҳкаауаз ҳәа акгьы ыҟамызт, аха ҳаибашьцәа ҳархыҽхәо – анемеццәа, уажәшьҭа ижәбап шәзықәҳаршәо ҳәа ҳҳәон. Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә Афшисттә Германиа Асовет Еидгыла иақәлеит 1941 шықәса, рашәара 22 рзы шьыжьнаҵы. Уи аҽныҵәҟьа, Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу ахеилак арратә уалԥшьа зду зегьы азеиԥш мобилизациа рыланаҳәеит, Аԥсны зҵазкуаз Аахыҵкавказтәи арратә округгьы уахь иналаҵаны. Аби аԥҳаи арадио ала ажәабжьқәа ирзыԥшуп, Аҟәа, 1941 шықәса © Евгени Чернышиов Рашәара 23, асаҭ 11 рзеиԥш Гагратәи араион иаанацҳауан: амобилизациа иаҵанакуа атәылауаа зегьы, ааԥхьашәҟәқәа рыҭоуп, урҭ Аҟәаҟа ргаразы амашьынақәа хиоуп ҳәа. Рашәара 27 рзы Гагра араион аҿы амобилизациатә план нагӡан. Аԥсны егьырҭ араионқәа рҿгьы амобилизациа убас еиҿкааны имҩаԥган. Арратә санатори, Аҟәа, 1941 шықәса © meshok.net Ԥхынгәы 4 инаркны 19 рҟынӡа, Аԥснытәи авоенкоматқәа рахь 5974-ҩык ауааԥсыра арзаҳалқәа аларҵеит афронт ахь ацаразы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аҭыԥҳацәагьы. Иааизакны Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿы, Асовет ари арра-мшынтә флоти ирылахәны еибашьуан 55,5 нызқьҩык Аԥсны иалҵыз ауааԥсыра. Урҭ рыҟнытә 17430-ҩык рыҩныҟақәа рахь изыхнымҳәит. 22-ҩык иранашьан аҳаҭыртә хьӡы «Асовет Еидгыла Афырхаҵа» ҳәа. 1941 шықәса, жьҭаара 1 инаркны Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рыҟны, 16 инаркны 50 шықәсанӡа зхыҵуа ахацәа зегьы рус иаҟәымҭхкәа арратә ус дырҵара иалагоит. Аԥсны агәабзиарахьчара аусбарҭақәеи Аџьар Ҟаԥшьи амедицина аусзуҩцәа разыҟаҵара рҽазыркит: асанитартә инструкторцәеи амедиаҳәшьцәеи азыҟарҵон. “ Анхамҩатә усбарҭақәа рҟны афатә-ажәтә аиуразы абӷьыцқәа ршара иалагеит. Урҭ рыла ауаҩы иоур илшон ача, ашьақар, аџьыкахыш, уҳәа уб. егь. Зегь реиҳа ихадаз ача акәын. Аус зуаз ирырҭон 800 грамм, арра маҵура иахысуаз – 600, аҩнԥҳәыс – 500, ахәыҷы – 400. Ачатәы бӷьыцқәа рыдкылара иалкааны дәқьанк иадырҵон, уи аҟны акрызҭиуаз аԥҳәыс иахьатәи амш иақәшәоз акупон абӷьыц иамҷҷааны лаҳасабырбазы инлыжьуан. Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә Ақалақьтә Хеилак аӡбарала, аҵагаларақәа 22 абомбаҽыԥхьакырҭақәа рылырхит. Иара убасгьы, идыргылап ҳәа ргәы иҭан даҽа 11 абомбаҽыԥхьакырҭа – аҳауатәи ахимиатәи жәыларақәа рыҟнытә ауааԥсыра рыхьчаразы. Аԥсны, аҳәаақәа ирзааигәаз ареспубликақәа зегьы рыҟнеиԥш, арратә ҭагылазаашьа рылаҳәан. Аҟәа иаларыжьыз анемц рҭҟәацгақәа руак, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭак © Наала Аҩӡԥҳа “ Арепродуктор ала ақалақь иалыҩуан аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа. Ажәлар еизаны уи иазыӡырҩуан. Ауааԥсыра ргәы иаанагон, иаарласны анемец ир ҵҟьа-шәҟьа иқәҵахоит ҳәа, аха раԥхьатәи ажәабжьқәа инадыркны еилыркааит уи ус ишымариамхоз. Афашистцәа арҭҟәацгақәа ҳалажьра иалагоит, ҳақалақьқәа рнапахьы иааргар рҭахуп. Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә Афашисттә Германиа аиҳабыра Кавказ аҵакырадгьылқәа ржәыларазы аплан рымаӡамызт. Аха урҭ ргәы ишҭаз еиԥш иаарласны Асовет Еидгыла рнапаҿы ианырзаамга, Кавказҟа рхы дырхеит. 1941-1945 шықәсқәа рызтәи аибашьра ахсаала © Евгени Чернышиов ишәҟәы «Аԥсны 30-40-тәи ашықәсқәа рзы. Анемецтә авиациа Аҟәа арҭҟәацгақәа аларыжьуеит» аҟнытә. “ Ақалақь аҿы ахҵәацәа рацәахеит. Урҭ рыҟнытә ԥыҭҩык ишрылшоз ала анхара-анҵыра иалагон, егьырҭ – рымҩа иацҵо мрагыларахь ицон. Ирацәаҩын арҭҟаҵгақәа ирыхҟьаны зегьы зцәыӡыз – рҭаацәарақәа, рыҩнқәа. Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә 1941 шықәса, нанҳәа 23 рзы Аахыҵкавказтәи арратә округ еиҭакын Аахыҵкавказтәи арратә фронт ҳәа. Адгылара ҟазҵоз атәылақәа рыр Иран иалалеит, уаҟа аибашьра аналага инаркны Асовет Еидгыла иаҿагылоз апровокациақәа лассы-лассы имҩаԥыргон. Уи, ҳәарада, Асовет Еидгыла аладатәи аҳәаақәа рҿы аҭагылазаашьа хәыҷык еиӷьнатәит. 1941-1945 шықәсқәа рзтәи аибашьра ахсаала © Евгени Чернышиов ишәҟәы «Аԥсны 30-40-тәи ашықәсқәа рзы. Анемецтә авиациа Аҟәа арҭҟәацгақәа аларыжьуеит» аҟнытә 1941 шықәса, цәыббрамза анҵәамҭазы Аԥсны иаԥшьгахоит ахыхьчаратә обиектқәа рыргылара. Уи аус иалахәын ареспубликаҿ инхоз, зхы иахәоз ахацәа зегьы. Аргыларақәа раан инарҭбааны ахархәара рыман арахә зыцрарҳәо атранспорт, еиҳаракгьы аԥсуа уардын. 1941 шықәса, абҵарамзазы Гәдоуҭатәи аҳабла Бамбора аҳаирбаӷәаза аргылара иалагоит. Хара имгакәа араҟа ҭыԥс ирзылырхит аҳаирплан ласқәа. Урҭ хықәкыс ирыман аԥырыҩцәа-аԥшыхәҩыцәа рыҟнытә ажәҩан ахьчара. Аԥырҩы-ажәылаҩ Кьаазым Хәаҭхәаҭ-иԥа Агрба ифотосахьеи, ианашьаз аҳаҭыртә бӷьыци, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭа © Наала Аҩӡԥҳа 1942 шықәсазы аҳаирплан «Иункерс-88» хҩык анемец ԥырҩцәа-аԥшыхәҩцәа зықәҭәаз, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны Гәдоуҭатәи араион аҟны итәар акәхеит. Ибналаз аԥырҩцәа хәымш ирышьҭан, аҵыхәтәан ирыԥшааит, иагьырытҟәеит. Анаҩс, аибашьра цонаҵы, аӷа Аԥсныҟа иааишьҭуан адиверсиатә гәыԥқәа, урҭ реиҳараҩык мраҭашәараҟа ицаз аурыс емигрантцәа ракәын. Анемец ҳаирпланқәа «Иункерс-88» © luftwaffephotos.com Асовет Еидгыла аиҳабыра агәаанагара рыман, анемеццәа мшынла Кавказ иажәлоит ҳәа, убри азгьы амшынтә-десант азырҟаҵарҵеит. Аха анемец ир шьаҟарла Кавказ иақәлеит. Аӷа игәҭакқәа еилкаахеит 1942 шықәса, рашәарамза анҵәамҭазы. Уи нахыс Ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыра акаҵәарақәа рыхьчараз аусмҩаԥгатәқәа ирылаган. 1942 шықәса, нанҳәамзазы Клыхәратәи ашьахыҵырҭа рыхьчон актәии, аҩбатәии ахысратә ротақәа, аминаршәгатә ҟәыра, ҩ-сапиор ҟәшак – иааизакны 218-ҩык ауааԥсыра, бџьарла иуԥхьаӡозар – 189 аурысшәақьқәа, 14 автомат, амина аршәгақәа 4, аӡы аҵаҟа ихысуа абџьарқәа 8. Ашьха ҩадахьалатәи албаараҿы ихадоу амҩа азырхиаратә усқәа заҵәык ракәын имҩаԥгаз. Еиҿкаан абарҭ аҭыԥқәа рыхьчара: ашьхахыҵырҭақәа – Клыхәра, Хьымца, Цагаркар, Чамашьха, Доу; ашьхақәа – Аӷәра, Ахцәырҩа, Быгьырцҳа, Дхзышра; ақыҭақәа – Чхалта, Захаровка. Иааизакны ахьчаратә операциа иалахәын 1890-ҩык ауаа, аурысшәақьқәа 1263, аӡы аҵаҟа ихысуа абџьарқәа 69, апулемиотқәа 14, аминаршәгақәа 35, автоматқәа 79, атанк аҽацәыхьчаратә бџьарқәа 20. Ус шакәызгьы, ахьчарада инхеит ашьхахыҵхырҭақәа Санчареи, Дамхәырци, иара убасгьы акырзҵазкуаз ашьхахыҵырҭатә мҩақәа, Нхыҵ-Кавказынтәи Аԥсныҟа иаауаз. Left Right Кавказ агаразы аибашьра © encyclopedia.mil.ru Ашьхахыҵырҭаҿы иԥшааз Ар Ҟаԥшь аибашьҩы ихатә маҭәахәқәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭа © Наала Аҩӡԥҳа Ашьхахыҵырҭаҿы иԥшааз Ар Ҟаԥшь аибашьҩы ихатә маҭәахәқәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭа © Наала Аҩӡԥҳа Нанҳәамза аҽеиҩшамҭаз анемец ар иаԥшьанагоит Пиатигорски, Моздоки, Тҟәаԥси ржәылара. Уи аамҭа инақәыршәаны иажәлеит Ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыра ахыҵырҭақәа. Кавказ анапаҿы аагаразы аоперациа афашисттә Германиа аиҳабыра хьыӡ ҷыдас иарҭеит «Едельвеис». “ Асқьалахьы аӷбақәа кыдгыло иалагеит. Урҭ ирҭыҵуаан ахәыҷқәа рааӡарҭақәа рыҟнытә иаашьҭыз ахәыҷқәеи, ааха ӷәӷәа змаз аибашьцәеи. Урҭ зегьы адәыӷба авокзал ахь иргон, уаантәи – иарбаз аҭыԥқәа рахь. Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә Аӷа гәҭакыс иман Санчартәи, Клыхәратәи, Марыхәтәи ашьхахыҵырҭақәа дырхысны Аҟәеи, Гагреи, Гәдоуҭеи инапаҿы раагара. 1942 шықәса, нанҳәамзазы анемец ашьхахысратә дивизиа «Едельвеис» ашьхахыҵырҭақәа Клыхәреи Наҳари рнапаҿы иааргеит. Анемеццәа, ашьхаратә мҩахәасҭақәа ирныланы, асовет солдаҭцәа рыхьчаратә ргыларақәа ирывсны, ртыл ала инеиуеит. Аҭоурых излаҳәо ала, амҩақәа рыԥшааразы, анемеццәа ауасақәа раԥхьа иргыланы инарцон – арҭ аҭыԥқәа ибзианы издыруаз арахә, уадаҩрада амҩа рыԥшаауан. Нанҳәа 15 инаркны 19 рҟынӡа ашьхахыҵырҭақәа Клыхәреи Наҳари рҿы имҩаԥысуаз аидысларақәа рҟны асовет арр иацәыӡит 239-ҩык аибашьцәа, 34-ҩык ахәра роуит, хҩык – хабарда ибжьаӡит. Ус шакәызгьы, анемццәа ражәылара аанкылан, аидысларақәа ишырҿыц иаҿын. Вермахт ашьха шәарахҭҵааҩцәа Кавказ ашьхарақәа рҿы © photochronograph.ru “ Ажәҩан аҟнытә илеиуаз аԥҽыхақәа рҽырцәырыхьчарц азы, адәахьынтә ԥыҭҩык ауаа гәыҭҟьа-ԥсыҭҟьаха ҳаҩны иааҩнаххит. Аԥенџьыр аҟнытә даҳбон ҭакәажәык, лкьатеиқәа иҭыҵы, лымгәа иадырӷәӷәаланы ишылкыз. Ҳазегьы уи ҳлыхәаԥшуан, аха ҳлыцхраартә алшара ҳамамызт. Евгени Чернышиов игәалашәарақәа зну ашәҟәы аҟнытә 1942 шықәса, нанҳәа 15 рзы анемццәа раԥхьаӡа акәны ҳаир бџьарла Аҟәа иалахысит. Аӷбеи, абаржеи, аканџьеи ӡаадырҟәрылеит. Иҟан иҭахазгьы ихәызгьы. Уи нахыс анемеццәа лассы-лассы Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭарақәеи ирылахысуан. Аҟәа алахысра ахҟьа-ԥҟьақәа © Анзор Агәмаа иархив Нанҳәа 25 рзы анемеццәа иаԥшьыргеит Санчартәи ашьхахыҵырҭаҿгьы ажәылара. Урҭ ирылшеит аиланхарҭа хәыҷы Санчара (ақыҭа Псхәы аҵкараҿ иҟоу). Ақыҭауаа ршәақьқәа рыманы аӷа иҿагылеит, аха аиааира рзымгеит: абжаҩык бналеит, инхаз рабџьар рымхын. “ Сашьа Мартыни сареи, иара убасгьы ҳгәылацәа П. Захарови, П. Семененкои ҳаарыԥхьеит ақытсовет ахь. Уаҟа абџьар акра зылшоз зегь еизеит. Ақыҭа аиҳабыра дҵас иҳарҭеит, Ар Ҟаԥшь аиаанӡа анемец еибашьцәа рынкылара. Шәақьк ҩыџьа аибашьцәа ирыздырхон, 15 патрон нацҵаны. Убарҭ аамҭақәа рзы Ԥсҳәы ақыҭа инхоз игәалашәарақәа, А. Бобров ишҟәы «Ԥсҳәы амаӡақәа» ианылаз Анемеццәа ибзиаӡаны ирдыруан Аԥснытәи ашьхақәа рҿы иалдоу амҩахәасҭақәеи, ашьахыҵырҭақәеи. Аибашьра алагаанӡа, аԥсшьаҩцәа раҳасабала акырынтә Аԥсны иаҭаахьан, аратәи аҭыԥқәа ҭырҵаахьан. Убас, Ԥсҳәы инхоз Александра Шьепкина сасра длызнеит анемец ар аобер-леитенант, ашоколад ҳамҭас илиҭеит: «Ҵыԥх шәқыҭаҿы ҳаныҟаз акартош хааӡа иахьаҳҿашәҵаз азы» ҳәа лаҳәаны. Аибашьраҿы ахархәара змаз амаҭәахәқәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭа © Наала Аҩӡԥҳа Нанҳәа 27 рзы анемеццәа Ԥсҳәы иалсны Гәдоуҭа аганахь албаара рҽазыркит. Ақыҭарақәа Аҷандареи Ааци ианырзааигәаха, аҿагылара ӷәӷәа рыҭан. Иӷәӷәаз аидысларақәа мҩаԥысуан Марыхәтәи ашьхахыҵырҭаҿы. 1942 шықәса, цәыббрамза алагамҭазы аинрал Константин Леселиӡе командаҟаҵаҩыс дызмаз 46-тәи ар ажәыларахь ииасуеит, аӷа иҟнытә Ԥсҳәы ахы иақәиҭыртәуеит. Жьҭаарамза аҽеиҩшамҭаз Ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыра акаҵәарақәа рҿы асду леиуеит: уи аҵаулара ҩ-метрак инаӡон. Аибашьра амҩаԥгара залшомызт. Ашьхахыҵырҭақәа рахь афатә-ажәтәи абџьари рнагара. Афотосахьаҿы: аҽқәа рчаландар амҩаԥгаҩцәа – В. Смыр, В. Церекиӡе, Б. Ториунов, афото С. Короткова, 1942 шықәса © climbing.ru 1943 шықәса, ажьырныҳәамза азбжаразы афашисттә Германиа аиҳабыра ирыӡбеит, анемец еибашьцәа Ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыра акаҵәарақәа рыҟнытә ралгара: ишәон, Сталинградтәи аибашьра ду аҟны иаҵахар, урҭ амацәаз иҭакны инхар ҳәа. Афронт еиҳа-еиҳа Аԥсны иацәыхарахон. Асовет Еидгыла зегьы азы Кавказтәи ахырхарҭаҿы аиааира агара, ҳәарада, аполитикатә, арра-стратегиатә ҵак ду аман. Анемеццәа Кавказ рнапаҿы аагареи, анаҩс – Мрагылара Ааигәеи Абжьаратәи Мрагылареи рахь анеиразы ирымаз агәҭакқәа ԥыххаа ишьҭаҵан. Еиқәырхан анефт ахьыҵырхуаз ақалақьқәа – Грозныи, Бақәа, убасгьы Амшынеиқәатә флот. Асовет еибашьцәа ирылшеит Каспиатәи амшын ала Иранҟеи, Персиатәи аӡыбжьахалеи рахь ицоз амҩақәа раркра. «Асовет Еидгыла Афырхаҵа» ҳәа аҳаҭыр ҳьӡы рыхҵоуп: Арутиун Чакриан, Нои Адамиа, Ражьден Барцыц, Николаи Ходосов, Николаи Бериа, Владимир Очаленко, Георги Дермановски, Мигран Бастанджиа, Михаил Сахненко, Давид Таваӡе, Витали Попков, Владимир Ҳаразиа, Борис Гарин, Ерванд Гараниан, Николаи Редькин, Иван Зубков, Варлаим Габлиа, Иасон Кәакәасқьыр, Мелитон Кантариа, Арутиун Мелетиан, Иарослав Иосселиани, Константин Гонтарь. Left Right Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду алахәцәа: Мелитон Кантариа, Андроник Миносиан, Мери Аҩӡԥҳа © ok.ru Асовет Еидгыла Афырхаҵа Владимир Ҳаразиа ианашьаз аиаҵәеи, ифотосахьеи, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭа © Наала Аҩӡԥҳа Аинрал Ҳаразиа Ҳасан Лагәсҭан-иԥа ипарад маҭәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Музеи аекспозициа ахәҭа © Наала Аҩӡԥҳа Аорден Ахьӡ-Аԥша («Асовет Еидгыла Афырхаҵа» иаҟараны иԥхьаӡоу) ранашьан Иван Уанаҿа, Иродион Ҵулаиа, Арут Шушаниан Left Right Аиааира Апарад, лаҵарамза 9, Аҟәа, 2016 шықәса © Наала Аҩӡԥҳа Аиааира Апарад, лаҵарамза 9, Аҟәа,2016 шықәса © Наала Аҩӡԥҳа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа © Наала Аҩӡԥҳа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа © Наала Аҩӡԥҳа © Атекст автор - Асҭанда Арӡынԥҳа, аредактор – Ольга Солдатенкова, абильд-редактор – Наала Аҩӡԥҳа, аредактор хада – Амина Лазԥҳа
https://www.abaza.org/abk/apsny-ashkharach-imyuapysuaz-aidyslarakua-ajynjtylat-eibashra-du-atourykh-akynt
2024-02-25T07:51:45Z
<urn:uuid:0174e414-6118-4483-be3d-67b5af6565d8>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.85
0.98
79
24,494
tlsh:T163BFFDB2AA40CB8FC6B3C559CF9289356CD16D434262B220CEC6F4B56646058EFFCC13EAFAE8058A649F1122D122BE216A0EFCE914BD7BE7719200A16D3F79DD27A435D69F
Фиодор Михаил-иԥа Достоевски (аур. Фёдор Михайлович Достоевский; жьҭаарамза 30 (абҵарамза 11), 1821 ш., Москва — ажьырныҳәамза 28 (жәабранмза 9), 1881 ш. Ажьырныҳәа 28, 1881, Санкт-Петербург) — аурыс ашәҟәыҩҩы, афилософ. Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Достоевски адунеизегьтәи алитератураҿы иналукааша ашәҟәыҩҩцәа дыруаӡәкуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Зегь раԥхьа иргыланы, уи ироманқәа «Ацәгьауреи ахьырхәреи» (1866) «Аишьцәа Карамазааи» (1880) рыбзоурала XX ашәышықәсазы афилософиатә хәыцра, ҷыдала, аԥсихоонализи аекзистенциализми аҿиараҿы крызҵазкуа акакәхеит. Уи адагьы, Достоевски илитературатә хаҿсахьа ӷәӷәақәа анырра дуӡӡа рырҭеит Франц Кафка еиԥш иҟаз уи аамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа. Кроме того, сильные Иуадаҩыз ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара цәаныррала, доуҳала игәҽыз, адоуҳаи ацәеижьи ахаанаахыс ирыбжьоу ақьырсиантә еимакы зныԥшуа, ифырхацәа бзиабарала раарԥшра илнаршеит. Достоевски Москва абжьаратәи акласс иаҵанакуаз аҭаацәараҿы далҵит изҳауан. Иҳақьымыз иаб, тиранын, иан ԥҳәыс татан, анцәа дхалҵон, лыԥсҭазаара далҵит Достоевски 16 шықәса ихыҵаанӡа. Аҷкәын қәыԥш аҩны имаз аҭагылазаашьа бааԥс далацәцарц азы ашәҟәыԥхьара бзиа ибаны ихҭаикит. Ҷыдала игәаԥхон Гогольи, Гофмани Бальзаки рырҿиамҭақәа. Достоевски иаб игәаԥхарала анџьныр ус иҵон Санкт-Петербург. Ҽнак, ахәыҷқәа ашкол аҿы ианыҟаз иаб имаҵуҩцәа дыршьит иаҳтынраҿы. Достоевски, шамахамзар, игәалашәаӡомызт, иаб дшыршьыз атәы. Зигмунд Фреид ароманист имаз аепилепсиа гәынхәҵысҭала иаб иԥсра дахьазхәыцуаз ихы иавибоз иахылҵуазар ҟалоит ҳәа игәы иаанагон. Акритикцәа разхаҵарала «Ацәгьареи ахьырхәреи» – шедевруп, ари ароман аҿы Достоевскии ишьҭихуеит ахьырхәра апроблема уи ауаҩы гәаҟрыла ихихыр шауа. Алитературатә критикцәа ароманист инарҵауланы ҩныҵҟала ауаҩы иҭҵаара дашьҭан, ауаҩытәҩса ицәанырра ахкқәа зегьы раарԥшразы – илаҟәӡоу аҭахрақәа инадыркны иҳараку адоуҳатә цәаныррақәа рҟынӡа. Раԥхьа инаргыланы, иара дазҿлымҳан ауаҩытәҩса ахаанаахыс дзышьҭоу – Анцәеи ихи реилкаара. Достоевскии аҵыхәтәантәи ироманқәа ируакхеит ҭаацәарак рытрагедиа аазырԥшуа «Аишьцәа Карамазаваа» 1880 ш. Ароман аҿы ԥшьҩык аԥацәа руаӡәык иаб дишьуеит. 1881 шықәса азы «Аишьцәа Карамазоваа» ароман даналга анаҩс мызқәак рнаҩс иԥсҭазаара далҵит, иара иҩны Санкт-Петербург. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Авикимедиаҿ еизгоуп абри атема иазку афаилқәа: Фиодор Достоевски Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Достоевски,_Фиодор_Михаил-иԥа&oldid=113906 Акатегориақәа: Урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа 1824 шықәсазы ииз Абҵарамза 11 рзы ииз 1881 шықәсазы иԥсыз Жәабранмза 9 рзы иԥсыз Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 10:59, 12 рашәарамза 2021. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%94%D0%BE%D1%81%D1%82%D0%BE%D0%B5%D0%B2%D1%81%D0%BA%D0%B8,_%D0%A4%D0%B8%D0%BE%D0%B4%D0%BE%D1%80_%D0%9C%D0%B8%D1%85%D0%B0%D0%B8%D0%BB-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-02-26T11:14:10Z
<urn:uuid:80e881ad-ef49-4378-ab91-40dab940a857>
[ "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.89
0.93
0.96
15
5,178
tlsh:T1300FA4B1AC80DB4BC5B3D559CA928A351DE1280383527325CEC5F8B4154249CFFFCD136AFAF80A9AB0AF1115E622AE14BA59FCED417E6BE731D204A62C6F35DA13C836D25F
Кьыҵа (Константин) Хабыгә-иԥа Ачба (аур. Кица Х. Ачба; хәажәкырамза 16, 1918 ш., Ԥақәашь ақыҭа, Очамчыра араион — хәажәкырамза, 1984 ш.) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы. Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Диит 1918 шықәса хәажәкырамза 16 рзы Ԥақәашь ақыҭа Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 1984 шықәса хәажәкырамза мзазы. Джуп Аҟәа. ԥақәашьтәи ақыҭа школ даналга 1935 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә училишьче. Далгоит 1939 шықәсазы. Иара абри ашықәсан арратә маҵуархьы иԥхьоит. Уаҟа уи дрылгеит еиуеиԥшым арратә ҵареиурҭақәа. Далахәын аҩбатәи адунеитә еибашьра. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1939 шықәсазы. Абиблиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Ашлацқәа. Аҟәа, 1968 шықәса. Ҭагалан. Аҟәа, 1986 шықәса. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 917 Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Ачба,_Кьыҵа_Хабыгә-иԥа&oldid=111435 Акатегориақәа: Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Ачаа 1918 шықәсазы ииз Хәажәкырамза 16 рзы ииз 1984 шықәсазы иԥсыз Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 22:24, 11 мшаԥымза 2021. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%87%D0%B1%D0%B0,_%D0%9A%D1%8C%D1%8B%D2%B5%D0%B0_%D0%A5%D0%B0%D0%B1%D1%8B%D0%B3%D3%99-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-02-26T02:15:53Z
<urn:uuid:7b61cef9-9711-4efe-99ba-61e5873533f3>
[ "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.77
0.86
0.92
14
2,307
tlsh:T1E877D741BE80DB4BC2B2D0C48D908C6D4AE17C5206627771CE96B0F72F160ECE7BDD02A6E8E4184671BB16218256DD14ED4AFCE9657D5EC721E280827E6D7CEE17A073E6DF
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара Аус ҳуеит ашәарҭадареи, агәрагареи аиҭашьақәыргыларазы Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшратә миссиа ҳауп. 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала аибашьра аҟәыҵра иазкны аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь ҳара ҳмиссиа арахь&nbsp;иаашьҭын. Аҧыҧшра 24/7 Амиссиа ахатәы аусура 2008 шықәса цәыббра мза ианалага инаркны, ҳара инаҳагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара, Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧсни административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ираҳҭоит, Европатәи аполитика иазааигәоу аилазаашьақәа Қырҭтәылеи, арегиони рҿы рхатәы политика ашьақәыргылараҿы ацхыраара раҳҭоит. Аибашьратә хҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара Ҳара ҳприоритетқәа аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара аҭареи, Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа азааигәара инхо ауаа ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи, еиҿагылоу аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылареи, Қырҭтәылеи, арегиони ирызкны Европатә аполитикатә ҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Аганқәа рыбжьара адырраҭара аиҭныҧсахлара Аидыслара ма ашәарҭадара иазку, ма егьырҭ азҵаарақәа цәырҵыр, ҳара аҭагылазаашьа аилкааразыи, аибарххара ма аиҿыхара аҽацәыхьчарази ацхыраара раҳҭоит аганқәа адырраҭара аиҭныҧсахлараҿы. English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом. Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://eumm.eu/ab/new_media_gallery/-x58mergnnkjps3nt
2024-03-01T00:40:21Z
<urn:uuid:1f52d016-9534-4656-ac42-b1ffff17113f>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.85
0.99
27
6,705
tlsh:T1B51D2AD14544CB4BC173D4A9CA818F386CE26D578212B270CD8EF5B21685059EFFCC139ABAE8015B70EB1911D121BF10690AECDA687DBBE7B04240B65E3E7CDD276576C5AE
ОБСЕ (англ. OSCE — Organization for Security and Co-operation in Europe , афр. Organisation pour la sécurité et la coopération en Europe) — Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара. Адунеи аҟны зегь реиҳа идуу регионалтә еиҿкаароуп, иара ашәарҭадара азҵаарақәа анапы алакуп. ОБСЕ еиднакылоит 57 тәыла, Аҩадатәи Америкеи, Европеи, Агәҭатәи Азиеи рҟны иҟоу. Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара (ОБСЕ) еиҿкаан нанҳәамза акы, 1975 шықәса рзы Финлиандиа, Хельсинки ақалақь аҟны, уи 35 ҳәынҭқарра рхадацәа алахәын уи аҽны рнапы аҵарҩит Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аилатәара Ахыркәшаратә акт. Аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура] «Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара» аԥҵан еснагь аус зуа жәларбжьаратәи афорум европатәи аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа зегьы злахәу (Албаниеи Андорреи уахь иаламҵакәа), иара убасгьы Еиду Америкатәи Аштатқәеи Канадеи рыбзоурала, уи ахықәкы хада Европа арратә еиҿагыларақәеи ашәарҭадара арӷәӷәареи роуп. Аиҿкаара аԥҵаразы аилатәара х-етапкны имҩаԥысуан[аредакциазура | акод аредакциазура] 1. Ԥхынгәымза 3 инаркны 7-нӡа – Хельсинки – Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реилатәара; 2. Цәыббрамза 18, 1973 шықәса – ԥхынгәымза 21, 1975 шықәса – Женева – Ахыркәшаратә акт атекст аиқәыршаҳаҭра, арҽеирақәеи ажәалагалақәеи рыдгалара; 3. Ԥхынгәымза 30 – нанҳәамза 1, 1975 шықәса Финлиандиа аҳҭнықалақь Хельсинки аҟны 35 ҳәынҭқарра – ашьаҭаркыҩцәа рнапы аҵарҩит Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара Ахыркәшаратә акт (Хельсинктәи аиқәышаҳаҭра). Аиҿкаара аԥҵара аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура] 1975 СБЦЕ ассамит, Хельсинки, Финландиа: Гельмут Шмидт, Ерих Хоннекер, Џьеральд Форд и Бруно Краиски Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара (ОБСЕ) еиҿкаан нанҳәамза акы, 1975 шықәса рзы Финлиандиа, Хельсинки ақалақь аҟны. Уа 35 ҳәынҭқарра рхадацәа рнапы аҵарҩит Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аилатәара Ахыркәшаратә акт. Аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа реизара иаку жәларбжьаратәи аполитика арегион аҟны ааԥхьара азыҟаҵара шьақәзыргыло раԥхьаӡа акәны иҳәан, уи аидеиа Бухарест 1966 шықәса рзы, ОВД аблок иалоу европатәи атәылақәа рсоциалисттә лагер ахаҭарнакцәа рыбжьара. Аамҭак анаҩс ари ажәалагала адгылара арҭеит Франциеи егьырҭ мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәеи. Аха зегь реиҳа ари аус аҟны апозициа ӷәӷәан Финлиандиа. Ари атәыла ауп ажәалагала ҟазҵаз ас еиԥш аиԥыларақәа, иара аҳҭнықалақь Хельсинки амҩаԥгаразы. Заанаҵтәи аконсультациатә етап мҩаԥысуан абҵарамза 1972 шықәса инаркны, ԥхынгәымза 1973 шықәсанӡа. Аицәажәара мҩаԥыргон 33 европатәи ҳәынҭқарра рҟынтә аделегатцәа, иара убасгьы Канадеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи рхаҭарнакцәа. Ари аетап аҟны иаку абжьгарақәа анаҩстәи аусеицура алкаара иазкын, ишьақәыргылан арегламенти, аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы амшхәаԥштә азҵаарақәа. Раԥхьатәи аиԥылара мҩаԥысит ԥхынгәымза, 1973 шықәса рзы. Ари арыцхә инаркны Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара (ОБСЕ) аусуразы аҳасабрбақәа рыҟаҵара азгәаҭан. Ари аетап аҟны аилацәажәара иалахәын Албаниеи Аҩадатәи Америка аҳәынҭқаррақәа ҩбеи рнаҩсгьы, европатәи аҳәынҭқаррақәа рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа зегьы. Иԥшаан ихадароу азҵаарақәа рзын еицырзеиԥшу адыррақәа, уи аныԥшит «Ахыркәшаратә абжьгарақәа» рҟны. Аҩбатәи аетап аҟны, уи Женева имҩаԥысуан цәыббрамза 1973 шықәса инаркны ԥхынгәымза 1975 шықәсанӡа, аиҿцәажәарақәа мҩаԥызгоз атәылақәа ишьақәдырӷәӷәон иаку аусеицуразы еиҳа ихадоу ахәҭақәа, уи иахьынӡауа ала, алахәцәа зегьы ринтересқәа ирықәшәон, насгьы аимак-аиҿак цәырызгоз азҵаарақәа рыла еиқәышаҳаҭхартә аҭагылазаашьа аԥнаҵон. Ахыркәшаратә акт анапаҵаҩра мҩаԥысуан ԥхынгәымза анҵәамҭеи нанҳәамза алагамҭеи рзы 1975 шықәса рзы Хельсинки. Уи аус рхы аладырхәт аиқәышаҳаҭра зыбжьазҵоз 35 тәыла реиҳабыра анапхгара. Алкаатә еиқәышаҳаҭра аофициалтә хьӡы аман «Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аилатәара Ахыркәшаратә акт» (аур. «Заключительный акт СБСЕ») ҳәа, иофициалтәымкәа ари аиқәышаҳаҭра «Хельсинсктәи аиқәышаҳаҭра» ҳәа иашьҭан. Хельсинктәи аиқәышаҳаҭра ахәҭа хадақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Хельсинктәи аиқәышаҳаҭра ахәҭа хадақәа ахыркәшаратә документқәа рҟны официалла иарбан Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра алҵшәақәа. Ара, иара убасгьы, жәларбжьаратәи азинтә еизыҟазаашьақәа апринцип хадақәа жәаба арбан. Урҭ рыбжьара иалкаатәуп европатәи атәылақәа ишьақәгылоу рҳәаақәа рыхмырбгалаеи, ахаламырхәреи апринцип, аҳәынҭқаррақәа реиҟарара, ауаҩы ихақәиҭрақәа рахьтә ихадоу ашьаҭақәа, амилаҭ ахатәы лахьынҵа аӡбаразы амилаҭқәа рзинқәа. Уи анаҩсангьы, аиқәышаҳаҭрақәа аус рыдулан акультуратә, арра-политикатә, азинтә, агәыҳалалратә хырхарҭақәа рыла реизыҟазаашьақәа. Абри инаркны Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Ахеилак лассы-лассы еиқәшәо иалагеит. Аиԥыларақәа мҩаԥысуан Белград (1977–1978 шш.), Мадрид (1980–1983 шш.), Стокгольм (1984 ш.), иара убасгьы Вена (1986 ш.). Зегь реиҳа иалкаатәу еилацәажәарахеит Париж цәыббрамза 1990 шықәса рзы имҩаԥгаз, уи рхы аладырхәт атәылақәа-алахәылацәа рнапхгара ҳаракы. Ари аилацәажәара аҟны ауп иахьрыдыркылаз еицырдыруа Парижтәи ахартиа, уи иабзоурахеит ихьшәашәаз аибашьра ахыркәшара, анапы аҵаҩын бџьарла аиқәыршәаразы аиқәышаҳаҭра, иара убасгьы адокумент аҟны ибжьаҩын ихадараз, анаҩстәи аконсультациақәа рзы аиҿкааратә зҵаарақәа. 1991 шықәса рзы Москва имҩаԥысыз аилацәажәараҿы ирыдыркылеит ауаҩы изинқәа рзы аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи азакәанқәа хазырҭәаауа ақәҵара. 1992 шықәса рзы Хельсинки имҩаԥысыз аилатәараҿы СБСЕ аусура аформат ԥсахын. Уаанӡа иара аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа рнапхгаҩцәа еиқәшәаны иахьцәажәоз форумызҭгьы, уи ари аамҭа инаркны еснагь аус зуа еиҿкаараны аҟалара иалагеит. Иара убри ашықәс азы Стокгольм имҩаԥгаз аилацәажәараҿы иалагалан даҽа ҭыԥкгьы СБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хада. 1993 шықәсазтәи аиԥылараҿы, уи Рим имҩаԥысит, Иааицмырҟаӡакәа есқьынагь аус зуа ахеилак аԥҵаразы аиқәышаҳаҭра рыдыркылеит, уахь атәылақәа-алахәылацәа ахаҭарнакра аарԥшразы рделегатцәа нарышьҭуан. Убри ала СБСЕ еснагь аус зуа еиҿкаарак аҳасаб ала ашьақәгылара иалагеит. Ахьӡи ауси форматк ахь акылгаразы, 1994 шықәса рзы Будапешт аӡбамҭа рыдыркылеит, СБСЕ ахьӡ аԥсахразы, уи Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара ҳәа иԥсахын (ОБСЕ). Ари ақәҵара амчра аиуит 1995 шықәса рзы. Абарҭқәа рышьҭахь, даара акрызҵазкуаз Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) аделегатцәа реиԥыларақәа мҩаԥысуан Лиссабон (1996 ш.), Копенгаген (1997 ш.), Осло (1998 ш.), Сҭампыл (1999 ш.), Вена (2000 ш.), Бухарест (2001 ш.), Лиссабон (2002 ш.), Маастрихт (2003 ш.), Софиа (2004 ш.), Лиублин (2005 ш.), Асҭана (2010 ш.). Арҭ афорумқәа рҟны ирылацәажәан арегионалтә шәарҭадара, атерроризм, асепаратизм, ауаҩы изинқәа рзы иҟоу ауадаҩрақәа уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа. Иазгәаҭатәуп, 2003 шықәса раахыс Урыстәыла Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) акыр апозициа ӷәӷәа шааннакылаз, уи апозициа акыр атәылақәа-алахәылацәа реиҳарак рпозициа зынӡа еиԥшымызт. Абри иахҟьаны иаку азҵаарақәа акыр аԥыхын. Аамҭаказы иҟан убас еиԥш ацәажәарақәагьы, Урыстәылатәи Афедерациа Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) иалҵыр ҟалоит ҳәа. Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) аҳасабтәқәеи ахықәкқәеи[аредакциазура | акод аредакциазура] Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) ахықәкы хадақәа иреиуоуп Европа иахьаҵанакуа аҭышәынтәалареи аҭынчреи рышьақәыргылара. Ари аҳасабтә анагӡаразы аиҿкаара активла аҳәынҭқаррақәеи, аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәеи рыҩныҵҟа аҭыԥ зауа аимак-аиҿакқәа рҭышәныртәалара активла иалахәуп, иара убасгьы хылаԥшра анаҭоит абџьар аларҵәара, адипломатиатә усмҩаԥгатәқәа нанагӡоит апрофилактикатә ҟазшьа змоу, еиуеиԥшым аҭыӡшәақәа раԥырҟәҟәааразы. Аиҿкаара арегион аҟны аекономикатә ҭагылазаашьеи аекологиеи ирышьклаԥшуеит, насгьы Европа атәылақәа рҟны ауаҩы изинқәа рыхьчара хылаԥшра анаҭоит. Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) аусура азынархоуп атәылақәа-алахәылацәа рҟны алхрақәа рымҩаԥгара амониторинг рзура, уи азын алхрақәа ахьымҩаԥысуа атәылақәа рахь анаԥшыҩцәа дәықәнаҵоит. Аиҿкаара адемократиатә институтқәа рыҿиара иалкаан аус аднаулоит. Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) иалоу аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа зегьы иаку, зегьы ирзеиԥшу астатус рымоуп, аӡбамҭақәагьы рыдыркылоит аконсенсус шьаҭас иҟаҵаны. Дара рзын ихадарам аиуристтә ҟазшьа аныҟәгара, аха акыр аполитикатә ҵак ду рымоуп. Аиҿкаара аштат иалоуп: аиҿкаара анапхгараҭаратә органқәа рҟны 370-ҩык ауаа, иара убасгьы 3500-ҩык инарзынаԥшуа аусзуҩцәа адәнытәи миссиақәа рҟны аус руеит. Аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Атәылақәа-алахәылацәа рахьтә аиҿкаара аҟны еиҳарак аҭыԥқәа змоу Европа атәылақәа роуп. Иааизакны ОБСЕ иалоу атәылақәа-алахәылацәа 57 ыҟоуп. Европа анаҩс ари аиҿкаара иалахәуп ҩ- ҳәынҭқаррак Аҩадатәи Америка аҟнытә (Канадеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи), иара убасгьы азиатәи атәылақәа жәпакы (Монголиа, Узбекисҭан, Таџьикисҭан, Туркментәыла уҳәа егь.). Аха алахәыла истатус – ари ак акәӡам аиҿкаараҿы иҟоу. Аусеицуразы партниорцәас иԥхьаӡоуп Афганистан, Тунис, Марокко, Израиль уҳәа акыр аҳәынҭқаррақәа. Анапхгара[аредакциазура | акод аредакциазура] Ахантәаҩыс иҟоу (англ. Chairperson-in-Office, CiO; уи ахантәаҩыс иалырхуа, атәыла- ахантәаҩыс иҟоу Адәныҟатәи аусқәа рминистр иоуп) – напхгара аиҭоит ОБСЕ аусура. Насгьы акоординациа азиуеит аусбарҭақәа русуреи ОБСЕ аинститутқәеи. Аиҿкаара адгылара мҩаԥигоит, хылаԥшра аиҭоит, акризистә ҭагылазаашьа аҟны аконфликтқәа рыӡбара дацхраауеит. 2010 шықәса рзы ОБСЕ ахантәаҩыс дыҟан Ҟазахсҭан ахаҭарнак, 2011 шықәса рзы – Литва Адәныҟатәи аусқәа рминистр Аудрониус Ажубалис. 2012 шықәса рзы ОБСЕ анапхгараҭара Ирландиа ашҟа ииасит, 2013 шықәса рзы ОБСЕ анапхгараҭара Украина ашҟа ииасит. 2014 шықәса рзы ОБСЕ ахантәаҩыс иалхын Швеицариа. Афедеративтә Республика Германиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Франк-Вальтер Штаимаиер ОБСЕ дахагылеит 2016 шықәса рзы. 2017 шықәса рзы – Австриа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Себастиан Курц. 2018 шықәса рзы ОБСЕ анапхгараҭара Италиаҟа ииасит. ОБСЕ ахантәаҩыс дҟалеит Италиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Анџьелино Алфано, рашәарамза нахыс уи диԥсахит Енцо Моаверо-Миланези. Амаӡаныҟәгаҩ хада[аредакциазура | акод аредакциазура] Амаӡаныҟәгаҩ хада - Амаӡаныҟәгарҭа дахагылоуп. Иара аминистрцәа Рхеилак ауп амаҵура дахазыргыло, ҿҳәарас хышықәса аҭаны: Вильгельм Хиоинк (1993–1996 шш.) Джанкарло Арагона (1996–1999 шш.) Иан Кубиш (1999–2005 шш.) Марк Перрен де Бришамбо (2005–2011 шш.) Ламберто Заниер (2011–2017 шш.) Томас Гремингер ОБСЕ аилазаара[аредакциазура | акод аредакциазура] ОБСЕ асаммит, Вена, 2005 Аиҿкаара аорган хадақәа иреиуоуп: Асаммит – аамҭа-аамҭалатәи еиԥылароуп, аҳәынҭқаррақәа рхадацәеи ОБСЕ атәылақәа рнапхгареи злахәу; Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхеилак – ОБСЕ аҳәынҭқаррақәа- алахәылацәа рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа есышықәсатәи реиԥыларақәа роуп; Еснагьтәи ахеилак, ахантәаҩы инапхгарала шықәсык аҩныҵҟа имҩаԥысуа (англ бызшәа Chairperson-in-Office, CiO), аполитикатә консультациақәеи аӡбамҭақәа рыдкылареи ирзынархоуп; Ашәарҭадара ахырхарҭа аҟны аусеицуразы афорум – Вена есымчыбжьа имҩаԥысуа еиԥылароуп МБД-еи, насгьы абџьараларҵәара хылаԥшра аҭареи азҵаарақәа ирылацәажәоит; Амилаҭ маҷқәа русқәа рзы Иреиҳаӡоу акомиссар; Адемократиатә институтқәеи ауаҩы изинқәеи рзы ОБСЕ абиуро; ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа; Амассатә информациа ахархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ахаҭарнак – амассатә информациатә хархәагақәа рҟны аҭагылазаашьа аҿиашьа дахылаԥшуеит ОБСЕ иаҵанакуа 56 ҳәынҭқарра-лахәыла рҟны. ОБСЕ аофициалтә бызшәақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара аҿы ахархәара змоу официалтә бызшәақәоуп: англыз бызшәа, аиспан бызшәа, аиталиан бызшәа, анемец бызшәа, аурыс бызшәа, афранцыз бызшәа. ОБСЕ абиуџьет[аредакциазура | акод аредакциазура] ОБСЕ еизаку абиуџьет ҩ-хәҭакны ишоит: амаӡаныҟәгарҭеи аинституқәеи рбиуџьети адәнытәи операциақәа рбиуџьети ҳәа. 2013 шықәса рзы аиҿкаара абиуџьет ишьақәнаргылеит 145 миллион евро. Апарламенттә ассамблеиа[аредакциазура | акод аредакциазура] ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа иалоуп атәылақәа зегьы рхаҭарнакцәа. Ари аилазаара аԥҵан 1992 шықәса рзы апарламентбжьаратә еиҿкаараны. Уи аилазаараҿы иҟоуп 300-ҩык адепутатцәа, урҭ уахь иназышьҭуа атәылақәа-алахәылацәа роуп. Ари аусбарҭа аштаб-квартира Копенгаген иҟоуп. Апарламенттә ассамблеиа ахадараҿ иҟоуп ахантәаҩи амаӡаныҟәгаҩ хадеи. ПАСЕ аҳәаақәа ирҭагӡаны аус руеит иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа ҷыдалатәи акомитетқәа хԥа. ОБСЕ аҵакы Акыр агхақәа амазаргьы, ОБСЕ аҵакы мыцхә иҳаракны ашьара залыршахом. Ари аиҿкаара дууп, уи атәылақәа-алахәылацәа аимак- аиҿак зцу азҵаарақәа рзы аӡбамҭақәа рыԥшаар ахьрылшо, иалкаау проблемак азы ӡбамҭак адкылара ахьрылшо еиҿкаароуп. Убри анаҩсангьы, аиҿкаара акыр аџьабаа аднабалоит европатәи атәылақәеи адемократиатә еилазаарақәеи рҟны ауаҩы изинқәа рыхьчарагьы. Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] [1] [2] Иархивитәиз 2021-02-24 ахь Wayback Machine [3] [4] [5] [6] [7] [8] [9] [10] [11] [12] Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=ОБСЕ&oldid=133267 Акатегориақәа: Европа Адунеижәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Вена 1973 шықәсазы ицәырҵит Ицәыргам акатегориа: Webarchive ашаблон wayback азхьарԥшқәа Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 00:20, 4 жьҭаарамза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9E%D0%91%D0%A1%D0%95
2024-03-04T07:40:27Z
<urn:uuid:30eec181-6e2c-4db8-87cb-d18723f7ac9f>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.93
0.82
0.97
51
23,938
tlsh:T17E11BFB27C40C74BC6B3C054CA90C9341CD1A9074222B371CEC9B5B52B1209DEBFCD13E6FAEC4A8A74AB1616D212BF155A4AECE925BD7BDB719240E06D7F34D9239472D6DE
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Абџьартә аиҿагылараан Ҕаза асектораҿ иҟан ҧшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа, уажәазы рыҧшьҩыкгьы ишәарҭам аҭыҧаҿ иҟоуп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Абџьартә аиҿагылараан Ҕаза асектораҿ иҟан ҧшьҩык ... Иҵегь аҭагалара Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Абџьартә аиҿагылараан Ҕаза асектораҿ иҟан ҧшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа, уажәазы рыҧшьҩыкгьы ишәарҭам аҭыҧаҿ иҟоуп 10:33, 08.10.2023 Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Абџьартә аиҿагылараан Ҕаза асектораҿ иҟан ҧшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа, уажәазы рыҧшьҩыкгьы ишәарҭам аҭыҧаҿ иҟоуп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, бџьартә аиҿагылараан Ҕаза асектораҿ иҟан ҧшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа. Уажәазы рыҧшьҩыкгьы ишәарҭам аҭыҧаҿ иҟоуп. «Аинтернетаҿ аларҵәара зауз аматериалқәа ргәаҭара ҳаҿуп, адетальқәа зегьы еилаҳкаанӡа ишьақәырҕәҕәам аинформациа алашәмырҵәарц ҳшәыҳәоит», — ирҳәеит аминистрраҿы. Израиль иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рзы Ацәаҳәа ҷыда аус адыруит. АПОЛИТИКА Ҕаза асектор Қырҭтәылa aдәныҟaтәи aусқәa рминистррa Қырҭтәылa aтәылaуaa 5 Еиҧшу Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Украина асуверенитети атерририатә акзаареи хьаҵра змам адгылара азышьақәҳарӷәӷәоит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Алхрақәа ирыцклаҧшуа анаҧшратә миссиа ааҧхьара аҿҳәарақәа арбоуп апланаҿ, аха, рыцҳарас иҟалаз, аполитикатә мчқәак хықәкыла ари азҵаара аполитикатә ашьаҭа арҭар рҭахуп Бениамин Нетаниаҳу - Ахықәкқәа зегьы нагӡахаанӡа аибашьра иаҟәыҵыр ҟалом, аҕацәагьы аҩызцәагьы абри ауп ираҳҳәо Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратә ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Урыстәыла Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаара аилагара иашьҭанеиуа изакәандароу ашьаҿа иақәнаго ахәшьара арҭарц «Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа 2023, Қырҭтәыла – Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәылоуп» мҩаҧгахоит ҧхынҷкәын 26-28 рзы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Румынтәыла апарламент ишьақәнарҕәҕәеит Молдовеи, Украинеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи ревропатәи аперспектива иазку арезолиуциа Реџьеп Таип Ердоҕан – Ҭырқәтәыла Ҕаза асектораҿ ашьакаҭәара аанкылара иауалуп Израиль Атәылахьчаратә мчқәа – Ҕаза асектор аҩадатәи ахәҭа аҟынтәи ауааҧсыра шәарҭада аладатәи ахәҭахьы риагара амзызла, иахьа агуманитартә корридор аадыртуеит Reuters – Ҟатар абжьацәажәарала, Америкаҟны еиқәшаҳаҭны, Египти, Израили, Ҳамаси еиқәшаҳаҭхеит Ҕаза асектор ауааҧсыра рыхәҭак ревакуациазы Израиль Ахыхьчаратә ар ахаҭарнак – Ҳара хәыҷы-хәыҷла арратә операциақәеи Ҕаза асектораҿ ҳаруаа рхыҧхьаӡареи ацаҳҵоит Амш зеиҧшрахо 4° аҩ Қaрҭ Ах 6° аҧшь 9° Авалиута акурс $ USD 2.6562 0.004 € EUR 2.8820 0.006 ₽ RUB 0.028893 0.017 £ GBP 3.3686 0.006 TOP 5 Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан Атапанчала ахысразы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионс иҟалеит – #1TVSPORT Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT
https://1tv.ge/lang/ab/news/qmr%D2%ADtmla-adnmkhati-awsqa-rministrra-ghj%D1%8Cart-aitchvagmlaraan-ghaza-asektoratchv-ikhan-phsh%D1%8Cuimk-qmr%D2%ADtmla-atm/
2024-02-27T13:55:34Z
<urn:uuid:ea559d56-ea9f-481c-9240-61d64d03f059>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.6
0.94
52
6,204
tlsh:T190B743D1A744D70BC1B3C068DA908D366DC1394B4661B270CE96F0701345009EFFCD13AAFAEC090A70D71921D527BF056B4AFCE6A9BEBBE7B15200A22E2E78EC339476859E
Аӷарцәа, аӷарра — аӷарра ҳәа азырҳәоит убас еиԥш ауаҩы иҭагылазаашьа, иара аԥсҭазааразы зыда ԥсыхәа ыҟам рыла ихы, иҭаацәа реиқәыршәара анилымшо. Аӷарра цәырҵуеит асоциалтә цәырҵрақәа реизыҟазаашьақәа реилагара иахҟьаны: аусураҟны аиҟарара; аҭагылазаашьаҟны аиҟарара; аизыҟазаашьақәа рҟны аиҟарара; ауаҩы — аилазаара - аԥсабара, ауаҩы — асоциалтә гәыԥ – акласс — аилазаара реиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҟны. Абарҭқәа рышьаҭақәа рҟны ауп ахархәаратәи алҵшәаашьҭратәи мчрақәас иҟоу аилазаарақәа реиҟараразы, уи аҵакы аарԥшрас иҟоуп аусуратә аамҭеи ахақәиҭра аамҭеи реизыҟазаашьа. Аҵакы 1 Апроблема аҭҵаара аҭоурых аҟны 2 Аӷарра амзызқәа 3 Аӷарра ацәырҵра амзызқәа 4 Аӷарра аконцепциа 5 Аӷарра акультура 6 Царҭа змам аӷарра 7 Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы аӷарра аҩаӡара 8 Аӷарра иаҿагыланы ақәԥара 9 Алитература 10 Азхьарԥшқәа Апроблема аҭҵаара аҭоурых аҟны аредакциазура Аӷарра аҭоурых ауаажәларра ыҟоуижьҭеи аҭыԥ шамоугьы, ари афеномен аҭҵаара ианалагаз 70—90- тәи ашықәсқәа ралагамҭазы ауп. Аӷарӡахара ҳаамҭазы — ари иглобалтәу социалтә шәарҭароуп. Аусурҭа аҟамзаара, аекономикатәи асоциалтәи ҭышәнымтәалара, агәыӷрақәа рынамӡара, апланқәа рхыбгалара — абарҭқәа зегьы аӷаррахь ауааԥсыра кылызго процессқәоуп. Аӷарра апроблема ишиашоу ауаҩи ауаҩи реизыҟазаашьақәа, асоциалтә формақәа, аџьа, аџьа алҵшәақәа уҳәа ирхьыԥшуп. Аҭаацәара ӷаруп ҳәа иԥхьаӡоуп аҳәынҭқарратә статистика ахәшьарақәа рыла, аҭаацәараҟны аӡәы иоуа аԥара, арегионалтә ахархәаратә калаҷкәыр ахәԥса аасҭа еиҵазар. Аӷарра зыхҟьо аҭҵаара иалагеит XVIII ашәышықәса инаркны XX ашәышықәса азбжанӡа иаҵанакуа аамҭахәҭазы. Уи ҭызҵаауаз иреиуан: А. Смит, К. Маркс, Е. Реклиу, Д. Рикардо, Г. Спенсер, Т. Мальтус, Ж. Прудон, Ч. Бут и С. Раунтри. XX ашәышықәсазы арҭ аҭҵаарақәа ирыцырҵеит Ф.А. Ҳаиек, П. Таунсенд уҳәа егь. XIX ашәышықәсазы аҭаацәара ахьынӡаӷару еилыркаауан аҭаацәаратә биуџьет аҭҵаара ала, раагарҭақәа зеиԥшроу, урҭ ауаҩы иҭахрақәа рзын иахьынӡазхо, аусура ахьынӡаилшо, игәабзиара зеиԥшроу уҳәа азгәаҭаны. Аӷарра апроблема аҭҵааразы даара рлагала дууп аекономистцәа, асоциологцәа, урҭ иазгәарҭон аӷарра аҭыԥ ду шамоу, насгьы аҳәынҭқарра ари апроблема аԥыхразы алахәра хымԥадатәины ишырыԥхьаӡо. Урыстәылагьы Европа еиԥш ари апроблема иазхьаԥшын XIX ашәышықәса азбжазы. Аӷарра аҭыԥ ахьынӡамоу аилкааразы еизган астатистика, урҭқәа ашәҟәы иҭаргалон ахылаԥшратә комиссиақәа. Ари апроблема аарԥшын аекономистцәа — асоциологцәа В. В. Берви-Флеровски, К. А. Пажитнов, М. И. Туган-Барановски русумҭақәа рҟны. Актәи Адунеизегьтәи аибашьранӡа аҭҵаарақәа фба мҩаԥган, С. Прокопович, М. Давидович, И. Шапошников, А. Стопани, В. Андреев, В. Горицки, Г. Наумов рыбзоурала. Зегь реиҳа еицырдыруа ҭҵаарахеит 1909 шықәса рзы А. М. Стопани имҩаԥигаз, уи акьыԥхь абеит 1913 шықәса рзы. Ари аусумҭа амҽхак ҭбаан – 2339-ҩык ауаа рыбзазашьа азгәаҭан, урҭ 80 зҵаара рҟынӡа рҭакқәа дырҟаҵан. Урыстәыла Стопани иусумҭа Санкт-Петербург имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи Агиганттә цәыргақәҵа аҟны, 1913 шықәса рзы, аҳаҭыртә дипломқәа ҩба анашьан. Дипломк — аҭҵаара ахаҭазы ианашьан, аҩбатәи — ахархәара зиҭаз аметодологиа азы. Аусумҭа анефтааглыхратә усуҩы ибиуџьет иазкын, иахьа уажәраанӡагьы ас еиԥш аҭҵаара ыҟам, уи быжь - милаҭк ирыҵаркуа ауаа рҭахрақәеи рбиуџьети ирзынархан. Ари аҭҵаара инақәыршәаны, зегь реиҳа заагарҭа маҷу гәыԥны иԥхьаӡоуп — 250 мааҭ иреиҵаны изауаз, урҭ ироуаз аҟынтә аԥшьбатәи ахәҭа зегьы рфизиологиатә ҭахрақәа ирыхҭнырҵоит, усҟантәи аамҭазы зегь реиҳа заагарҭа дууз 900 мааҭ зауаз аиҳарак рфизиологиатә ҭахрақәа ирыхҭнырҵон; хықәкыла иҭҵааз аусурҭа змамыз рбиуџьетқәа ракәын. 1918 шықәса рзы ишьақәыргылан раԥхьаӡа акәны иреиҵоу абиуџьет, ақалақьқәа рҟны аусуцәеи амаҵзурауааи рбиуџьетқәа ракәзар, 1927 шықәсанӡа рыҭҵаара мҩаԥысуан, аколхоз амаҵ азызуаз ракәзар, рбиуџьет ҭырҵаауан 1929 шықәсанӡа, аҵыхәтәантәиқәа реиҳарак афальсификациа рызун. Аҭҵаарақәа рҟны аҵак ду аман атранзиттә тәылақәа рҟны аӷарра аҭагылазаашьа, урҭ еиҿдырԥшышаз рыман, даҽакала иаҳҳәозар, асоциал-демографиатә гәыԥқәа, традициала иӷарцәахоз — аҭаацәара рацәақәа, ихаҭәаам аҭаацәарақәа, зықәрахь инеихьо, атәынчахәы мацара ала зыԥсы еивызго, насгьы аинфлиациа иахҟьаны иӷархаз, аусура аҟамзаара уҳәа. Аӷарра амзызқәа аредакциазура Аӷарра амзызқәа даараӡа еиуеиԥшымызт; ауааԥсыра рацлара, ахырҵәаратә еибашьрақәа, атәыла аӷарра, ацәаҩашәатә мзызқәа, аграбааԥсқәеи, аихбаалареи рыцлара уҳәа егь. Аӷарра ацәырҵра амзызқәа аредакциазура Аӷарра еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьоит аҟынтә, иара еиуеиԥшым агәыԥқәа рахь еидыркылоит: аекономикатә — аусурҭа аҟамзаара, имаҷу ауалафахәы, илаҟәу аџьатә лҵшәа, аусхкы аконкурентра алмыршара; асоциал-медицинатә — аинвалидра, ажәра, ачымазарақәа зыхьуа рхыԥхьаӡара аизҳара; адемографиатә — ихаҭәаам аҭаацәарақәа, ахшарарацәа, мамзаргьы аҭаацәара дуқәа; аҵарадырра-квалификациатә — аҵарадырра алаҟәра, апрофессионалтә зыҟаҵара амамзаара; аполитикатә — арратә конфликтқәа, амиграциа; арегионал-географиатә — арегионқәа еиуеиԥшымкәа рыҿиара; адинхаҵара - афилософиатәи аԥсихологиатәи — аскетра, ашарамшара; Аӷарра аконцепциа аредакциазура Адунеитә практика аҟны иалыркаауеит аӷарра зыхҟьо азы ихадоу х-концепциак: зынӡа царҭа змам аӷарра; аӷарра азхьарԥшратә концепциа; аӷарра асубиективтә концепциа. Аӷарра акультура аредакциазура Ари атермин асоциологцәеи антропологцәеи иҳадыргало иӷару ауаа рынхашьа-нҵышьа аиҭаҳәаразы иаанаго уи ауп, аӷарра иалааӡоу абиԥарақәа иҷыдоу анхашьа ишашьцылоу, анаҩс изызҳауа абиԥара ишрымардо. Зегь реиҳа аӷарра акультура аидеиа иазааигәаз антрополог Оскар Лиуис иоуп. Уи игәаанагарала, иара аҿиара иаҿыз, акапиталисттә ҿиара змаз, аилазаарақәа рҟны имҩаԥигоз аҭҵаарақәа иаадырԥшит аӷарцәа рхымҩаԥгашьа, рыԥсҭазаашьа, рыгәрахаҵарақәа зехьынџьара ишеиԥшыз. Иахьатәи амш ала анхара, уаҵәтәи азымхәыцра, ахацәа ршовинизм, аҭаацәарақәа рматриархалтә еилазаара, афатализм, абарҭқәа зегьы ауаажәларра аҟны иӷарӡаз ирылаҽны иҟан. Убри анаҩсгьы аӷарцәа азанааҭеидгылақәа, аполитикатә партиақәа, аекономикатә усура уҳәа рхы рыламырхәра, насгьы илаҟәӡоу ауаажәларратә еилазаараны рыҟалара дара рмаргиналтә ҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуан. Лиуис ас еиԥш игәаанагаразы, аӷарцәа рҭагылазаашьа ауадаҩра дара рхаҭақәа иахьырхараиҵоз азы жәаҳәарада акритика ӷәӷәа изыруан. Аха ус шакәызгьы, Лиуис игәаанагарала, аӷарра акультура, аӷарра ацәцара иаҿагылон, уи иԥхьаӡон аӷарцәа ркультура ацәхьаҵра рыԥсҭазаара шеиӷьнатәуа. Аӡәырҩы аспециалистцәа, асоциалтә еиқәыршәара ахырхарҭаҟны аус зуаз, даара иџьаршьон аӷарцәа ирыдыргалоз ацхыраара адкылашьа иахьақәымшәоз. Даҽа џьоукы ргәаанагарала, асоциалтә цхыраагӡақәа аӷарцәа рыԥсҭазаара аиӷьтәра иацхраауам ҳәа рыԥхьаӡон. Уимоу, ас еиԥш ацхыраара ишьақәнарӷәӷәоит status quo ҳәа агәаанагара рыман, асоциалтә усзуҩцәа рнапы злаку аӷарцәа ирзоурыжьуа аԥарақәа асоциалтә хылаԥшра рыҭара ауп ҳәа рыԥхьаӡон, убри аан аҭагылазаашьа аиӷьтәра акәымкәа. Аилазаарақәа, иӷарӡаз араионқәа рҟны аԥсҭазаара аиӷьтәразы иаԥырҵоз апроектқәа иџьбараз акритика рызун, избанзар урҭ хыхь-хыхь иҩыз, иҭҵаамыз проектқәан. Аӷарра акультура атермин акыр акритика шазузгьы, уи даара анырра ҟанаҵеит асоциалтәи аԥсихологиатәи цхыраара аҟаҵаразы амеханизмқәа раԥҵара аҟны. Аӡәырҩы асоциалтә усзуҩцәа русура аҟны ирықәшәон хаз игоу ауаа, аҭаацәарақәа, аилазаарақәа, урҭ зегьы Лиуис итеориа шьақәдырӷәӷәон дара рдунеихәаԥшышьа ала. Царҭа змам аӷарра аредакциазура Миллиардла ауаа зланхо аӷарреи арыцҳахәхареи ари XXI ашәышықәсазтәи уаажәларратә проблема дуны иаанхоит. 1992 шықәса рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада аӡбамҭа ала ишьақәырӷәӷәан аӷарра аԥыхра, уи иаҿагыланы ақәԥаразы Жәларбжьаратәи амш, иара 1993 шықәса раахыс жьҭаарамза 17 рзы есышықәса иазгәарҭоит. Ари арыцхә алхра машәыршақә иҟамлеит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада ари арыцхә алнахаанӡа хәышықәса уи аԥхьа, 1987 шықәса жьҭаарамза 17 рзы, Париж, Брокадеро адәаҟны имҩаԥысит ауаа рзинқәа рыхьчареи, аӷарра аԥыхреи ирызкыз амитинг, уи шә-нызқьҩык рҟынӡа ауаа еизнагеит. Амитинг ду иалахәыз иазгәарҭон миллионла ауаа рӷарра уи рзин еилагара шакәу. Зегь раԥхьаӡа иргыланы уи ззырхаз адунеи ахԥатәии аԥшьбатәии атәылақәа рахь иаҵанакуа шракәу — урҭ зекономика акыр илаҟәу атәылақәа роуп. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы аӷарра аҩаӡара аредакциазура Анаука — техникатә прогресс даара аҿиара шамоугьы, ҳаамҭазы адунеи аҿы иҟоу аиҟарамра иазымҳауазар иагхом. Ас еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп адунеи атәылақәа зегьы рҟны, аҿиара бзиа змоугьы уахь иналаҵаны. Даҽакала иуҳәозар, иӷарыз еиҳагьы иӷархеит, амал змаз рмал иацлеит. 2016 шықәса рзы иҟаҵаз аҭҵаарақәа инарықәыршәаны, адунеи аҟны зегь реиҳа амал змоу 62-ҩык ауаа убри аҟара амал рыман, зегь реиҳа иӷарыз х-миллионки фышә нызқьҩык ауаа, мамзаргьы адгьыл аҟны иӷару рыбжаҩык иааизакны ирымаз амал аҟара шьақәнаргылон. 2010 шықәса инаркны — 2016 шықәсанӡа аамҭа иалагӡаны х-миллионки фышә нызқьҩык аӷарцәа ироуаз аԥара триллион доллар рҟынӡа еиҵахеит. Убри аан зыӡбахә ҳәоу 62-ҩык амалуаа рактивқәа ҩынтәны еизҳаит, уи ишьақәнаргылеит 1,76 трлн. америкатәи адоллар. Амультимиллионерцәа идырҳаз амал зыхҭнырҵара анырзымдыруа аамҭазы, миллиардла ауаа адунеи зегьы аҟны имлагоит, рӷарра изаҵыҵуам. Адунеи аҟны афатә апроблема даара иҵарны иқәгылоуп. Амлакра — ари иацтәи мшым, ари иахьатәи рыцҳара дууп. Амлакра иахҟьаны иахьа уажәраанӡагьы ауаа ԥсуеит, урҭ рыбжьара иҟоуп имаҷымкәан ахәыҷқәа. Есыҽны ҳаамҭазтәи адунеи аҟны имлаго рхыԥхьаӡара миллионҩык рҟынӡа инаӡоит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иҟанаҵаз ажәахә инақәыршәаны, 852 миллионҩык ауаа иахьа адунеизегьы аҟны имлагоит. 1,2 миллиардҩык ауаа, ари адунеи ауааԥсыра рхыԥхьаӡара аҟынтә ахәбатәи ахәҭа шьақәнаргылоит, мышкы долларк ҳәа инхоит. Адунеи аҟны 54 % ахәыҷқәа рыԥсра зыхҟьо амлакра ауп. Ас еиԥш алкаақәа ҟанаҵеит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара. Амлакра амзыз хадақәа ауаа ирызхо аԥара ахьырмоуа ауп, ахԥатәии аԥшьбатәии адунеи атәылақәа рахь иаҵанакуа ауаа аԥара рымамзаара анаҩсгьы, иахьынхо аԥсабаратә ҭагылазаашьақәагьы ҽеим, уи иахҟьаны дара ақыҭанхамҩа рнапы рзалакуам, аарҩара, аԥслымӡ, арра — политикатә конфликтқәа уҳәа аҿиара рырҭом. Адунеи аҟны зегь реиҳа амлакра ахьыҟоу ҭыԥуп Атропикатә Африка. Ари арегион амлакра аепицентр ауп ҳәа азуҳәар ҟалоит, ара ес-ҽны имлашьуа рхыԥхьаӡара иацымлозар иагхом. Уи зыдҳәалоу еиҳаракгьы ауаарацәа ахьиуа ауп. Зегь реиҳа ауаа ахьиуа адунеи аҭыԥқәа рахь иаҵанакуеит — Нигериа, Мали, Буркина-Фасо, Либериа, Сиерра - Леоне, Уганда, Адемократиатә Республика Конго уҳәа егьырҭ Африкатәи аҳәынҭқаррақәа. Арҭ атәылақәа рҟны аекономикатә ҭагылазаашьа аҿиара амам, насгьы аарҩара иахҟьаны ауаа аԥсреи анхареи ирыбжьагылоуп. Аха, Африка мацара акәым ауаа ахьымлаго. Миллионла ауаа млашьуеит Непал, Бангладеш, Индиа, Индонезиа, Пакистан. Арагьы ауаарацәа ииуеит, аӷарра аҭыԥ ду шамоугьы. Индиа акәзар, регионалтә тәыланы, насгьы економикатә ҿиарала ишхәыдамгьы, имлашьуа рпроблема аӡбара алшом. Уи зыхҟьо ауааԥсыра рырацәара, аусурҭа ҭыԥқәа рыҟамзаара, аҵарадырра алаҟәра роуп. Латинтәи Америка акәзар, ара аҭагылазаашьа маҷк еиӷьзаргьы, амлакра аҭыԥ амоуп. Амлакра алыркаауеит Боливиа, Перу, Гондурас, Гватемала уҳәа рҟны. Карибтәи амшын аҟны «Амлакра адгьылбжьаха» ҳәа иашьҭоуп Гаити. Европеи Аҩадатәи Америкеи рҟны акәзар, ари апроблема шыҟоугьы, егьырҭ адунеи атәылақәа ирыҿурԥшуазар, усҵәҟьа иҵарны иқәгылам. Ара имлашьуа аҩны змами ҭынха дызмами роуп. Асоветтә Еидгыла иалаз атәылақәа ртәы ҳҳәозар, амлакра азҵаара ықәгылоуп Абжьаратәи Азиа атәылақәа рҟны — Узбекисҭан, Таџьикисҭан, Кыргызсҭан. Иара убасгьы ари азҵаара ықәгылоуп Урыстәылагьы, арагьы заагарҭа маҷу ауаа рахьтә амамзаара зныруа маҷҩым. Даара рҭагылазааша бзиам ахымхәацәа, атәанчаҩцәа, аҭаацәара дуқәа, урҭ зынӡа имлашьуа иҟамзаргьы, раагарҭақәа даара имаҷуп. Европа тәылақәак рҟны акәзар, иахьатәи амҭазы абанк аҟны аԥара ззалам ауаҩы дӷаруп ҳәа дрыԥхьаӡо иалагахьеит. Даҽа ганкахьала уахәаԥшуазар, Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иӷаруп ҳәа иԥхьаӡоуп анхаразы имаҷӡоу аагарҭа змоу ауаа, уи шаҟа ыҟоу аҳәынҭқарра ишьақәнаргылоит. Аӷарра иаҿагыланы ақәԥара аредакциазура Ари апроблема аӡбаразы иҟоуп еиҿагыло ҩ - азнеишьак. Актәи азнеишьа еиҳа аларҵәара амоуп. Уи иӷару ауаа ԥарала ацхыраара рыҭара, аԥара рызшәара ауп. Ари зегь реиҳа имариоу знеишьоуп, аха апроблема ахаҭа азыӡбом, аҭагылазаашьагьы еиӷьнатәуам. Аҳәынҭқаррақәа, иара убасгьы, ахныҟәгага змам ауаа рзы рдырра аизырҳаразы, азанааҭ роуразы аусқәа еиҿыркаауеит, аха азанааҭ змоу ауаҩы усурҭа ҭыԥла иеиқәыршәара ус имариам, дара аусурҭа аҭыԥқәа рыҟамзаара иахҟьаны, мамзаргьы аусура азы алшара аҟамзаара иахҟьаны. Абасала, актәи азнеишьа аҟны, даҽакала иуҳәозар, аҳәынҭқарра амалуаа ашәахтәқәа рықәнаҵоит аӷарцәа рыцхырааразы, мамзаргы асоциалтә программақәа аԥнаҵоит. Аҩбатәи азнеишьа аҳәынҭарра аекономика аҽаламгалара аидеиа ауп шьаҭас иамоу. Ари атеориа адгылаҩцәа ргәаанагара ала, аҳәынҭқарра иӷару ауаа рыԥсҭазааратә позициа ашьҭыхра иашьҭазар ауп. Уи анаҩсгьы амалуаа рмазара аекономика ашьҭыхра иаларгалалар ауп, уи иабзоураны ицәырҵуеит аусурҭа ҭыԥқәа, уи иагьалнаршоит аӷарцәа рыпроблема аӡбара аҳәынҭқарра аламырхәӡакәан. Ас еиԥш азнеишьа аларҵәара лҽазылшәеит 1970—1980-тәи ашықәсқәа рзы Британиа Ду анапхгара рхада Маргарет Тетчер. Алитература аредакциазура аур. бызшәа: Бедность // Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона : в 86 т. (82 т. и 4 доп.). — СПб., 1890—1907. Бедность // Демографическая энциклопедия / Редкол.: Ткаченко А. А., Аношкин А. В., Денисенко М. Б. и др. — М.: Издательство «Энциклопедия», 2013. — 994 с. Вавилина Н. Д., «Бедность в России как социальное явление и социальная проблема», Рос. акад. гос. службы при Президенте Рос. Федерации, Сиб. акад. гос. службы. Новосибирск, СибАГС, 2000 — с. 510. Вавилина Н. Д., «Бедность в России как социальное явление и социальная проблема : Социологические аспекты» онлаин, автореферат дис. ... доктора социологических наук : 22.00.04. М. Российская академия государственной службы при Президенте Российской Федерации. 2000 — с. 45. Мальтус Т. Р.. «Опыт закона о народонаселении». бызшәақәа инхаз Foster, James, J. Greer and Eric Thorbecke. «A class of decomposable poverty measures», — Econometrica. 1984. — 52(3). — рр. 761—765.
https://ab.m.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D3%B7%D0%B0%D1%80%D1%80%D0%B0
2024-03-04T11:47:22Z
<urn:uuid:f6ccb40a-ef29-4baa-b518-a736975751b7>
[ "header", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.93
0.95
0.99
42
25,537
tlsh:T11FFA21B29C40DB8BC173C158DA918A356CC169038323B231CDC5F4752546099EFFDD12EAFAF91A8A749F1622E122BF10AA4AFCE8617D2BDB719240E52D3F3DD9235873D69E
1989 шықәсазы диплом ҟаԥшьыла далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зиндырратә факультет«Азинҭҵаара» азанааҭ ала. 1989 шықәса инаркны аус луан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет «Аҳәынҭқарреи азини» ркафедраҟны. 1991 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы еиҳабыс, доцентс,«Аҳәынҭқарреи азини» ркафедра аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс аус луеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа Аиуристтә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп. Административтә зин иазку аҭҵаарадырратә усумҭақәа 10 инареиҳаны дравторуп. 2007 шықәса инаркны 2010 шықәсанӡа – О. Е. Кутафин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә академиа ҽынлатәи аҟәша даспирантуп. 2013 шықәса аахыс аиуристцәа жәларбжьаратәи Реидгыла акоординациатә хеилак далахәылоуп. 2015 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара аппарат анапхгаҩыс дҟаҵоуп. Жәабранза, 2017 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара – Апарламент ақәҵарала (№ 4361-с-V 10.02.2016 ш.) далхуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩыс, илыхҵоуп иреиҳаӡоу аквалификациатә класс. Иланашьоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиустициа аминистрреи, О. Е. Кутафин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә иуристтә академиеи, Урыстәылатәи Афедерациа аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи, Н. И. Лобачевски ихьӡ зху Нижегородтәи аҳәынҭқарратә университети раҳаҭыртә шәҟәқәеи рдипломқәеи.
https://ks.apsny.land/ap/o-sude-3/predsedatel-suda
2024-03-04T21:09:47Z
<urn:uuid:90bd23e3-7aa9-40d6-b2d1-17152d5d58c8>
[]
[]
abk-Cyrl
0.99
1
0.99
7
2,481
tlsh:T1D5E753514840DB8BD6B3D06989A15D289DC6A82B4231B275CED4F4A80B9314DEFFCD03E8B5B81589789B0712E113BE05684EEEE561BE7FD730910191AE5F38FA3B8436D58D
Ҭырқәтәыла идәықәло аныҟәаҩцәа PCR атестқәа рыҟаҵара ирықәшәом. Аихқәа ишаарыцҳаз ала, аҳәамҭа аланарҵәеит Ҭырқәтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра. “Акоронавирус апандемиа аҭагылазаашьа ҭҵааны, рашәара 1 инаркны атәыла иарбанзаалак аҳәаатә пунктқәа рхысраан аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу PCR атест иҵоурам аҭак змоу ма аҵыхәтәантәи 24 саакҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу антиген-атест лас иҵоурам аҭак аарԥшра аҭахым”, – иануп аминистрра аланарҵәаз аинформациа аҿы. Иара убас, лаҵара 29 рзы Ҭырқәтәыла анапхгара рыӡбамҭа инақәыршәаны, атәыла аҵакырадгьыл аҿы асабрадақәа ныҟәгатәым. АДУНЕИАҾЫ aкоронaвирус Ҭырқәтәыла 4 Еиҧшу Ильҳам Алиев визитла Ҭырқәтәыла даҭааит Илиа Дарчиашвили Ҭырқәтәыла Амилаҭтә ассамблеиа ду аспикер диԥылеит Илиа Дарчиашвили - Ҭырқәтәыла ахада Қырҭтәыла ивизити Қырҭтәыла ашҟа аԥыза-министр Ҭырқәтәыла ашҟа ивизити аус рыдулара шынаҳагӡо ҳаиқәшаҳаҭхеит Тедрос Аданом Гебреисус - Covid-19-и, агриппи егьырҭ ареспиратортә чымазарақәеи рхыԥхьаӡара иазҳауеит, асабрадақәа ныҟәыжәгала, алаҵақәеи атестқәеи иҟаҵаны ахьшәымоу гәашәҭала Ҭырқәтәылатә аполициа израильтәи «Моссад» адҵала ашпионаж азы 33-ҩык ааннакылеит Амилаҭтә гвардиа асолдаҭцәа Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз х-ганктәи арратә азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәит Иракли Ӷарибашвили - Ари крызҵазкуа аҽны шәҿаԥхьа гәахәра аду ала сықәгылоит, иахьа Ҭырқәтәылатәи ареспублика амилаҭтә мшуп. Ари аҭоурыхтә амш ахада Реџьеп Таип Ердоӷани аҭырқәа жәлары рыдысныҳәалар сҭахуп Илиа Дарчиашвили Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ҳакан Фидан диԥылеит Хакан Фидан – Евроеидгыла Ҭырқәтәыла ада аглобалтә хәмарҩыс изыҟалом Ҭырқәтәыла иҟалаз амҩатә машәыр аан 12-ҩык ҭахеит, 19-ҩык ахәрақәа роуит Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ аҩ 3° Ах 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи бџьаршьҭыхлатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит фҩык аибашьцәа Мака Боҷоришвили Европарламент аҿы аиԥыларақәа лыман Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахабжьа аганахьала адронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, урыстәылатәи аҳирхьчаратә мчқәа 38 дрон карыжьит
https://1tv.ge/lang/ab/news/%D2%ADmrqtmla-idmqlo-anmkhauitca-pcr-atestqa-rmkhacara-irmqshom/
2024-03-04T00:47:08Z
<urn:uuid:52ca04b5-2062-4039-9de4-f973af3efd3e>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.6
0.98
30
3,844
tlsh:T103EE4F817844DA0BC673D56C9E918D367CC0A8470724B260CECAF4B11705259DBFCE13AEBAEC094E609B1511D1667F056B0EFCEB28BEFBD7708244A52E2E24DE339477919E
Германтәыла апарламент аднакылаз азакәанпроект хықәкыс иамоуп ахыҵәахырҭа аиуразы мап зырҳәаз ауаа имарианы, ирласны адепортациа рзура 14:03, 31.12.2023 Питер Фишер - 2024 шықәсазы Германтәылеи Қырҭтәылеи Европатәи ахеилакахь аинтеграциазы аусеицура нарыгӡоит 14:16, 28.12.2023 Германтәыла ишырҳәаз ала, Европа, Америка Украина иазоунашьҭраны иҟаз ацхыраара ахарҭәаара залшом 10:32, 21.11.2023 Германтәыла Атәылахьчара аминистр Киев дыҟоуп 13:29, 12.11.2023 "Блумберг" - Германтәыла анапхгаратә коалициа иаауа ашықәс азы Украиназы арратә цхыраара арҩбареи аамиллион евро аҟынӡа азырҳареи иазкны еиқәшаҳаҭхеит 13:31, 30.10.2023 Германтәыла Атәылахьчара аминистр - Европа аибашьра алагара шалшо еилаҳкаароуп, ари азы ҳҽазыҟаҳҵароуп 16:25, 29.09.2023 Германтәылеи Франциеи рыцҳаражәҳәаҩцәа еицыҟарҵаз ааҧхьара - Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә мчқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит хықәкык азы рҽеидкыланы, уи анагӡаразы аус еицырурц 19:46, 27.09.2023 Азакәандаратә миграциа амшала Германтәыла, Польшеи Чехиеи рҳәаақәа рҿы ахылаҧшра арҕәҕәоит 20:48, 30.08.2023 Германтәыла аиҳабыра Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам атәылақәа реиқәыҧхьаӡа ианырҵеит 16:47, 30.08.2023 Германтәыла, Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам ҳәынҭқаррақәас иазхаҵаны, дара рҟны амиграциа аусхкы аҿы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ргәы иҭоуп 11:54, 10.08.2023 Германтәыла даанкылоуп ашпионаж изхараҵо арбџьармчқәа рылахәыла 10:26, 22.07.2023 Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр - Германтәылеи Нато-и Польша мрагыларатә фланг ахьчараҿ ацхырааразы ихиоуп 15:58, 19.06.2023 Қырҭтәыла даҭаауеит Германтәыла Аекономикеи аклимат ахьчареи азы аминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ 17:15, 14.06.2023 Германтәыла раҧхьаӡа акәны ишьақәнарҕәҕәеит Амилаҭтә шәарҭадара астратегиа, уаҟа Евроеидгылахь Қырҭтәыла алаларагьы иалацәажәоит 19:20, 06.06.2023 Илиа Дарчиашвили - Германтәыла Қырҭтәыла европатәи аинтеграциа аҵакы абжьы рдуна иахцәажәоит 13:12, 13.05.2023 Германтәыла Қырҭтәыла иазоунашьҭуеит аибашьра ианалага инаркны зегьы реиҳа идуу арратә цхыраара апакет 11:41, 04.05.2023 Томас Ҳакер - Қарҭтәи аиԥыларақәа рҿы 12 рекомендациа ҳрыхцәажәоит 10:38, 28.04.2023 Германтәылаҿ Вахтанг Гомелаури ивизит ихыркәшеит 15:47, 14.04.2023 Германтәыла жәаҩыла аидаратә машьынақәа рырныҟәцаҩцәа, урҭ рыгәҭа Қырҭтәыла атәылауаагьы, азабастовка нарыгӡоит
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/germantmla/
2024-02-27T01:46:32Z
<urn:uuid:7e2ff9ca-bfc6-43a6-9927-fbabf3073019>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.63
1
30
3,988
tlsh:T139D3DE814A50DB4BC1B3D16C8E81C9362DC1B9078B21B564CED6B9B1275A18CDFFCD26A9F5EA090F209F2A11D1227F019A05ECE719BEFED7B25100795E2E38D93364378A9D
Иракли Ҕарибашвили – Шарль Мишели сареи ҳаиҧылараҿы Қырҭтәыла ареформақәа рпрограммеи евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу апрогресси ҳалацәажәеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Ҕарибашвили – Шарль Мишели сареи ҳаиҧылараҿы Қырҭтәыла ареформақәа рпрограммеи евро... Иҵегь аҭагалара Иракли Ҕарибашвили – Шарль Мишели сареи ҳаиҧылараҿы Қырҭтәыла ареформақәа рпрограммеи евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу апрогресси ҳалацәажәеит 18:15, 01.12.2023 Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европатәи ахеилак ахадеи иареи реиҧылара дахцәажәеит Twitter аҿы. Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, аиҧылараҿы Қырҭтәыла ареформақәа рпрограммеи евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу апрогресси иалацәажәеит. «ЕАР 28-тәи аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, сара Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель иҟны ихырҳагоу аиҧылара мҩаҧызгеит. Ҳара аклимат аҽаҧсахра аҿагылареи, Қырҭтәыла ареформақәа рпрограммеи, евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу апрогресси ҳалацәажәеит. Сара Шарль Мишель адгыларазы сиаҭабууп, ҧхынҷкәын азы ҳтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара сахыццакуеит», — иҩит Иракли Ҕарибашвили. АПОЛИТИКА Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили 3 Еиҧшу Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп ҳара аглобалтә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны алҵшәа дуқәа шҳауа, адунеитә масштабла изҩыдоу, ишәҭыкакаҷу аҧеиҧш аиқәыршәара шҳалшо Иракли Ҕарибашвили адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа ихы алаирхәит Иракли Ҕарибашвили аилахәыра TAQA анапхгаҩы диҧылеит Аҳәынҭқарра, зынхарҭатә ҭагылазаашьа цәгьоу 1000 ҭаацәара анхарҭа ҿыцқәа рнаҭоит Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина диҧылеит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ари аус ҳазықәҧон, аус аауан, атәыла анапхгареи ажәлари ари астатус ҳҽаҧсаҳтәит Иракли Ҕарибашвили Урсула фон дер Лаиен лахь - Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит Иракли Ҕарибашвили Евроеидгылаҿ ахантәаҩра змоу атәыла – Испаниа аҧыза-министр иахь - Қырҭтәыла, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟатәи алахәыла аҳасабала, Европа ашәҭыкакаҷраҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель иахь – Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит Амш зеиҧшрахо 4° аҩ Қaрҭ Ах 8° аҧшь 10° Авалиута акурс $ USD 2.6525 0.001 € EUR 2.8769 0.007 ₽ RUB 0.02873 0.077 £ GBP 3.3631 0.004 TOP 5 Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан Атапанчала ахысразы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионс иҟалеит – #1TVSPORT Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-gharibashvili-sharl%D1%8C-misheli-sarei-haiphmlaratchvm-qmr%D2%ADtmla-areformaqa-rprogrammei-evrointegratcia-aprotcessatchv-ikhow-aprogressi-halatcazh/
2024-02-27T07:00:45Z
<urn:uuid:aeddd2bf-0346-4325-b6a0-9895965e2d48>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.6
0.95
50
5,980
tlsh:T1EDA9DAC18844DB07E577C555CBD18A353ED2390A8621B230CED9B8722786168FFFCC13A8B9E80A1AB0C71512D1627F006609FCE749BEFAD7612241A06D3F74DD2BD472899D
Қырҭтәылa aкоронaвирус аарԥшра аҵоура 7 мштәи арбага 29.28% иаҟароуп. Аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы. Аҵоура арбага: ҽнактәи – 30.36%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 26.16%. Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус 23134 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 17594-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 33-ҩык. АУААЖӘЛАРРА aкоронaвирус аҵоура арбага 1 Еиҧшу Тедрос Аданом Гебреисус - Covid-19-и, агриппи егьырҭ ареспиратортә чымазарақәеи рхыԥхьаӡара иазҳауеит, асабрадақәа ныҟәыжәгала, алаҵақәеи атестқәеи иҟаҵаны ахьшәымоу гәашәҭала Иване Чхаиӡе - Акоронавирус ареспиратортә вирусқәа ркатегориахь ииасит Адукат ишааицҳаз, Михеил Саакашвили акоронавирус изышьақәдырӷәӷәеит Амедиа адыррала, Евроеидгыла ари аиҿкаара иалоу атәылақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит Китаинтә инеиуа апассаџьырцәа рҟны „ковид-19“ азы атестирра зыршҳаҭуа адокумент гәарҭаларц Агәабзиарахьчаразы адунеитә аиҿкаара Китаи ахь ааԥхьара ҟанаҵоит апандемиа иазкны иҵабыргыцәҟьоу адыррақәа аладырҵәарц Reuters – Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Иапониа акоронавирус амшала иҧсит 415ҩык, уи арекордтә арбагоуп Ԥхынҷкәын азы Китаи 250 миллион ҩык акоронавирус рыдбалан Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Китаи аҟны 40 052-ҩык акоронавирус рыдблан Китаи аковид амзызла ишьақәгылоу аԥкрақәа раԥыхразы аҿагыларатә акциақәа нагӡоит, адемонстрантцәа Си Ӡинпин инапынҵақәа рышьҭаҵара идҵаны иқәдыргылоит Китаи, Синӡиантәи апровинциаҿ, акоронавирус амзызла иҟаз алокдаун иахҟьаны, аҿагыларатә акциа мҩаԥган
https://1tv.ge/lang/ab/news/qmr%D2%ADtmla-akoronavirws-aar%D4%A5shra-acowra-chvnakti-arbaga-30-36-iakharowp-7-mshti-29-28/
2024-02-29T19:29:12Z
<urn:uuid:6b007e1f-b412-439d-8d33-62e710896064>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.9
0.92
0.97
13
2,641
tlsh:T137A226518B04DB0BC6B7C155CAA18F352CD0784782317230CDD4B4B029050A9DFFDD119DFDA9194AB4EB2424E166FB246B0EFCEA147EBEE7319204946D3F64ED26983AD69E
««Иаку амилаҭтә ҵысреи» уи иадгыло агәыҧқәеи, изакәызаалак азинтә ма аполитикатә ашьаҭа зҵам аҳәарақәа иқәыргыланы, аилаҩынтәра аиҿкаара нарыгӡоит, аинститутқәа раҳаҭыр ладырҟәоит, аҳәынҭқарра иажәылоит», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Мамука Мдинараӡе апартиа аофис аҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы. Мдинараӡе иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аоппозициа атәыла азинхьчаратә органқәа раҳаҭыр лазырҟәо акампаниа мҩаҧыргоит. «Уи зеиҧшҟамлац аполитикатә ҧхамшьароуп. Дара анапхграҿы ианыҟаз ақырҭуа полициа ахаҭарнакцәа раҳаҭыр ладырҟәон, уажәы, уахгьы-ҽынгьы ҳуааҧсыреи ҳтәылеи рхақәиҭреи ршәарҭадареи зыхьчо аполициа аусзуҩцәа ахьымӡҕ ддыргоит. Иахьа ақырҭуа полициа аҳәынҭқарра амаҵ ауеит, Қырҭтәыла ауааҧсыреи ҳтәыла асасцәеи ршәарҭадара еиқәдыршәоит. Убри аҟынтә, аоппозициаа егь ҟарҵаргьы, ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа азинхьчаратә органқәа раҳаҭыр зыладырҟәом», — иҳәеит Мамука Мдинарадзе. АПОЛИТИКА aоппозициa Мaмукa Мдинaрaӡе 2 Еиҧшу Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Мамука Мдинараӡе - Ауаажәлар имцу алибералтә идеологиа аҟынтә ахьчаразы, азакәанԥҵаратә аԥшьгара аус адулара ҳаӡбеит Мамука Мдинараӡе - Қырҭтәыла ашәарҭа иҭагылан, атерактқәа рымҩаԥгара ахарадырҵон, Украина ацҳаражәҳәара аҳәамҭа иаанаго исзеилкаауам, аполитикатә шьаҭа ашәымҭан ҳәа, ари ахҭыс ҳҵәахыр акәызма? Мамука Мдинараӡе - Иахьатәи ихадоу ааԥхьара адеоккупациа ауп Гига Миқанаӡе ишааицҳаз, апарламенттә аиҳара алидер иҭыԥ Мамука Мдинараӡе ааникылоит Апарламенттә аиҳареи аоппозициеи рхаҭарнакцәа реиҧылара мҩаҧысуеит Апарламенттә оппозициаа рхаҭарнакцәеи Евроеидгыла иҷыдоу ахаҭарнакцәа рделегациеи еиԥылоит Мамука Мдинараӡе – Атәыла ахада илдыруазароуп, лара Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәылхыр, 2003-2012 шықәсқәа рзы иара иҟаиҵаз зегьы азы аҭакҧхықәра лхы адылҵоит Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, атәыла ахада лимпичмент апроцедура алагаразы 80 анапынҵақәа еизыргахьеит Мамука Мдинараӡе – Аимпичмент апроцедура алҵшәа шахылымҵуа аадыруеит Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ аҩ 3° Ах 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мака Боҷоришвили Европарламент аҿы аиԥыларақәа лыман Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахабжьа аганахьала адронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, урыстәылатәи аҳирхьчаратә мчқәа 38 дрон карыжьит Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи бџьаршьҭыхлатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит фҩык аибашьцәа Афермерцәа рпротест амзызла, Украинеи Польшеи рҳәааҿ иҟоу оужьҭратә пунктқәа зегьы аибаратә машьынақәа рзы аркуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/mamwka-mdinaradze-aoppozitciaa-apolitcia-aha%D2%ADmr-ladmrkhmr-r%D2%ADaxwp/
2024-03-04T01:29:39Z
<urn:uuid:74f957b8-f189-4272-82b2-f9776c2a258e>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.6
0.98
30
4,835
tlsh:T13C3AFCA16A44DF4BC173C49D8A518D362CC16C4BD626B1B0CDC9F471124205DEFFCC13AAFAEC068970EF2556D062BF01264AECEA19BDBFDB72950094AE3E38EA27547689AD
Шьалуа Леуарсан-иԥа Ҵәыџьба (аур. Шалва Леуарсанович Цвижба; ԥхынҷкәынмза 18, 1912 ш., Тамшь ақыҭа, Очамчыра араион — лаҵарамза 26, 1987 ш., Аҟәа) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет. Аҵакы 1 Абиографиа 2 Абиблиографиа 3 Алитература 4 Азхьарԥшқәа Абиографиа аредакциазура Диит 1912 ԥхынҷкәынмза 18 рзы Тамшь ақыҭа Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 1987 шықәса лаҵарамза 26 рзы. Джуп Аҟәа ашьхараҿ, ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҿы. Иқыҭаҿҭеи алагаоҭатә школ даналга, Ш. Ҵәыџьба аҵара иҵон Гагратәи ашкол-интернат аҿы, нас — Н. Лакоба ихьӡ зху Аԥсуа школ аҟны. 1932 шықәса инаркны иҵара наигӡоит Нхыҵ Уапстыла, апедагогтә институт аҿы. 1935 шықәсазы аинститут ахԥатәи акәрс аҟны дыштәаз дбаандаҩыртәит, иус «ӡбны», Сибраҟа дахыргоит. Егьшихарамыз шьақәыргыланы Аԥсныҟа ахынҳәара азин иуоит 1954 шықәсазы. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1930 шықәса инаркны. Ипоезиатә рҿиамҭақәа рзы иаҭәашьоуп Д. Гәлиа ихьӡ зху Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа /иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь/. Абиблиографиа аредакциазура Аҟама. Аҟәа, 1934 шықәса. Аԥшәма хәыҷы. Аҟәа, 1955 шықәса. Иалкаау. Ақәа, 1957 шықәса. Иалкаау. Ақәа, 1963 шықәса. Маҿа-маҿа. Ақәа, 1966 шықәса. Ацәқәыпԥақәа. Ақәа, 1970 шықәса. Иалкаау иҩымҭақәа. Ақәа, 1972 шықәса. Иалкаау. Ақәа, 1982 шықәса. Апоет иразҟы. Ақәа, 1988 шықәса. Алитература аредакциазура Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 907
https://ab.m.wikipedia.org/wiki/%D2%B4%D3%99%D1%8B%D1%9F%D1%8C%D0%B1%D0%B0,_%D0%A8%D1%8C%D0%B0%D0%BB%D1%83%D0%B0_%D0%9B%D0%B5%D1%83%D0%B0%D1%80%D1%81%D0%B0%D0%BD-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-02-24T06:09:28Z
<urn:uuid:de8687e5-3237-41bb-aee4-d72d08764744>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.84
0.93
0.99
14
2,547
tlsh:T1E0648B51C244C74BC37BC1988DE15C38DDD85862033372B1CDD6B0E63623098EFFDC0266E994164A31AF462191229A24498AFDD469FD6BCF61D250D72F2E3CEE17607BA65F
Ҳтәыла аҭоурых аҿы иҟоуп иналукааша аҵакы змоу, ҳажәлар рлахьынҵа иузаҟәымҭхо арыцхәқәа. Аха 1993 шықәса цәыббрамза 30 рзы иҟалаз ахҭыс ду даҽа хҭыск иаҳзадкылом. Ари ахҭыс ала ихацыркхеит Аҧсны аполитикатә ҭоурых ҿыц адаҟьақәа. Хашҭра зқәым ари амш аҽны иааирала ихыркәшахеит ақырҭуа шьаарҵәыра-мпыҵахаларатә режим иаҿагыланы ҳажәлар рықәҧара. Ҳтәыла аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рҿы ахаан азы ишьҭыххеит ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра Абираҟ! Иналукааша ҳмилаҭтә ҧхьагылаҩ, Аҧсны Афырхаҵа, жәлар рҵеи ду Владислав Арӡынба зхадараҿы дгылаз иҧшьоу ари ақәҧараҿы ахамеигӡареи, агәымшәареи аадырҧшит ҳаибашьцәа хьӡырҳәагақәа, ҳадҵаҟаҵаҩцәа, Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәа, аҳәаанырцәтәи ҳдиаспорақәа, Урыстәылантә, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыҟнытә хатәгәаҧхарала иааз, абџьар аанкыланы иҳацеибашьуаз, хьаҵрак ҟазымҵаз ҳадгылаҩцәа ҕьеҩқәа! Ҳара ҳхырхәоит фырхаҵарыла иҭахаз ргәалашәара аҿаҧхьа! Ирзеиҕьаҳшьоит агәамч, анасыҧ, аихьӡара ҿыцқәа ихьыҧшым ҳҳәынҭқарра аргылара иалахәу ҳветеранцәа зегьы! Иҭабуп ҳәа расҳәоит лацәааихьшь ҟазымҵаз, агәырҩеи агәаҟреи рҿаҧхьа зхы лазмырҟәыз ҳфырхацәа ранацәа, рабацәа! Нагӡара ақәзааит ҳажәлар раӡәкреи, ргәымшәареи, рфырхаҵареи ирылҵшәоу Ҳиааира Ду! Ишәҭыкакаҷлааит ихьыҧшым ҳаҧсадгьыл Аҧсынтәыла! Уважаемые соотечественники! Уважаемые ветераны! Уважаемые гости! Каждый год, связанный с днем Великой Победы нашего народа в Отечественной войне против грузинских агрессоров, наполняет глубоким смыслом и содержанием нашу последовательную борьбу за восстановление национальной государственности, истоки которой уходят в многовековую историю. Наш героический народ выдержал все суровые испытания в ожесточенной, кровопролитной борьбе с грузинским фашизмом. Высокую и объективную оценку внутренней моральной и духовной мобилизованности нашего народа в ту судьбоносную эпоху дал основатель современного независимого абхазского государства Владислав Ардзинба, стоявший у истоков нашей Победы: «Нам навязали войну. Нас решили покорить и уничтожить…–отмечал он,– но наш народ выстоял в справедливой борьбе с теми, кто пытался растоптать нашу государственность. И в этой священной борьбе мы опирались на братскую помощь народов Северного Кавказа, Юга России, всех честных людей мира…» Мудрые слова великого политического лидера вновь и вновь возвращают нас к тем драматическим событиям, к той ситуации, когда в ряды защитников оккупированной Абхазии вливались представители всех наших зарубежных диаспор, добровольцы из всех братских республик Северного Кавказа, Юга России, с Южной Осетии, Приднестровья, других государств ближнего и дальнего зарубежья. Хотел бы выразить самые добрые пожелания всем гражданам нашей республики. Всем нашим друзьям и доброжелателям в ближнем и дальнем зарубежье! Пусть никогда не померкнет память о тех, кто положил свои жизни на алтарь священной Победы! Низкий поклон матерям и отцам героев, павших смертью храбрых в боях за освобождение нашей Родины! С Днем Победы, дорогие соотечественники! Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит ҳиааиреи ҳхьыҧшымреи рныҳәамш ду! Нагӡара ақәзааит шьала иаагоу Ахақәиҭра! Шьардаамҭа Аҧсынра! Возврат к списку Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкылақәа Жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа Ахада Иусҧҟақәеи идҵақәеи Ахада иажәахәқәа Ацҳамҭақәа Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/doc/rechi/?ELEMENT_ID=11083
2023-12-06T04:46:46Z
<urn:uuid:7c7f34ee-f6b3-4e71-a99d-cc77dd0f7e2e>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.48
0.69
0.98
26
6,806
tlsh:T1FB259CE1AD40DF4BC277C5A98B508A352DE16443C6227165DED5B9A02686084FFFCC13BAF9E4466AA4EF1101E056FD14B90EFDE654FE7BE7325200E12D3F34E9239876C65E
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара Аус ҳуеит ашәарҭадареи, агәрагареи аиҭашьақәыргыларазы Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшратә миссиа ҳауп. 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала аибашьра аҟәыҵра иазкны аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь ҳара ҳмиссиа арахь&nbsp;иаашьҭын. Аҧыҧшра 24/7 Амиссиа ахатәы аусура 2008 шықәса цәыббра мза ианалага инаркны, ҳара инаҳагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара, Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧсни административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ираҳҭоит, Европатәи аполитика иазааигәоу аилазаашьақәа Қырҭтәылеи, арегиони рҿы рхатәы политика ашьақәыргылараҿы ацхыраара раҳҭоит. Аибашьратә хҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара Ҳара ҳприоритетқәа аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара аҭареи, Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа азааигәара инхо ауаа ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи, еиҿагылоу аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылареи, Қырҭтәылеи, арегиони ирызкны Европатә аполитикатә ҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Аганқәа рыбжьара адырраҭара аиҭныҧсахлара Аидыслара ма ашәарҭадара иазку, ма егьырҭ азҵаарақәа цәырҵыр, ҳара аҭагылазаашьа аилкааразыи, аибарххара ма аиҿыхара аҽацәыхьчарази ацхыраара раҳҭоит аганқәа адырраҭара аиҭныҧсахлараҿы. English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом. Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://www.eumm.eu/ab/new_media_gallery/xtiyucsbc1_adu_4q
2023-12-03T01:53:17Z
<urn:uuid:72922d34-de3a-418e-8d72-2a1b6717999d>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.85
0.99
27
6,705
tlsh:T1B51D2AD14544CB4BC173D4A9CA818F386CE26D578212B270CD8EF5B21685059EFFCC139ABAE8015B70EB1911D121BF10690AECDA687DBBE7B04240B65E3E7CDD276576C5AE
Аԥсны зегьы бзиа еицырбо жәлар рышәҟәыҩҩы, ҳаамҭазтәи аклассик Алықьса Гогәуа имшира инадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит иара изку аочерк. Асҭанда Арӡынԥҳа Хәажәкыра 15, 1932 шықәсазы диит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, алитературазы Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I-тәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Гогәуа. Алықьса Гогәуа иԥшәмаԥҳәыс Еҭери Ҭарԥҳаи, иԥҳацәа Аминеи Амреи ицны, Афон Ҿыц, 1967 шықәса © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Алықьса Гогәуеи иҷкәын Дмитрии, 1975 шықәса © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Жәлар рышәҟәыҩҩы Исгәалашәоит ҭагалантәи мшы еилгак аҽны ашколтә ныҳәа еиднакылаз ахәыҷқәа неилыс-ааилысуан. Арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рнапкымҭақәа ӡырыргон «Ҭагалан аҳамҭақәа» ҳәа хьӡыс измаз есышықәсатәи аиармаркаҿы. Жәабаҟа шықәса зхыҵуаз аӡӷаб напкымҭак даднахалеит. Лылаԥш лзаҟәымго дахәаԥшуан: аԥсуа гәараҭа, аԥацха хәыҷы гылоуп, насҭха – абаҳча, ашәырҵла хәыҷқәа рыҵаҟа амахәқәа ԥыҵәҵәаны икаԥсоуп, апластилин иалху ашәырқәагьы рыҵаԥсоуп. «Ари закәи? – сҳәеит – Гогәуа иҿы ишыҟаз еиԥш оума? Қәыршыҩшьҭахь абаҳча?» Сыблақәа сырҩахан сааԥшызар, дызбеит сырҵаҩы абри исҳәаз даара лгәы ишахәаз удырратәы длаша-лашо. Сақәшәеит! Аха уеизгьы, арҵаҩы уи аҭыԥҳа хәыҷы лаасҭа насыԥ лымамзар ҟаларын уи аҽны. Дысгәалашәоит убасгьы ҳгәылара аӡӷаб хәыҷ диины аҩныҟа данааргоз. Лара Елана лыхьӡырҵеит, уигьы «Гогәуа иҿы ишыҟаз еиԥш». Џьума Аҳәбеи Алықьса Гогәуеи, 1978 шықәса © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Арымарахьала арыӷьарахь: Алықьса Гогәуа, Иапониатәи ажурналистка, Фазиль Искандер, Аҟәа, 1970-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Уи аахыс аамҭа рацәа цахьеит, аԥсҭазаараҿы абжьааԥны ишыҟалало еиԥш. Уажәазы ателехәаԥшраҿы аус зуеит, Алықьса Ноча-иԥа – дсасны даҳҭоуп. Аҭыхрақәа ирылагаанӡа дашшуеит ҳрепортажқәа руак аҿы иманшәаламыз ҳәоук ҳацәцеит ҳәа. «Иубоит, – иҳәеит, – аурысшәаҟынтә ишиашоу аԥсшәахь ишеиҭагоу. Аԥсуа бызшәа акалька бзиа иабаӡом, аԥсышәала атекст уҩырц азы аԥсышәала ухәыцуазароуп». Арыӷьарахьала арымарахь: Владимир Аҩӡба, Алықьса Гогәуа, Шоҭа Ҷкадуа, Миқанба И. © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Арымарахьала арыӷьарахь: Анатоли Аџьынџьал, Алықьса Џьениа, Алықьса Гогәуа, Анатоли Зыхәба, Шоҭа Ҷкадуа, Ҷыҷыкәа Џьонуеи уи иԥшәмаԥҳәыс Цыба Киутԥҳаи © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Уажәы исгәалашәагәышьом изхыиҳәааз аҳәоу зеиԥшраз. Аха уи ара шьҭа иагьабаҭаху. Алықьса Гогәуа – жәлар рышәҟәыҩҩуп. Ари аофициалтә хьӡы рхырҵоит алитература аҿиараҿы иналукааша зхатә лагала ҟазҵаз ауаа. Аха, иаҳҳәап, сара исазҵаазҭгьы жәлар рышәҟәыҩҩы ҳәа изышьҭоу дарбан ҳәа, убас аҭак ҟасҵон: уԥсҭазаара иахәҭаку иоуп, зфырхацәа рыхьӡқәа зыхшара ирхырҵо иоуп ҳәа. Убасҟан зегьы рҭыԥқәа рҿы инагылоит. Арымарахьала арыӷьарахь: Алықьса Гогәуа, Евгени Евтушенко, Гули Кьычԥҳа, 2008-2009 шықәсқәа © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Арымарахьала аҩбатәи - Алықьса Гогәуа, Асовет Еидгыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла, Москва, 1980-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Адуқәа зегьы – раамҭа иақәшәоит Алықьса Ноча-иԥа диит Очамчыра араион, Гәыԥ ақыҭан. Аҵара иҵон зны иқыҭаҿтәи ашкол аҿы, анаҩс – Тҟәарчал, абжьаратә школ далгеит Тҟәарчал араион, Ԥақәашь ақыҭан. Ашкол аамышьҭахь заԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхараны иҟаз арԥыс ишәҟәқәа алеиҵеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет аҭаларазы. Аха убасҟан ихадоу амаҭәарқәа рыла қәҿиарала аԥышәара аҭо дшааиуаз, ақырҭуа бызшәаҿы данааи, изамҭеит. Абра данеиқәымшәа ашьҭахь Тҟәарчалтәи ашахтаҿы аусура далагоит, адырҩашықәсаны зегь акоуп аинститут дҭалоит иалиххьаз азанааҭ ала. Алықьса Гогәуеи Баграт Шьынқәбеи А. Гогәуа 50 шықәса ихыҵра азгәаҭараан, аизара мҩаԥигоит Баграт Шьынқәба, 1982 шықәса © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Арымарахьала арыӷьарахь: Мушьни Лашәриа, Алықьса Гогәуа, Алықьса Аргәын, 1960-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Ашьҭахь, 1995 шықәса инаркны 1960-нӡа Алықьса Гогәуа аҵара иҵон Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҿы. 1959 шықәсазы Асовет Еидгыла ашәҟәыҩҩцәы реидгыла далалоит. Москва иҵара хыркәшаны Гогәуа иԥсадгьыл ахь дхынҳәуеит. Аус иуеит ажурнал «Алашара» аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс (1962 шықәса инаркны), анаҩс аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредактор еиҳабыс, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хадас (1975–1989 шш. рзы), Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩыс (1989–1997 шш. рзы). Алықьса Гогәуа дшыхәыҷыз аҩра далагеит, ажәа абзиабара иҭаацәаратә традициа иалан. Иаб дажәабжьеиҭаҳәаҩын, ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа бзиаӡаны идыруан, реиҭаҳәашьагьы дақәшәон: ажәа дазҟазан, изыӡырыҩра агәахәа унаҭон. «Дырмит Гәлиа имшқәа Москва», арыӷьарахьала актәи Алықьса Гогәуа, 1970-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Арымарахьала арыӷьарахь: Хәыта Гагуа, Алықьса Гогәуа, Алықьса Џьениа, Ҳақыбеи Смыр, 1970-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Гогәуа ирҿиаратә мҩа ажәеинраалақәа рыла ихациркит. Раԥхьаӡа акьыԥхь збаз иажәеинраала «Агеолог» агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» ианылеит 1949 шықәсазы. Алықьса усҟан 17 шықәса ихыҵуан. Иахьа иара даҳдыруеит ажәабжьқәеи, аповестқәеи, ароманқәеи, акритикатә статиақәеи апублицистикеи равторк иаҳасабала. Гогәуа ироман-рапсодиа «Асду» акәзар, аԥсуа литератураҿы иналукааша аԥҵамҭахеит, Асовет Еидгыла иалаз ажәларқәа жәпакы рбызшәақәа рахь еиҭаргеит, иара убас европатәи абызшәақәеи аиапон бызшәеи рахь. Ажәлар рыбзиабара иалнахыз: Баграт Шьынқәба изкны Гогәуа ихаҭагьы аиҭагара инапы алакуп. Иара ибзоурала аԥсышәала ҳрыԥхьоит Фиодор Достоевски иҩымҭақәа «Ацәгьоуреи ахьырхәреи», «Аҵх лашақәа», Лев Толстои иҩымҭа «Иван Илиа-иԥа иԥсра», Константин Федин «и-Аԥсуа ажәабжьқәа» уҳәа убас иҵегьгьы. Алықьса Гогәуа ишиҳәо ала, ашәҟәыҩҩцәа дуқәа зегьы – раамҭа иақәшәон. Иара иазгәеиҭеит уажәгьы-уашьҭангьы Маркес ироман «Шәышықәса азаҵәра» дшазхьаԥшуа. «Сара сгәы излаанаго ала, ари аԥҵамҭа дуӡӡоуп, ароман ажанр аихьӡарақәа шамахамзар зегьы еизнаҳәҳәоит», – иҳәоит иара. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҟынтә Гогәуа даликаауеит Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба, уи ипоезиеи ипрозеи. «Адунеитә литература амшын дуӡӡа аԥсуа мотивқәа алазар – уи, раԥхьаӡа инаргыланы, гәыла-ԥсыла ажәлар рҟынтә иаауа Баграт Шьынқәба ипоезиа амотивқәа роуп», – ҳәа агәра ганы дыҟоуп Гогәуа. Алықьса Гогәуеи Вианор Ԥачлиеи – альбом «Аԥсны» аицавторцәа, Лыхны, 1978-1979 шықәсқәа © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Аԥсуа баарыԥхра азцара, арымарахьала актәи – Алықьса Гогәуа © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Ажәлар реидгылара ахаҿы игылаз Алықьса Ноча-иԥа Аԥсны имҩаԥысуаз ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара еснагь активла далахәын. 1988 шықәсазы Асовет Еидгыла жәлар рдепутатс далырхит (1988-1991). Иара ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ауаажәларра-политикатә ҵысра – Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара», иара уи дахагылан. Адепутатцәа Москва, Баграт Шьынқәбеи Алықьса Гогәуеи, 1989 шықәса © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Адепутатцәа Москва, Ашҭа ҟаԥшь аҿы: Владислав Арӡынба, Алықьса Гогәуа, ҩыџьа идырым, Баграт Шьынқәба, Аршба, 1989 шықәса © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Аԥсны аҭоурых здыруа зегьы еилыркаауеит ари афорум аԥсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥараҿы ароль хада шааннакылаз. Афорум «Аидгылара» аԥҵан 1988 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы. Уи еиднакылон зыхьӡ нагоу аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа, ауаажәларра. Ахьӡ ахаҭа ишаҳәо еиԥш, афорум идеиа хадас иамаз ажәлар реидкылара акәын. Арымарахьала арыӷьарахь: Даур Занҭариа, Амина Гогәуа, Алықьса Гогәуа, Рауф Чеԥиа, 1981 шықәса © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Арымарахьала арыӷьарахь: Руслан Гәажәба, зыхьӡ еилкаам, Даур Занҭариа, Лариса Аргәын, Алықьса Гогәуа, Аҟәа, 1977-1978 шықәсқәа © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Аԥсуа жәлар рыԥсадгьыл аҿы рхы иақәиҭны, рхы ҳәаақәырҵо иҟалартә еиԥш жәашықәсала иззықәԥоз рзинқәа «Аидгылара» анаԥырҵа нахыс ҽаԥарак ԥхьаҟа ицеит. Усҟантәи аамҭазы, ақыртқәа Аԥсны иахаԥаны ианыҟаз, «Аидгылара» мацара акәын аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчара иазкыз. Ари аиҿкаара цхыраагӡа духеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993шш.) аламҭалазы ажәлар рымчқәа реидкылараҿы. Анаҩс, 1995 шықәсазы аиҿкаара аҽоунашьҭит. Тарас Шамбеи Алықьса Гогәуеи Москватәи аԥсуа диаспора рԥылараан, Москва, 2000-тәи ашықәсқәа © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Арымарахьала арыӷьарахь: Нелли Маан, Нелли Ҭарԥҳа, Алықьса Гогәуа, 2000-тәи ашықәсқәа © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Абду изку ажәа Алықьса Ноча-иԥа даара дшеилахоугьы – арҿиара аганахьалеиԥш, ауаажәларратә ԥсҭазаара аҟынгьы – еснагь иҭаацәара рзы аамҭа иԥшаауан. Ашәҟәыҩҩы имоҭа еиҳабы Нар Ҭаниа игәалашәоит, хьӡи-ԥшеи змоу иабду иҩныҟа инеиуаз имоҭацәа рхы дышнықәԥшлак, иаразнакала иусқәа дшырҟәаҵуаз. «Сыбжьы шааиаҳалак, дызҿыз иҩымҭа нықәҵаны сааидиԥхьалон. Ҳара еснагь ирацәаны ҳаицәажәон, сара схала исҭахны сцаанӡа. Егьа деилахазаргьы, сызхара аамҭа иԥшаауан», – иҳәоит амоҭа. Алықьса Ноча-иԥа иҭаацәа дрыцны. Аымарахьала арыӷьарахь: имоҭа Арзамеҭ Базба, иԥа Дмитри, имоҭа Инара Ҭаниа, Алықьса Гогәуа ихаҭа, имоҭа Лана Базԥҳа, иԥшәмаԥҳәыс Еҭери Ҭарԥҳа, имоҭа Нар Ҭаниа © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Нар гәаартыла иҳаиҳәеит, иабду еснагь кумирс дышимаз, уззымҩаӡо ҳаракыраны дшыҟаз. «Зынӡа санхәыҷӡазгьы сара еилыскаауан дышуаҩ дууз. Ҩныҵҟала исныруан уи, иԥсадгьыл аҿаԥхьа илшахьоу – аполитикаҿ еиԥш, арҿиара аҟынгьы иусура аҵак ду шамаз шысзымдыуазгьы. Сара еснагь сабду иахь сгәы сыхон абри «аура» ҩаԥхьа иснырырц», – иҳәоит Алықьса Гогәуа имоҭа. Нар иабду иҩымҭақәа рахьтә ихазы иаликаауеит аповест «Елана», ажәабжьқәа реизга «Абжьынҵ бнатә», ароман «Асду». Ари ароман иахьагьы актуалра ацәымӡыцт. Иара иаанарԥшуа ахҭысқәа ҟалеижьҭеи шәышықәса инареиҳаны ишыҵхьоугьы, иахьатәи ҳаамҭа ишақәҿнаҭуа ҩашьарада иубоит ҳәа агәра игоит Нар. Иԥсҭазаараҿы ихадароу аус Гогәуа ихаҭа ишиҳәо ала, дызнысыз аԥсҭазааратә мҩа «уадаҩын, аинтерес аҵан, имариамызт», убри зегьы ирҿиараҿы иааирԥшырцгьы иҽазишәон, ижәлари иԥсадгьыли рықәԥара аӡәы ҳәа далагыланы. «Убри ауп сара сыԥсҭазаараҿы хықәкы хадас исԥхьаӡо, еснагьгьы исԥхьаӡоз, убри анагӡаразы сара схы иасырхәеит исымаз сылшарақәеи сдоуҳамчи зегьы», – иҳәоит ашәҟәыҩҩы. Ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз Алықьса Гогәуа иколлегацәа еиҵбацәа рахь ихы нарханы абас еиԥш ажәақәа иҳәеит: «Ажәлар – ибылуа кәасҭӷақәазар, уара – иҿымцәаауа мцазароуп, алашареи аԥхарреи зхылҵуа», – ҳәа иажәа хиркәшеит ашәҟәыҩҩы. Баграт Шьынқәба ииубилеитә хәылԥазы, С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны. Арымарахьала арыӷьарахь: Алықьса Гогәуа, Даур Наҷҟьебиа, Светлана Кәарсаиа © Наала Аҩӡԥҳа Алықьса Гогәуа ажурнал "Алашара" аиубилеи ааны, 2015 шықәса © Наала Аҩӡԥҳа Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр апремиераан. Арымарахьала арыӷьарахь: Ада Қәираиа (шьҭахьла), Алықьса Гогәуа, Џьамбул Жорданиа © Наала Аҩӡԥҳа Алықьса Гогәуа, 1976 шықәса © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Алықьса Гогәуа, 1989 шықәса © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Алықьса Гогәуа афорум «Аидгылара» аҟны иқәгылараан, 1989 шықәса, Витали Қьецба ифото © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә Арыӷьарахьала арымарахь: Алықьса Гогәуеи Денис Чачхалиеи Москватәи аԥсуа диаспора рԥылараан, Москва, 2000-тәи ашықәсқәа © Алықьса Гогәуа иҭаацәаратә архив аҟнытә АААК акоманда зегьы рыхьӡала Алықьса Ноча-иԥа гәык-ԥсыкала имшира идаҳныҳәалоит! Шықәсырацәа нышәҵааит ҳгәы зыздуу ашәҟәыҩҩы! Акомментари ааныжьразы шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп. Ашара а б в г ӷ д џ е ҽ ҿ ж з ӡ и к қ ҟ л м н о ҩ п ԥ р с т ҭ у ф х ҳ ц ҵ ч ҷ ш ы ь ә Абхазский язык Абазинский язык а б в г д е ё ж з и й к л м н о п р с т у ф х ц ч ш щ ъ ы ь э ю я Ӏ Абхазский язык Абазинский язык Ахҳәаа ыҟам Атема ала анҵамҭақәа Мушьни Лашәриа: "Иҭабуп, Анцәа, сахьахьугӡаз сҳәатәы..." 16.01.2019 17:05 Аԥсуа литература абду, аԥсуа ҭҵаарадырра ахацыркҩы Дырмит Гәлиа 21.02.2019 09:50 "Имариоума зегьы рзыҳәа иахьа хәлаанӡа абылра?": Таиф Аџьба игәалашәаразы 11.03.2022 09:30 «Еҳ, аамҭа, аамҭа, уабацои уԥырны…»: Иуа Коӷониа 115 шықәса ихыҵра иазкны 13.03.2019 18:30 Ахҭысқәа «Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Аҭара, Лашькьандар, Кындаӷ имҩаҧгаз аизарақәа. Подведены итоги музыкального проекта ВААК Аҿцәажәара «Необходимо сохранить наш маленький абхазский мирок»: интервью с Теймуразом Тания "Згәы зыԥхьаны иааз": АААК иазнархиеит хатәгәаԥхарала иҳавагыланы еибашьуаз ирызку авидеонҵамҭа Аԥсни италиатәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәеи: аԥсуа ҵарауаҩ Чрыгба ишәҟә ҿыц Ҳара ҳхархәаҩцәа Мэмет УРЕСИН Азми Дургун Шамил Алтын Тулаы Папатя Шамиль Сеихан Омер Нуман Аидын Бенгҩл Қавлан Дмитрий Зухба Аҭалара Аҽҭаҩра Афотосахьақәа Аԥсуа жәлар рашәақәа - асахьаҭыхцәа хәыҷқәа рыблала Авидеонҵамҭақәа «Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Аҭара, Лашькьандар, Кындаӷ имҩаҧгаз аизарақәа. Апроектқәа рыдгылара / Алахәцәа рыхәҭалагала Ахшәаара Аконгресс алалара Арзаҳал ахарҭәаара Аконгресс аҿы Аконтактқәа Амультимедиа Апроектқәа Аконгресс ажәабжьқәа © 2023 АААК Азинқәа зегь хьчоуп 18+ , ма шәыҽҭажәҩыроуп. АААК алахәцәа рхыԥхьаӡарахь адкылара аԥҟарақәа Арзаҳал онлаин ахарҭәаара Арзаҳал PDF аҭагалара Иҭабуп шәахьҳадҵаалаз. Иаарласны ҳаҽшәымаҳдоит. Иҭабуп шәахьҳалахәхаз! Иалашәҵаз азыҳәара хымԥада ҳахәаԥшуеит. 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail Ажәла, ахьӡ, абхьӡы Атекст аҿы агха Аацҳамҭа Асахьатә фаил, ма адокумент Ашьҭра 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail: Апароль Сагәалашәааит Апароль шәхашҭма? Аҭалара Аккаунт аԥҵаӡами? Аҽҭаҩра Ахархәаратә еиқәшаҳаҭра Асоциалтә ҳақәа рыла аҭалара: Защита reCAPTCHA: Конфиденциальность и Условия использования 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail: Ишәхәыц апароль (ф-символк иреиҵамкәа) Апароль еиҭанышәҵа Ахархәаҩ иақәшаҳаҭра аԥҟарақәа сыдыскылоит, схаҭаратә дыррақәа аус рыдулара сақәшаҳаҭуп. Аҽҭаҩра Асоциалтә ҳақәа рыла аҽҭаҩра: Защита reCAPTCHA: Конфиденциальность и Условия использования Иашәырбаз аелектронтә ԥошьҭа арҵабыргразы ишәзынашьҭуп азхьарԥш згәылоу асаламшәҟәы. Аҭаӡ Спам иҭоу агәаҭара шәхашәмыршҭын! Апортал анҵамҭақәа Шәаккаунт апароль аиҭашьақәыргыларазы ахьарԥш згәылоу асалам шәҟәы шәзынашьҭын. Ахьарԥш ала шәиасны апароль ҿыц шәхәыц.
https://abaza.org/abk/azhlar-rymtsakhu-zmyrtso-alyksa-goguua-imshira-iazkny
2023-12-10T14:13:50Z
<urn:uuid:e070cd04-d792-423f-8b0d-49452c7aac3e>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.61
0.98
223
25,322
tlsh:T1CC4D50B2CE80CB4FC6B3D498CB8289395CD54C8282737731CED9F5B52656588EFFDD13AAE6B40699389F1122E162BE05654AFCF625BC3AD7329200912D3F38EE239476D58F
Ареспублика Арцах Ахада Бако Саакиан Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ахада имаҵурахьы иеиҭалхра идиныҳәалеит. Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп: «Ареспублика Арцах анапхгареи ажәлари рыхьӡалеи хаҭала сара сҟынтәи гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит алхрақәа рыҟны ижәгаз аиааиреи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы еиҭа шәалхреи. Сара агәра згоит Шәара, ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара ахыҵхырҭаҟны игылаз, активла зтәыла ахьчара иалахәыз уаҩык иаҳасабала, аринахысгьы шәыжәлари шәҳәынҭқарреи рымаҵ аураҟны ишәылшо зегьы шыҟашәҵо». Возврат к списку Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкылақәа Жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа Ахада Иусҧҟақәеи идҵақәеи Ахада иажәахәқәа Ацҳамҭақәа Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://presidentofabkhazia.org/aps/doc/telegramm/?ELEMENT_ID=11117
2023-12-11T06:28:24Z
<urn:uuid:352e08ff-5df6-4f38-a266-2d71f9f97629>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.83
0.89
0.95
18
2,136
tlsh:T183C3FA416B809B87D6B3C49EDF115B38ACC6548642627760CE89F4B14783019EAFCC13DAAAD4154AB8D71111D5A7BB25954EEEE538BEAAD7301201A22C2FBCDD37E076C19F
Хабарда иӡыз хәык рыҧсыбаҩқәа импыҵахалоу Аҧснынтә иааргеит, апанихида мҩаҧысуеит Самеба аныхабаа аҿы - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Хабарда иӡыз хәык рыҧсыбаҩқәа импыҵахалоу Аҧснынтә иааргеит, апанихида мҩаҧысуеит Самеба а... Иҵегь аҭагалара Хабарда иӡыз хәык рыҧсыбаҩқәа импыҵахалоу Аҧснынтә иааргеит, апанихида мҩаҧысуеит Самеба аныхабаа аҿы 19:52, 12.08.2021 1990-тәи ашықәсқәа рзы Аҧсны иҟалаз аибашьра аан хабарда изыӡ хәҩык ауааҧсыра рыҧсыбаҩқәа импыҵахалоу Аҧснынтә иааргеит — Қырҭтәыла Актәи аканал ари атәы азаарыцҳаит Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарат аҟынтә. Аусбарҭа адырра ала, зыҧсыбаҩқәа ааргаз хәҩык рҟынтә ҩыџьа аруаа роуп. Атәылауаҩратә панихида мҩаҧысуеит Самеба аныхабаа аҿы, нанҳәа 13 асааҭ 17:00 инаркны, иара убас, нанҳәа 14 асааҭ 11:00 инаркны асааҭ 14:00-нӡа. Зыхьӡ еилкаау аҧсцәа руаӡәы арратә ҳаҭырла анышә дарҭоит нанҳәа 14 асааҭ 15:00 рзы, Диҕоми иҟоу аешьаратә нышәынҭраҿы. АУААЖӘЛАРРА Импыҵaхaлоу Аҧсны Хабарда иӡыз хәык рыҧсыбаҩқәа 5 Еиҧшу Импыҵахалоу Аҧсны апарламент аерман депутатцәа Никол Ҧашиниан акритика изыруит иара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара дахьадгыло азыҳәан Урыстәыла анапхгара импыҵахалоу Аҧсны, Очамчыра ақалақьаҿ арра-амшынтә мчқәа еснагьтәи рыргыларҭатә пункт ҿыц аҧҵара ргәы иҭоуп Импыҵахалоу Аҧсны аҵакырадгьылаҿ нанҳәа 1 инаркны ауаажәларратә ҭыҧқәа рҿы аӡсаратә костиумқәа рыла аныҟәара иқәиҭымуп Владимир Путин – Урыстәыла, Аҧсны акомплекстә асоциал-економикатә аҿиаразы ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа наҟ-наҟгьы инанагӡоит Импыҵахалоу Аҧсны де-факто адәныҟатәи аусқәа рминистр Мински Москвеи дырҭаауеит Гиа Вольски – Саакашвилии, Путини, Медведеви Қырҭтәыла иазаарцаз уахәаҧшыр, Аҳәынҭқарртә Дума аспикер Аҧсныҟа инеира акгьы аҵанакәам Импыҵахалоу Аҧсны арратә маҵзурахьы ааҧхьара иалагеит Иракли Чиқовани - Беларуси ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа "ацәаҳәа ҟаҧшь" аҟынӡа инеихьеит, иҟало аабап Иракли Ҕарибашвили - Урыстәыла ала импыҵахалоу Аҧсны арегион аҿы Алеқсандр Лукашенко "ивизит" иаахҵәаны сақәыӡбоит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Лукашенко импыҵахалоу Аҧсны «ивизит» жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәеи анормақәеи еиланагоит Амш зеиҧшрахо 5° ахә Қaрҭ Ас 7° амҽ 5° Авалиута акурс $ USD 2.6790 0.007 € EUR 2.8850 0.014 ₽ RUB 0.028884 0.010 £ GBP 3.3702 0.015 TOP 5 ЕАШ Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ахымца аанкылара иазкны аганқәа ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа зыԥшра ҟамҵакәа инанагӡарц Иракли Ҕарибашвили импыҵахалоу Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу, 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьраан хабарда иӡыз аруааи атәылауаҩратә хаҿқәеи рпанихидаҿ дыҟан Девид Кемерон – Путин даанаҳамкылар, иара иҵегьы даҳзыхынҳәуеит, Америка аҕацәа уи иақәгәырҕьоит Иракли Кобахиӡе Венгриа Амилаҭтә ассамблеиа авице-спикер диԥылеит Иракли Кобахиӡе – Қырҭтәыла азҵаареи Украина иадҳәалоу аиҿцәажәарақәеи реидҳәалара ҟалом, Қырҭтәыла ҧхынҷкәын 14-15 рзы акандидат астатус аиуроуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/xabarda-idzmz-xmk-rmphsmbauiqa-impmcaxalow-aphsnmnt-iaargeit-apanixida-muiaphmsweit-sameba-anmxabaa-atchvm/
2023-12-08T02:30:24Z
<urn:uuid:94f2169d-dae7-44a6-a002-95165d917af5>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.61
0.95
51
5,586
tlsh:T12D923FB19F04CF07C6F3C4958B928A366DD0680B46227170CEC9B4B1565605EEBFCD13E9F9E8165EA4DB1412D1127F15590EFCEA28BDFBE7B11600A46E3F64ED2BA436C19D
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Болгариатәи ареспублика Амилаҭтә Ассамблеиа ахантәаҩы Росен Желиазков диҧылеит. Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан, аганқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәылеи Болгариеи рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟ аусеицуразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла Болгариа иахәаҧшуеит аиҩызаратә тәылеи игәрагоу апартниори аҳасабала. Аиҳабыра рнапхгаҩы Болгариа Амилаҭтә Ассамблеиа ахантәаҩы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Болгариа ала Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәи евроатлантикатәи интеграциеи адгылареи, иара убас, – Евроеидгыла Анаҧшратә миссиа амҩаҧгараҿы иҟаҵоу алагалеи азыҳәан. Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, иҳараку аҩаӡараҟны иаҳа ирацәаны авизитқәа мҩаҧгатәуп. Аиҧылара алахәылацәа атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит, ишазгәаҭаз ала, ахәаахәҭреи аекономикеи – атәылақәа русеицураҿы ахадаратә ҵакы змоу аусхкқәа иреиуп, избанзар, Болгариа Қырҭтәыла иреиҕьу ахәаахәҭратә партниорцәа иреиуп. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, еиуеиҧшым аекономикатә секторқәа рҿы аинвестициатә усеицура арҭбаара иазыхиоуп. Ишазгәаҭаз ала, Амшын еиқәа иаҧну атәылақәа раҳасабала, Болгариеи Қырҭтәылеи ирылшо зегьы ҟарҵароуп аусеицуразы иҟоу апотенциа ахархәара наӡа аиурц азыҳәан, ҷыдала, атранспорти аимадареи аусхкқәа рҿы. АПОЛИТИКА Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили 5 Еиҧшу Иракли Ҕарибашвили – Шарль Мишели сареи ҳаиҧылараҿы Қырҭтәыла ареформақәа рпрограммеи евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу апрогресси ҳалацәажәеит Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель диҧылеит Иракли Ҕарибашвили – Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа алахәызаара агәахәара ду снаҭоит Иракли Ҕарибашвили Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа адунеи алидерцәа рсаммит ихы алаирхәоит Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп арегионаҿ Қырҭтәыла иааннакыло ауникалтә роль абзоурала, ҳтәыла аекономикатә аҿиара азеиҧш регионалтә мышхәыбзазара аиқәыршәара акырӡа ишацхраауа Қырҭтәыла аҧыза-министр инапхгарала Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган Иракли Ҕарибашвили Азиатәи Аҿиара абанк ахада диҧылеит Иракли Ҕарибашвили Словакиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Норвегиа аҳра ацҳаражәҳәаҩ ҿыц дылҧылеит Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Швециатәи аҳра ацҳаражәҳәаҩ ҿыц дылҧылеит Амш зеиҧшрахо 5° амҽ Қaрҭ амҽ 9° ашә 8° Авалиута акурс $ USD 2.7026 0.006 € EUR 2.9421 0.017 ₽ RUB 0.030009 0.056 £ GBP 3.4164 0.010 TOP 5 ЕАШ аҳәынҭдепартамент иаланарҵәаз Атерроризм аҿагылара иазку 2022 шықәсатәи аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла аӡбахә ҳәоуп Иракли Ӷарибашвили - Ҳтәылаҿ ибзиаӡаны еилаҳкаауеит аклиматтә кризисқәа рыҿагылара ароль, ари ахырхарҭала ихадоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит "Ҳамас" аагәабзиарахьчаратә усҳәарҭа информациала, агуманитартә ааҭгылара ашьҭахь Израиль имҩаԥнагаз аҳаиртә жәылараан иҭахеит 187-ҩык Илиа Дарчиашвили - Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагара ишьақәнарҕәҕәоит атәыла анапхгара аусура ду шымҩаҧыргаз Гьаргь Амилахвари Бриуссель имҩаҧысуа аҵара иазку 6-тәи Европатәи асаммит аҿы ажәахәҟаҵаҩы хада иаҳасабала дықәгылеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-gharibashvili-bolgariati-arespwblika-amila%D2%ADt-assambleia-axantauim-diphmleit/
2023-12-02T22:10:30Z
<urn:uuid:3f0e63dc-4e1c-4567-bca6-13ee416573cb>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.61
0.99
36
5,664
tlsh:T14A7ABFC17904DB4BD577C1A8CAE18A317D92391B8361A260CEC5B971774A1ACEBFCD136AFAE8495B60DB1502D161BF012605FCEB59BDBFD3612700A41D3F34DE378472869E
Иракли Ӷарибашвили - Аибашьра иалаӡыз аруаа аҭынч уааԥсыреи иахьа даҽазнык ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит, ҳнапхгара аимакқәа ҭынч мҩала рҭыԥқәҵара адгылоит 10:56, 05.08.2023 Иракли Ӷарибашвили иӡбарала, Шови иҟалаз аԥсабаартә рыцҳара инамаданы, Қырҭтәыла арбџьармчқәа рҽалархәра иазку адҵа ҟаҵоуп 15:05, 24.07.2023 Иракли Ӷарибашвили - Ԥхынҷкәын азы Европа аҟынтә акандидат статус иазку иҳақәнагоу, астратегиатә, аполитикатә аӡбара иаша ҳазыԥшуп 15:45, 15.07.2023 Иракли Ӷарибашвили - Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбара ала иубарҭоуп Қырҭтәыла аиҳабыра абаандаҩы Саакашвили европатәи астандартқәа рыла ишизныҟәо 10:43, 15.07.2023 УЕФА ахада Иракли Ӷарибашвили U-21 Европа ачемпионат қәҿиарала амҩаԥгаразы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит 09:02, 15.06.2023 Оливер Варҳеи - Қырҭтәыла европатәи тәылоуп, Қырҭтәыла аԥеиԥш Евроеидгыҿ иҟоуп 14:14, 13.06.2023 Иракли Ӷарибашвили Бельгиатәи аҳрахь ддәықәлеит 20:24, 10.06.2023 Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ - Олаф Шольц Евроеидгылахь амҩҿ Қырҭтәыла адгылара шьақәирӷәӷәеит 14:14, 10.06.2023 Иракли Кобахиӡе - Шольц аԥыза-министр диԥхьеит ҳәа арадикалтә оппозициаа рмессиџь, "Амилаҭтә ҵысра" аколлективтә азныҟәара аанарԥшуеит 19:20, 06.06.2023 Илиа Дарчиашвили - Германтәыла Қырҭтәыла европатәи аинтеграциа аҵакы абжьы рдуна иахцәажәоит 12:06, 09.05.2023 Иракли Ӷарибашвили - Кезеравшили иҟынтә афинансркра змоу аоппозициатә партиақәа анапхгарахь ааира апретензиа ахьрымоу игәыԥжәагатәу хҭысуп 12:03, 25.02.2023 Иракли Ҕарибашвили Коџьори, аиункерцәа рмемориалаҿ ашәҭқәа шьҭеиҵеит 15:23, 11.02.2023 Иракли Ӷарибашвили - Ааԥхьара иахәамԥшыкәа, ҳнапхгара, ҳаиҳабыра, ҳгәыԥ зегь реиҳа идуӡӡоу арыцҳара - аибашьра ахьарԥшра ҳалшеит 15:01, 11.02.2023 Иракли Ӷрибашвили иҳәамҭала, Ҭырқәтәыла аидара ду рышьҭит 11:46, 27.01.2023 Иракли Ӷарибашвили -Иахьа жәларбжьаратәи ауаажәлара зегьы Ҳолокост иалаӡыз миллионла ауааԥсыра ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит 10:04, 27.01.2023 Аԥыза-министр ақырҭуа-польшатәи аилахәыраҿ иаԥҵаз аԥырҩы дызмам аппаратқәа рԥышәараҿ дыҟан 19:09, 19.01.2023 Иракли Ӷарибашвили - Украина ицо аибашьра арегион зегь азы икатастрофоуп, ари аибашьра иаҳнарбеит аекономикақәа рдиверсификциа шыҟаҵатәу, аибашьранӡа абжьаратәи акоридор азҿлымҳара амамызт, уажәы аҭагылазаашьа ԥсаххеит
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/%D3%B7aribashvili/
2023-12-10T20:14:50Z
<urn:uuid:056ac807-8a2e-4036-96f8-2d6cf761038d>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.68
1
25
3,882
tlsh:T10F61F5819C04DB4BD573C6498F518A353D82BE0683716274CEE5BA71668752CEBFCC16D8F9EC5A5A209B0A11D221BF101615FCF714BE7ADBB25610B42D2F38CA2B9432C9DE
Иракли Павленишвили - Саломе Зурабишвили евроинтеграциа иацхрааша алшара заҵәы лхы иалылхәар лҭахыҵәҟьазар, Михаила Саакашвили ашьауҕа иқәылхроуп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Павленишвили - Саломе Зурабишвили евроинтеграциа иацхрааша алшара заҵәы лхы иалылх... Иҵегь аҭагалара Иракли Павленишвили - Саломе Зурабишвили евроинтеграциа иацхрааша алшара заҵәы лхы иалылхәар лҭахыҵәҟьазар, Михаила Саакашвили ашьауҕа иқәылхроуп 20:06, 02.09.2023 «Ақырҭуа гәахәтәы» аимпичмент иадҳәаланы излагаз ахәмарра 2 хықәкык амоуп: евроинтеграциа аҧырхагахареи ахадаратә зҵаарақәа рҟынтә даҽа зҵаарақәак рахь хшыҩзышьҭра аигареи, – абас игәы иаанагоит «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Иракли Павленишвили. Павленишвили иҳәамҭала, «Амилаҭтә ҵысра» аолигарх ихантә хәмаррақәа рҽалархәра ргәы иҭам. «Саломе Зурабишвили илыдҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, лара евроинтеграциа иацхрааша алшара заҵәы лхы иалылхәар лҭахыҵәҟьазар, лзинмчы лхы иархәаны, Қырҭтәыла ахҧатәи ахада Михаила Саакашвили ашьауҕа иқәылхроуп. Абри ауп лара иҟалҵаша, егьирахь илҳәо зегьы башоуп», — иҳәеит Павленишвили. АПОЛИТИКА Irakli Pavlenishvili Амилaҭтә ҵысрa" Сaломе Зурaбишвили 3 Еиҧшу Гьаргь Мумлаӡе Леван Хабеишвили иамхра даҳәоит «Амилаҭтә ҵысра» - Ника Мелиа аманифест апринципқәа дрықәшаҳаҭым, иара апартиа иаҧырхагоу акампаниа наигӡоит, Ника Мелиа апартиа «Иаку амилаҭтә ҵысра» дахаҭарнакым Леван Хабеишвили - Ника Мелиа уажәшьҭа «Амилаҭтә ҵысра» дахаҭарнакым, иара апартиа далам Владимир Зеленски Саломе Зурабишвили лахь – Украина иазаашәырҧшуа адгылара ахә сшьоит, ҳхақәиҭреи ҳажәларқәеи рыхьчаразы ҳаидгылазароуп Ҭина Бокучава - Ника Мелиа ихатәгәаҧхарала апартиа далҵит, ҳара уи апартиа алахә ҳәа дҳаҧхьаӡом Саломе Зурабишвили Израиль атранспорти амҩатә шәарҭадареи рминистр ҭелла диацәажәеит Ахада ладминистрациа - Ахада радминистрациа аиҳабы Китаи ацҳаражәҳәаҩ иалҳәеит Саломе Зурабишви, Қырҭтәылеи Китаи реизыҟазаашьақәа ма Китаи ахада рыӡбахә лыҳәмит Аиҳабыра радминистрациа - Аҧыза-министр Қырҭтәыла ахада иҟалҵаз аҳәамҭаз агәынгара ааирԥшын, аҳәамҭа Китаи Қырттәылеи реизыҟазаашьақәа арнырра шалымшо иазгәеиҭеит "Амилаҭтә ҵысра" ахаҭарнакцәа ишаарыцҳауа, рпартиа аконсультант Бен Маллет Қырҭтәылаҟа даармышьҭит Ахада Ладминистрациа - Саломе Зурабишвили "Парижтәи аҭынчра афорум" аҽалархәразы Франциаҟа ддәықәлеит Амш зеиҧшрахо 20° амҽ Қaрҭ ашә 20° аҩ 17° Авалиута акурс $ USD 2.7026 0.006 € EUR 2.9421 0.017 ₽ RUB 0.030009 0.056 £ GBP 3.4164 0.010 TOP 5 ЕАШ аҳәынҭдепартамент иаланарҵәаз Атерроризм аҿагылара иазку 2022 шықәсатәи аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла аӡбахә ҳәоуп Иракли Ӷарибашвили - Ҳтәылаҿ ибзиаӡаны еилаҳкаауеит аклиматтә кризисқәа рыҿагылара ароль, ари ахырхарҭала ихадоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит Израиль атәылахьчаратә мчқәа шьақәдырӷәӷәоит хәҩык атҟәацәа ишҭахаз "Ҳамас" аагәабзиарахьчаратә усҳәарҭа информациала, агуманитартә ааҭгылара ашьҭахь Израиль имҩаԥнагаз аҳаиртә жәылараан иҭахеит 187-ҩык
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-pavlenishvili-salome-zwrabishvili-evrointegratcia-iatcxraasha-alshara-zacm-lxm-ialmlxar-l%D2%ADaxmckh%D1%8Cazar-mixaila-saakashvili-ash%D1%8Cawgha-iq/
2023-12-03T05:25:09Z
<urn:uuid:d403b01d-e119-40c8-8ef1-3625e28c5671>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.61
0.94
46
5,508
tlsh:T1FE3E1FB15850CF07C573C558CF8255327C826A5B87317270CEC9F972264655DEFFCD1359FEE81A4E64DF2412D422AA111645FCEB60BEBFDB209240A02D2F38EA23D4B686AD
Рауль Ҳаџьыимба даҭааит сынтәа аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» ҩынҩажәа шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеитә ныҳәа 23.04.2015 Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рыҧхасҭатәра афактқәа ахьырацәахаз инадҳәаланы, Ахада агәҭынчымра инаҭоит Хара имгакәа арҭ азҵаарақәа ирыхәаҧшуеи Ахада имҩаҧигараны иҟоу ҷыдалатәи аилацәажәараҟны 20.04.2015 Рауль Ҳаџьымба даҧылеит Ареспублика Науру аофициалтә делегациа Аделегациа иалахәуп ахада ихаҭыҧуаҩ, Ареспублика Науру афинансқәа рминистр Адеанг Давид Уаиау, афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Хант Мартин Ханси-Саиа, Апарламент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Акуа Ренин Рендольфи Апарламент адепутат Бурамен Сирили 20.04.2015 Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Уи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧсны Ахада Иусбарҭеи русура зныҧшуа ихадоу официалтә хархәаганы иҟалоит. 17.04.2015 Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит 17.04.2015 Ихыркәшоуп Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит Мшаҧы 17 рзы ихыркәшан Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит. Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Раули Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит, имҩаҧигеит иналукааша урыстәылатәи АИХ рредакторцәаеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рҧылара. Ашьыжь аҳәынҭқарра ахада Аҟәаҟа дыҧрит. Ара иҽаилаирхәраны дыҟоуп аҧсуа-аурыс аиҳабырабжьаратә комиссиа реилатәара. 16.04.2015 Афорум азал маҷ аҟны имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Москва инхо аҧсуа уаажәларреи астудентцәеи рыҧылара Аиҧылара иалахәын Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба, Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, москватәи аҧсуа диаспора ахада Беслан Агрба. 16.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба диҧылеит урыстәылатәи иколлега Николаи Патрушев. Аиҧылараҿы ирылацәажәан Аҧсни Урыстәылеи ртәылахьчареи ршәарҭадареи рзеиҧш цәаҳәа. Николаи Патрушев ҩ-ҳәынҭқаррак ршәарҭадаразы агәҽанҵара иазку аусхкқәа разырхиареи рынагӡареи ирызку аусбарҭабжьаратә усеицура алҵшәақәа бзиоуп ҳәа ахә ишьеит. 10.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Москваҟа ивизит. Авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изку алекциа даҧхьараны дыҟоуп 09.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба диҧылеит урыстәылатәи арежиссиор Алеқсандр Сокуров Алеқсандр Сокуров Аҧсны Ахада изеиҭаиҳәеит Аҧсынтәыла иаҭаара иадҳәалаз игәаанагара атәы. 24.03.2015 Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Адыгатәылантәи зхатәгәаҧхарала еибашьра иааз хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа Галинеи Валерии Диколенко дырҧылеит Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа атәанчахәы рзаужьразы 21.03.2015 Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Дмитри Медведев Рауль Ҳаџьымба Имшира идиныҳәалеит. Алада иаагоуп адныҳәаларатә цҳамҭа атекст хаҭәааны. 15.03.2015 Ахада Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵура иамхразы азҵаара ықәзыргылаз Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит. 13.03.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит иааираны иҟоу акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилацәажәара. Аилацәажәара аартуа, Рауль Ҳаџьымба дазааҭгылеит атәыла аекономикаҿы атуристтә ҟәша иамоу аҵакы ду. «Ҳара лассы-лассы атуристтә ҟәша ҳекономика ҧхьаҟа аҿиара алзыршо ак акәны ишахәаҧштәу ҳҳәоит, аха уи ибзианы аус аурц азы иҟаҵатәу рацәоуп», - иҳәеит Ахада. 13.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала иаҧҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра акурортқәеи атуризми рзы аминистрра аекономика аминситрра аиҭеиҿкаарала Аминистр ҿыц иныҟәгаразы аныхтәқәа финансла реиқәыршәара алыршахоит 2015 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан аҟны аекономика аминистрра аныҟәгаразы иазгәаҭоу ахархәагақәа рыла. 12.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив иаҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа. Хәажәкыра 12, 2015 шықәса, Гал. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив даҧылеит. Аиҧылара иалахәын иара убас Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, гал араион аҟнытә Жәлар Реизара адепутатцәа Бежан Убириеи Ахра Кәакәасқьыри, Араионтә Еизара ахантәаҩы Иури Кәакәасқьыр, гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Темур Надараиа, араион ауаажәларра. 12.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа асиа иалаҵоу аобиектқәа рыргыларатә усурақәа лассы рхыркәашара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара. 12.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аконституциа ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны Аҧсны Жәлар Реизарахь ирхынҳәит жәабран 25, 2015ш. ирыдыркылаз «Атәылауаҩра аҭагылазаашьа иазку Актқәа рзы» Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аконституциа ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны Аҧсны Жәлар Реизарахь ирхынҳәит жәабран 25, 2015ш. ирыдыркылаз «Атәылауаҩра аҭагылазаашьа иазку Актқәа рзы» 11.03.2015 Адәныҟатәи аполитика ҳәоуеиқәшәарала амҩаҧгара алыршара иазку аусмҩаҧгатәқәа рзы Амеморандум анапаҵаҩразы ахцәажәарақәа Хәажәкыра 11 Москва Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи русқәа рзы аминистрцәа Виачеслав Чрыгбеи Сергеи Лаврови ҳәоуеиқәшәарала Адәныҟатәи аполитика амҩаҧгара алыршара иазку аусмҩаҧгатәқәа рзы Амеморандум рнапы аҵарҩит. 03.03.2015 Ишьақәырҕәҕәоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиа 2025 шықәсанӡа Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит «Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиа 2025 шықәсанӡа ашьақәырҕәҕәаразы» Аусҧҟа.
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/10746/.carousel.second?print=Y&PAGEN_1=145
2023-12-10T07:25:35Z
<urn:uuid:c930177a-35a5-4981-bf7a-1669c402c354>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.82
1
50
10,507
tlsh:T1AB55B4226740CB4BC1F7C469DF915A319DD198574262B661CEC8F0B01742089EFFCD13E9FAE81A8BB4EB2511E262BF056A0AFDE5257EAED7311200A53E3F28D9378476C59E
Ҭаҭиеи, Ҭамари, Еленеи Европа аҿартә чемпионат аҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа ааныркылеит. Жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа рыхҩыкгьы рспорттә ҭоурыхқәа еиҧшуп. Абокс иахьатәи рыҧсҭазараҿы ахадаратә ҭыҧ ааннакылоит, ҳаҧхьаҟа занааҭс иалырхыр ауеит. Аспорт ари ахкы бзиа ирбан, аҽазыҟаҵра иалагеит, уажәазы аспорт рыҧсҭазаараҿы зегьы реиҳа бзиа ирбо усуп. Убри аҟынтә, аӡынразы, хәылбыҽхан, асааҭ ааба рзы, ианыхәлоу, ианхьшәашәароу, имаашьакәа, аҧхарра ахьыҟам азал ашҟа ицаны, рҽазыҟарҵоит. Ҷыдала еиҿкаау аринг аҿы рымчқәа рҧышәоит, рҭаҷкәымқәа рыла разыҟаҵаҩ инапсыргәыҵа иасуа, ақырҭуа уаажәларраҿы ишьақәгылоу астереотип арбгара иаҿуп. Иара убас, рыкәша - мыкәша иҟоу ауаа агәра ддыргар рҭахуп абокс дара ишырусу. Ҭаҭиа Букиа Ҭаҭиа 14 шықәса лхыҵуеит. Шықәсыки бжаки роуп иҵхьоу аҽазыҟаҵара далагеижьҭеи, абри аамҭа кьаҿ иалагӡаны, жәа медалк лоухьеит. Урҭ рҟынтәи зегьы реиҳа ихадоуп Европа ачемпионат аҿы илгаз араӡнытә медал. Уи ҵыҧх ауп ианыҟалаз. Усҟан ирландиатәи украинатәи аспортсменцәа дыриааит, аха, афинал аҿы англыз ӡҕаб дылҧылан, даҵахеит. "Сара саб ибзоуралоуп абокс ашҟа аныҟәара сшалагаз. Сад дкомиссарын, саргьы абри азанааҭ сымазар сҭахын, иара сиеиҧшзар сҭахын. Убри аҟынтә, ахацәа рспорт иаҳа сазҿлымҳан, абокс салаларц сыӡбеит", - илҳәеит Ҭаҭиа "Лаивпресс" акорреспондент данлацәажәоз. Аханатә, лҭаацәа уамашәа ирбеит лара абри аҩыза аӡбара ахьлыдылкылаз. Аха, абокс занааҭс иалысхуеит ҳәа анылҳәа, даргьы мап рымкит. Лыкәша -мыкәша иҟоу ауаагьы лара абокс дахьалалаз уамашәа ирбеит, аха, уи амшала ҽакала илыхәаҧшуа иаламгеит. Раҧхьатәи ақәҿиареи ахьтәы медали ирласӡаны илоуит. Уи Сенаки имҩаҧгаз аицлабрақәа рҿы иҟалеит. Уи анеҩс, Қырҭтәылеи уи анҭыҵи, еиуеиҧшым аицлабрақәа рҿы иҵегьы 9 медалк лгеит. Арҭ амедалқәа рҟынтәи акызаҵәык араӡнытәиуп, егьырҭ зегьы ахьтәы медалқәа роуп. "Абокс ауп сара сзы зегьы реиҳа ихадоу. Уи сарҭынчуеит. Ҳаҧхьаҟагьы уи ауп занааҭс иалсхуа. Абри аус аҿы схы аасырҧшит ҳәа сгәы иаанагоит", - илҳәеит Ҭаҭиа. Марио Пиузо иҧҵамҭақәа бзиа илбоит, аамҭа анлымоу ашәҟәқәа дрыҧхьоит. Аха, зны-зынла ауп абри аҩыза алшара анлымоу. Ашкол, аҽазыҟаҵарақәа, аицлабрақәа - абас ауп абоксиор ӡҕаб дшынхо. Лгәы ишаанаго ала, абокс аӡҕабцәагьы ирнаалоит, аха, лара лгәаанагара иақәшаҳаҭым ауаа рацәоуп. Ҭамар Самелиа 14 шықәса зхыҵуа Ҭамар Самелиагьы, Ҭаҭиа леиҧшҵәҟьа, лыҧсҭазаара зегьы абокс ишазылкуа лдыруеит. Ишылҳәаз ала, абокс ауп лыҧсҭазаараҿы зегьы реиҳа ихадоу. Лажәа кьаҿуп, аха, уезгьы, дыҧхашьа - ҧхаҵо, зегьы реиҳа ихадоу лҳәеит - дкарахаанӡа боксла аисра лҭахуп, лхы данақәиҭугьы уи ада акгьы лҭахӡам. 8 мза раҧхьа, лан, раҧхьаӡа акәны аспортзал ашҟа дналгеит. Башьа хәыҷы аҽазыҟаҵара дшаҿу ббап ҳәа лалҳәеит. Ҭамар изныкымкәа мап лкит, аха, аҵыхәтәаны, лан лаҳаҭыр баны дцан, убри инаркны абокс даҿынҵәаауеит. "Сара абокс салаларц аӡәгьы иҭахӡамызт, зегьы раҵкыс санду илҭахӡамызт, избанзар уи аӡҕаб илусым ҳәа ргәы иаанагон, аха, нас, гәыкала ишысҭаху анырба, азин сырҭеит", - иаҳзеиҭалҳәоит Ҭамар. Лҩызцәа лара лыӡбара ргәаҧхеит. Аханатә иџьаршьеит - аӡҕаби абокси еинаалом ҳәа, аха, иахьа ҽакала ргәы иаанагоит, лықәҿиарақәа иреигәырҕьоит. Ишылҳәаз ала, лара ари аспорт ахобби аҳасаб ала акәӡам дшазныҟәо, занааҭс иалылхыр лҭахуп. Раҧхьатәи аиааира лгеит Жәыргьыҭ имҩаҧысуаз жәларбжьаратәи атурнир аҿы. Ҵыҧх, Европа ачемпионат аҿы аџьазтә медал лгеит. Усҟан хымз заҵәы ракәын иҵуаз аҽазыҟаҵара далагеижьҭеи, аринг аҿы ақәгылара аганахьала изакәызаалак ҧышәак лымамызт. Ҭамар лгәы ишаанаго ала, аспорт аҿы аӡҕабцәеи аҷкәынцәеи еилых рымам. Ишылҳәаз ала, аҷкәынцәа излоу аспорт хкқәа рҿы аӡҕабцәагьы лбоит, убри азоуп абас лгәы изаанаго. Лара 3 медалк лгахьеит. Ахьтәы 2 меалки аџьазтә медалки. Елене Ҭодуа Елене лҭоурыхгьы Ҭаҭиеи Ҭамари рҭоурыхқәа иреиҧшуп. Лашьа дшыхәыҷыз абокс ашҟа аныҟәра далагеит, рҭаацәараҿы аспорт ари ахкы ҷыдала иргәаҧхоит. Абри зегьы лара лзы анырра аиун, шықәсык аҧхьа аҽазыҟаҵара далагарц лыӡбеит. Убри ашьҭахь, абокс сыҧсҭазаара исзалхуам ҳәа лҳәеит. Аҩызцәа ҿыцқәа, еиуеиҧшым ахҭысқәа, алагылазаара ҿыц - аспорт аӡҕаб қәыҧш лыҧсҭазаара ашҟа имаҷымкәа аиҭакрақәа аланагалеит. 14 шықәса роуп илхыҵуа, аха, Европа ачемпионат аҿы аџьазтә медали, Қырҭтәыла ачемпионат аҿы ахьтәы медали лгахьеит. "Сҭаацәара аспорт даараӡа бзиа ирбоит, убри аҟынтә, иаразнак исықәшаҳаҭхеит. Сыкәша - мыкәша џьоукы ирҳәон абокс аӡҕаб илтәым ҳәа, аха сара уи сақәшаҳаҭым", - иҳалҳәеит Елена. Лҩызцәа илықәгәыҕуеит. Лассы - лассы иларҳәоит - бара боуп ҳзыхьчаша, бара ббоксиоруп, ҳбықәгәыҕуеит ҳәа. Аҧсҭазаараҿы знык абокс амаана лхы иалырхәит, сдыргәаан, аҭак рысҭеит ҳәа лҳәеит. Елене хықәкыс илымоуп Европеи, адунеи, егьырҭ жәларбжьаратәи атурнирқәеи рҿы аиааира агара. Макьана 4 медалк мацара ауп илымоу – ахьтәы 3 медалки аџьазтә медалки. Аха, Ҭаҭиеи Ҭамари дреиҧшымкәа, аспорт лара лыҧсҭазаараҿы ахобби аҳасаб мацарала иаанхоит. Ҳаҧхьаҟа занааҭс иалылхуа макьана илымӡбацт. Уаанӡа лкумир ҳәсақәа - Шелдии Ҳамери дреиҧшзар лҭахуп. Лхы данақәиҭу, бжеиҳарала, ажанрла еиуеиҧшым афильмқәа дрыхәаҧшуеит. Аҳәсатә бокс Жәыргьыҭ ақалақь аҿы Жәыргьыҭ аҳәсатә бокс иҟоижьҭеи ҩышықәса ҵуеит. Иахьа, абра, аспорткомплекс азал аҿы 20ҩык аӡҕабцәа рҽазыҟарҵоит. Урҭ рҟынтәи зегьы иреиҵбу фышықәса лхыҵуеит, зегьы иреиҳабацәоу 14-15 шықәса. Дара Гига Ҭодуа иазыҟаиҵоит. Азыҟаҵаҩ агәра ганы дыҟоуп абокс, раҧхьа иргыланы, аӡҕабцәа ишырусу: "Уаҵәи уаҵәашьҭахьи арҭ аӡҕабцәа рызҳауеит. Аҽазыҟаҵара иаҿу аӡҕабцәа, ҩнуҵҟала изҩыдоуп. Урҭ рхылҵгьы ишаҧу ала ирааӡоит, ақырҭуаа ишҳақәнагоу ала. Ас еиҧш иҟоу аҿар ҳамазароуп". Дара аҽазыҟаҵара иахьаҿу азал аҿы аспорт егьырҭ ахкқәа рзгьы аҿар рҽазыҟарҵоит, аха акарате, абокс, мамзаргьы амҵәышәампыл азы зҽазыҟазҵо аӡҕабцәа уи рҧырхагам. Аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи аҭыҧантәи анапхгареи азыҟаҵаҩ ажәа ирҭеит абокс азы хазы азал шеиҿыркаауа азы. Жәабран азы Қырҭтәыла ачемпионат мҩаҧысраны иҟоуп. Анеҩс, арҭ аӡҕабцәа, еиҭах Европаҟа идәықәлоит. Ари aмaтериaлқәa 09:58 / 24.10.2021 Наҭиа Гаделиа - Адунеи ачемпионс дҟалеит [афото] Аспорт Мышқәак раҧхьа, аштангист ӡҕаб Наҭиа Гаделиа Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз адунеи ачемпионат аҟынтә илызгәакьоу жәыргьыҭтәи ақыҭа Риҟеҟа дхынҳәит адунеи ачемпион атитул ала. Лшьамхаҿы атравма шлымазгьы, Наҭиа лхықәкы налыгӡеит. Аспортсмен ӡҕаб лазыҟаҵаҩгьы лызгәыбылцәагьы агәырҕьара ду рзаалгеит. Қырҭтәылеи Европеи рчемпион адунеи ачемпионат аҿы 17 шықәсанӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыгәҭа қәҿиарала дықәгылеит - ашьҭқәыцәаараҿы 85/88/91 кьылала араӡнытә медал лгеит. Ирҭрысны ашьҭыхраҿы 108/113/117 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лгеит. Ҩ-хкык рыла аицлабраҿгьы 208 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лган, адунеи ачемпионат аҿы Қырҭтәыла хьыӡрашәа дырҳәаратәы иҟалҵеит. Убри адагьы, аштангист ӡҕаб ашьҭқәыцәаареи ҩ-хкык рыла аицлабреи рҿы 4 – 4 кьыла рыла Қырҭтәыла арекорд еиҕьалтәит. Ишылҳәо ала, аиааира ашьҭахь, лара илзымдыуаз ауаа рҟынтәи илоуз абзиареи ажәа хаақәеигәызҭаҵагас илзыҟалан, иаҳа еиҕьны аҽазыҟаҵара далагоит. Аспортсмен ӡҕаб ишылҳәаз ала, уажәазы лара лзы аҵакы хада амоуп 2022 шықәсазы ибзианы аҽазыҟаҵара, избанзар ҳаҧхьаҟа имаҷымкәа жәларбжьаратәи атурнирқәа лзыҧшуп. „Зеиҧшҟамлац ала амотивациа ду сымоуп. Арҭ ауаа еснагь агәахәара рзаагара сҽазыскуеит“, - илҳәеит Наҭиа. Лара зегьы раасҭа бзиа илбо ақәыҧшылараҿы, Риҟетәи аспорттә зал аҿы есымша лҽазыҟалҵоит, лазыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе илиҭо адҵақәа зегьы ишахәҭоу ала иналыгӡар лҭахуп. „Абри азал аҟынтәи ауп зегьы шалагаз, сазыҟаҵаҩ Бежан Ҷиҷинаӡе ибзоурала. Аброуп раҧхьатәи ашьаҿақәа ахьыҟасҵаз, анеҩс, амилаҭтә аизгашҟа сыргеит, аха, зегьы иреиҕьу сцәаныррақәа абри азал иадҳәалоуп. Абрахь санаауа, еснагь гәыкала сгәырҕьоит, исылшо зегьы ҟасҵар сҭахуп“, - иҳалҳәеит Наҭиа Гаделиа. Лара адунеи ачемпионс дҟалеит жьҭаара 11 рзы, Баҭым иҟалаз арыцҳара амшала Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшы анрылаҳәаз. Наҭиа абри арыцҳара даараӡа лгәы иалсит, лиааира иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа ирзылкит. Риҟетәи аштангатә школ аҵаҩцәа рҟынтәи лара лымацара лакәӡам Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз ачемпионат аҿы ақәҿиара зауз. Аштангист Гурам Векуа араӡнытә 3 медалк игеит, Николоз Асарҭиа аџьазтә медалки араӡнытә 2 медалки игеит. Дара авице-чемпионцәаны иҟалеит. Азыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе иҵаҩцәа ироуз алҵшәақәа игәаҧхоит. Иара иҵаҩцәа абри аҩыза ақәҿиарақәа ахьроуз уамашәа имбеит, избанзар, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аицлабрақәа рҟынтә амедалқәа рыда ихнымҳәыцт. Аспортсменцәа апандемиагьы рҧырхагамхеит, избанзар дара еиҧҟьарада рҽазыҟарҵоит, аицлабрақәа рахь рҽазыҟаҵаны ицеит. Бежан Ҷиҷинаӡе иҳәамҭала, аспортсмен иахәҭоу аҧҟарақәа наигӡалар, игәахәтәы анагӡаразы ихы дамеигӡакәа аус иур, хымҧада ақәҿиара иоуеит. „Аспорт ахатә ҧҟарақәа амоуп, урҭ еилаугар, ухықәкы узынагӡом. Абри аус аҿы адисциплина ауп ихадоу. Зегьы рыла уеиҿказаароуп - аҽазыҟаҵара аангьы адәахьгьы“, - иҳәеит азыҟаҵаҩ хада. Иара ирхыргахьоу ауадаҩрақәа игәалаиршәеит, Наҭаиа, аспортсмен ӡҕаб лаҳасабала, абри зегьы ҷыдала илцәыуадаҩын. Наҭиа лыкәша-мыкәша иҟоу ауаа реиҳара аштанга аҧҳәыс илусым, даҽа хырхарҭак ала лхы лҧышәароуп ҳәа ирыҧхьаӡон. „Наҭиа имаҷымкәа ауадаҩрақәа дырхысит. Амҩан илҧылозгьы еснагь иларҳәон, Наҭиа абри аспорт баҭәаҳшьом, иалабхузеи ҳәа. Сара еснагь иласҳәон, абри аус аҿы бманшәалахоит ҳәа. Избанзар лара лхаҭа ари аспорт алылхит, ибҭаху ибҭахыму абри аспорт балалароуп ҳәа аӡәгьы илеимҳәеит. Лара лхала дааины, аҽазыҟаҵара далагеит. Саргьы акыр слыцхраан, адунеи ачемпионс дҟалеит“, - иҳаиҳәеит Бежан Ҷиҷинаӡе. Риҟетәи ашкол аштангистцәа рықәҿиарақәа егьырҭ аҿарацәагьы гәызҭаҵагас ирзыҟалеит, аспорт абри ахкы ашҟа есышықәса азҿлымҳара азҳауеит. Уажәазы аспортшкол иҭоуп 40ҩык аҵаҩцәа. Риҟе мацара акәымкәа, егьырҭ ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҟынтәгьы абрахь иааны рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ ишиҳәаз ала, апандемиа амшала агәыҧқәа еиҟәыршеит, есымша 3-4 етапла рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, ҳаҧхьаҟа ашкол иаҳа идуу азал аҭаххоит. Адунеи ачемпион Наҭиа Гаделиа аштанга знапы азыркыр зҭаху ақьыҭаӡҕабцәа рзы дҿырҧшыгахеит. Наҭиа дналываргыланы, даҽа ӡҕабкгьы ашкол дҭалоит, аха адунеи ачемпион ишылҳәаз ала, хара имгакәа иаҳа ирацәаны аӡҕабцәа абри аус рҽазыркуеит. 17:31 / 05.02.2020 Аҳәса рспорт акәӡам ҳәа аҳәара иаҿын, сара маӡала азыҟаҵарашҟа сцон - амилаҭтә аизга иалоу Хобитәи аӡҕаб Аспорт 19 шықәсанӡа зхыҵуа Қырҭтәыла аҳәса реизга Европа ачемпионат азы аҽазыҟаҵара иаҿуп, 10:02 / 04.11.2019 Абашатәи аӡиудоистӡҕаб Европа ачемпионс дҟалеит Аспорт Урыстәылатәи ақалақьт Ижевск имҩаҧысуаз 23 шықәсанӡа зхыҵуа рыбжьара аӡиудо 10:34 / 29.10.2019 Жәыргьыҭтәи aштaнгист Европa aчемпионaт aҿы aџьaзтә медaл иоуит Аспорт Румынтәылa имҩaҧысуaз 23 шықәсaнӡa зхыҵуa aҿaр рыгәҭa Европa aчемпионaт Архив Аспорт Акоронавирус Апопулиaртә Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Асоветтә репрессиақәа Ажәaбжь ҿыцқәa 11:02 / 23 Нaнҳәa Иракли Ҕарибашвили Ҟрымтәи аплатформа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, 11:15 / 12 Нaнҳәa Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, хымчыбжь аҿҳәарала аҧкрақәак шьақәгылазаауеит Қырҭтәылагьы, адунеи аҿгьы аепидемиологиатә 12:48 / 08 Жьҭaaрa USAID-Қырҭтәыла Аҧсны иарҭеит акоронавирус аҽыхьчаратә тестқәеи адиагностикатә хархәагақәеи USAID/Қырҭтәыла Аҧсны иҟоу ахәышәтәырҭақәеи 12:44 / 08 Жьҭaaрa Чхороҵҟутәи арҵаҩы амилаҭтә ҳамҭа лоуит 2020 шықәсазы арҵаҩы имилаҭтә ҳамҭа лоуит Амультимедиa „Чеми морду“ - зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра рзы арегион аҿы иаадыртыз раҧхьатәи ацентр аус ишауа [афото] Ахәмарраҿы зегьы раасҭа сманшәалоуп, еснагь аиааира згоит, - Ашколахь асабрадала - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит [афото] Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа, Аҭынчраҿ амузыка абжьы ахьуаҳауа „Афольклор аҩны“ [афото] Знык адамхаргьы, Жәыргьыҭ Ҭамар Авакцинациа автобус аҿы [афото] Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо „Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы [афото] 74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала Акультурa Аинтерес аҵаҵаны акарантин мҩаҧызго жәыргьыҭтәи амузыкант [афото] Covid-19 аҿагылара инамаданы имҩаҧгаз адунеитә концерт аҿы еицциз ақырҭуа аиаҳәшьцәа ашәа рҳәеит [авидео] Аҩычагаҿы иаарҧшу ашәануатә бзиабара аҭоурых [афото] Аспорт Наҭиа Гаделиа - Адунеи ачемпионс дҟалеит [афото] Аҳәса рспорт акәӡам ҳәа аҳәара иаҿын, сара маӡала азыҟаҵарашҟа сцон - амилаҭтә аизга иалоу Хобитәи аӡҕаб Европаҿы аҧхьахәқәа згаз жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа [афото] Абашатәи аӡиудоистӡҕаб Европа ачемпионс дҟалеит Жәыргьыҭтәи aштaнгист Европa aчемпионaт aҿы aџьaзтә медaл иоуит Хобтәи aқәҧaҩ aдунеи чемпионс дҟaлеит Аилыркaaрa Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу Иааиуа амшқәа рзы иаҳа ирацәаны ахәыҷқәа ашәыхәтәырҭа рҭаххар ҟалап, уи еиҧш ашәарҭара иҟоуп - Иуане Чхаиӡе
https://www.livepress.ge/ap/2019-05-11-09-20-28/article/31995-2020-01-29-14-12-18.html
2023-12-10T05:39:32Z
<urn:uuid:cdbd6ec0-b272-416e-ad0d-132a30296d5f>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.92
0.99
91
23,061
tlsh:T120AAB4A28940CF0FCAB3C599DB918A312CD0194743637661CDC9F4B51645068FBFCD13A9FAE8069AB0AB5122D222FB146A09FCE6697DFBE7604340616D3F39DE26983691AE
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Гагра араион адгьылҵакыраҟны акомендантә сааҭ алагаларазы Адҵа инапы аҵаиҩит. Адҵа атекст аҟны иҳәоуп: «Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҷыдалкаатә ҭагылазаашьазы азинтә режим азы» Аҧсны аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан шьаҭас иаҭаны, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны короновирус ҿкы COVID-19 алаҵәара аҧырҟәҟәаара хықәкыс иҟаҵаны: 1. Иалагалазааит Гагра араион араион аҟны акоменданттә сааҭ 20 сааҭи 00 минуҭи инадыркны 07 сааҭи 00 минуҭи рҟынӡа. 2. Акоменданттә сааҭ аҩныҵҟа амҩақәа мамзаргьы егьырҭ ауаажәларратә ҭыҧқәа рыҟны аҟазаара, ма атәылауаа, амчратәи азинхьчаратәи усбарҭақәа, агәабзиарахьчара аусҳәарҭақәа, амашәыртә-еиқәырхаратә, амцарцәаратәи акоммуналтәи маҵзурақәа рхаҭарнакцәа, абанктә инфраструктура аобиектқәа русура алзыршо ахаҿқәа, иара убас зыда ҧсыхәа ыҟам амедицинатә цхырааразы идҵаало аламҵакәа, рынхарҭақәа рынҭыҵ рыҟазаара иақәиҭтәымзааит. 3. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иалнаршааит акомендантә сааҭ нҵәаанӡа абри Адҵа еилазгаз ахаҿқәа раанкылара. 4. Абри Адҵа амч аиуеит официалла ианкьыҧхьха инаркны». Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/11891/
2023-12-06T05:12:35Z
<urn:uuid:7d9959cf-d408-42eb-97fc-d024027c4122>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.86
0.87
0.96
15
2,857
tlsh:T10C11D4515A40974BC2F3C199DA829E356CD1AC074271B620CD89F5B11682049EBFCE22EAEFE51547A4EF0522D562BF155A0EEDE9647DAED3304210E23D2F78DD339472D6AE
Қырҭтәылеи Азербаиџьани реиҳабырақәа атәылахьчара ахырхарҭаҿ аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Қырҭтәылеи Азербаиџьани реиҳабырақәа атәылахьчара ахырхарҭаҿ аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра р... Иҵегь аҭагалара Қырҭтәылеи Азербаиџьани реиҳабырақәа атәылахьчара ахырхарҭаҿ аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит 13:41, 24.04.2023 Қырҭтәылеи Азербаиџьани реиҳабырақәа атәылахьчара ахырхарҭаҿ аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Қырҭтәылеи Азербаиџьани ртәылахьчаратә усҳәарҭақәа аусеицура дырӷәӷәоит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла атәылахьчара министрра аҟынтә. Аусҳәарҭа аинформациа ала, атәылахьчара ахырхарҭала аусеицура иазку ирҿыцу аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын Азербаиџьан ахь Атәылахьчара аминистр ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны. “Џьуаншер Бурҷулаӡеи азербаиџьантәи иколлега дидикылеит. Атәылахьчара аминистр аинрал-полковник Зақир Ӷасанов иҭабуп ҳәа иаиҳәеит адкылареи, астратериатә партниорреи рзы. Аганқәа ирыхәаԥшит ҩганкалатәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны ихадоу азҵаарақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи. Аиԥылара ашьҭахь Џьуаншер Бурҷулаӡе иколлега лақара 26 рзы Қырҭтәыла ахьыԥшымра амш инамаданы имҩаԥысуа ауснагӡатә ахь дааиԥхьеит. АПОЛИТИКА Азербaиџьaн Џьуаншер Бурҷулаӡе 1 Еиҧшу Ильҳам Алиев – Азербаиџьани Қырҭтәылеи – еизааигәоу партниорцәоуп, Европазы зҵакы дуу, иаку астратегиатә командоуп Азербаиџьан аенергетика аминистри аенергетика азҵаарақәа рзы еврокомиссари Аладатәи агазтә корридор арҭбаареи Акорридор иаҵәа апроект анагӡареи иалацәажәеит Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рҳәаа аделимитациазы акомиссиа аилатәара абҵара 30 рзы мҩаԥгахоит Џьуаншер Бурҷулаӡеи Никол Ԥашиниани еиԥылеит Џьуаншер Бурҷулаӡе мраҭашәаратәи ар реиҳабыраҿ имҩаԥысуа аинфраструктуратә проектқәашымҩаԥысуа гәеиҭеит Робин Даниган - Џьуаншер Бурҷулаӡе иҟны аиԥылараан даҽазнык шьақәҳарӷәӷәеит ЕАШ абсолиуттә адгылара иҳабжьоу арратә усеицура аганахьала Џьуаншер Бурҷулаӡе ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Робин Даниган дылԥылеит Џьуаншер Бурҷулаӡе - Ақырҭуа ажәҩан ахьчара ауп хықәкыс иҳамоу "Политико" - Ентони Блинкен игәаанагарала, арҭ амчыбжьқәа рзы Азербаиџьан Шәамахьтәыла ақәлар ҟалап, Азербаиџьан ахада ибжьагаҩ ишааицҳаз, Азербаиџьан Шәамахьтәыла атерриториазы апретензиақәа амам Шәамахьтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, азербаиџьантәи арбџьармчқәа рхысра амшала ашәамаџь аруаа ахәрақәа роуит Амш зеиҧшрахо Авалиута акурс $ USD 2.6790 0.007 € EUR 2.8850 0.014 ₽ RUB 0.028884 0.010 £ GBP 3.3702 0.015 TOP 5 ЕАШ Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ахымца аанкылара иазкны аганқәа ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа зыԥшра ҟамҵакәа инанагӡарц Иракли Ҕарибашвили импыҵахалоу Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу, 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьраан хабарда иӡыз аруааи атәылауаҩратә хаҿқәеи рпанихидаҿ дыҟан Девид Кемерон – Путин даанаҳамкылар, иара иҵегьы даҳзыхынҳәуеит, Америка аҕацәа уи иақәгәырҕьоит Иракли Кобахиӡе Венгриа Амилаҭтә ассамблеиа авице-спикер диԥылеит Иракли Кобахиӡе – Қырҭтәыла азҵаареи Украина иадҳәалоу аиҿцәажәарақәеи реидҳәалара ҟалом, Қырҭтәыла ҧхынҷкәын 14-15 рзы акандидат астатус аиуроуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/qmr%D2%ADtmlei-azerbaij%D1%8Cani-reihabmraqa-atmlax%D1%8Cchara-axmrxar%D2%ADatchv-awseitcwra-iazkw-aiqshaha%D2%ADra-rmbzh%D1%8Carceit/
2023-12-08T02:16:06Z
<urn:uuid:8b551cae-0f4b-4607-a664-71922fe818d8>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.67
0.96
46
5,902
tlsh:T1E4AF0CC17B40DB4BC5F3C0188E9089366CC1695B8266B670CEDAF9B12706059DFFCE02AAFDA8095F709B0922D152BF066906FCEA68BDBBD7715100A52D3F39EC379476C59E
Аиха рдырраа рыла, Нато аҭоурых аҿы зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау авиациатә зыҟаҵарақәа Германтәыла мҩаԥысуеит 12:20, 30.05.2023 Иракли Ӷарибашвили - Аибашьра алагара амзызқәа иреиуп Украина Нато алалара ахьаҭахыз, алҵшәа ибзиаӡаны иубарҭоуп 20:19, 24.05.2023 Ҳавиер Коломина - Вильниустәи асаммит аҿы акоммиунике ҕәҕәа адкылара ҳақәгәыҕуеит, Қырҭтәылагьы ари акоммиунике иалахәызаауеит ҳәа ҳгәыҕуеит 13:03, 22.05.2023 Олаф Шольц - Украина макьана Нато изалалом 10:17, 19.05.2023 Аихқәа ишаарыцҳаз, Британиа Ду атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Нато амаӡаныҟәгаҩ хада иҭыԥ аанкылара игәы иҭоуп 13:59, 15.05.2023 The Washington Post – Аҩадаатлантикатә алианс иалоу аҳәынҭқаррақәа ишырыӡбаз ала, ҧхынгәы 11 -12 рзы Вильниус имҩаҧысуа асаммитаҿ Украина НАТО алаларазы аофициалтә ааҧхьара аиуам 16:18, 02.05.2023 Германтәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, ЕАШ-и Германтәылеи ашәқәа ркны имҩаԥгаз аиԥылараҿ 2008 шықәсатәи адекларациа аҳәаақәа ирхыҵуа аҭакԥхықәра агара шырҭахым иазгәарҭеит 14:25, 27.04.2023 Каиа Калас ишаалыцҳаз, аибашьра ахыркәшаранӡа Украина Нато изалалом 19:28, 25.04.2023 Иракли Ӷарибашвили - Нато аҟны аҩаӡарақәа зегьы рҿы ҳполитикатә диалоги апрактикатә усеицуреи рырҵаулара ҳазыхиоуп 17:11, 20.04.2023 Владимир Зеленски - Украина Нато ахь аашәыԥхьар азы аамҭа ааит 13:00, 20.04.2023 Иенс Столтенберг Киев даҭааит 11:02, 15.04.2023 Дмитри Кулеба - Вильниустәи Нато асаммит аҿы Украина алалара ахырхарҭала иреалу ашьаҿақәа азыԥшуп 16:35, 13.04.2023 Дмитри Песков - Амшын Еиқәа ахаан Нато иамшынхом 16:16, 06.04.2023 Дмитри Песков - Трансатлантикатә алианс Урыстәыла ахырхарҭала арҭбаара иаҿуп, убри аҟынтә Москва, ахатә шәарҭадара ахьчаразы, иашьашәало ашьаҿақәа ҟанаҵоит 18:17, 04.04.2023 Финлиандиа Нато иалахәу 31-тәи тәылахеит 15:34, 04.04.2023 Дмитри Песков - Нато арҭбаара Урыстәыла ашәарҭадареи амилаҭтә интересқәеи ацәгьара рзуроуп, ҳшәарҭадара ахьчаразы аҭак ҟаҳҵароуп 14:12, 04.04.2023 Иенс Столтенберг - Қырҭтәыла - 2008 шықәсазы, Ҟрым - 2014 шықәсазы, Украина ақәлара, ари Урыстәыла аҟазшьоуп, убри аҟынтә Нато-и мрагыларатә афланг аҿы ҳпозициақәеи рырӷәӷәара наҳагӡоит 12:54, 01.04.2023 АИХқәа ишаарыцҳаз, Иенс Столтенберг ицынхәрас, Нато амаӡаныҟәгаҩ хадас Урсула фон дер Лаиен дықәдыргылар ҟалап
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/nato/page/3/
2023-12-08T02:47:16Z
<urn:uuid:7e6d1daa-3d95-4f72-b077-54839f85de01>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.89
0.68
0.99
25
3,799
tlsh:T170DFF771BD40CB0FC5B3C158CB9189353DD169474661B260CED9F97536460A8EFBCD02AAFDE8098A709B1611D225BF105616BCFA147EBFD7A14644F61E2E38EA339836C6DD
Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 78-шықәса аҵра инамаданы, аҩаша, лаҵарамза 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы акциа «Ԥсра зқәым аполк» мҩаԥысит. Акциа раԥхьатәи алахәылацәа асааҭ 10:30 Ахақәиҭра Ашҭаҿы еизеит. Акциа алахәылацәа рколонна ахаҿы игылан Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотови Аԥсны Афырхаҵа, Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор Мзиа Беииеи. Аколонна Д.Гәлиа ихьӡ зху амҩала идәықәлеит, анаҩс Леон Ипроспект ала Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҟынӡа инаӡеит. Аколонна Идырым асолдаҭ ибаҟа аԥхьа иаанкылеит. Амҩеихдақәа зегьы рҿы аколонна ауаа ацлон. Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа Инарҭбааны... Аҩаша, 09 Лаҵара 2023 13:18 Атәыла Анапхгара Алахәылацәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа Аиааира агара Амш инамаданы ирыдныҳәалеит. Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҿы инхо 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа ирыдныҳәалеит. Аминистрцәа 20-ҩык аветеранцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа, ашәҭ шьыҵәрақәа, иара убас 50 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥаратә ҳамҭақәеи ранаршьеит. Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа Инарҭбааны... Аҩаша, 09 Лаҵара 2023 13:11 В Сухуме отметили День Победы! Икьыԥхьуп Новости Инарҭбааны... Аҩаша, 09 Лаҵара 2023 12:20 В Сухуме отметили День Победы! Икьыԥхьуп МЕДИА Инарҭбааны... Аҩаша, 09 Лаҵара 2023 12:10 Аҟәа ақалақь аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы аАиааира агара Амшныҳәа 78-шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә митинг мҩаԥысит. Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы, Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы аАиааира агара Амшныҳәа 78-шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә митинг мҩаԥысит. Амитинг атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, еиуеиԥшым апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа. Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа Инарҭбааны... Аҩаша, 09 Лаҵара 2023 11:59 Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны атәылауаа зегьы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 78- шықәса ахыҵра рыднаҳәалоит. Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны атәылауаа зегьы 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 78- шықәса ахыҵра инамаданы гәык-ԥсыкала ирыдныҳәалоит. «Лаҵарамза 9 рзы ҳара ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵареи ргәымшәареи азгәаҳҭоит. Урыстәыла еиԥш ари аибашьра Аԥсны ҩнаҭацыԥхьаӡа инеит. Афронт ахь ицеит 55 нызықьҩык инареиҳаны Аԥсны аҵеицәа. Урҭ рахьынтә 17 нызықьҩык инареиҳаны Рыԥсадгьыл Ду ахьчара фырхаҵарыла рхы ақәырҵеит. Ар Ҟаԥшь ацәыӡ дуқәа шамазгьы, Берлин ақалақь ахь анаӡареи Реихстаг Аиааира абираҟ ахаргылареи рыла аибашьра ахыркәшара алнаршеит. Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа Инарҭбааны... Аҩаша, 09 Лаҵара 2023 11:12 Аҟәа ақалақь аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 78-шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апарадтә гәыԥқәа аныҳәатә шьаҿеиқәшәала рыиасра мҩаԥысит. Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааиара агара Амшныҳәа 78- шықәса ахыҵра инамаданы Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апарадтә гәыԥқәа аныҳәатә шьаҿеиқәшәала рыиасра мҩаԥысит. Апарадтә гәыԥқәа арратә маршқәа рмузыка ацны шьаҿеиқшәала Идырым Асолдаҭ ибаҟа аԥхьа ииасит. Аныҳәатә ыиасра рхы аладырхәит 600-ҩык инареиҳаны атәылахьчара Аминистрра, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Иреиҳаӡоу амилициа ашкол, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра 7-тәи еизаку арратә базеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә Усбарҭеи рыруаа. Амарш анапхгараҭара наигӡон атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба, апарад идикылон – атәылахьчара аминистр Владимир Ануа. Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа Инарҭбааны... Аҩаша, 09 Лаҵара 2023 10:34 Ашәба Лаша Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа Аиааира амш рыдиныҳәалеит. Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа Аиааира амш рыдиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иҳәоуп: «Ҳаҭыр зқәу Алексеи Иосиф-иԥа! Акыр иаԥсоу аветеранцәа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 78 шықәса ахыҵра! Абри аҟара шықәсарацәа шыҵхьоугьы, есышықәса Лаҵарамза 9 амш аҽны хьааи гәырҩеи ишәхышәгаз шырацәоугьы, гәырӷьарак, гәалаҟара ҷыдак ацуп ари амш. Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа Инарҭбааны... Аҩаша, 09 Лаҵара 2023 10:06 Аԥсны 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 78-шықәса ахыҵра азгәарҭоит. Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иазгәарҭоит 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 78-шықәса ахыҵра азгәарҭоит. Лаҵарамза 9, асааҭ 09:00 рзы – Москватәи Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» аҟынтәи амаршрут «Аҟәа – Гәылрыԥшь – Аҟәа ала иалагоит авеломҩасра «Иҭабуп Аиааиразы! Асааҭ 09:00 рзы – акциа «Агәалашәара Амца» - акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи аган ала аԥснытәи аган иамадахаз Александратәи абаҳча аҿы Кремльтәи аҭӡы ааигәара иаку Имыцәо амца ахәҭаҷ ала Диаскураа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан Имыцәо амца аркра мҩаԥысит. Асааҭ 10:00 рзы Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа алагеит. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз аибашьцәа-фырхацәа ҳаҭырла иргәәаладыршәарц арахь имҩахыцит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ-Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Аԥсны иҟоу Аофициалтә Хаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аруаа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа. Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа Инарҭбааны... Аҩаша, 09 Лаҵара 2023 09:49 Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиааира амш азы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит. Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиааира амш азы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит. «Акыр иаԥсоу аветеранцәа! Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира амш. Аиааира 78 шықәса ахыҵра азгәаҭо, иаҳгәалаҳаршәоит ишьашуаз анацизм аидеологиа нагӡо ажәларқәа рнырҵәара анымҩаԥысуаз, Асовет Еидгыла ажәларқәа реидгыларала, рфырхаҵарала, адунеитә гыгшәыгра иаҿагыланы хацәнмырха ақәԥарала ишьаарҵәыраз адунеитә еибашьра аҵыхәтәа шыԥҵәаз. Иахьа иаҳгәалашәоит аӷа дықәцаны Асовет Еидгылеи Европеи рыжәларқәа анацизм азҩа иацәызыхьчаз. Хацәнмырха убарҭ ирывагыланы еибашьуан 55-ҩык нызқьҩык Аԥсны аҵеицәа хьӡырҳәагақәа рыҩнқәа, ры-Ԥсадгьыл, асовет тәыла ду ахьчаразы. Ҳаҭырла иахгәалаҳаршәоит ажәларқәа ҭынч инхалартә еиԥш алшара рызҭаз урҭ рфырхаҵара атәы. Хашҭрагьы рықәӡам ҳ-Аԥсадгьыл ду ахьчара зхы ақәызҵаз зегьы». «Акыр иаԥсоу аветеранцәа! Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира амш. Аиааира 78 шықәса ахыҵра азгәаҭо, иаҳгәалаҳаршәоит ишьашуаз анацизм аидеологиа нагӡо ажәларқәа рнырҵәара анымҩаԥысуаз, Асовет Еидгыла ажәларқәа реидгыларала, рфырхаҵарала, адунеитә гыгшәыгра иаҿагыланы хацәнмырха ақәԥарала ишьаарҵәыраз адунеитә еибашьра аҵыхәтәа шыԥҵәаз. Иахьа иаҳгәалашәоит аӷа дықәцаны Асовет Еидгылеи Европеи рыжәларқәа анацизм азҩа иацәызыхьчаз. Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа Инарҭбааны... ПЕРЕЙТИ НА САЙТ ИЗДАНИЯ ПЕРЕЙТИ НА САЙТ ИЗДАНИЯ Погода календарь « Лаҵара 2023 » Ашә Аҩа Wed Thu Fri Sat Sun 1 2 3 4 5 6 7 8 9 10 11 12 13 14 15 16 17 18 19 20 21 22 23 24 25 26 27 28 29 30 31 Об Агентстве Контакты Архив Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2023 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info. Создание и обслуживание сайта : Агентство Правительственной Связи Республики Абхазия | www.aps-abkhazia.su
https://apsnypress.info/ap/home-2/a-ts-azh-ara/itemlist/date/2023/5/9
2023-12-01T22:50:31Z
<urn:uuid:b4b47cf9-3d5c-4dcc-b2ed-ab4c78987e26>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.88
0.78
0.99
60
15,169
tlsh:T13F586F628940CB4FDAB3C4189E928D36A8C55D8382617320CEC6F4B1178214CEFFDD03D5FAE4194B649B1512D2A2AF01A94EECEA247EBFEB718220A52D3F39D9274875859F
Аԥсны Аҳәынҭқарра (Аԥсны) – ихьыҧшыму, идемократиатәу, изинтәу ҳәынҭқарроуп, ҭоурыхла ишьқәгылеит ажәлар аҽҳәаақәҵаразы ирымоу азин инақәыршәаны. Аофициалтә хьӡы: Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳҭнықалақь: Аҟәа Административтә-ҵакырадгьылтә еихшара: Аԥсны аҵакырадгьыл 7 административтә раионк рыла еихшоуп: Гагратәи, Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи, Гәылрыԥшьтәи, Очамчыратәи, Ҭҟәарчалтәи, Галтәи. Аҳәынҭқарратә бызшәа: Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәас иҟоуп аҧсуа бызшәа, аурыс бызшәа аҧсшәа инаваргыланы амилаҭқәа реилибакаара бызшәас иҟоуп. Адинхаҵара: Аԥсуаа реиҳараҩӡак ақьырсиан динхаҵара ныҟәыргоит, иҟоуп иара убас амсылманреи акатолицизми ныҟәызгақәо атәылауааи атрадициатә қьабзқәа ирықәныҟәо аҧсуааи. Аԥара: Аԥсны ахархәара амоуп аурыс мааҭ (rub). Иқәынхо атәылауаа рхыҧхьаӡара: 242 826 Аҵакырадгьыл: Азеиҧш ҵакыра – 8665 км ҧшьыркца ыҟоуп. Мраҭашәарантә мрагылараӡа – 170 км, аладантә аҩада – 65 км. Зынӡа аҳәаақәа роура - 600 км инарзынаҧшуа инаӡоит, урҭ рҟнытә 390 км – адгьыл аҟны, 210 км – амшын аҟны. Иҳаракӡоу ашьха: Домбаи Ульген(4049м) Аҳәаақәа: Аҧсны аҵакырадгьыл ҳәаақәас иамоуп: ҩадантә – Кавказтәи Ашьхеибаркыра хада, ладантә – Амшын Еиқәа, мраҭашәарантә аӡиас Ҧсоу ала Урыстәылатәи Афедерациа иадуп, мрагыларантә – аӡиас Егры ала Қырҭтәыла иадуп.
http://mfaapsny.org/helpful-information/general_information/
2023-12-08T05:29:23Z
<urn:uuid:6bb3e095-bc5a-4d74-99f2-6ab01fdcbf43>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.88
0.99
17
2,264
tlsh:T12F1E38418E80C78BC773D199CE934A365DD0AA07432272309ED5F4A52A521CDDEFCC0399BAE5294A58F70151C6037A04140FFCDA697DBEE7704250992A2FB9DD37A837C68E
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба напхгара ззиуа аделегациа Ижевск ақ. аҿы Удмуртиатәи Ареспублика Аиҳабыра алахәылаҩцәеи Аҳәынҭқарратә Совет адепутатцәеи ирҧылеит. Аиҧылара далахәын Удмуртиа Ахада Алеқсандр Соловиов. Алеқсандр Соловиов иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Аҧсни Урыстәылеи шықәсырацәала ирымоу азеиҧш ҭоурых ишеиднакыло. «Иахьа ҳҳәынҭқаррақәа иеизааигәаӡоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Ҳара, Урыстәыла иқәынхо егьырҭ ауааҧсыра реиҧш, ҳазҿлымҳан аҧсуа жәлар рхақәиҭреи рхьыҧшымреи рзы имҩаҧыргоз ақәҧара. Иаҳбоит атәыла анапхгара аекономика ашьҭыхразы, атәылауаа рыҧсҭазаашьа аиҕьтәразы имҩаҧырго аусура. Сара агәра згоит, абри аганахьала ҳҳәынҭқаррақәа ирымоу алшарақәа иеиуеиҧшым аганқәа рыҟны ҳусеицура иацхраап ҳәа», - иҳәеит Удмуртиа Ахада. Иара убас уи иазгәеиҭеит, рнапы зҵарыҩраны иҟоу Амеморандум иҷыдоу ҵакыла ихарҭәаахар, атәылақәа ирыбжьоу аекономикатә, акультуратә, ауаатәыҩсатә еимадарақәа иҿыцу аҩаӡарахь рышьҭыхра шалшо, Урыстәылеи Аҧсни реизыҟазаашьа ашьақәырҕәҕәараҿы лагаламҭаны ишыҟало. . Алеқсандр Соловиов Аҧсны аделегациа ааҧхьара риҭеит аурыс композитор дуӡӡа Пиотр Ильиа-иҧа Чаиковски ииубилеи иазкыз аусмҩаҧгатә рҽаладырхәразы. Рауль Хаџьымба иазгәеиҭеит, ари авизит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Удмуртиеи рыбжьара феидара злоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы раҧхьатәи шьаҿаны ишыҟоу. «Сара агәра ыҟоуп, арҭ аизыҟазаашьақәа аҩ-тәылак рзы хәарҭара рыманы аҿиара шроууа аҧхьаҟагьы. Аҧсны аиҳабыреи Удмуртиатәи Ареспублика аиҳабыреи рыбжьара ахәаахәҭра - економкатәи, аҭҵаарадырра – техникатәи, акультуратәи усеицура арҿиара хықәкыс измоу Амеморандум – зхырхарҭа иашаны иалху акрызҵазкуа шьаҿоуп», - иҳәеит Ахада. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/1966/
2023-12-10T17:15:19Z
<urn:uuid:6dfe862f-d3da-4a1f-847d-ae4343bb8bf3>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.9
0.86
0.97
14
3,905
tlsh:T1D41FD8816A80CB4BC5B7C599CB915B346CC16942472276A1CDC9F4B15652099EFFCD13B6FBE0058AB4E71221D122FE146A0DFCE668BDBBD7315300A52D2F38D933A876C2AE
Зхы иақәиҭу алхрақәа ҭынч мҩаԥаагароуп, актәи атур аҿы ишыҟаз еиԥш ҿырԥшыгас ҳҟалароуп, адеструктивтә аоппозициаа адеструкциа амҩаԥгаразы амзыз раҳамҭароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз. Иракли Ӷарибашвили иажәақәа рыла, алхрақәа ҭынч мҩала мҩаԥгахарц азы амобилизациа рылаҳәоуп. “Аҩбатәи атур ахьымҩаԥысуа амуниципалитет цыԥхьаӡа аҿы ҳпартиа ахаҭарнакцәа, активистцәа ҳарԥыланы, иҳамоу апланқәа даҽазнык ҳарзааҭгылоит. Амуниципалитетқәа зегьы рҿы аиааира ҳгоит. Алхрақәа ҭынч мҩала, аконструктивтә ҭагылазаашьаҿ мҩаԥгахарц азы амобилизациа рылаҳәоуп. Ҳтәылаҿ Саакашвили ипартиа аҵыхәа ԥҵәарц азы, ахақәиҭратә аиааира ҳгароуп,” – иҳәеит аԥыза-министр. АПОЛИТИКА aҩбaтәи aтур Ирaкли Ӷaрибaшвили 3 Еиҧшу Иракли Ӷарибашвили Emaar Properties ашьаҭаркҩы, анапхгаратә директор диԥылеит Иракли Ӷарибашвили - Ҳтәылаҿ ибзиаӡаны еилаҳкаауеит аклиматтә кризисқәа рыҿагылара ароль, ари ахырхарҭала ихадоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит Иракли Ӷарибашвили - Марриот жәларбжьаратәи каҭа иреиҳаӡоу аҩаӡара змоу абренд Luxury Collection ҳтәылаҿ ацәырҵра ала, Қырҭтәыла асасдкыларатә индустриаҿ апараграф ҿыц алагоит Иракли Ӷарибашвили инапхгарала, Қырҭтәыла адемографиатә зҵаарақәа рылацәажәара иазку ахеилак иашьҭанеиуа аилатәара мҩаҧган Иракли Ӷарибашвили иӡбарала, Қарҭтәи аметро авагонқәа рырҿыцразы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә 475 миллион лари алырхуеит Иракли Ӷарибашвили Австриа афедералтә хеилак ахантәаҩы дылԥылеит Иракли Ӷарибашвили Китаи Жәлартә республика ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит Иракли Ӷарибашвили - Ахәмарратә бизнес азы ашәахтәқәа ацҵара аӡбара ҳадаҳкылеит Иракли Ӷарибашвили - Ари крызҵазкуа аҽны шәҿаԥхьа гәахәра аду ала сықәгылоит, иахьа Ҭырқәтәылатәи ареспублика амилаҭтә мшуп. Ари аҭоурыхтә амш ахада Реџьеп Таип Ердоӷани аҭырқәа жәлары рыдысныҳәалар сҭахуп Иракли Ӷарибашвили - Иахьазы иаартуп ацәаҳәеизак 261 км, уантә 193 км ацәаҳәеизак ҳаиҳабыра ахаан иргылан Амш зеиҧшрахо 19° ашә Қaрҭ аҩ 17° Ах 11° Авалиута акурс $ USD 2.7026 0.006 € EUR 2.9421 0.017 ₽ RUB 0.030009 0.056 £ GBP 3.4164 0.010 TOP 5 Иоав Галант – Ҕаза асектораҿ ҳара ҳахьаангылаз аҭыҧ аҟынтәи ақәҧара ҳаиҭалагеит Павел Герчински – Атәыла аиҳабыра 9 шьаҿак рынагӡара иазку аплан ирласӡаны еиқәыршәаны, Бриуссельҟа идәықәырҵеит, сара уи даараӡа сгәы иаахәеит, Еврокомиссиа аплан иахәаҧшны, аҭак ҟарҵоит Шьалуа Папуашвили – Ҳара еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҿы егьа апрогресс ҳаургьы, ахаангьы иаҳхамшҭроуп зылшарақәа маҷу ауааҧсыра зегьирзеиҟароу алшарақәа рзеиқәыршәара – есымшатәи ҳусура аҳасабтәқәа ишреиу Иракли Ҕарибашвили алегендартә ақырҭуа сопрано Медеиа Амиранашвили лыҧсра иадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит Иенс Столтенберг - Путин аиааира игар, Украина арыцҳара иҭагылоит, аха, уи ҳара ҳзгьы шәарҭахоит, убри аҟынтә, ҳара Украина аиқәырхара ҳазҿлымҳауп
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-%D3%B7aribashvili-alxraqa-%D2%ADmnch-muiala-muia%D4%A5gaxartc-azm-amobilizatcia-rmlahowp/
2023-12-04T03:11:26Z
<urn:uuid:e5df9361-3b77-4bdb-9a85-75e6ea3cda8d>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.61
0.97
31
5,040
tlsh:T1078E8DA18A44DB4BD573C5969F918A317CC2690343616260CEC9B97166860A8EFBCC0399FAE8894E74DB1611D112BF042749ECE724BDBFD7704A40A42D2F38EE2BD475C99E
Аимакқәа ҭынчмҩала рҭышәныртәаларази аҳәынҭқарратә стратегиа аус адуларази акомиссиа аԥырҵеит Қырҭтәыла рашәара 21 азы. Уи хықәкыс иамоуп ари азҵаараҿы иаку амилаҭтә знеишьа ашьақәыргылара. Апроцесс иалархәхоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аграждантә уаажәларреи. 15 June 2021 393 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа 2021 шықәса рашәара 14 азы Бриуссель имҩаԥысыз НАТО асаммит аҟны икьыԥхьын Аҩадатлантикатә алианс азы иактуалу ашәарҭарақәа зныԥшуа аҳәамҭа. 21 April 2021 972 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа анаҭеит Меркель Аԥсны аганахь ала лыгәҭынчымра Германиа аканцлер Ангела Меркель аҩаша, ПАСЕ асессиа алахәылацәа рахь лвидеоҳәамҭаҿ агәҭынчымра аалырԥшит Белоруссиа, Украина Мрагыларатәи ахәҭа, Ҟрым уҳәа Аԥсны назлоу егьырҭ адунеи арегионқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьазы. 28 December 2020 645 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа 2021 шықәса рзы Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистра аԥырҩы дызҭам аибашьыгеи аԥшыхәратәи хархәагақәа раахәара шазыԥхьагәанаҭо атәы иҳәеит арратә усбарҭа ахада Гарибашвили. Иара убасгьы иҳәеит Қырҭтәыла аҳауаҽацәыхьчаратә система арҿыцразы Израили дареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩу. 23 December 2020 576 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа Аинышәареи аграждантә еиҟарареи рызҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аминистр Теиа Ахвледиани ажәадгала ҟалҵеит «азеиԥш интересқәа азхьаԥшра рыҭаны аусеицуреи иформалым адиалоги рыплатформа ырҭбаазарц аԥсуеи, ауаԥси, ақырҭуеит уаԥшьқәа рыбжьара». Лара лажәақәа рыла Қырҭтәыла адиалог иацәхьамҵыц иуадаҩу коронавирустә пандемиа аамҭазы. Лара лгәаанагарала ари апроцесс иацҵахоит, еиҳагьы аҽарҭбаауеит. 16 November 2020 570 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа Вена имҩаԥысыз ОБСЕ Иааиԥмырҟьаӡакәатәи ахеилак аилатәара ҟалеит ари авторитартә жәларбжьаратә еиҿкаара аҭоурых зегьы аҿы еиҳа аполитикатәра злаз акәны. ОБСЕ ахаҭарнакцәақәак «Қырҭтәыла аҭагылазаашьеи» «аоккупациа зызуу арегионқәеи» ирылацәажәо ишыҟарҵалац аиԥш Аԥсны аҳәынҵәа агәыдҵо Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәагьы акы иаԥсам ҳәа ахырҳәааит. Аилатәараҿы «иҽаликааит» Британиа Ду ахаҭарнак. Иара еснагь еиԥш Аԥсны ахара адҵо Женеватәи аиҿцәажәарақәагьы рҭагылазаашьа акыр иреицакны иааирԥшит. 27 September 2020 468 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьаз адунеитә уаажәларрарахь ааԥхьара ҟанаҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьаз адунеитә уаажәларрарахь ааԥхьара ҟанаҵеит 11 September 2020 1003 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа Азхьаԥшра аҭоуп Белоруссиатәи ахҭысқәа рконтекст ала еицырдыруа Урыстәыла аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәақәак иҟарҵо ааԥхьарақәа Урыстәылатәи Афедерациеи, Белоруссиеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Приднестровиеи, ДЖәР-и ЛЖәР-и реидыларазы. 8 September 2020 536 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны Адәныҟат́әи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла–НАТО аҽазыҟаҵарақәа рзы ахҳәаа Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра аанарԥшуеит НАТО атәылақәа милаҭрацәалатәи аҽазыҟаҵарақәа рцикл "Достойный партнер 2020" (Noble Partner 2020) аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла адгьылҵакыраҿы имҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа рганахь ала. Қырҭтәыла имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит акырнызқь аруаа, арратә техника хьанҭа, авиациа, ЕАА арра-мшынтә флот аӷбақәа. 14 July 2020 656 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ааԥхьара ҟанаҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иахь Аԥсни Қырҭтәылеи ԥхьаҟатәи реизыҟазаашьақәа дышрыхәаԥшуа атәы далацәажәарц.
http://mfaapsny.org/allnews/news/statements_speeches/?PAGEN_1=3
2023-12-09T14:20:04Z
<urn:uuid:7f87e9ee-1b04-409c-aa7d-f10f40b8ad94>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.97
28
6,664
tlsh:T1E455FDD15504DB8BC5B3D0989A91983218C1681B4661B270CF95F9741B5505EEBFCD13DAF6EC098B34AB1222E696AF156A0BFDEA247D7BD3708200E16E2F34ED379476C2DD
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Чохатаури иҟалаз аиҿагыларазы аусеилыргара иалагеит гәыҧҩык рыла амчылара ахәҭаҷ ала - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Чохатаури иҟалаз аиҿагыларазы аусеилыргара иалагеит... Иҵегь аҭагалара Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Чохатаури иҟалаз аиҿагыларазы аусеилыргара иалагеит гәыҧҩык рыла амчылара ахәҭаҷ ала 18:33, 03.09.2023 Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Чохатаури иҟалаз аиҿагыларазы аусеилыргара иалагеит гәыҧҩык рыла амчылара ахәҭаҷ ала Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Чохатаури иҟалаз аиҿагыларазы аусеилыргара иалагеит гәыҧҩык рыла амчылара ахәҭаҷ ала. Аоппозициатә партиа «Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа ишырҳәаз ала, «Ақырҭуа гәахәтәы» активистцәа Гуриа инеиз «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа ирықәлеит. Апартиаҿ ишырҳәаз ала, аиҿагылара иалагеит «Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа аҭыҧантәи ауааҧсыра аброшиурақәа анрырҭоз. «Ақырҭуа гәахәтәы» ақалақьтә аиҿкаара ахантәаҩы, ақалақь ахадара ахантәаҩы Иракли Куҷава ари ахараҵара дақәшаҳаҭым. «Авидеонҵамҭаҿ избаз ала, уаҟа «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылакгьы дыҟамызт. Дара аимак рыбжьалеит ақыҭанхамҩатә џьармыкьа ааигәара. Акадрқәа рҿы дубарҭоуп уи аамҭаз уаҟа иҟаз афракциа ахантәаҩы, аха, иара ари аимак далахәымызт. Дара ари афакт «Ақырҭуа гәахәтәы» ирхарарҵар рҭахуп. Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәеи адепутатцәеи уаҟа иҟамызт», — иҳәеит Иракли Куҷава. АПОЛИТИКА “Ақырҭуa гәaхәтәы” aиҿaгылaрa Амилaҭтә ҵысрa" Чохатаури 3 Еиҧшу «Амилаҭтә ҵысра» қарҭтәи араионтә аиҿкаарақәа рылахәылацәа реиҳара апартиа иалҵит 30ҩык раҟара алахәылацәа «Амилаҭтә ҵысра» хобтәи аиҿкаара иалҵит "Амилаҭтә ҵысра" аинформациа инақәыршәаны, Леван Хабеишвили Маик Пенси Кевин Крамери дырҧылеит Жәыргьыҭтәи Сакребуло афракциа "Амилаҭтә ҵысра" 14-ҩык иалҵит Хаҭуна Самниӡе - "Амилаҭтә ҵысраҿ" акризис шыҟоу иубарҭоуп, апартиа аиҩшара апроцесс иалагахьеит Гьаргь Мумлаӡе Леван Хабеишвили иамхра даҳәоит «Амилаҭтә ҵысра» - Ника Мелиа аманифест апринципқәа дрықәшаҳаҭым, иара апартиа иаҧырхагоу акампаниа наигӡоит, Ника Мелиа апартиа «Иаку амилаҭтә ҵысра» дахаҭарнакым Леван Хабеишвили - Ника Мелиа уажәшьҭа «Амилаҭтә ҵысра» дахаҭарнакым, иара апартиа далам Ҭина Бокучава - Ника Мелиа ихатәгәаҧхарала апартиа далҵит, ҳара уи апартиа алахә ҳәа дҳаҧхьаӡом Аиустициа аминистр данықәгылоз апарламент аилатәараҿ аиҿагылара ҟалеит Амш зеиҧшрахо 5° ашә Қaрҭ ашә 7° аҩ 6° Авалиута акурс $ USD 2.6695 0.010 € EUR 2.8793 0.006 ₽ RUB 0.029157 0.028 £ GBP 3.3590 0.012 TOP 5 Павел Герчински – Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку абжьагара аҭоурыхтә ҵакы амоуп, шәхадаратә зинқәа рыхьчараҿы Евроеидгыла шақәгәыҕыр шәылшоит Иракли Ҕарибашвили - Ҳаиҳабыра еснагь ишьақәдырҕәҕоит ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара ишазгәыку Иракли Ӷарибашвили - Акоррупциа аҿагылара жәларбжьаратә амш Қырҭтәыла арегионтәи жәларбжьаратәи лидер апозициала иаԥылоит Саломе Зурабишвили – Импыҵахалоу Аҧсны, амч ахархәарала, аҭыҧантәи амилициа аусзуҩцәа Қырҭтәыла даҽа тәылауаҩк дыршьит, импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ, рыцҳашьарак ҟамҵакәа, ауаҩытәыҩса изинқәа еиларгоит Шьалуа Папуашвили - Аоппозициаа рфланг аҿы иаҳбо, акьанџьақәа ртеатруп, 2024 шықәсазы ақырҭуа жәлар амилаҭтә интересқәа зыхьчо "Ақырҭуа гәахәтәи" антиқырҭуа коалициеи рҟынтә алхра ҟанаҵароуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/qmr%D2%ADtmla-auinmckhati-awsqa-rministrra-choxatawri-ikhalaz-aitchvagmlarazm-awseilmrgara-ialageit-gmphuimk-rmla-amchmlara-ax%D2%ADatch-ala/
2023-12-10T23:49:25Z
<urn:uuid:98c9c583-07d5-4bd4-9a73-20a0b7b5043a>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.6
0.95
53
6,253
tlsh:T160335CD17A04DF4BC573C958DA919D366CD1A90B87666220CDCAF575521904DDFFCD53A8FAF80A4EB4DB2422D122BF051649FCEA257DFAD3301200652E2E34EA3794B6C99E
Рауль Ҳаџьымба ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы Сҭамҧыл ақ. (Ҭырқәтәыла) имҩаҧысуаз адунеи ачемпионат иалахәыз IJKA каратэ-до азы аспортсменцәа қәыҧшцәа дырҧылеит. Аиҧылара иалахәын иара убас Жәлар Реизара адепутат Саид Ҳаразиа, карате-до Аҧсны Афедерациа Ахада Ахра Абыхәба, карате-до Аҧсны Афедерациа Ахантәаҩы Геннади Барцыц. Ахра Абыхәба Ахада иҟынӡа инеигеит аҧсуа команда IJKA карате-до адунеи ачемпионат аҟны иаиуз аихьӡарақәа ртәы, лымкаала, ҳаспортсменцәа аҩбатәи аҭыҧ азы Сҭамҧылнтәи иранашьаз 15 медали азеиҧшкомандатә кубоки. Уи иазгәеиҭеит аспортсменцәа злахәыз жәларбжьаратәи аицлабраҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ ишаҵагылаз, даараӡагьы ибзианы рхы шаадырҧшыз. Аспортсменцәа аҳәынҭқарра ахада иҭабуп иарҳәеит ачемпионат аҽалахәра рылзыршаз афинанстә цхырааразы, ҳамҭасгьы ирҭеит иргаз акомандатә кубок. Рауль Ҳаџьымба аспортсменцәа реихьӡарақәа рыхә ҳаракны ишьеит. «Ҳҿаҧхьа ауснагӡатәқәа маҷымкәа иқәгылоуп Аҧсны аспорт арҿиаразы. Аҳәынҭқарра аринахысгьы иалшо зегьы ҟанаҵалоит ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи рыспорт адгылареи арҿиареи рзы, аспортсменцәа рыдгыларазы», - иҳәеит Ахада. Рауль Ҳаџьымба аспортсменцәа қәыҧшцәа ирзеиҕьеишьеит аихьӡарақәеи аиааира ҿыцқәеи. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2289/
2023-12-06T10:29:55Z
<urn:uuid:a355ce73-1402-4635-8df0-5f3e5a593e21>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.88
0.86
0.96
14
3,012
tlsh:T1BFEB85517C808B8BC6B3C4AECF819B355CE0584B02327650CDC9B4B54642158EEFCC23FABBE8278BA4E71511D066BA11AA49FDD6687DFBE7710201552C3F78D827947AC56F
Жәабран 13 рзы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи аиҿкаара The HALO Trust ихьыԥшым аексперт Девис Пол Ентони реиԥылара. Аиԥылара иалахәын The HALO Trust апрограмматә менеџьер Исмет Задеи уи ихаҭыԥуаҩ Мери Кеннингтони. Аиԥылараан ирылацәажәан аиҿкаара The HALO Trust Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы имҩаԥнаго апроектқәак. Ҷыдала иалацәажәан Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭаҿы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа асклад аԥжәара ахылҟьа-ҿылҟьақәа. Уи адагьы аиҿкаара The HALO Trust имҩаԥнагоит аусурақәа Аԥсны иахьаҵанакуа иԥымжәакәа иаанханы иҟоу аџьаԥҳаны ашәарҭадара аиҿкааразы. Иракли Ҭыжәба ахә ҳаракны ишьеит The HALO Trust шықәсырацәала Аԥсны аҩныҵҟа имҩаԥнаго аусуразы. Иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара иҟоу аинырра шьахә. Аиԥылараан иара убасгьы ирылацәажәан наҟ-ааҟ аинтерес ззеицрымоу азҵаарақәа. The HALO Trust –икоммерциатәым гәыҳалалратә еиҿкаароуп, ауааԥсыра рзы ашәарҭара зҵоу аминақәеи аџьаԥҳани ршәарҭадара еиҿнакаауеит. Аиҿкаара The HALO Trust 1993 шықәса раахыс Аԥсны аус ауеит.
http://mfaapsny.org/allnews/news/othernews/irakliy-tuzhba-provel-vstrechu-s-predstavitelyami-the-halo-trust/
2023-12-09T05:57:08Z
<urn:uuid:124d5a2e-43aa-48c4-90f3-d39d3bfe6680>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.91
5
1,877
tlsh:T183322B414A049B97C5F3C854C9555A304CC12843177273589EDAB4701B431AAFFFDD12D9FA9C568A30AB9662D592FF15AA2DFCEA08BDAED3628201903D3F28C927A075928F
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа русқәа рзи аминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Ахьыԥшымра амш 75-шықәса ахыҵра инамаданы. Адныҳәалара иаҳәоит: «Мшаԥы 17 1946 шықәса Шьамтәылатәи Арабтә республика аҭоурых аҿы наӡаӡа иаанхоит Ахьыԥшымра амш акәны. Иахьа, 75 шықәса рышьҭахьгьы ари амш ажәлар ракзаара, рфырхаҵара, уадаҩрак иахьмырԥшкәа амилаҭтә хьыԥшымра азықәԥара, иаку аҳәынҭқарра ашьақәыргылара ирымшны, иныҳәаны иаанхоит. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә республика ауаажәлар ирыдныҳәало ирзеиӷьанашьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара.» Back to the list Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Анотақәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Архив новостей Афотосахьақәа Авидео Адәныҟаполитикатә усура ахҳәаа Афотосахьақәа Сергеи Лавров Аԥсныҟа иаара Аԥснытәи аделегациа Венесуела усутә визитла рыҟазаара Аԥснытәи аделегациа Никарагуа визитла рыҟазаара ..еиҭа афотосахьақәа Ҳара асоциалтә ҳақәа рҟны Abkhazian Foreign Ministry/Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра/МИД Абхазии Related articles Заявление Инала Ардзинба о новых подходах к взаимодействию с международными неправительственными организациями и агенствами ООН, осуществляющими деятельность в Республике Абхазия 07.12.2023 Инал Ардзинба поздравил Дениса Роналдо Монкада Калиндреса с юбилеем 29.11.2023 Заур Гваджава принял участие в церемонии открытия выставки графических работ о Великой Отечественной войне российского художника Геннадия Доброва в г. Каракас 22.11.2023 В Медиацентре МИД Абхазии состоялась онлайн-конференция при участии Министра иностранных дел Республики Абхазия Инала Ардзинба
http://mfaapsny.org/allnews/news/notes/mid-abkhazii-napravil-pozdravitelnuyu-notu-v-mid-sirii-/
2023-12-08T07:17:10Z
<urn:uuid:995013cb-d395-4a3a-b806-17a7e1bb3132>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.63
0.67
0.96
27
3,156
tlsh:T12A0E92519B44EE0BC677D0894A918D268CD19997C5657232CEC5BA602A46089EFBCD03E6F59C198A68DF1201D65AEB012F0FFDE664BE3FC7714200A43E3E34E6239876C78E
Апрель 14 1994 шықәсазы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григории-иҧа Арӡынба инапы аҵаиҩит Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ақәҵара «Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аус аруразы аиҿкаатә «Аҧсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рҳәынҭқарратә маҵзура азы». Ари арыцхә Аҧсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура анапҵахаз мшуп. Анаҩс, декабрмза 2002 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала ари амаҵзура Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҳасабала ишьақәыргылахеит. Апрельмза 1994 шықәсазы ашәахтқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура раҧхьатәи анапхгаҩыс дҟалеит Беслан Константин-иҧа Кәыбраа. 1998 инаркны 1999 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭон Григори Ражьден-иҧа Еныкь. 1999 инаркны 2002 шықәсанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс дыҟан Константин Константин-иҧа Озган. 2002-2005 шықәсқәа рзы ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан А.Н. Лышәба. 2005-2010 шықәсқәа рзы ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Вахтанг Ахра-иҧа Ҧиҧиа. 2010 инаркны 2016 шықәсанӡа ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Рауф Аслан-иҧа Цымцба. Октиабрмза 2016 шықәса инаркны 2021 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭонДаур Лионти-иҧа Кәырмазиа. Лаҵарамза 2021 шықәса инаркны аминистрра напхагара изиуеит Нанба Џьансыхә Едуард-иԥа. Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра шьақәгылоуп аппарат Хадеи, Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыҧшь, Очамчыра, Галл араионқәеи Аҟәа ақалақьи рҿы иаҧҵоу ашәахтә инспекциақәа рыла. Аппарат Хада аилазаара иалоуп анаҩстәи аусбарҭақәа: азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; аоперативтә усбарҭа; анализи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; азинқәҵаразы аусбарҭа; акадрқәеи аусеилыргареи рзы аусбарҭа; афинансқәеи аҧхьаӡаратәреи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; аинформатизациазы аусбарҭа. Раҧхьаӡа иргыланы, хықәкынагӡарак аҳасабала Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҿаҧхьа иқәгылоуп атәыла аекономика иаҵанакуа асубиектқәа зегьы рыбжьара ашәахтә закәанҧҵара аусура хылаҧшра аҭара, иҧҵәоу ашәахтқәеи, егьырҭ аизгақәеи рыгжьра амҭакәа, ианаамҭоу аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ралагаларазы. Аппарат Хада аусбарҭақәа рпрактикатә усура ҵаҵҕәыс иамоуп ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ауснагӡара хра злоу ахырхарҭақәа рыла, «Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә маҵзуразы» захьӡу Азакәани, аминистрра аусбарҭақәа рықәҵарақәеи рыла.
https://www.mns-ra.org/ab/company/
2023-11-29T06:29:15Z
<urn:uuid:ef7372c2-b233-4069-9d72-432af4b063fe>
[]
[]
abk-Cyrl
0.94
1
1
12
4,308
tlsh:T1A8B7C1917D409BB7C5F3C04986A1AA364CD2A4170271F130CE85B4B00B82049D7FCD23EEF9E8068AB46B1551D139AF24AA1BFEE574BD6BD7304280616E1F68DD37D0BDE69E
,p>Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит 2016 шақәсазтәи абиуџьет ашьақәыргылара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара. Аилацәажәара иалахәын аҧыза-министр Артур Амқәаб, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиа, Аекономика аминистр Адгәыр Ардӡынба, атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа. Аҧыза-министр иазгәеиҭеит ажьырныҳәа 1, 2016шықәса инаркны Аҧсны абиуџьет анагӡаразы аҧареизакратә системахь ишиасуа. «Ари апроцесс акыр иуадаҩуп аҟнытә ҳаргьы даара ибзианы ҳазыҟаҵазароуп», - иҳәеит Артур Амқәаб. Рауль Ҳаџьымба ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ирыдиҵеит аҳәынҭқарра абиуџьет ашьақәыргылара апроцесс активла рҽаладырхәырц. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит ахатә лшарақәа рыла абиуџьет ашьақәыргыларахь аиасреи аҳәынҭқарра асоциалтә хыдҵақәа рынагӡаразы аҩныҵҟатәи ацхыраагӡақәа рхархәаразы аҽазышәареи иамоу аҵакы ду атәы. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2118/
2023-12-06T10:19:29Z
<urn:uuid:2d264b4d-dc16-4002-836b-f70068527719>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.85
0.83
0.95
12
2,441
tlsh:T10A4BB3517C40CB8BC2B3C099CB919E3468D1684B0672B620CE8CF4B11B4205DEBFCD13EABBE4158A74E71611D0567E21694EEDE9687E6BD3304242A17D2F79DC37A07AD19E